text
stringlengths
0
400
Акагьы ус баша сыччеит, — иҳәеит иара.
Иӡбахә шәмаҳацкәа шәы-ҟам?
Аџь ду наҟааҟ итәӷәырԥсаны иааунашьҭыз амахә дуқәа ирықәтәан.
Ашәҟәықәҵарҭа аасхәеит.
Иахьа ауакәху Асҭамыр Лиуба данигәалашәаз, уи дихашҭны дҟамлаӡацт, еиҳараӡак игәалаҟазара анҽеимыз.
Ашьыжьымҭан асқьала ҳнадгылеит.
Ҳакласс аҟны, аиашазы, Гәында лакәын зегь реиҳа аҵара зҵоз.
Ихаҵа, сагхацәеит сара!
Хацәгашьа бымам.
Излаҟәнушьо ҳәа акгьы иалаҟам, аха
Ашьҭахь аԥҳәыс дықәлан гәылаԥҳәыс лҟны днеит.
Ишыхәлара ианыхәла, Сасрыҟәа џьы-еимҿаԥа дук иԥшаан, дҩықәлан аимҿԥара длыбжьатәеит.
Иахьа ахәиеиԥш шәынтәсеиҭашәоит, сгәалаҟам, жәа мҳәаӡакәа сшынкахәыцуа ицоит мышкы.
Бара бдыркьаҭап ҳәа бзықәгәыӷуада, ҵаара ԥхашьарам?
Уабалатәоу?
Ус уҿыноухар, сызлиааз аҳәынҭқарра дуӡӡа иҟәыбаса еилаҳаит.
Ажәытә уаҩ аҵара лашароуп ҳәа ишиҳәаз еиԥш, Ҳҵеира зегьы ашьхыҵә ԥшӡа еиԥш Абла хтыга аҵара рҵо, Арҵаҩцәа рхагьежьуа, абас аԥсҭазаара ҳара ианбаабахьаз!
Амала дааиԥхьхәыцуан иара, иалихызи усҟатәи ақәԥара, дара рдунеихаан еицзыҟамлозар, доусы рҩныҟақәа ихьамԥшыр амуазар.
Адиректор исҳәо иаҳаӡашам.
Изыхәҭоу аҭыԥ ааникылоит аԥсуа литератураҿы.
Закәызеи, уара, нахьхьи илашо?
Ԥҳәызба ссирӡак акыр-кырҳәа, дзырччозеи, дзырччозеи?!
Убасҟаноуп ҳҳәынҭқарраҿы амилаҭқәа зегьы зинла ианеиҟарахо.
Агвардиаа, рҩыџьагьы адес ҟәардәқәа ирықәҿаҳәаны, рыхқәа Марфуша лахь ирҳәны идыргылеит, рыҿқәагьы еихагәаны иркит рылақәа аарԥшуа.
Ушьҭа сыԥсыргьы, сыԥсра ԥсрам!
Ари лҳәан иҟасҵеит, ани лҳәан уигьы насыгӡеит.
Ақәаршҩы ирласны ишааиз еиԥш, ирласынгьы аура иаҟәыҵит.
Уара, Абжьас, маӡа усыҵалан сҳәынҭқарра угарцаз угәы иахьҭоукыз иааудгылаз рызегьы цәгьала исшьып!
Речхтәи абжьаратәи ашколи рҟынтәи алахәылацәа рыбжьара еиҩшахеит.
Мака ашә днадыххылон еиԥш.
Иара, алаба укызар, ишәоит рҳәон, аблақәа ҭҵыҵми, иаахар иҭанаҟәаҟәоит, уи акәхап
Ари адунеиаҿ ахаҵа дзиуа афырхаҵаразоуп.
Амала, ихҭаукыз убри акәадыр издыруада уара иухатәны ҷыдала џьара дыргак аҭаны иумазар, уҳәашьа злаҟоу ала ҳамҭас иуаҳҭаз акәадыр хымԥада анкьа уара иухатәызар ҟаларын!
Иахьа узну умҩа иашоуп, иугәылҳәаны игоу!
Ари иахьа иҟоу аамҭақәа умаҳаӡаци уара, семеины подриад, акопартив самофокәусированиа егьи ҳәа иҟақәоу?!
Денис Кьыршьал-иԥа Чачхалиа иакәзар, еицырдыруа поетуп, еиҭагаҩуп, ҭоурыхҭҵааҩуп, зеиуа хкы маҷу ашәҟәқәа, аҭҵаамҭақәа дравторуп.
Аҷкәын-шәаҳәаҩы даннеи иааҭынчрахеит, иӡырҩуан рыԥсы ӡаны, ҷытбжьы гомызт.
Анемец салдаҭцәа раԥхьа игылаз, илақәа ӷраӡа, хыҟаԥшьаак данааихагыла, иаразнак ихы-иҿы ааицеикын, итапанча ааҭиган, Сергеи игәыҵәҟьа иныҵакны диеихсит.
Аихахә иахьахәҭоу амҩанҵаразы Атаев иеиԥш иҟақәоу ирмоуроуп.
Ишьхәа дахаҵәиуан дынҵәаха.
Схаҵа иоуп абрахь ҳаара еиҵызхаз, иагьеиҿызкааз.
Асҭамыр дагьԥсымкәа, дагьбзамкәа, ақәаб еиқәара еиԥш дыхшәааӡа, ашьшьыҳәа дҩагылан, иҩызцәа бзиала ҳәагьы рамҳәакәа, ашә ахь иҿынеихеит.
Иаҿын икыдҵәан ақәоура, мзызда слакҭа ыҟан еималан, заҵа ашәак сара исымҳәара.
Амашәыр иақәшәаз ауаҩы дҭахон.
Ашла Дима иахь.
Избоит сара сбывсны сахьнеиуа, бара бнацәхыԥқәа шшәу иуаркалеиуа!
Рҩыџьагьы урысқәоуп, Урыстәыла акаршәра иааӡеит, аибашьра иаӡрыжәхьоу арԥарцәоуп, руаӡәы ақәыџьма аԥсы ихоуп, егьи ажьа аԥсы
Сара агәра згоит ари аҭыԥ зыԥсадгьылыз, иахьагьы зыбжьы аԥсабара иалыҩны исаҳауа, знымзар-зны рыԥсадгьыл ахь ишыгьежьуа
Ажәлар ҩашьаӡом.
Иахьа инаркны ҳалагоит амаҭәар ҿыц аҵара, — лҳәеит лара.
Нырцә ахәаҿы уҩхалан, урзыԥшла аӡы ираанӡа.
Наҟ-ааҟ ижәҩақәа днарықәԥшуеит.
Агәабзиара зыԥсоу уздырӡом иуцәыӡуа уалагаанӡа.
Иара абри ҟасҵеит, абри зуит ҳәа ажәак иҿыҵиршәом.
Кьыршьал Чачхалиа дсатирик мацараны ҳихәаԥшуазар, уи ирҿиара ҳзеилымкааит ауп.
Хаҵарак иацәхьаҵуазма, иалааӡан, игәамҵуазма.
Ишәыршәыруа бираҟ ҟаԥшьла аҽаҩычеит Аҟәа, еицрыхәхәа игылоуп Ар Ҟаԥшь, игылоуп кьаразаагьы бџьарла ихиа, урҭ дрылагылоуп Ноурыз, ишьанҵа шәақь иҵаргәа.
Зегь еилеигӡон иара, ашәа амҩа ылихаанӡа.
Аусқәа дара ишырҭаху изыманшәалахар, даргьы рыхәҭа намыгӡакәа иаанхомызт.
Ажәа ирҭеит аколнхара ахантәаҩы Лад.
Зхыԥша аурымқәа ацәшәартә иҟалаз Дадрыҟәа, фырхаҵа!
Зегьы ҳара иҳазҵаауеит, шәынхара, шәынҵыра, шәхыбрақәа иабыкәу иахьшәыргыло ҳәа ҳахҭакны ҳрымоуп.
Бара быҟоуп аҵаҳәарҭа, сара амцҳәарҭа адәы сыцәхалеит.
Петрович иасҳәеит Самсон Григорич изыҳәан гәҩарас исымақәаз.
Ари иҳәеит, акалаҷкәырқәа ҟасҵароуп, — иҳәеит.
Ихьшәашәахазаап сборш.
Иахьа адунеи иадыруа аԥсуаа ажәытәӡа зны знырҳара ыҟаз, зымҽхак ҭбааз, зхыԥхьаӡара рацәаз жәлар дук ирҟәырҷахоуп.
Дабаҟоу лара?
Амыцхә акәымкәа, ус игәырҩақәа анырацәахалак иааимзырпыша, иԥсы изыргаша
Ашәҟәыҩҩ иҩымҭақәа жәпакы реиԥш ари иповеџстгьы иахоуп асинтезтә цәеижь
Урҭ дара рхала ианыҟоугьы иҭынчӡам.
Илылшауаз ахәыҷы ала ҳаҭыргьы рықәлҵеит, крырҿалҵеит, крыдлыржәит днархагьежьуа.
Арҭ аԥшьышықәса рыла Синаҭ акыр иҭааҭыӷьоу хаҵа еибаганы дҟалеит.
Сара сзыԥсахуа, исеиуоу абру узыԥшаарым, сҩыза, узаҵәӡа аҟәарашра ушыларшәу иҟьаҟьаӡа ишап.
Са схаан аԥхьаӡагьы ишырҳәоз акәу?
Арҵәааҳәа дыҳәҳәан, Шәамаҭ мыждагь ашьамхы аҟьеит, ларгьы дҽыжәлан, дыҿҟьа дишьҭалт аҵарақәа зтәыз.
Аарҩара аныҟоу, урҭ аԥсҭҳәақәа, ақәа азыруа ԥсҭҳәам, иззымдыруа ԥыҭҩык ржьоит, ргәы хыҭхыҭуа иҟарҵоит акәымзар.
Карибтәи аӡцарҭа ҳашьҭԥаа ҳаманы ишлеиуаз, ҳаамҵанарсит Флоридатәи аӡӷьы.
Ари ала амиссиа хыркәшахаӡом, уи иацҵахоит, ҳәа иҳәеит амиссиа ахада.
Иалшом ҳа ҳхьырԥар шәыршаҭарц, Иалшом, иабыкәу шәхы ахьхоу?
Хшыҩла иулшоит
Амҩа изылкын даанылкылеит.
Абри жәдыруаз, дад.
Ацәа аахиххьан еиԥш, фархьк иҟәшәарц иаалалаз Маф иԥа дааихагылеит.
Ус ибжьы аахәанчахеит, илабжышқәа иҿысуан.
Амала, убарҭ дрылкаатәуп Никонова.
Насыԥ лашагьы аманда, Егьдәкаршәраӡазааит амарда.
Аха уи лҵшәа аиуоу, иамоуоу?
Ажәак ала, аӡы мҩахыргеит, аха алахь еиқәнаҵеит, жәытәла иуҳәозар, иӡшьшхеит
Сылақәагьы сыржьо иалагазаап.
Еиҳаракгьы, иҿыцны акәымзаргьы, лассы-лассы аефирахь ицалартә еиԥш арадиоинсценировкақәа, алитературатә ҟазшьа змаз еиҿикаауан, амҩа риҭон.
Ажәҩан аеҵәа аҿаԥсан
Ахәылбыҽха Хәыхәын ишьхыц ашьхымзаҭра инҭадыртәан, иаргьы игәы рҭынчны аҩныҟа даахынҳәит.
Срыцны Шромаҟа схалеит.
Аакьыскьа исымбацызт абас ажираф, иагым, ирыцҳам, иҭоуп уи ақьаф!
Акәтыҵрахь ихәнарц иназықәгылоз ӷәыла еибыҭаз акы наслырбеит.
Зқәақәра згаша Аԥсцәаҳа, знызынла аиашақәа ауҟаимҵахуа ауаа кьаҳәқәагьы иманы ддәықәлоит.
Ааҵәак агуп, ааҵәак уара ухаҭа иуӷьычит.
Аҩы адагьы араҟа зегьы ссирын, зегь еиҿкаан, зегь ԥшӡан, аашаанӡагьы абра утәазар ауа.
Баҭал иаҳәшьа Земфира ахә дихагыланы ихәрақәа рҿаҳәара даҿуп.