text
stringlengths
0
400
Имахәар ааныркылан ддыргылеит, егьит.
Аҩны дшазааигәахазҵәҟьа, даангылан, зыцԥха аркымыз агараж ашә аалыртын, лхаҵа имашьына ааҩсан, лмашьына ныҵалгалеит.
Аха сара сымацара сшәҟәы агәхьаагьы ркуам.
Арахь саашьҭуп агарнизон ахада Суқьессиан идҵала, иҭахуп ацхыраара шәиҭарц!
Ақәра ду имоуп, аха акгьы иԥырхагамхаӡеит, ихшыҩ ҷабӡа ишимац имоуп иахьагьы ҳәа акәын зегьы дшырыԥхьаӡоз.
Унапала ишԥа ҟарҵо?!
Ҽыргаӡара ҟаиҵон Ҭамаз.
Ҵаҟа ихы ларханы данынаԥшуаз, Рашь ибон аҳаракыреи аҵаулареи.
Алабаҭыԥ еималоит, абызҭыԥ еималом рҳәоит.
Абри аҭоурых ҭыԥ ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба иԥсадгьыл хәыҷы ауп.
Иуапа агәҭа мпахьшьы еилаҳәара хәыҷык ықәын.
Абри аԥсуа культуратә хәышҭаара ҳдоуҳатә ԥсҭазаараҿы изыԥсоу иаҵанакуа ибзианы идыруеит.
Агыларҭаҵәҟьагьы уԥыхьашәомызт.
Иааҳакәыршан ианҭынчраха, еиҳагьы сгәы аҭыԥ иҭагылом.
Дцәажәеит Леуарсагьы.
Баргьы уи аагәаҭаны бааӡырҩы хәыҷык!
Арҭ аҭаацәа ирыхьзеи, чмазаҩ дрымоума, иаха ахәылԥаз аҩада саниасуаз ибзиахәха иҟан?
Ари аҩыза ахьҭа бааԥсы ахьсылалаз здыргәышьоит, аха изоуҳәода?
Грышьа Нарықь-иԥа ианиаамҭаз аҭаацәара аԥиҵеит, Кобахьиа-ԥҳа Ката Нестор-иԥҳаи иареи рыԥсҭазаара еиларҵеит, аха ахшара дырхылымҵит.
Абаҩхатәрагьы кыр аҳәоит ибиографиазы.
Аибашьра аамҭазтәи ирҿиамҭақәа ажәытәӡатәи афырхаҵаратә ашәақәа рхыԥша рнубаалоит.
Сара сыбҭахызар, уи арԥыс уаҳа биқәымцәажәан.
Аҵларкәыкә аҵла ианамысуа ахы ахьуеит ҳәа, уеизгьы ҵәык налумхыр угәы иауам, — лҳәеит ран, раб иҿыԥшны даргьы ахьлафҳәацәахаз лгәаԥханы.
Убри аҟынтә сара сҳәатәы ханаҵароуп.
Уа ҽацәқәак сызбом сызхара, аԥхӡы хьшәашәа нақәнаҭәоит сылахь.
Сара арыцҳа соума, адау дҿарзза дызкыз иара ауп рҳәоит.
Кыр ҭакарқәа сымч ршәеит, Исхызгеит ӡын хьшәашәагьы.
Ари аҳ анахь дцеит, арахь дцеит, аха дабахьӡоз, ақәыџьма, қәыџьмоуп иагьаџьара ицап, дзахьымӡаӡеит.
Уаанӡатәи лџьабаа?
Урҭ зегьы, ԥҟарак аҳасабала, арацәа хыԥхьаӡароуп қәкыс ирымоу.
Аҳәсақәа анаахынҳәҿымҭӡакәа иҩнан.
Сара схы иавызбоит, Ача, схы иавызбоит Када бгәы ахьынирхаз, дахьбыцәцаз.
Арҳәцәа асахьа ҩныргеит ԥықәсларада.
Рышьҭахьҟа ирхибаххьеит рцәа.
Иџьоушьаша, ахаангьы ихы дахашшаауамызт, ихы ианагижьуаз рацәан.
Убриаҟара лажәақәа рыԥсы рхалҵон.
Сажәаргьала ихьӡзаарын рҳәан, дышьҭырхт.
Иџьшьаны ухы уазымҵаарц залшом.
Сара саԥсуоуп, сара счерқьесуп зҳәо зегьы Аԥснытәи аибашьра, Аԥсны ахақәиҭра азықәԥара, уалны, ихьымӡӷны ирыдуп.
Уи дшаиааиуагьы агәра ҳнаргоит игәамч-илша, убри анаҩсан, иара абраҵәҟьа ибоит апоет сахьа лашак.
Иуҭахызар ҳауацәа, иуҭахызар ҳарахә.
Иҟоузеи, шәаазгазеи?
Зегьы қәҿиарала инаигӡеит, аха Иуда исахьа аԥҵара изыцәгьахеит.
Абасҟаҩык аныҟамызгьы аӡә далаҳххьан?
Лад аконверт нарҳәыаарҳәынгьы днахәаԥшит.
Џьоукы, имхәыцуа хара, аӡырҩаш иԥан рыҽҭадыршәуеит
Арадиогьы аахәарчарын бжьык ҵәыҵәӡа инҭыҩит.
Ирааны аҟәара инықәҳауаз ауаа, ирыҵкьаса зҿыназхоз ашьа аамҵарсны иргон Шьчара ацәқәырԥақәа.
Уи ашараз жәҩан инхалан, ашәахәа ԥсаҟьо аҟазшьала, амш каҵәа агәы инҭашит.
Валентина Митиуха, Ашот Ферманиан, Нина Бахиа, Анна Панасенко, Гьаргь Бараҭели, амедалқәа ақалақь Ахадара аусзуҩцәа ԥыҭрак ашьҭахь иранаршьоит.
Ари аԥаҭхь икызар ажәа ауаара уаҩы ииҭом, аха уара уи аҿгьы уԥсыҽуп ҳәа сыҟоуп, уиаҟара аԥсшәа уҳәаӡом.
Уаазықәгәыӷуа иҟада?
Дызусҭада исываиоу?
Уи сҳәеит ҳәа ҳара ҳҳәынҭқарра зхаҳахьчагәышьои, иҳақәлода, ҳазҭахыда, ҳмал еимырҵәаразы иҳақәлозар акәхап, анҵәажәқәа, ҳуаа барақьаҭқәами.
Рҽеишьа змоу ҳәа акгьы ыҟам арала, избанзар, ҳахьнықәлаз
Егьирахь аԥара иахьынтәааугаз, ахан ургылама, аҳаирплан, ма аӷба ааухәама, аӡәгьы иусс алаӡам.
Аԥхьа ҳанеиқәшәаз ҳаиҳабацәа ирҳәаз ҳгәалаҳаршәап.
Дызҿузеи?
Агаҿа, амарџьа, уԥхыӡқәа сцәумырӡын.
Уи иахьатәи аиҳабыра, сара раԥхьа снаргыланы, ҳазҿу аусқәа рхахьы ирзаагом.
Аамҭала адинтә семинариаҿы аҵара иҵон, аха далырцеит анцәа Диҭахым ҳәа хьӡыс инаихҵаны.
Уаҵәы ашьыжьымҭанынӡа ҳәа аҳ иуиҭаз аҿҳәара аҟынӡа иҟалаша иудыруазеи!
Абригьы ибеит.
Ҳәаа збом.
Ҳаи, ари дызхагада рҳәан длышьҭагәа дыркын ицәа дыҭцаны дрыпҟеит.
Урҭқәа сзымдыруа џьыбшьома.
Егьырҭ еилагылаз зыԥшрақәа рбахьаз шыҟазгьы, ирдырӡоз ԥҳәыс дрылаӡамызт.
Арҭ ахԥагьы ҭагалан зну адгьыл-чанах зырԥшӡо, зегьы рхыхь иргәылыԥхо иқәу, ачыслыԥшаахқәа реиԥш исыԥхьаӡоит сара.
Рхы зықәҵаны, ҳхәыҷқәа ршьала иҿырхыз ҳадгьыл рыцҳа
Атәыла ауаа рацәа ацәыӡт хҳәаада зықьҩыла!
Шаҟа игәхьааган сыҟаз уи абжьы, шаҟагьы сыгәжәажәо сазыӡырҩуаз, аха иабаҟоу!
Тәамҩахә змауз акы иазкылымсыр ауӡом, — иҳәон Разан.
Уажәы ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара Кьараз адыргаҷыда аԥҵаразы аконкурс рылаҳәоуп.
Иҽхыршәааны даагылеит иара.
Сан лахьшцәа рыԥышӡара, реилаҳәашьа уамашәан лакәҵас иеиҭарҳәаон.
Ишәуп апиджак, исарочка шкәакәа агалстук ақәуп, ихоуп ашлиапа.
Ба бсымбазҭгьы, сбаҩсызҭгьы, быбжьы
Ахара ихәыцуаз ирҭахын урҭ зегьы хырҵәаны арахь Аԥсныҟа раагара.
Шьахәсна илҭахыҵәҟьамызт ҳахьдәылҵуаз
Арахьтә аӡәы ҳаӷацәа адырра риҭеит.
Абри ахаҵеи бареи жәаашықәса хаҵара-ԥҳәысра шәзеиламкәа, ахаан исмаҳац, изыҟалазеи?
Иарауажәгьы, иара иеиҳагьы агәаҟра дшаҿу идыруеит.
Амҭа ма аӡаӡ ҳаухьандаз, иҳамаз зегьы агарагьы усызма, ақәа аасуа ақды иалагылоуп, харџь ҟаҳҵаларын амҭа ҽеимаак аабахьандаз.
Иуасымҳәар умуазар, иҟалаз убри ауп, уара Нхыҵтәи уҩыза бзиа сҳәаны сизтәан, аха уара суиҭеит, — лҳәеит.
Уаала, аӷәтәы ҩны, анкьа аҵара ахьаҳҵоз, ҳнеины иаабап, гәыразыла иаҳԥылаз ҳанхәыҷқәаз.
Иагьрықәҿиеит.
Аха дызусҭазаалак аӡәгьы дрыламцәажәеит амилаҭ проблемақәа.
Аҷкәын уи аамҭазы аԥҳәызба длыҵахоит аизҳара аҿы.
Маҷк аабжьысхьан еиԥш, асас астол ашҟа днарԥхьеит, Дырмитгьы днеины днаидтәалеит.
Адәқьан ахь, уаантәы амшын иаваршә, апаркқәа рышҟа, ахәымҽхан ҿыц адәқьан шыҟаз.
Аҵаа иаҳа-иаҳа арӷьеҩра иаҿын.
Ашьыжьшәакәын аԥхыӡ анибоз.
Арахә-ашәахә, ашьамаҟа, аԥсаса уҳәа рацәаны изанын.
Акрузыфаӡом, Ҳаџьараҭ.
Аӡәгьы иласҵом ацҭәы, ус мыцхәы.
Аҭҳарцәҳәа дааԥшын, аԥсеивҵахара змоу ачымазаҩ иеиԥш, лгәы ҭыҵны ицо, аиарҭа дынхықәтәалеит.
Амра амшын иҭашәон, уи ауаа реиԥш аҽашьӡомызт.
Абгахәыҷы шәара ишәылымшозар, исышәҭ аиха арахь.
Ианакәызаалакгьы ишаԥу еиԥш, аколнхараҿы ус ҿыцк анаԥшьырго, азеиԥш еизара ҟаҵаны иахцәажәоит, доусы ргәаанагарақәа рҳәоит, аколнхацәа еиқәшаҳаҭны ақәҵара азышьҭырхуеит, еиҳа еиӷьны ишымҩаԥыргаша.
Урҭ ажәақәа зегьы иреиҳабуп, раԥхьа узиасуам, ус иаԥуп.