text
stringlengths
0
400
Уара ушәҟәыҩҩыми!
Иеидтәаланы ажәеи ажәеи ахьеихырҳәаауаз Маҳмуҭ анхаҩы дизҵааит абри Аханаа рҭыԥҳа дзеиԥшроузеи, илыҟазшьозеи ҳәа.
Убриаҟара абас сгәы аҭыԥ иҭызҟьаз ахәыцра еиқәарақәа абригьы нарыцлеит.
Анҭ рыгәрас иугои?
Лара ара нхашьак лзыҟаҵарызма.
Ҳажәхьа заҵә иаха абора иааҭкәыцәаа иргеит.
Аацыҟа сцоит, уаантәи Гәдоуҭатәи аштаб ахь.
Урҭ ирҭатәаз ауаа амилициа аформа зшәызгьы изшәымызгьы рылақәа ҭакәаҳа, рышәҵатәқәа цәашьны, икараха, ацәа нарықәҳауа иҟан.
Сгәы, егьҳабжьамшәа, есымша изжьоит, баазбеит, иаразнк бсыцәҭалоит!
Амшын ахықәаҿы ажәытә баагәара ахаҳәқәа ахьеилажьыз даннеи, даамҩахыҵын, урҭ ахаҳәқәа иреиҳаз акы дҩыхәнан иӡарақәа кны даақәгылан, ақалақь илаԥш иааҵигеит, амшын гәы ихыԥраауаз аԥшалас хьшәашәа наидиҳәаҵалан ицәа-ижьы маҷк нарԥсаҳәан, иԥсы ааивигеит.
Сара рыцҳа, сахьцо исызгауам, улахь ианым мчыла иузанҵауам!
Абас ауп дшыҟоу, даалҵшашәа дааҟалоит, нас дынҭанагалоит, ацәа дзалҵуам.
Ишԥазури нас, уаҳа иамуазар, ԥсыхәа ыҟамзар, уажәы ҳшыҟоу ҳаҟаз аринахысгьы.
Лацала иахьа хазы дынхоит, аха ари ашҭа иалахәу лоуп, шәлызҵаа, иара лхаҵа ихаҭа шәизҵаа
Дыҷкәынымзи
Уаҟагьы аӡбахә бзианы иалацәажәоит абри асахьа.
Арҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡагны, шәара шәусбарҭа азакәани азинлеишәеи рыхьчаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит.
Сыԥсадгьыл аҿы ашьа каҭәоит.
Абар уажәы лаҳәак еиԥш дкәалаауа арха-сакара даныларцы дышнеиуаз, данԥшы, Ҭабарда аҟьаҟьарахь ихы рханы аӡә дшаауаз илаԥш наиқәшәеит.
Иудыруеи, алаԥш акыр алшоит!
Ақалақьуаа рыгәқәа кылҵәо, гәынамӡарак рхы-рҿы ианықәу, атәанчаҩцәа гәамҵуа еилагылоуп, рылахьеиқәра сыбла ихгылоуп
Ихәны иааргоз еиқәырхатәын, ацхыраара рыҭатәын.
Аҵла ҩеижь.
Сзанымаалт.
Ариабжьарак ирхыргахьаз аџьамыӷәа цәгьа еиҿнакаауан дара рлеишәа.
Сыҩны ахҵәацәа еилаҩеиласуан, асы леиуан, анаатә асуан.
Уи ҷкәынак ижәҩа лнапы аҵданы, лхы нарнаашәа идуп.
Агәылеи-агәлеи анықәибахуа аамҭа ҳҭашәеит умбои!
Аха еиҭахгьы лхы-лгәы каҳаны дыҟаӡам.
Хьҵыс лысаси лареи акәасқьа асасааирҭа инхалан ианынатәоз, Шәарахгьы, абжьааԥнеиԥш, ажәеиԥшьаа рылԥха иманы, деикәаҳәа-еикәаԥса амӡырха дааҭалеит.
Сара издыруеит макьана аибашьра шеилымго, ҿаалҭит Нанашьа.
Асҭамыр иҿаԥхьа иӷьазӷьазуаз ахыбра еиҵых гылан, автодәқьан, амашьына хыргәаҿыргәарҭақәа, аӡәӡәарҭа уҳәа, даҽа ҭыԥқәак аҵакны.
Даалаган даҽа ҩажәаҩык ауаа иԥшааит ар еизигеит уаанӡа имазгьы налаҵаны.
Сара схәыҷы аԥсуа школ дҭасҵар сҭахӡам.
Зны ахьшьцәа дрыцны агаҿаҟа дылбааит.
Аха иаақәырҵәиааны амра ахьшәашәара иаԥсахит, ахҵаарақәа ҟалеит.
Уаха амаалықьцәа сыкәшон сгәазҭаз, илашон ашацәа рашҭа сызҭаз.
Синаҭ ицәа дааҭӡыӡааит, уажәеиԥш ахаангьы игәы ҭрысны дҟамлацызт, ихьыз ихаҭагьы изымдыруа, иқьышәқәа аақәац-қәацеит.
Иаҳзеибоухьоу, уажәы абарак аҿы иаанханы иҟоу аӡәгьы издырӡом.
Инапы наимҵеикит
Дҵааит иара, акаԥкаԥгьы Қәабзач иааимхны дахәаԥшуа, иҭҵаауа.
Аԥсыжра адырхаҽны иақәдыршәеит.
Ажәак ала ашьыжь сымгәа сааҭасуа амҩа снықәырҵеит.
Иахьагьы ирҳәоит, ас ду анауз алам-ҭалазы, ныҳәак аҽны Аразаҵәы аҽқәа дырыҩуан.
Акиносахьа алагара жәохәҟа минуҭ агын.
Хаҵеи ԥҳәыси рыбз еишьцылан, рхы мҩаԥыргоит ишакәым.
Сирааԥсошәа анызба сшьапқәа рыла сыӡсауа, снапқәа рыла иара дкны, сҿынасхеит.
Атеверсиа ахаԥшцәа идырбахоит.
Дааӷәьаҵәыӷьаҵәт Назыр.
Изалшом сымԥын иқәларц ажәра, сыбла ҭиаҵәа лашәхарц.
Ачараҿ аԥыҭхь ыжәны, сас дахьк инаидыркит.
Нодар абџьар иманы данааи исырбеит дахькылатәашаз аҭыԥ.
Сара еилкааны исымоуп, бара бшы-гәрагоу, бышхәыдам, бшеилҟьоу.
Еиҭах аԥшра даналага амрагьы кырӡа иҩаскьахьан.
Ахәыҷы пату иқәуҵар, уихаҵгылар, пату ақәуҵеит ауп ԥхьаҟатәи аамҭа.
Ҳахәаԥшып ҳагага, амра ҭашәамҭаз Адгьыл аҵыхәанӡа ишцо.
Аҳасабра еилыргареи аучот аҟаҵареи шықәсыктәи акәрсқәа дрылгахьан.
Тышак ҳарҭ ианҳау уахҭасгьы, сҩызцәа сывыԥсаа ианцоз, ажәа ҟәышқәа, сгәы шәмырӷәӷәоз, шәакәзар ҟалап сеиқәзырхазгьы
Уаха аҵых ҵәцоуп, ицәырҵаауеит, иалшоит асы леир, ақәаршҩы каҭәар
Ухшыҩи улаԥши зхьымӡо сакаран, сара саԥхьаҟагь ашәышықәсақәа шьҭоуп.
Гәбаз иаҟара издыруада мҩак ылхзарц шахәҭоу.
Лыччаԥшь сцәылӡар, илҵәахыр, шьҭа исыԥсыхәои ҳәа схынҳәуеит.
Мамоу, ус изалшарым
Уаҟа иҟалоит ухы иаурхәашагьы, даҽаӡәгьы идыруазаргьы ицәгьамызт ҳәа ззуҳәаша ахҭысқәа, ажәабжьқәа, афактқәа
Ҳаи, убабаду дукәыхшахааит!
Амш цәгьахеит Ԥсҳәы.
Аҽа убриаҟарагьы ахмырҵкәа ага иаҿыкәыршаз амҩаҿ днаӡахьан.
Ианакәым ҭаҷкәым ҳәа схы аазласҵазеи!
Ҳаԥсуа литератураҿы апатриотизми аԥсадгьыл аԥсахреи рҵакы еиҿарԥшуа, иаргамоу ахҭыстә сахьақәа рыла аԥсадгьыл абзиабара аҵак дуӡӡа Аҭоуба аҟара аԥхьаҩ игәы аҟынӡа иназго, даҽа поемак ахьӡ аҳәара уадаҩуп.
Кадыр иԥсы ҭан.
Ибжьы анрылаҩ
Абра дааизар са сабду, дубарын уара, аҵәа ишәҭу!
Днарызҵааит ихы ҿыцха ихчы илаҵаны, ахыхь шимаз мҩашьо.
Ахәылбыҽха ианахәлалаак, ахәра зауз ишалаҳгаша, ашаха ала акьыба злаҟаҳҵаша, уҳәа ҳирҵон.
Сымши сыҵхи сшыхӡыӡоз збон.
Иагьшәеит, иагьгәааит иара.
Слыдгыланда, слывс сымцакәа, сажәа дажьжьар ҟамлауаз
Иуаҩыбжара днеихьеит.
Ахәшә абылфҩы шихылҟьоз, хчык ихы наламҵаӡакәа Аиааира амш аҿынӡа днеит.
Ацәаӷәарақәагьы ауеиԥшыху.
Сара, Олег, сныҳәаҿа ԥаҭхьла иужәызар, Леуа ухаҵкы сцеит, саргьы изысымжәри?
Саҭамзааит, аха урҭ анапқәа исуркуа шьала иҟьашьуп, иумбаӡои?
Аҭоурых иадыруеит арҭ аҩмилаҭк рҳәынҭқарцәа шьалагьы аиуара шрыбжьарҵахьаз.
Баҳәшьа Диана лоуп ари аҩны аханатә аахыс изхагылоу.
Аахәацәа ааидгылан, илахәҳахәҭуан.
Аркәашага цәырга!
Анаҩс иаликаауеит аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аҟынтә иара ҭҵааратә обиектс ишьҭихуа ажанрқәа.
Ахада иҟны Ауаажәларра рыдкыларҭа анапхгаҩы
Ажәлар ргәазыҳәара нарыгӡеит.
Иаргьы амшын ахь иԥхьон акы, изымдырӡоз акы, убраҟа изыԥшушәа.
Аха шәымҭақәак рышьҭахь дцәырҳаны даалҵын, аҵыс-ҵысра далагеит, ԥшцырак-ԥшцырак иаҟараз аԥхӡы цәыкәбарқәа лхы-лҿы иқәнаҭәон.
Аҟәа ақалақь аҟны аԥсшьаҩцәеи инхои иахьеилаҳаз иахҟьаны, адәқьанқәа урзыҩналом, автобусқәеи атроллеибусқәеи узрықәтәом, аочаред уахәом, аԥшыха уара иумам, избанзар уԥсшьаҩым, усура уццакуеит.
Иахцәажәеит
Ужәҩа ааҭҟьартә, иахьа ҳадгьыл ақәыԥшыларагьы акыр аҽаԥсахит, абри аҟнытә иреиҵоу аӡыҷҷагьы ахьӡ рҩашьатәым, дад.
Сара соуп иаҭабымҵаша.
Мадлеи днышьҭасны иаашьҭхны инапсыргәҵа инаниҵеит.
Убарҭ рымҩа акәӡами ҳазну иахьа?!
Аҽареиџьуан, зны ицон еиҵыхәхәа, ма аҽырқьақьан, ԥшьаала иаатәахуан.
Уи амии уара умҩаԥызго, укымҭа мырӡкәа еиқәзырхо, уи амии ауаа рахь уӡырызго, уҩны-угәара зырԥхо.
Иудыруаз мышкызны аԥсра шуқәу, рыхьымӡӷжәракьумтәын ушьҭахь инхаз.