text
stringlengths
0
400
Еиҭах ааԥынрами!
Уа, аллах, злыԥха ҳаура, избо дызусҭада?
Аибашьра ашыкьымҭаз уи далырхит Мрагыларахьтәи аибашьцәа реидкылара аиҿкааҩыс.
Ԥара дақәшаҳаҭын.
Иара дахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҳаирбаӷәазаҿ иус-бараҭа аусзуҩцәа, аминистрцәа ркабинет иалахәыз уҳәа, ирацәаҩны идикылон, аҭагылазаашьа аиӷьтәраз еилацәажәон.
Ус лымамкәа дыҟамызт, арахь лусурамшқәа лыцәцон хәыцрала.
Мап, Стефа, арыстәи еиҳа еиӷьуп, избанзар еиҳа иааигәоуп, насгьы илашьцароуп, — иҳәан сааигәыдҳәҳәала, сааигәӡит.
Абжьас Абгахәыҷы, иабаҟоу ахьаԥарч сбаҟа ҟазҵаз?
Ҩажәижәибжь сақәлахеит ожәшьҭа
Аԥсуа жәлар гәаартыла урԥыл, ргәы ҟажа, ргәы рҭынч!
Аҳҭны акәша-мыкәша ишьны еилажьыз ршьа-ԥха уарқьҵас иахылҵуаз ахылҩа-ԥсылҩа мацара уаҩы ихәлачны дашьрын.
Аха убас аҟаларазы игқәаз зегьы ибла иаахгылон
Ихагаха аурҭ анасуа, сыҩнатәом аҩн сыбз сасуа.
Амра гьежьӡа барбалҵас, бзиала аҳәазшәа ианҭашәо, ирхәан бзықәтәаз уаҟа балҿыс, иныжьны бцон аҩныҟа, бшәо.
Ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рхыԥхьаӡара есымшааира иазҳауеит.
Ус акәӡами, Кыҷына?
Шьрыф Каабан-иԥа сара иашьак иеиԥш, дагьсыдгылоит, аха Заабеҭ Мачагәа-иԥа, макьана аҽура даҩызоуп, аха ижьашьа сҽақәыршәаны, снапаҿы даазгароуп.
Ҵоуп, Кьахь Ҳаџьараҭ ицәырҵра зыхлахаҵ аргьежьыз аӡәык-ҩыџьак ҟалақәеит.
Идысӡа иҟалахьаз ицәеижьы аҵла ишадҿаҳәалаз иаанхеит умҳәозар, заанаҵ иԥырҵыз иԥсы иннажьыз ибаҩ иахьраны иҟаз насҭхантә иазыԥшларц иԥшны игылазшәа игәы иҵанаҳәахьан.
Срызхәыцуа саатәоит ара ажәытәи аҿатәи, инымҵәаӡо сымҩақәа ахара еихоит.
Сара иахьынӡаздыруа, бара даара аԥхьара бзиа избо ҭыԥҳауп.
Базала иаауаз агәыԥқәа руак харантә данрыхәаԥш, мышқәак раахыс дзышьҭаз Нусреҭ Чауш дырхагыланы дшаауаз гәеиҭеит.
Арсҟатәи ус рызхәцра мариоума?
Сара иҟасҵаз приказӡами?
Уи ус шакәу ашәҟәыҩҩы ихаҭагьы иҳәоит ироман дахьналагоҵәҟьа
Уара узтәои, аимхәыц ухазма?
Урҭ ара исԥылараны ҳәа сазԥшымызт, снарыдгылаанӡагьы цқьа исызгәамҭеит.
Аха идырдырны данзымҭала, усҟан уҳәан-сҳәанқәа ртәы цәгьоуп.
Хьымашьа.
Чаҟәшәышә дгәаан, лӡамҩақәа еиҳагьы иҭыҵәраауа иааҟалеит.
Иааиҵагьежьын, аихамцеи ашьанҵеи реиԥш атах-сахҳәа иҩеидыслеит, иааидыԥеит.
Даара ҟәышрыла иныҟәеит.
Аӡә адгьыл дзықәгыло ҽаӡә даӷрагылоуп.
Урҭ араӡны ԥштәы змаз амаҭәа ршәын.
Абзиабара злаауа уаҩы издырӡом.
Рыбла иабаз рҿы ирзарҳәомызт аӡнырцә ихықәгылоу аҵлақәа, ӡарҵәила рыхәдақәа ҵкааны, индырҵәаз ҳар иреиуоу ауаа рылакнаҳауп, аӡиас илаваршәны шеибакәу зегьы ҵҩа змам ар хықәжьылоуп, ақыд дуқәа ҟиарла ирҳәазаны иааганы аӡы иалажьны, арахь изларша ацҳақәа рыҟаҵара иаҿуп, — рҳәеит.
Даагәамҵшәа дцәажәеит Шьабаҭ.
Идыруп, ахәыҷқәа бзиа изымбо дара абырсааҭк деилыркаауеит, аха зегь акоуп, аҵәҵәа шааҟалалак лара лахь еихоит.
Насгьы зегь реиҳа ихадоу
Аибашьцәа еиҳабацәа ирҳәоз, идырҵоз жәаҳәарада инеигӡон.
Иарбан гәаҟроу уцәа иҭамӡац, бџьар мцала урбылуан.
Аус злаз ҳара ҳтәы иагазааит
Ацәгьараҿы, абзиараҿы, ачеиџьыкаҿы.
Ҿымҭкәа уи дгылан
Аа, уа биашоуп, зыԥсадгьыл аҿы иҟам ауаҩы дрыцҳами?
Аха амшәра аҟынӡа иабаҟоу Дамшә, Дамшә машәыршәагь иамбацт амшә.
Ианиашьа ихаҵашьоуп, дихеит!
Бидаҿ ари иибаз даараӡа ихьааигеит, даараӡа игәнигеит, аха изыхҭниҟьашаз дақәшәомызт.
Иаразнак Сталин адырра ирҭеит, абасоуп иҟала, Лавренти Павле-иԥа Бериа Аҟәа аԥсуаа рҟны дыршьырц иеихсит, ацәгьаҟаҵаҩ иабџьар имхны дынкылоуп, уи жәлар раӷа Нестор Лакоба иԥа Рауф Лакоба иоуп ҳәа.
Ахәыцра дуқәа рыкәа сҭаршәуп, блас исымоу бара бами.
Уажәыҵәҟьа иааигәа-сигәа уаҩы дыҟамызт, аха ус машәырны аӡәы дибар ҭынч иԥсы ишьарц гәата-бӷата дтәаз џьишьарын ҩныҵҟала ибылуа мацара иуазыруаз арԥыс.
Алхас, аҷкәынцәа уманы удәықәла.
Ишынҭаацәаз лара дахьыргоз лгәы ҟанаҵон.
Конго адипломат уаҵәы Аԥсны аанижьуеит.
Арбаӷьқәан!
Сҭаацәа рхабар ҳәа иудыруазеи?
Кәасҭа Маџьгәыр-иԥа Герхелиа иаҳәшьа Флореи сареи Кондрат Фиодор-иԥа Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат, нас Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿгьы аҵара еицаҳҵон.
Акагьы дышихәарҭамыз аниба, дыршәны аиарҭа днықәиршәын, игьагьо аҩны иҩназ иҩызцәа днарышьҭалеит.
Машагьы аинститут даанахәеит ҳәа раҳазар аҵкьысгьы Дариеи Дашеи ргәы иаахәеит, Маша Зурик гәык-ԥсык ала ишидылныҳәалоз, насгьы иара Маша дшылзыҟаз анеилыркаа.
Ашәарыцара иԥсы алан, ишиҳәалоз еиԥш ашәарахжьы иԥсы азыцәгьан акәымкәа, ашьха, ахрақәа рҿы шьамхԥышәагас, насгьы ибла аҵарышьа агәаҭаразы.
Амаӡа Акәарақәа, аӡыхьқәа, аӡыҷҷақәа, шәабацо, шәабеихо, абас шәыццакуа?
Уи дзыцныҟәалоз арԥысгьы хазшәа дгылан.
Алмахсиҭ ихы шкәараҵаз, Бабышь дыхәны дшынхаз, егьырҭ ахәҩык шынҵәаӡаз, рыг-рҿамҳәо ишбылӡаз.
Измаанозеи, изызҳәозеи ҳәа ар рыдҵа аҭҵаара аҭахымызт.
Дмыццакӡакәан длеиуан, ақыҭа мҩа ду дазкылсаанӡа, Асҭанда лгәарԥ дааҭыҵуазар ҳәа.
Анцәа дшәеигәырӷьааит!
Шәеиха, сдауаԥшьқәа, сыхрақәа рыхра хҭырԥа шкәакәа.
Изқәикыз азааигәара асы инылакьакьеит, иаргьы наҭрысит.
Иааит насыԥ зцу, сыззыԥшыз уи амш, нап асыркуеит суал дуқәа ршәара.
Ахаҳә сшьышьуеит сажәеинраалеи изжәуа аҩи сара макьана еиҭнысыԥсахлом.
Ан днеины аӡы лырхиеит
Иҭырхит, акалаҭқәа ирҭарԥсеит алҩаҵә рхылзза, идырмазеит
Сара схы сықәыжь, саб иашьа Асҭана сишьҭаԥало снеиуан, амҩахәасҭа ианыршәланы, уи сеилаҳәара хәыҷы сазқәынҵа.
Акызаҵәык бзиарас ирбоз, аҳәынҭқар иԥеи уи иҩызцәеи, иаапкӡаны иасуаз аԥшагьы бааԥсы, дара зҭагылаз аҳаԥы аҿышәҭ ахь ахы хаӡамызт ишҭашәышәуазгьы, убри акәын рыԥсы еиқәзырхозгьы.
Абзиа уҩнаҭа иаазго раԥхьа дгылоуп уҩнаҭа амаҵ зурц, уҵәҩаншьап зырӷәӷәарц иааиуа аҭаца, мамзаргьы аҭацацәа.
Аха абарҭқәа зегьы иҭахызаргьы ҟамларыз
Аурыс напхгара ианакәызаалак ихҵәо илахьынҵа цәгамхарц иныҟәоит.
Усҟан амаиор Измаилов ихатә хәыцрақәа дрылан.
Арыжәтә ицызжәуаз, Мамсыр ицхрааны, дҿарҳәеит.
Днеит аӷар аҳ иҟны.
Ауаҩ рыцҳа иагьааигәоу, егьыхароу, аԥсҭазаара ҟалаӡом изхара.
Ус анакәха, амҩаду данысны Аҟәанӡа дааит ҳәа ахьыӡхалеит акәымзар, Кәыдры инаркны Галынӡа аԥсуа қыҭазаҵәык иадамхаргьы ақырҭқәа рнапаҿы ирзаамгаӡеит.
Уаҟәыҵ, уара!
Ашьыбжь сыцәхалеит, акыр сеилахан, ӡнымахәк саҿалеит, абаҳчаҿ сышәҭхан.
Сзаԥхьом, гәыбӷан сумҭан.
Иҩныҟа данаалак, ҳара ҳиҵашьыцны ҳихәаԥшуан.
Араҟа зыԥсы зшьо рзы бгәы даара иразуп.
Уажәоуп данеиликаа уи аӡӷаб, уажәоуп ианидыр лгәаҭахра.
Ауаҩы игәы ааканажьыртә ирԥсыҽӡаны иҳәоуп
Уи амҵан арымӡқәа гылан ԥаса, уажәы, араҟагьы, уи анаҩсгьы, џьаргьы уҽахьнықәукшаз акгьы гыламызт.
Имцабзха цәалашәарак насхысуеит зназы.
Ақәыџьма еи, Аҳәынҭқар иаҳәаз умаҳаӡои, узгылоузеи?
Уара ҳаиҩызцәами, ужәла нымҵәааит!
Дышьҭахазар ҟалоит, дычмазаҩын.
Шара шьҭа лхәыцра даҽакахьы ииасхьан.
Ауаагьы ааит, ауаагьы ирмаҳаи, абас адгьыл бгеит анырҳәа.
Оумеиқәаҵәа захьӡугьы абри ауми
Ргәы кармыжьит, ргәы мыҭрысит, ирмыхьит бжьажьарак.
Абыржәы акәымзи ианлылшарыз иара ихаҵара, аамҭала ицәхьаҵны иҟаз ишьеи-идеи рзырхынҳәра.
Иреицәаӡоу сымҳәац!