text
stringlengths
0
400
Кәаҷаҷ иҷкәын заҵәык ида, егьырҭ зегьы рыԥсцәа Кәыдры иамырххьан.
Убырҭ ҳҭыӡҭыԥқәа наҳкылоит ҳәа иаламгарц азыҳәан, ҳара абра инхоз ауаа ҳабнақәа ықәшәхит.
Иуам, иуам, издыруеит, — иҳәеит Џьарназ.
Уи акәым
Абыржәоуп лыблақәа иаша данхыԥшылаз, рыҵа умбаӡо амшын еиԥш иҭынчын.
Аха абри ахра уаҿысит ҳәа гәрагашьагьы сымам
Сшеилаҳәаз, иџьхәархахьаз схыза ҵыӷраԥс насықәсыҳәҳәан, аҭуан цәҩабжьа саҵаԥшуа, сгәы ҩарханы снықәиеит.
Зныкҟьара қыҭак ҭазырцәуа агәылшьап еиԥш, аџь асаса ааихнахын, амцабз шаҵәы-шаҵәуа иааҿыҵҟьеит.
Ажәлар рыԥхыӡқәа рҿы уи иамоуп ахатәы символқәа.
Ианаамҭаз алемсаа рахь сиасызҭгьы, шәара шәсыԥса сагаӡомызт.
Уахынла зыхәда абжьы гогьы убри ауп хәшәыс иамоу.
Сааԥышәарччеит саргьы.
Ҽаанынӡа бзиала!
Ҵабыргуп, Ладгьы саргьы агыршәа мыжда азыҳәан ҳлымҳа ацәа ҭарҭәан, аӷбыб ҳаҳауамызт, аха уи аԥҳәыс амыткәма ҳәаны дышҵәуоз аҟара анеилаҳкаа ҳааҭгылеит.
Уи ихы ҳиршьит, — иҳәан, урҭ реицәажәара дныбжьалеит Асҭана.
Шықәсык аҩнуҵҟала саҳәшьеи сареи ҳҷыдахаз ҳҭаацәа зегьы нҵәеит, еихык-еиҵыкны анышә инаҳҭеит, хлаҳәадақәа.
Ура ушԥазхәыцуеи, игәы иҭоуи?
Дадрыҟәа уаанӡагьы дазхәыцхьан, Кәыдрыхықәтәи абаа аиҭашьақәыргылара рҽахьазыркыз азы аурымқәа реиԥш аҳ Иулиангьы дадымҵаалар шыҟамлоз.
Ус акәымкәа, ҳаӷацәа ишырҭахыз еиԥш, Кавказ Ареспубликақәа рхадацәа Ельцин ила ирықәымчны, Владислав дазааганы арҭ ауаа иҳацхраарц иааз чарҳәарыла идырҭиизгьы, дара уаҳа иҳадымгыло, игәаан Аԥсны рхала иалҵны ицаргьы алшон.
Ари еиӷьу ажәабжьыс исоуҳәарц иуҭахызыз, сашьа, уааишь аранӡа, угәдскылоит
Дцеит уи даҽа дунеикахь.
Оҳ, уа узлахәарҭоузеи?
Наргиузели Нимеҭи ирыцырҵара рзымдыруа иԥаҟьԥаҟьуа иқәын, акы рышәҵауа акы ршәыхуа, акы аԥштәы ргәамԥхо, даҽакы аӡахышьа раҭәарымшьо еилаханы иҟан.
Бызшәақәак ржәари, рфонетикатә шьақәгылашьеи, рыграмматикеи еиԥшуп
Сара сшаҟь-шаҟьуа ауада самкуа сыҩнан, схала саӷьуа сыбжьы рдуны
Мап уцәаҳкуеит, ҳҭархара амҩа ылызхыз уара!
Џьота ҩымш-хымш ихы рымҭакәа дшыҟаз, иашьа, Кәыҷыҷ рыцҳа, иарҳәеит уашьеиҳаб ишьҭоуп, дыркраны иҟоуп ҳәа.
Уи снаскьеиԥхьан, даара сгәы иахәоз ажәак сеиҳәеит, иажәа аҳәара дналагеит саб.
Ҳат, абаақәа, ишәцәажәашьозеи, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа зегьы арахь аара ргәаҳәо иҟалозар, уи ами ахазына, ҳхы иаҳзамырхәо ишьҭоу адгьылқәа ҳамкәкәааны ақырҭцәа рыҭара иаҿуп, ҳара ҩыџьа аԥсуаа ааганы иҳаванҳархар ҳҭахӡам, шәышԥахәыцуеи, уара, џьоукы иҟоу шәымбаӡои?!
Урҭ рхыхь Ҷыҷыкәагьы даныстудентыз ара акәын дахьабоз, уи ишьҭаларҭа азеиԥшынхарҭаҿы иҟан, аха икрыфарҭа, имаҭәа-иҩыҭәа, иӡәӡәара, иҳәҳәара зегьы рыла дахьабоз аракәын.
Издыруада, агәашәқәа ҳцәадыркуаны иҟалозар, иахьатәиала ҳнеира аҭауад Пыта изымдыруазар еиҳагьы еиӷьуп.
Амҩа мыцхәы инахарахазар акәхарын, иааӷызы-мызын, зыҩшьапыкгьы зыхьуа иеиԥш иаагарҽарын, иааҭгылеит.
Аха ани Мыса аԥаҵа ҟаԥшь иҩызцәа рҿы узкуамызт.
Ус сҳәеит ҳәа, уа ахәмарразы рацәак адә гьы иқәлар ҟалаӡом, авертолиотқәеи аҳаирпланқәеи анаа хылалак, урҭ рыбжьы аԥш зымҵәаз аӡлагара алуқәа анеи бафоз иаҩызан!
Адрама Аҳақ ашәара аҟны, иналкааны аӡәгьы ихьӡ, ижәла шысымҳәазгьы, асаркьа ианыԥшылозшәа рхаҿсахьа анырба, убри иахдырҟьаноуп аспектакль зааныркылаз, зегь зымчыз аҟаԥшьқәа.
Саныхәҷыз исаҳахьан арҳәра иазкыз акымкәа-ҩбамкәа ажәабжь ҿаасҭақәа.
Аҽада зынӡа акаамеҭ азааигет.
Шьама дахьнеиуаз лышьҭахь ала акы лыхозшәа лбон, насгьы акы лхашҭуазшәа.
Аҿҿа-аҿҿаҳәа ицәажәон уи ианыз аҩырагьы
Аԥхын, аӡын зегь иара иазеиԥшын, иагәаԥхоз ашәак еснагь иаҳәон.
Абри азы иԥҳацәеи имаҳәцәеи игәы аарзынхеит, иара ихаҭа ихгьы гәыбӷан наиҭеит.
Попка, попка, бзамыҟә, попка бзамыҟә!
Ааԥын афҩы хаа рхылеит адәқәа, анасыԥ аадрыхуеит иахьа анапқәа.
Ары-марахь!
Ахорал ашәа макьаназ ицоит, аха абжьы рхәыҷны.
Ашьыжьтәи агәкыра снубаалоит саргьы.
Аҽеилаҳәара даҿуп Сеилаҳ, арахь ихшыҩ блаҟьа-блаҟьо аҩны иҩнагьежьуеит.
Уи арҵаҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәоуп.
Сара сеиԥш ҵлаҳәысҭак дахьтәаз ибжьы иргеит.
Амшын алагьы иаауан ҳара ҳатәқәа.
Аус ахьызуа апутиовка сыдыргалеит.
Абасала уи дниасит, ларгьы днага анышә днарҭеит.
Сергеи Бганбеи сареи, ҳаныхәыҷыз, ҳгәы-ҳгәаҵәа ашәеиқәаҵәала иҭазыҳәҳәаз Иосиф Џьуӷашвили, жәашықәсала зхы ҭиҟьоз, дара иреиӷьу амилаҭ адунеиаҿ иҟаӡам ҳәа агәра зиргоз ижәлар гәакьа, Сергеии сареи ҳақәрахь ҳаннеи ашәеиқәаҵәа еиҭаҳшәырҵеит.
Уааи ҳәа иарымҳәеит Сасрыҟәа, ашҭаҿы даанрыжьит ихала.
Аԥара змоу увараҿы дынхозаапеи нас уара ухы аџьа заурбоз?!
Аха иԥсыз рышәҟәқәа рыԥсҭазаара ацҵара иаҿуп, урҭ рпаспортқәа рхы иадырхәоит рҭыԥ аанызкыло асиндикат ачленцәа.
Уи анҭәу, узхара иузымбо уахәаԥшуеит, уахәаԥшуеит, уахада иумбацшәа, игәоуҭоит, џьара ашәытарақәагьы шану, аха урҭ ашәытарақәа ирзмырхәашьыкәа илашоит иара.
Нан лахь аҿышәҭ иқәгылоуп, Икаҳар, иԥҽыр
Ҳауцәыхьамҭаӡами?
Аныҳәаҩ иныҳәара дшаалгазҵәҟьа рызегь неицҿакны рыбжьы надыргоит, улԥха-угәыԥха ҳаҭ, зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу.
Иҟан мызла уахь данаанхозгьы.
Имҵысӡакәа игыланы иԥшуан, нахьхьи, џьара, иагәалашәоз хҭыск асахьа алаԥш иҵмыршәо.
Ихымҩаԥгашьала иааз агәыԥ дышреиҳабыз еилызкааз Исмил, уи иажәақәа раамышьҭахь иҟаиҵара изымдыруа дааҟалеит.
Иазхоуп, уара, шәуаами, ҳуӷә хьанҭа ықәҳәаз, ҳҟәаҟәа ацәа ахыҵит, ԥхӡыми иҳахьшу!
Измааноу аӡәгьы издырамызт, аха ас ихәаауаз дуаҩума, дгыгшәыгума угәы дрыцҳанамшьар залшомызт.
Жәаха аҽырыҩраҿ избон, Гыд имаҭа ԥхьахә игон.
Ахалара уи аҵкыс еицәоуп.
Иҟаимҵарыз иарбаныз уи ахаҵа, знык иадамзаргьы иҷкәын ибла анхыԥшыларазы.
Елана уажә Азамаҭ иакәын дзызхәыцуаз.
Ажәеинраала злалаго ацәаҳәа еиԥшымкәа икьыԥхьуп
Зегьы-зегь еиҭаҿиахт, Зегьы-зегь аанхеит
Срыцҳахоит, абааԥс, ак игхар
Аиааира, зынӡа иқәыԥшӡаз, зхыԥхьаӡараҿы имаҷымкәа аԥа заҵәқәа ыҟаз, рҭахарала иааган.
Иухоумыршҭын, дад, алаапк изааӡаз аԥшәмагьы дафоит.
Агектар ашьҭыхра зеиԥшҭам усуп аха
Иацынтәиашарак ишауаз иамуаз, зынӡа ақәаршҩы еимагылан иауан, иԥжәаша!
Уара, абри унапы наҵаҩны соушьҭи наҟ, нас даргьы уаргьы шәызхара шәеицәажәалап!
Гәыхьс исоуеит, зны-зынла, сажәеинраалақәа рзы инагӡаны ахҳәаақәа ахьыҟарымҵо, уи зыхьуа сара сымацарагьы сакәым, имаҷҩым ҳлитератураҿы, еиҳаракгьы извызбо иаабац аԥсуа ҳҿы аихҩрақәа иҳамоу рнаҩсгьы, акритикаҿы аиҵахара иҟоу ауп.
Даагап ҿырԥштәыс акапитан Слива.
Урҭ еибырҳәон Нарҭ дышныҟәаҩ духоз.
Шьаҿак рзыҟарҵар, иманшәалахон, еиқәнархон
Иаауеит, ицоит
Иара ихала ихы ҭаирхазаргьы, жәларак зегь иара иқуӡуеит ҳәа сыҟамызт.
Хшыҩла иузыҟамҵо уҽыргаӡашәа иҟауҵалароуп, убригьы хшыҩуп ҳәа иҳәалон иара, иара саргьы сыргаӡара иҽаныназикқәоз.
Абри аамҭазы, зыхәаа рквартираҿы ашәи ишиҳәара еилан.
Аха уи аҵыхәтәа анагӡарагьы даараӡа иус уадаҩзаарын.
Сара изакәызаалакь бџьар сымаӡам, урҭ апатронқәагьы ахьаанага, сыздырӡом, — сҳәеит сҿы иҭаз ашьа нкаҭәаны.
Бырфын шахала дықәҿаҳәан акаруаҭ аҿы дыҟазаап Ажәеиԥшьаа ихаҭа.
Иара убри иҩанҟьҟьеит аҿыв-сывҳәа зҿаадырхаз ахқәа.
Гәырҩеи гәырӷьеи ирцыԥҵәахоуп, цәас иахасҵаз
Ауаажәларрагьы дара аԥсуаа руаажәларра акәын.
Ахыкәалаа сгәы иҭазыршәда?
Уи гәырӷьаҿҳәаша дуун аԥсуа жәлар зегьы рзы.
Ашьхақәас уи ииԥхьаӡоз Аԥсны зегьы акәын.
Аказы суҳәарц сҭахуп
Мап, аҩыџьагьы аҭауад Рабиа ицеибашьқәо ируаӡәкқәоуп.
Изхароу ҳабжьап, иҳапҟап!
Амаршьанқәа рыжәлар раԥхьа иргыла иааны Быдыӷ ианиҳәа, рацәакгьы имыргәаҟкәа ашьҭахь рҳәатәы дазааины, нас иҩныҟа имҩахыганы идикылт.
Аха ишнеиуаз ихарамкәа, рымҩа аладахьы, дырҩегь ирбеит идуцәамкәа уа даҽаҵлакы.
Дҵаахт Бадра.