text
stringlengths
0
400
Ажәпа уажәы-уажәы аҭаҭын наҳадылкылон, аха иҭабуп наҳҳәон акаԥдангьы саргьы.
Убри аҟнытә, аҭырқәцәагьы агәра диргар иҭахуп дареи ҳареи ҳаицхырааны аԥсуаа аннаҳамкыла, нас уажәшьҭан дара рзынгьы ишәарҭаны ирзыҟалар шыҟало!
Аџьмақәа иман дышнеиуаз, днаԥшызар, нырцә аҳаԥаҿы, ашәыб иархәаз амахә еиԥш иҽырхәаны аӡәы аӡы дӡааԥшыло дгылоуп.
Алим исеиҳәон
Уажәааигәа акәымзи баныҟаз, мшәан, беиҭацахуама?
Абри аамҭазы Горки икалам иҵыҵит ажәеинраалақәа, иара Аџьатә ашәа зыхьӡу, прозала иҩу апоема.
Иаркы, сан, иаркы ацәашьы, Аӡәгьы аԥсра иҭахӡамызт уҳәа.
Илзааигәаны дыздыруаз, аҵара лыцызҵоз, қәрала акыр илеиҳабацәаз, мамзаргьы илеиҵбацәоу рыҿцәажәарақәа рыла ҳара инагӡаны еилаҳкааит еиҳау аҵарадыррақәа рышәгәашә шьаҿамшла ишаалыртыз, ахара дышцозгьы.
Сыԥсы нҵәоит
Ачара иуит, — рҳәеит, Беигәаа Омар аҵыс-хшы агымкәа, Ҭырқәтәылантәи иааз ҳашьцәа рымацара ракәымкәа, Аԥсны еиҳабыра аанмыжькәа, аинтеллигенциа аӡә дагымкәа.
Ахьышәҭҳәа дааԥшит иаргьы.
Уи диҿаԥаны ажәак аҳәара усгьы ихы иауаҭәеишьахуаз.
Ҿықә-ҿықә ҳәа ишәаӡыӡо абжьы нарганы, ахҿеиԥш аҭәаҵла иалԥраан, еимагылан илеиуа асы иҩалаӡуеит.
Уи ажәлар ирыдыркылеит, сус иалоузеи?!
Иԥсҭазаара далҵуеит жәлар рпоет Беқьмырза Ԥач.
Уи ус шакәу ҳбызшәа ҳшазыҟоу алагьы иубартә иҟоуп.
Ишԥасгәаламшәои, абасҵәҟьа асы хәмаруа аҿаанахеит
Ара уадаҩра дук збом.
Ашьҭахь иҿҳәара анааи иаргьы дыԥсгәышьеит.
Иаразнак схы-сҿы аалашеит.
Сара стәала, ҳаҟәыҵыр еиҳа еиӷьуп, абри аџьгьы, убри аладахьы игылоу Амқанбақәа рынцәарныҳәарҭа ахьацагьы.
Лхы абанӡаналгои, дзацлабуада ари уҳәарауеи?
Бзиарас иҟаз зегь ихьӡ нархылон, амца лнаркуан даадырџьар.
Дамеи ианду абарҵаҟынӡа даазгоз лымч санықәхаӡалак азы ҳәа иҵегь ҭаҵәахны илымазар акәхарын, адәахьгьы ддәылнагеит, схьымацәаз аажәг, нан, схьымацәаз, Дамеи иоуп гәырӷьаҿҳәаша зҭатәу!
Шьхагәароуп, уаҭаар, ашьха ургәамҵуеит.
Лара лыџьмахьча диццеит.
Убраҟа даацәырҵит аиҿамс.
Аҵла рымахә хыхь еилышьу, рыхқәа неидкыло уск рыӡбоит, амза амахәқәа ирыбжьысны, адгьыл шә-сахьак аннаҵоит.
Ҷаҷихабжь аҩныҟа даалгеит.
Схы сшәиуеит сҵара кажьны абра сахьаангылаз азын.
Урҭ ракәу урҭу сааиларӡыӡан, сгәы ҭыҵуа саԥхьаҟа сзырԥшыз, еиқәырхашьа ахьсымам џьара сыӡуан, исыздыруам сҽы аӷәрагь заҿакыз.
Ааԥнык азы, усҟан иара иарԥысымҭа дҭагылан, Шьханыҟәа Чагә иҟны днеин, Мықәынӡа усыцца ҳәа иеиҳәеит.
Ҳәарас иаҭахузеи, еицҽыжәлаз, амба аҟынтәи еицыҵҟьаз зегьы ахҭа аҟынӡа изеицымнеит.
Лабҿаба рнапы дықәыргылан дыркын
Сыргәамҵуа, сыргәыӷуа
Иҟам ажәеинраала.
Аҳы, Адгәыр, шьҭа уца.
Сыбла даахгылоит хаҿылашак дшьадан, иԥсы наихшәазшәагь збоит уи сшыԥшуаз.
Чагә, аӡы анижә, иҭацәыз имгәа ҟас-ҟасо иҭәит.
Гагра ахақәиҭтәраан уаҩы иџьеишьартә мыццакрыда, еиҿкаарыла напхгара ҟазҵаз урҭ араҟа асҵәҟьа иамхамыццакыр акәын, даҽа мзызк аҵоу ҳа иҳаздырам, аха
Массала акәымзаргьы, ҳашьцәа рҭоурыхтә џьынџьдгьылахь ахынҳәра иаҿуп.
Ус ауп, иамаскуам, Апрезидент ус дыҟазароуп, аха Апрезидентгьы дуаҩыми, аибшьра аан ивагылаз уажәы иааикәшаны илагылоит
Игәакьоу асахьақәа.
Ҽнак аҟара шыбжьоу, абанк аҿы ҳаицнеироуп.
Октиабр мза ҩба имшира шакәыз иҿыҵимыр-шәеит, Анзоргьы игәалашәо дыҟамызт.
Дахьнеиз, ԥаса иибаҵ аинрал иԥа дибеит.
Иагьа атәыла ԥгаргьы Аԥсны ҳнапаҿы иҟалароуп!
Кыр аамҭа уи ашьҭахьгьы иҩызцәа гәакьақәа
Рыԥсқәа ргәыҵач, ихьибажәжәо ишааиуаз, ирцәылаҳаит акырынтә аҳәынҵәа.
Ианнеи, ианааԥшаа, изиҳәаз ашәҵла рбеит, ишиҳәаз аиԥш шәахсҭа дукгьы анын.
Ҳарԥарцәа абџьар зкыз, изкымыз зегьы азыхиан аԥсадгьыл ахьчара, аха иабаҟаз абџьар, арахь амацәаз ҳҭатәан.
Амлакреи ахьҭакреи Аԥсны аҳра ауан.
Сара уи хырҩаас иҟасымҵеит акәымзар, саргьы иаазгон, егьырҭгьы идаасыргон.
Арҭ иара ианаба, иԥеит икны илбааздоит ҳәа.
Уаҳа акы инамырҳәеит иара.
Герхелиак даҳзааит ҳәа зыӡбахә сарҳәаз уоуп ҳәа ауп сгәы иаанаго, хышықәса ар рҟны иухугеит ҳәа ауп исаҳазгьы, сҟәардә сааханы, сизааигәаны саатәеит.
Аӡӷабцәа ҳадаҳкылаӡом, аинрал ичын рымазаргьы!
Умхысын!
Усҟантәи аԥсҭазаара ҽеимызт, ажәларгьы зынӡа иарӷарит, убри аҟнытә адемократиа еиӷьу акгьы ыҟам рҳәан, иаалаган ажәытәра ахьышьҭрахь аиҭархынҳәра рҽазыркит, амала абеиацәа раасҭа аӷаруаа еиҳа еиҳартәит акгьы рзымҳәарц азы, агәала ду иманы аԥсҭазаара ацашьа днахашшааит урҭ ирзыӡырҩуаз Қаласа.
Ҳа, сыԥсра ааит ҳәа сыҟоуп!
Дычмазаҩхан, дыԥсит ҳәа, ашәҟәы еиқәдыршәеит алагер аиҳабыра.
Уи зшьаӡамзгьы дубарын.
Еҳ, ихәылазкыз, ҷкәын қәлацәа рылшәа, сыԥсра абаазгеи?
Ас Захар ианиҳәа, Марҭа лаб ишьамхы дахьықәтәаз, даақәҵын маҷк аҟара днаскьаны днагылан, иахьа ашкол аҿы дахьҩеиз, илаҳаз дышрыдыркылаз уҳәа акы аанмыжькәа зегьы лаб иалҳәеит.
Хымш рышьҭахь урҭ раԥхьа ианеиқәшәаз еиԥш, уахагьы амза каҷҷон.
Дхаҵазма Аҳмыҭ Мазлоу, аӡара ирыбжьарҵаз еилеигазар, ианиаамҭаз ишихәҭаз дымныҟәазар?
Машәырныџьара ак самхаҳәазаргьы уажәшьҭа Ас Ду еиԥш иухашҭӡом
Аихамҩа абом-ба аҵаҵаны иԥыржәар, иҭаз аҿар ҭахон азы ирзымгәаӷьит.
Ашәа иахьеихагалоу уа бжьы-мҩак, Иахьеиҿасуа уа бжьы-ԥшак, Изыхчнызоу уа бжьы-шьхак, Иҟоуп тәылак, тәыла ԥшӡак, Тәыла ссирӡак, лашаӡак!
Ԥсыхәак амазар
Уи акәын аус злаз, уара убызшәа алахьынҵеи уи иаԥхьози рыгәхьаа зкыдаз!
Иара иҽылцәихьчозижьҭеи, ас аԥсеивгара лмоуӡацызт.
Ладмер иуаҩыбжара днахысны днықәлахьан.
Абар иахьауажәраанӡа ҳажәлар еиҭах аеҭымреи ахьыԥшреи лахьынҵас ирыманы иҟоуп.
Уаҵәы усс ухы зқәукуазеи?
Абра ҳазлацәажәаз ажәеинраала анаҩс маҷк иадамзаргьы иазааҭгылатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит ажәеинраала Ҳҵеицәа ршьа анаҩс.
Ихьӡ ижәла анҵаны абаҟа гылоуп.
Иухьи, сашьа ҿыц аидарашьҭыхра ада акгьы уамаҭәамзар, сара ауараш зҭиуа сҿы усс иумоузеи.
Абас уара уҭоурых уара уақәӡыргьы шалшоз заа идырит Асланыҟәа
Амҳара ҭацәын, аӡәгьы дыҟаӡамызт.
Ҽакы иҳәоз џьшьа шаҟа дгәырӷьаз!
Уи, абла ҭыҟаԥшьаақәа рыцәгьаны иҩаиҵаԥшын, абџьархаԥыц ҵарыхәҵәақәагьы аахнарџьаџьеит.
Харшҭшьас ирықәузеи мамзаргьы иара иеиԥш зыла иамбоз, зҿы иамбоз, аха афестиваль аҿар ирхамшҭуа ргәаҵа ашәа хаақәа нзыжьыз Арабтәылантәи аскрипкарҳәаҩи еицырдыруа Франциатәи апианисти.
Убрыгьы насзацлап, нас феида урчеит Адгәыр, иааиӡбеит ихазы.
Ус, аинрал Ҳаџьы Кьарантыхә днаихәаԥшын, зегьы ирбартә еиԥш дааԥышәырччеит.
Амрацҳа, амзацҳа иқәлаз унаскьароуп, уԥсы еилахәа ҿызхуа, идыр аӡә дахьӡоит.
Ажьгьери ахыркыбызшәа аҳәашьа издырӡомызт, игәы иҭаз акәын ихы-иҿы иаҳәоз.
Лара даашьҭылхын, даалгәыҵалыҳәҳәеит.
Шаҟа ҽагақәа каԥсазеи, амала баша убри аҽны?!
Ара аиҿахысра бааԥсыла иҟалеит, Ҷын ицыз Абзарыкьагьы уа дҭахеит, аҩнашьҭахь иҟалаз рзымдырызт, изышьҭаз аҩнуҵҟа дыҟаз џьыршьазар акәхап, ашәақьқәа аҩны иахьагәыдырҵаз, манча иан аҭакәажәгьы уа дыршьит.
Аӷа оумаӡа дҳаиҳауп, иажәа анагӡара даҿын Дадрыҟәа, даара мааналагьы еибашьтәуп, мамзар ҳусқәа дырцәгьоит.
Аҩны бахынӡаҟаз быӡӷабшьа, блеишәа уи аҩны баныҟазоуп.
Угәы иҭаҵәҟьам ҭаҳмадак иоуҳәеит ҳәа
Урҭ рыгәқәа хыҭхыҭуан, аашаны, амш кеикеиуа еилганы, ахьшьқәа рацәахандаз ҳәа.
Ирҳәап шьоукы иҟам ыҟахызшәа, иҟаҵәҟьаз ҳәатәымыз, ирымҳәап.
Адҵа ҟаиҵеит аҷкәын кнаҳарыла уаҵәуха дыршьырц.
Ҽыҭк ача
Ала ишәаз хышықәса аеҵәа еишуан.
Аха иабаҟоу ҳаԥсадгьыл, ҳабаҟоу ҳара?
Абри иаҳахьан, уаанӡа иаҳахьан, абри зыҟны днеиз аҩнаҭаҿы аӡӷаб бзиа дрымоуп, узлалывало акгьы ыҟам, иуҳәаша, иумгаша, лакәзаап, зегь рганахьала дыбзиоуп, заҵәык лан лышьҭрақәа ҽеимызт, дызлаҽеимз акы ыҟан ҳәа иаҳахьан.