text
stringlengths
0
400
Усҟан фбаҟа шықәса ракәхарын исхыҵуаз.
Ари абас амыткәма аҳәара даҟәымҵӡеит.
Уи убасҟак лгәалаҟара бзиан, хәыҷҵас ашырҳәа дныҵҟьаны, ашә еимԥаа, лшьапқәа хырҟьаҟьа дыҩны ашҭа дықәлартә еиԥш.
Ишԥах, шәыжәҩахырқәа ирықәшәҵаз ачынқәа аақәхны инкаԥсаны, ишәиркыз абџьар аарҳәны иара игәыдҵо шәҿаашәхар, ааигәахәын, аха имҳәакәа иааникылт Даҭикәа.
Ауадаҿы иааҭынчрахеит.
Шьыжь агәил аҵәаԥшь иаҩызоуп
Уи ала Ҭина лус далҵит.
Ашкол аҿы аҵара шықәс ҿыц рҽазыҟарҵеит.
Ахан ҳрыцқьеит, аҳҭынрагьы цқьоуп, — иҳәеит Маан Елмырза.
Аҩшәҟәкгьы ирну атекстқәа еиԥшымзаарас ирымоу абарҭ роуп
Арҵәаа ааҭиргеит Дыр.
Илкаԥамҭаз ашә аатит.
Ари заҳауазгьы рџьабаа баша иӡырҳәа ишәаны, уи адгьыл аҭалара, уаҟа акы алаҵара рзыгәаӷьуамызт.
Ииашаҵәҟьаны, ашәарҭа ҳҭагылоуп, шәазхәыци!
Дышнеиуаз, аҵыхәа быҭәӡа бгахәыҷык ааиԥылеит.
Шьоукы ас еиԥш иҟоу ахлымӡаах иаԥырганы рыхшара рҵәахуеит, ахара идәықәырҵоит.
Али ԥси рыбжьара иара иахь днеиҭаԥаны, лхаԥыцқәа наларԥаны, аҟаҿыҳәа имахәар днацҳаит, нас деиҵамхакәа еиҳа лҭыԥ аҟны днагылеит, лҽылыхьчарц лнапқәагьы аалырхахеит.
Уи, Лашькьындар-ныха аныҳәара мацара иазкуп, ара ашәира ҟалаӡом, — иҳәеит, аӡәыр ашәира игәы иҭаны дибоу сыздыруам.
Дзакәытә уаҩуи нас Хымца Лагәба.
Иааир иааԥшып, налаҭеикит, игәы иҭаӡамыз ҳәо, џьаракыр иццакуама.
Ибзиоуп, уара абри ақьаад унапы аҵауҩрым.
Ажәра, ажәра, ԥсыхәа-ӡыхәа змам, аҵәымыӷ зымкуа абажә ушԥаҩызоу!
Шьаҳан акагьы икӡамкәа дахьааиз даараӡа иааицәымыӷхеит.
Избан абааԥсы иҟалазеи, шәара шәыжәлар Аԥсны иаланхон жәытә-натә аахыс.
Саида ҳбара даара деигәырӷьеит.
Урыстәыла аделегациа зҭатәоу аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟны итәоит ахәаша ашьыжь.
Ажәлар абас шәаарылҵ, Черепов ашәҟәы шәаниҵоит.
Икьалантарха, икахәхәа иаауа рыԥсы еиҟәыҷҷоит
Ас мацара ҳанбанӡахәои?
Уи мчы дуун, аиааирагьы цәгьан.
Даацәажәан
Иԥыршәомызт сахьак, иаԥхьа игылаз, иблақәагь неиқәиԥсахт, данацәшәа.
Гәыбжьынацәала амахәқәа инарысны, асбыбк рымыршәшәаны илҭаҵо иааиуа аԥшаҵәҟьагьы завсуамызт, мчыбжьык хҳәак ззыԥҵәаз Лад ихахәы еикәаҵәажәпа.
Леила Николаи-иԥҳа Ачба, иара идиректор, иара дзааӡаз.
Аҷкәын дышнеиуаз дынцәыҵаххын, иҽизнымкылаӡакәа абӷьыжәра днылаҳаит.
Ахшыҩи амали
Аруҭан захьӡыз дахьтәаз дааҳәцы-мцын
Саб, абри амшын есымша изеисуазеи
Ус, ҽнак иаалырҟьаны, иаадыды-мацәысит.
Сыбдыруоу?
Хаҵа кьаҿ, Мшәагә кьаҿ, Есыф кьаҿ, Ԥшькьаҿ ԥшӡа
Уара уаҳра, зыҽны аублаақәа ҳусхәарҭа ублыз аҽны инҵәеит!
Саб, угәы еиҟарамзар аҩныҟа ҳцарын?
Иаразнак дыԥаны дыҩҽыжәҵын даарыдгылт.
Сара излаздыруа ала, абри ахәыҷы ухьӡ ала дҭоуҩит, ус ами?
Хымԥада ҳақәӡаара ааины иааҳадгылаҵәҟьеит сгәахәуеит!
Сахьынаԥшуа ашьхақәа збоит ихараны, рацәак еиҩаҳамгошәа збахәеит, ҵаны.
Аусбарҭа аҿы аус зуа аколлектив ирымоу аԥышәеи адыррақәеи ирыбзоураны, ҳара ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ҳаԥхьа ишьҭоу азҵаарақәа зегьы рыӡбара ҳалҳаршап ҳәа сгәы иаанагоит, ҳәа иажәахә аҿы иҳәеит Даур Аршба.
Даалафуеит иаргьы.
Амш лашара иацны ишаауеиԥш амра каԥхара, Гәлиза лҭәымҭа иацны иааскьон еиҟәызҭхоз ацәанырра.
Уи изыҟоуҵаргьы хьӡуп, даҽакуп!
Шаҟантәгьы сбышьҭалан снеизи Ешыра, салашәеи сзалымҵуа амца ашыра.
Ауада иҩнагылаз руаӡәк иҽхьырԥсааны дааҟәынд-ҟәындит иҽааибаркны.
Мап, ари гыгшәыграхон, шәыргәындарахон!
Ахҭысқәа мҩаԥызго, ма изыхҭысуа Лаган иааикәыршоу ауаа роуп.
Ашьшьыҳәа амҩа дҩанылеит, ашкол аҿы аҵәҵәа бжьы анга, школҷкәынцәақәак ихьӡарын ааигәахәын.
Аиаша уҳәар, аԥсы даргылоит рҳәоит.
Илаԥш амаҵурҭа еиҵых иахын, еиҳараӡак Какан дахьтәаз џьара дрыдибалозар ҳәа, даахәыцуан.
Иумбоз, уажәақәа шаҟа иреигәырӷьоз!
Ардимон ҟазшьас иман, ицәажәара анааникылоз, наҟ ииҳәашаз цқьа дазхәыцны ацәыргара.
Зегь еиқәышьшьы иааҟалеит.
Аиашазы, уи дахьышьҭоу алазареҭ аҟны снеизар, ассир!
Атәарҭақәа бӷьыла ихыбуп, амҩаҿ ԥыхьеиԥш шьҭа убауам, аҵарақәа рашәа ҭынчуп, хәылԥаз рашәабжь уаҳауам.
Уигьы слазы жьыхәҭак суҭароуп ҳәа уикызар ауп акаамеҭҵәҟьа уанақәшәа.
Дад, уиаҟара аҳәара аҭахым, бҩызцәа ахьцо баргьы брыцца, башьцәагьы уи иақәшаҳаҭуп.
Сасрыҟәа длазырҟәуа, иҟар хызҽуа акоуп ҳәа иԥхьаӡаны, деигәырӷьаны.
Ари сыԥсҭазара иагәыршышган, Сҭаҷкәым араҵәеит, сымч арӷәӷәеит.
Дааԥсоуп, мамзаргьы деилахоуп, ирласны сцарц иҭахуп уҳәартә иҟамызт зынӡаск даҽакы иахҟьоны ибеит ицәажәашьа ус иахьыҟаз.
Дырҩегь исызҭаҭәа, иҟалозар!
Баџьгәыр дыҟаӡами, мшәан?
Ашкол ахьырцәыхароу акәӡам урҭ ирԥырхагоу, урҭ ирԥырхагоу, аҵара ус ииашамкәа иахьышьақәгылоу ауп.
Уи башоуп, абри ахәыҷы дшәаԥцаны дшәыманы шәаала, ажәқәа злацаз ҳирбап, уи иҳәыс икьаакьаауа иаанхар, нас идырп ашәахтә шшәатәу, — иҳәеит асҭаршын апомошники асаули рахь.
Ушьҭа ус ицалароуп ауаатәыҩса акаамеҭ аҽнынӡа.
Сара, аԥҭека аиҳабы ԥаҵеиқәаҵәа ииҳәоз аформа бызшәа агәхьаагьы мкыкәа, сықҭ сҩыҵракны сындәылҵит.
Данкылԥш, иԥҳәыс лышьҭахь хаҵак дышьҭан.
Иара аԥшәмаԥҳәысгьы, абжьааԥны ашҭа иҭымҵӡауаз, дабаныҵабгеи?
Аԥсуаа ҳҿгьы, егьырахьҟа иахьабалакгьы уаҩы иԥылоит алитературатә хыкқәа апоезиа, апроза, адраматургиа зегьы рҿы зымч ԥызшәо арҿиаҩцәа.
Нас уаргьы ҳаужьоит акәу?
Иҟанаҵ иҟаҵәҟьан, аӡә ишьҭахь имгылт, шьҭахьҟа ихьамҵит.
Иахьуҭаху, уара угәы иахьааҭаху, — лҳәеит Лиуба, диҿыгәкааны дшыҟоу лажәақәа ирныԥшуа.
Зегь аст ухы, иуздыруам иууа, иуҳәо.
Убри ауп ишәарҭоу.
Сара издыруа, сааишьеи сцашьеи, абри аԥсҭазаараҟны уара уҟны саацәырҵреи сыныбжьаӡреи иреиԥшхеит.
Аамҭа иазымрыцқьо, аамҭа иазымҵәахуа амзаҿатәи абаҟақәа, уи акәакьқәа зхаану рызҳәо иҟазар, абжьы адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо иахьӡар ҟаларын.
Уи ус шакәу зныкымкәа аԥышәа иҳаухьо иаҳнарбахьеит.
Ԥшырҭа наҩроуп сара сныҩра, ҳәахьа еиламга сықә, са скәал, сымш анҵәамҭа, сгәырӷьа зхыҩра, иаԥшьу иаласшәоит са суал.
Аргамаду нхарак нықәыццышәаа илгеит Ардушьна.
Шәрыхәаԥши, арҭ ара итәоу ауаа, изусҭцәоу жәбап
Аха аӡӷаб, аԥсуа ҩнаҭа иааӡаз лакәзар, дыԥхашьаны, уда схәарҭам ҳәа, иахьатәи аҳәсахәыҷқәа ишыҟарҵо еиԥш, дыԥан ихәда дахьынҳалаӡомызт.
Несҭор!
Жәандәырԥшь малиаа
Аҵара има мызт, ихатәы бызшәа аԥсшәа адагьы бызшәак издыруа мызт.
Иаазыртызгьы иара иоуп, бжьныҩраны еиҭаиҳәеит Сосо Капанаӡе.
Уабаҟоу, уара, Сасруко, сеқҭир башь, иахьатәи амышь!
Исызшьны сҟалар уи ахаҵарала схы ҿысхшазшәа сҽыҟаҵаны сҵааит сара.
Аха уахьынтәи игоз, аԥсӡы заҳаз аҳәса реиԥш, аԥшатлакә аҵәаабжь акәын
Иԥсҭаҵагоуп, сгәаҵаҿ иреиҳауп
Иаҳзыҟашәҵаз абзиара ԥсраҽнынӡа иаҳхашҭраны ҳаҟам, аха ҳара ҳаҩныҟақәа рахь ҳазгода?
Сыбгәаԥхазар?
Мшәан излеиҟьарызеи Алада дырӷӷоуп!