text
stringlengths
0
400
Ихы наикәаҽт, иикыз дҩах!
Сара ашьаԥа сныҵалап, макьана имгылац рацәаҩуп, агула-азла аџьабаа ҳадызбалазгьы снархылаԥшып!
Дҩагылан, иҽааилаҳәаны шьҭахьҟа ддәықәлеит.
Амала, зынӡа ибзиан ирзымдыруазҭгьы ҳара ҳтәқәа абра рхырӷәӷәарҭа аанкыланы ишыҟоу.
Шәаахәыц ҳәа дыҳәҳәоит.
Шьҭа ари изымуаз усны ирымбеит, амаӡаныҟәгаҩ аԥышәара здызкылоз данылзааиуаз, Асҭанда ахьӡынҵаҿы далырбеит.
Саргьы сусураҿы даасыхәон, иаргьы сихәон.
Аҽыҩгьы, аԥхьахә анагалак, аҽааннакылоит.
Макьана сызҵаара аҭак шызмыӡбацызгьы, амҩа сықәлеит сынкахәыцуа.
Платон Бебиа ибзиабаратә лирика, аамҭа цацыԥхьаӡа иаҳа иԥсҭа-заратәхоит, иазҳәоу ажәақәа рсахьаркыратә шәыгақәа гәылҭәаауеит, урҭ имариоу, алаф зҵоу, агәил згәылагылоу аиҿырԥшрақәеи рҟынтәи иаҳа ауаҩ игәы, ихшыҩ рахь ииасуеит.
Усҟан, саб иҳәашьа, саҩсҭаахә дысхыччозаарын.
Дааҩналеит Авҭандил Нико-иԥа Руруа.
Уи анцәа иахьтәи ԥҟароуп.
Арахь хазы аҭырқәцәагьы ҳлаԥшықәырҵеит, иахьоума, уаҵәоума еиҭах иӡхыҵраны ианыҟоу уаҩы издыруам.
Сароу, сшәымбои!
Абри иахьа аҽы ануаҳҭаз ачисло анҵа, аҽныҵәҟьа абра иаҳзаага, абра ҳуқәшәоит, ҳәа иарҳәеит.
Ашьыжь ҭынч ашаха арҭом, иаарышьҭуа рхы иҭашәааит, иабаҳҭаху!
Ҿаҵак налбаадан иҽаариашашәа иԥсы ааивигеит.
Уигьы азҳәалоуп излаарԥшхо азҳәа ахьыҟоу.
Лара Заҳираҭҵәҟьа лыԥҳа Фуаҭ Беи иҿы сасра дыҟазшәа акәын дышлыхцәажәоз, дыхәмаруашәа ҟаҵаны ацәажәара ахы мелеқьԥер лахь ишлырхоз уанрызхәыцлак, арҭ закәытә дипломатцәа дуқәоузеи ҳәа умхәыцыр ауамызт.
Шьашьа ҳәа сызҿу саб ешьас дҟалҵахьан.
Грак умгакәа ԥхьахә узгом.
Армарахь, ҳаԥык ҳҭаланы ҳнеиуазшәа, ашәаԥыџьаԥ зхаԥаны иҟаз аӡышьҭра ҳныҵалеит.
Уара узырҽхәаша жәеинраалакгь смыҩӡеит.
Хылаԥшҩы дрымаӡамызт, рхы иақәиҭын, аха доуҳала рабацәеи ранацәеи ирзааигәан, аҭаацәара аԥҵара иԥшьоу усны иахәаԥшуан, рыбзиабара акәзар, романтикатә цәанырраны иаанхон рыԥсҭазаара еиларҵаанӡа.
Ажәытәан аԥхын ааира убас иазыҟан ҭабзалаа.
Ора, уара уоума изыӡбо иҟаҵатәу, аисара иқәнаргыло, днаҿаԥеит Хасик, аха мчыла ишиҳәоз ҩашьомызт.
Иара дызқәыҩҩлоз астол зымҩа икҿажьын ихаххала.
Аха саакылсит.
Лџьыба иааҭылхыз абӷьыц наилыркит.
Игәы иаго-иамго иҩызцәа рҵыхәан длатәеит, дназҭашәаз игәырҩаны игәырҩамкәа, ус акәымзар иарбан ҭагылазаашьаз изеилымкаауаз далҵуа далагеит.
Алашьцара жәпа уалаԥшуеит, ирласны ишандаз ҳәа, угәы адақәа еибарххоит.
Анҭ ани анс зыҟарҵо аԥшәмацәа амаҭ ирҿаҳҵоит ҳәоуп, аҳаԥшьа иҭоу маҭқәоуп ҳәоуп уажә ишаарго, наҟ ахы ларханы аҩны аҩнуҵҟа илҭарыжьт.
Иҟоуҵарыны иҟои уеиҳа зымчу иҟны?
Суаҩ дуӡӡамыз сара хаҭала, аха сыӷәӷәаӡаз шьаҭала
Харантәы абарҭқәа зегьы урзыӡырҩуазар, еибашьрак цозшәа угәы иаанагарын.
Нас, аамҭа-аамҭала иазгәарҭеит бригадала афатә аизгара, уи мҩаԥысуан еиҿкааны, ҭыӡшәак ацымкәан.
Убри ашьҭахь, аамҭагьы акыр цеит, аха уи аҳәынаԥ уаҳа ахабар ҳәа сымбаӡеит.
Уи инаркноуп, зны ишжәларку ирыҟәнырхыз абџьаргьы ҳажәлар еиҭарыҟәнырҵар азин роуа ианалага
Урҭ ирулакгьы еибак-еибашьҭуа амшә ахькажьыз ахәаны иҩхалеит.
Уи иаанаго адгьыл аҟны заџьал ааиз ҵыск аԥба акит ауп.
Ирыхьыз рзымдыруа иааилахеит, аха, рыгәқәа еилгаанӡа, сара архәара инавасырҵәиит.
Уа, шәысҟәаҵ, сашьцәа, сықәлацәа, сҩызцәа, уа, шәысҟәаҵ, шәа шәыла иҭамзар сыԥсы.
Сара срыцҳарақәагьы аумаҷху.
Сара сзыцәомызт.
Ианаамҭаз иара инапхгарала аҵлақәа еилырхуан, имҩаԥыргон ахәшәтәрақәа, ирыдыргалон арҵәыгақәа.
Калифорниатә апальмагьы аҩычага ҵиаауп.
Акико лысалам шәҟәы иҵырҟа џьыба иааҭыхны уажәы-уажә даԥхьауан, иблақәа анаҟәиҭхалак авагон аԥенџьыр далԥшны, иармарахь дхыԥшылон ашәах хчыла агәара-гәара еилашуаз аокеан.
Шьапҿаршә сырҭахьан исышьҭаз, егьырҭ.
Гыршәала уи иаанаго абга ҳәа ауп.
Ахԥатәи ус, ԥхыӡла бжьык игәы иаақәҩит.
Мап, уи ачынуаа ракәын, ажәлар рҿы иныҳәаҿа ркӡомызт, нцәас дшырԥхьаӡозгьы.
Урҭқәа ирышьцылахьаз алыгажә игәы ааихьнашьын ихы ааирҵысит, аха ишьҭаҿимҭит.
Аҳәыс, анапы иашьцылоу аԥина еиԥш, иҵыхәаршәшәо илывагьежьуан.
Уи аԥырԥырҳәа апоезиа мца икын.
Аа, абыр-жәыҵәҟьа еиԥш акәхарын, иӡхьоу-иԥсхьоу ҵыхқәак рзы Светлана лхаҵеи лареи рыбзиабара шхышхыҵәоз.
Урҭ иац еиԥш уажәгьы ихаҵгылацәоуп.
Қьеҭо лыблокнот иааҭылхит лсумка еиқәаҵәа.
Инхон апоетцәа.
Зегь дара роуп уи уеизгьы дахьырхәуп аҩымҭаҿы.
Иаҳҳәеит, еиҭаҳҳәеит, аха акгьы ҳзалымхит
Уажәы Хьыбла дагьигәалашәом.
Уи дишьҭаланы иҿынеихеит ари ажәабжь заҳаны ирыхьӡаз Валикәа Дарсалиа.
Аибашьра аан анемеццәа абри аҩны ҽҭрас иҟаҵаны ирыман.
Шаҟа шықәса ҵуазеи ҳаибамбеижьҭеи.
Иуардын, ицәмаҭәа, урҭгьы еиқәыршәаны иман.
Амҩан Кәыкәына диԥылеит.
Ачча сҿықәлоит, исхаз сцәышра сҿықәбоит, сааԥса-кара схала ус сшыԥшыз, уи џьарантәи дшаауаз мҩашьо, дшыҩуаз, аԥшӡеиԥш деилыхха суада ашә даахшәеит.
Саб, Ҳәмараа ҳҭоурых аҿы абри аҩыза атрагедиа дуӡӡа ҟалахьаны, абыржәоума иансоуҳәо?!
Ари ашәҟәазы авторцәа зықәдыршәаз далацәажәауа, Баграт Уасил-иԥа Ашықәсқәа рышьҭа аҿгьы абас иҩуан
Нас араҟа ҳара иҳамчузеи?
Аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳаҭыр бзиа зқәыз, анхаҩ нага Ҟаҭмас, ииашаҵәҟьаны ихьыз усын.
Иҟоу анухадыршҭлак уабацо.
Уццакы-ццакуа унеиуеит, умҩа абахоу?
Ажәабжьқәа ақыҭақәа рахь иҟалақәо лассы-ласы иаашәышьҭла.
Амра ҵлакашәара ихалахьаны еиԥш, агаҿа дазкылсны мраҭашәараҟа ихы ирхеит.
Иӡбатәызаап зегьы абра
Ашьҭыбжьқәа рыҟалараан даара ихадароу афункциа амоуп аҿы агәаҩара.
Цхыраарас исҭахузеи сара?
Сара смақарӡом, ишәҭаххар аиқәкра зылшо шәоуп ара иҟоу, шәышьҭахьҟатәи аҭоурых ахь шәхьамԥшыр ҟалаӡом.
Ирбозаргьы иргәамԥхо акы.
Ажәҩан иналԥрааз аԥеимбарцәа рсахьақәа нылкаауа, зеиԥш уаҳа адунеи дықәымлоз ҩыџьа ашлақәа ахәы ԥшӡа инаҿаԥсаны сахьаауаз, ҳәашьа змамыз цәаныррак аххаҳәа, џьара, сгәаҵахь еицралон.
Ажәа даҳәан, исҭахуп ҳәа, ажәа ирҭеит, иеигӡауазма?!
Абзиараз ҳәа сеиҳәарц дааизма ҟадыџь?!
Аԥша ҟәанда хааӡа ишырзасуаз дара, ашәаԥыџьаԥ мацара шырзыӡырҩуаз убра.
Иара иҵегь иҩнаҭа дазааигахарц иҭахызаарын.
Аха уара уаныҟамДыҟаӡам аӡәгьы!
Ишьҭашәҵа шәабџьарқәа!
Сара баша сыжәбаӡом, сызбаз шьыцны ирҳәаӡом.
Лара лыкәша-мыкәша иҟаз асахьа зегьы ачаирҭақәа ирыҵаркуа адгьыл, аԥсабара аԥшӡара, наҟ лара илцәыхараны иҽырба-ҽырбо игылаз ашьха ӡышқәа рзаарыгӡа ирымаз ахаарақәа зегьы еизганы ианлырҭа ашьҭахь, дара рнапала дааганы убра ддыргылазшәа, урҭ рхаҭарнакра даԥсаны дааԥшуан.
Бара бакәызма, дмыргәамҵуа
Актәи асеместр ҳәа зыӡбахә балацәажәо изаҟара семеструзеи, иҟамлахааит.
Сара макьана, быпату схы иқәуп, саҳәшьа, схаҵа даҽа ԥҳәыск длысҭартә схы збом, — лҳәан, хыччашақәшәа дааччеит Аминаҭ.
Ахьарԥ-ахьарԥ, ачхьарԥ-ачхьарԥ!
Мзауҭ Ҳараз игәы инықәишьит еиҳараӡак абарҭ аибашьцәа рҟны аҟазаара зиҭахыз.
Заҟа илқәаз сгәалашәом, иара сџьыба ӷәӷәазма, илымсхәҳауан аҩныҟа иаазгеит.
Уара уоума ҩажәа шықәса абна илоу, абрагь ҳәа изышьҭоу?
Урҭ деиҭанаиаауа дышрыбжьаз.
Апоезиа бызшәеи аҩыза гәакьа иажәеи реилкаара мариаӡоуп.
Ари Рашьыҭ иԥҳәыс лоуп