text
stringlengths 0
400
|
---|
Афатә-ажәтә, аҩы, ауатка зҳәаз еиԥш рчеиџьыка рыманы ирԥылон ақырҭцәа ртанкистцәа. |
Амина илҳәазгьы лаҳаит, аха уи агәхьаа мкыкәа, аԥсышәак нараҳәаны ҵаҟа длалбаарц иақәылкит, аха аҳкәажә лыбжьы аалыргеит даҽазныкгьы |
Аат, шәара шәхацәоума, аизараҿы шәыжәлар рлахьынҵа рыӡбоит, шәара ара ааҵра шәыҵагыланы шәҽышәҵәахуеит. |
Акаҳара. |
Еиҳараӡак Ԥсырӡха-Афонтәи акомплекс ашьапы анырк нахыс. |
Ардашьыл дааҭгылеит. |
Ох, ишԥагуаҭеиуа! |
Акгьы уҳәаӡом |
Ауаҩы ишьроуп уалс иаду аҟама, уаҳа акгьы иазкӡам. |
Иаҳауеи ҳаргьы иаҳцәыӡит. |
Ишилшоз деиханы иҿааихеит. |
Зынӡак ииашоуп ииҳәо! |
Ашҭаҿ бӷьы зҿаӡамыз ҵлак ада имбеит. |
Ҳаџьы Кьарантыхә ҳхы дархәаны, сабраа Золакаа шәыжәла ашьнаҟмарахь сҩахарц сҭахын |
Уи Аԥсны ахақәиҭра дзахьымӡеит, жәаҩа мшы роуп игхаз. |
Хаҵара угым, аиашазы, ухаҵан, аха аӡӷаб данублуаз, уламӡ хәыҷык уцәаан, ари убоу, лыла ишны ихылт, ҳәа лыла аш ихыз наиирбеит. |
Иҵахыржәаз хҿарах ахылҵӡом. |
Сарапион џьапуаиҳәамҭоуп. |
Инаиаҽԥнысҳәеит аҵыхәтәаны. |
Адунеиаҿ зегь ирышьҭоу, зегьы ирԥызгало ирыхәҭоу. |
Диманы, дима, дыԥаны, дыԥо, дыԥа |
Дара ахҩеишьцәа рахьтәа кы илҵып ҳәа уаҩы дзықәгәыӷуа иҟаз еснаҭ иакәын. |
Ахаҳәқәа ырхәархәаруа напеимдахьс излаҟауҵари ҳәа иухыччапи. |
Уаӷеимшхара, уи игәы иҭоу ааиҵырдыраар, аҵла дықәцалан ахаҳә игәыдырҵо иалагоит. |
Ажәларгьы раԥхьа угылароуп, рымала иахьцо рыздырӡом. |
Иааԥышәырччеит ацыгәгьы. |
Аха Нуца уажәы ус акаруаҭ дықәианы лашьцәа рпатреҭқәа дры хәаԥшуан. |
Акакан ара кәада. |
Аҳ Пыта игәҭакыз аҽазкра уи еиҳагьы иаарццакит. |
Зегьы, аполитика аамышьҭахь. |
Бареи сареи ҳаиԥырҵра базхиоума?! |
Беслан иаб изын имариамызт, Арушьан Бесланаҿ артытра. |
Лыҷкәын ихы лнапы налшьуа дҵааит Ница. |
Амашьына амҩа аганаҿ инаиргылан, дааҭыҵны, ашьшьыҳәа ашьаҟа шыҟаз иҿааихеит. |
Лара дҭәын разҟыла, хьӡи-ԥшеи змаз лхаҵа бзиа дылбон. |
Абри акәызма, сабхеит, угәы иҭаз, ухы иҭаз иҭымҵуа? |
Урҭ еснагь ажәлар рџьабаала рыԥсы ҭан, зегь мазеины ироуан, убри азыҳәан ауп, урҭ уаҩ дахьнымхоз адгьылбжьахаҿы ианнанага, рхы зланыҟәыргара рзымдыруа изықәхаз. |
Рацәак ҵуам, Англиантәи уара иузаарҭиит агуцәҭҳәаа змоу абзарбзанқуа хуба, аа-ҩык урҭ рылахысшьа шәзырҵашаз ацҵаны. |
Пыҷа анцәа диҳәеит |
Иаракәушәа илазҵаз иҭанагалеит! |
Дырҩегьых дышнеиуаз, бнак аҿы бнацә дук ықәцаланы ишаарцоз ибеит. |
Иеидкылашәа иааигоит данажәи данҿази, арахь данаақәла, џьара деиԥхьыттоит. |
Урҭ рыбзиара зыбзоуроу ауаа роуп, ауаа бзиақәа рацәаҩны иахьыҟоу аԥсҭазаарагьы бзиоуп. |
Урыстәылантә адвокат дааҳгар иаҳа еиӷьын, — лҳәеит Тата. |
Уи аҿаргьы ижәдыруазароуп, ҳаҭыргьы ақәышәҵалароуп, шәахӡыӡаалароуп игәцаракны |
Уцала, нас, аха, мшәан, уабацо, аамҭа анҵәамҭахь уагозар ужьа-жьо! |
Аҵыхәтәан ҳамҭас арахә ԥҵәаны ииҭеит, ашәахә ииҭеит. |
Нан, ҳкамбашь хьарыданы ицеит, аӡмах ишҭатәоу абат ариир ихәаҽуеит. |
Нас рыҩбагьы аӡы илҭагәаны, инҭырҳәцааны иааирҟәыҷын, иааилырҩааны, амра зыдшылоз амахә-чымахәқәа инархеиԥсеит. |
Насгьы абиурократиа каамеҭ сахысыр акун, дара Егьыптаа рхаҭагьы рцәа иҭнарӡыӡаауан. |
Мыта ибон зегьы. |
Абри исҳәаз Рушьбеи Смыр ихамышҭӡеит, ашәҟәы ианиҵеит. |
Апоет дныжьны дцеит игәы аазыжьжьалоз иҩызагьы. |
Аӡәигәырҩеи игәаҟреи уалаӡам, ухы заҵәык уашьҭоуп ԥсынгьы-бзангьы. |
Сабамшәо ԥхыӡ избама, Аԥсцәа ааҭыҵт аԥсыжрҭа аргама. |
Абжьааԥнеиԥш, ашәыр ҿассы изҿалаз Аҵәа-ҵла умыршәшәан. |
Уажәшьҭа дацәымҩашьо ибеит аимпериа ақәӡаара аҵыхәтәа шааиз. |
Адгәыр Хьыма лахь даахьаҳәны. |
Аҳәсагьы, ахацәа реицш, рхәыцрақәа хьанҭан |
Џьокгьы рԥсы маҷхон, усҟан аҷаԥшьацәа еибарҩуа иаарыдххылан, аихатәы шәқәа аадыртуан, ҿақ сақ ҳәа аихақәа реиҿасбжьқәа узымчҳауа. |
Иржәуаз ак бжьасыжьуамызт. |
Уи бзиоуп, бзиа дшыббо здыруеит, аха игәы иҭақәоу зегьы беиҳәоушь, нан? |
Аџьмахьча дахьтәаз, арҵәаа дыҳәҳәан, сашьа уоума, џьым? |
Иаргьы ҳара ҳтәала, Мариа ҳәа акәымкәа Мари ҳәоуп лыхьӡ шиҳәаз, иналагеит урҭ аҳәсақәа. |
Абас ауп, Сасрыҟәа уаҳа уаҩы диҭнымхеит. |
Иҟоу умбои, Ҭарсхан, ашьапы инақәԥалазаргьы, аҳәыс ан, изыхшаз ан гәакьа, илагәҭасны ибӷанамҵозароуп. |
Миллионла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз асовет уааԥсыра, ҳәарас иаҭахузеи, хашҭышьа рымаӡам. |
Изыҟамлари, зыгәра угода! |
Макьаназ ихаԥыцқәа еихарӷәӷәаны, иҽырҟәымшәышәны амамиқәара иҿамыртәакәа акәын дышҵаауаз, аха иажәақәа ашҳам рылжжуан. |
Араҟа еилагылан ҵҩа змамыз ашәыр хыкқәа |
Анаӡынԥараҭиҩ лакәым, схы ауп исшьыз, ҳәа леиҳәоит Радион Раскольников Сониа Мармеладова, нас акыраамҭа ихы ириашарц азы игәы данҭахәыц, ихы данақәыӡба ашьҭахь, Сониа лабжьгарала, ихала аполициаа рыҟны днеины, иҟаиҵаз ацәгьоура аӡбахә реиҳәоит. |
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, еиуеиԥшым аҵарауаа абарҭ азҵаарақәа ҭҵаарадыррала рҭак аҟаҵаразы рыҽԥыршәахьеит. |
Дара рҵакқәа ҳхьадырԥшуеит хара иҳаҩсхьоу, шьҭра-шьҭрала, жәла-жәлала, дацԥашәла, еиуара-ҭахыла ауаа рҽеидкыланы анхара ианаҿыз апатриархалтә аамҭа ахь. |
Зны-зынла усутә ҳамамкуа ҳанааилахалак, џьара акы ҟунысшьо сыҟазма, ақыҭа снарылалон сқьаранџьуа |
Аӡи аҩи лара илжәуамызт, мышкы мгьал ҿаҵак лызхон. |
Заур ацк ҟаиҵеит ԥыҭк иаарашаны. |
Аибашьра жәпала ауаа убас иҟалартә иҭанаргылон. |
Убас дшыҟаз ахәы дхыҵит, дшыҟаз наӡаӡаз дынхеит. |
Уҿаах, Мкан, уҿаах! |
Сеиқәдыршәахьан заа сани саби, мҩа харак сықәырҵан, сласуан. |
Аџьаз-фиужн анагӡаҩы, еицырдыруаз акомпозитор Маилс Деивис иакәын. |
Уаҟа Мадина илыдгылан зарҭмаҟи зааҵәақәеи ҭарцәны иаауаз Ламареи Ахарзамани. |
Нан, иҟалеи, бзиароу, цәгьароу? |
Шоҭа Ҷкадуа кыр шықәса инеиԥынкылан аус иуан агазеҭ Аԥсны ҟаԥшь аредакциаҿ, литературатә усзуаҩыс, аҟәша еиҳабыс, Аԥснытәи аҳәынҭқрратә филормониа алитҟәша еиҳабыс. |
Чагәи иареи аҩныҵҟа иныҩналан, инатәеит. |
Аиха иаҿухуа, аихашәа уибоит рҳәоит, иумаҳахьеи? |
Иара дахьынҭыҵыз, харак дцазшәа ибазар акәхап, аҩы иаргәаҟны иҟаз, дааҳәын, аанда днавагылан, ани аӡкаҭәара мыжда азын иҽааирмазеит |
Сааиаанӡа быжь-хәацык анааиқәылх, иԥсы ҭаланы, ашырҳәа дҩагылт. |
Шьҭа хьаагьы-гәырҩагьы шәырцәыхьчоуп наӡаӡа ҳәа, рыхәрақәа ҿыӡәӡәаауа Гәымсҭа иланагон зан лгәыҳәԥыхш цқьа зқьышәқәа ирықәымбацыз аешьцәа. |
Зашьа гуакьа иҵашьыцуа дубахьоума, аха ожәы Мата сааиҵашьыцт уи дцоит ҳаҩныҟа, ҳаԥсадгьыл ахь, рышә ааиртуеит, дырхылоит ҳаҩныжәқуа! |
Убри ашьҭахь уи иннажьыз ашәытара ачымазара бааԥс ахь икылнагеит, лыԥсҭазаарагьы аркьаҿит. |
Аделегациа аилазаара иалалеит |
Иавҵеиҵақәозгьы, илыҳәҳәақәозгьы маҷӡамзаарын, иуламкшакәагьи дагьзувсӡауамызт. |
Урҭ реиԥшқуа уазҳәада? |
Уцаны Ыраз илаҳәаны лгәаанагара сзеилкаа! |
Иԥшәма ибжьы лаҳазар ҳәа дшәеит, аха лара дыцәан угәахәртә, дҭынчын. |
Синаҭ дҩагылан, ихы икәае дындәылҵит. |
Нас ишбааԥсыз иалудырааи? |
Уара сушьҭан! |
Убри иахҟьаны аԥсилаа аколхаа ирыдҵит, урҭ аџьамцәа анрықәла ацхыраара ахьрырымҭаз аҽыԥныҳәа рыҭаны. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.