text
stringlengths
0
400
Иалаухи, лада рҳәа, ҩада рҳәа ирымаз, ирыхӡыз, анахь, арахь иахҭынҵаны аӷба аҟаҵага амаҭәахә еиқәдыршәеит.
Ақырҭуа школ иҭоу аԥсуаа зегьы аԥсуа школ ахь ииаагоит.
Уи азакәхарын ҭалуԥар ишиаҳауаз Заурбақь Ӡаԥшь-иԥа аполквоник иҿцәажәара аамҭа рцәагон, ахан иагәыдланы дыршьыр иаҳа иеиӷьын ҳәа зиҳәаз.
Раб Платон Семион-иԥа Лыхны ашкол аҟны рҵаҩыс дсыман.
Сҭынчхыеит
Ухшара улаԥш рхызароуп, еснагь қыҭа ԥҳәызбак ҭацас даҳҭахуп ҳҳәар, уаҳа аҭахӡамызт.
Мчыбжьыки жәамши ра кәым, ишьҭазааит мызкгьы.
Алашьцара жәпаҳаҳараӡа, убла аҵәыршы ҭакызар иум-бартә еиԥш акәын авагонқәа рыҩнуҵҟа ишыҟаз.
Ианыбкәыз аԥсуа ақырҭуа данихьԥшыз!
Зхы иқәыргыланы изҭиуа ачарҳәы
Ҿаанаҭит Аҟәараса.
Хыбрас дназҵагыло ҳәа имоу ахраҿ, дхәажажаӡа дызҭоу иԥхаӡа.
Дгәызианӡа, дшәаԥырҳаԥуа сахьыҟазаалак сыԥшааны дсазҵаауан Амина, лыԥсыԥ лыхәламӡо, лгәы ҭыҵны ицо.
Аԥсырҭи Гәбази шьҭрамҭала еикьарзын.
Абас Сасрыҟәа хьыӡрацара дцаны амчымхара данақәшәалак, Цәыцә дихьӡаны, хьымӡӷ имыргакәа далырганы дааигон, аҩны иааӡаанӡа иҽимырдыркәа дицрыҵны дааины ахәа дныҽҳәатәаны аҟыцәҟыцәра дналагахуан.
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿ ибзиабара, иԥҳәысаагара акырӡа зҵазкуа зҵаароуп.
Уаҟа ирыӡбеит Бериа имаҵура аҟнытә ихы дақәиҭыртәырц.
Иугоит аидареи ауааи.
Иахьцалак Гагра иазкны иаҳәои?
Иахьа Гагра араиком аҿы актәис аус зуа.
Аха ихьамҵкәа аидыслара ӷәӷәа рыдыркылоит Руслан иҩызцәеи иареи.
Саӷа дааины са дыснышәон, иара ихала убас ҟаиҵон, уи ианажьра сара исылшон, Есымшааира ԥхьаҟа сцон.
Сҽааимысхын, зхы ҳаҭыр збо аӡә иеиԥш шәсыԥхьаӡон, ҳәа иасҳәеит.
Нас лара, амзеиԥш дҟьантазӡа, аӡы дааҭыҵны, иҽцәыригарц, лымаҭәақәа лызирхынҳәырц диҳәон.
Марр дцарацы дыҟан Испаниаҟа, Пиринеи ашьхаҿы инхауа абаскқәа рыбызшәа ҵаразы.
Ус зегьы угәы иаумырслан!
Сышьҭахьҟа ишьҭаз сылҵит сыршәымыз, амҩан уи маҷ-маҷ иԥсасиуан, санааскьа, инсыжьыз сдунеи ҽак ашәымыз, уи, иныҵак, ҽа шәакгьы аныҩуан.
Сахьымнеиц, шԥарацәоу!
Усҟан сымҩа лашам ауп, иахьанӡа сызлаҟазгьы сцәыӡт.
Ахрустальтә ҵәыцақәа ақьаад иламҳәаӡакәа ус еихаргыланы ааҵәа иҭалҵазаап нанашьа, рыбжакы ԥҽит.
Уҽԥхьоумкит шәнеибац анырҳәа, уабацәагь ирымамызт ашәара, каламлеи абџьарлеи уеибыҭан, уеиқәныхла унеиуан қәԥара.
Иара Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, арҿиаратә хеидкылақәа рахьтә ареспубликаҿы раԥхьа иаԥырҵаз акоуп.
Ара асиа зҽанҵаны, итәақәаз макьана џьаргьы имцацызт, рхы ԥхашьо итәан, реиҳабыра рҳәатәы хаҵо.
Амала, урҭ рымҩаԥгашьа мыцхәы иашьклаԥшны иеиҿыркаауан заа иалхны ргәырҽанырҵон ажәаҳәараз иқәгылашаз, заа ирыҵарҳәон еиҳа инақәыӷәӷәаны излацәажәашаз, зыӡбахә рҳәашаз.
Избо ирбаз аҵыхәала иӡхьоу, мамзаргьы иӡыз иеиԥш, уааишь-унеишь ҳәа рарымҳәаӡо, зқәацәқәа ирыҩнатәоугьы шаҟаҩ ыҟоузеи
Аха нас, убас исырццакит сшьаҿақәа, Ҷашь ашьҭақәа ракәым, иара ахаҭагьы сымбаӡакәа џьара мардак ишкыдҳәыло саҩсны сцар ҳәа сшәартә аҟынӡа.
Уажә ҳазцәыԥхашьо егьыҟаӡам
Бҽылҿыԥшьаауанеи, ԥҳәыс мыжда, даҽаӡәгьы лыбжьы аарылҟьеит.
Ҭакәажәык лыӡбахә иарҳәеит абри уналагоит ҳәа.
Асҭан иџьыба рацәа деимдо дааҭалеит.
Аха имԥсыша аџьма амаҵә азылаҟәуеит ҳәа, ҳамԥсырц ҳаҟазаарын ларгьы саргьы.
Аџьабаа убаӡозаргьы акыр, ухы ҟоуҵоит иузыӡырҩуа уичҳартә.
Ателехәаԥшра аколлектив иазеиџьеишьеит ақәҿиара дуқәа арҿиараҟны.
Ашә ҩыджьыланы, алыкә лаҿадыршәит, азарзагьы лахадыршәит.
Иажәа наимыгӡеит Абзагә.
Уи аҵара иҳарҵеит, дҳааӡеит ҳәа дузыԥхьаӡом.
Амна апҟызраҿы сыҟоуп, ани аурыс шпион дызгаз апҟызраҿы.
Уа еизибагеит ашәаҳәареи акәашареи иаманшәалаз аҿари алафҳәара зықәҿиоз еиҳабацәаки.
Џьон дыҟоума анаҳҳәа, уигьы уажәы дмааиуеи ҳәа аҭак ааҟаҵан, иаразнак астол архиара далагеит.
Имцози?
Иазыжәуазеи, наҟ ихырԥаны икасыжьуеит.
Аҳәынҭқар ичынуаа знапы ҳану, ҳара ҳтәы иахәаԥшны, цқьа ирбарану?
Раԥхьаӡатәи аҿҳәара, жәашықәса анихига, дымшәо-дмырҳауа аҩныҟа дхынҳәит ҳаб.
Аха адҵа иҟаиҵаз дахьхәит, иаԥихит.
Иеихысны ицон.
Аб дгылан, иԥҳа дылҿаԥшуа.
Уаԥхьаҟа аӡәы ацәҟьа иҳахьазар алшоит.
Араҟа уи еикан димамызт Владимир Занҭариа ида.
Ашьыжьтәи амра ацәырҵра аҟара ихааны ихаччон лхы-лҿы, илхьыкәкәаны инеиуаз аӡы цәыкәбарқәагьы, абри аиԥш ацәеижь ныжьны ицар рҭахымызшәа, рҽааныркылон лгәы, лыжәҩахырқәа, лыгәчамақәа рҟны.
Уахьынхо уахымҵыр ҟалом.
Аԥсны знысхьаз ашьамҩақәа ирнысхьан.
Нагӡара ақәзааит Аԥсынра!
Шьҭа иеилыскааит
Ус узывасыр зымуаз Ҳаџьым Кьагәа дыниаҭабит.
Уаха сарцәом, уаҵәгьы ҭынч саргылом
Амш ҿарҳасымҭак ыҟам.
Убасҟан Ҭанас Бидаҿ-иԥа ашьшьыҳәа ашә дааханы дааҩналан, дааҭгылашәа, днаҳалаԥш-ҩаҳалаԥшит.
Леуасра аиаша иҳәеит, уи ҵара дук иаҩызоуп уара узы, иудыруазааит, — иҳәеит Мац, Леуарса ииҳәаз иаразнак днақәшаҳаҭханы.
Ҳҿаԥхьа ишьҭан имаҷмыз, имариамыз ауснагӡатәқәа.
Уамак сыламзаргьы, убри анаҳәы-ааҳәра адунеихаан сцәа иаламшәацт.
Аӡәы ихьӡ былахьаҿ саԥхьозшәа збоит, аха цқьаҵәҟьа мап.
Ааигәа сҭыцит абахҭа
Сыда дызмамыз, ааигәа-сигәа цҳаражәҳәара сдәықәиҵартә сыҟан.
Избозааит амра шгыло ишеишеиуа, аӡаӡа еимгәҳәо, сынҭыҵлааит шарԥазы.
Қьаламаҭ сара.
Виачеслав Таболин, ахәыҷтәы педиатр, апрофессор, шәхәыҷқәа сынрылаԥшырц сҭахуп, аниҳәа, аҩныҟа дымҩахызгеит.
Шәнеи шәыҩнал иахьынӡашәҭаху шәыҩназ.
Лаԥшь ахәыжә ԥыххаа иузышьҭанаҵап!
Шьыбжьонк азы.
Уи зны ҭауадс дшыҟаз узымдыруазар, угәы иаанамгар залшомызт ари ауаҩ иԥсҭазаара зегьы абас рыцҳарала ихигеит ҳәа.
Акы ҳзишьит, жәиԥшь аанхеит.
Мап, мап, хымца акгьы ихараӡам.
Шәнеихьоума ани абааш аҿы?
Ааи, ианамуӡах, аԥсра-аԥсра ианадамха, ӷраҭшалаҵәҟьа Анцәа димблааит, уаха сызшьуа саӷаҵәҟьа иакәзаргьы.
Иахьеи-уахеи ахҭысқәа иҟало ирацәаны аматериал ирҭоит арҿиаҩы, ажәа азҟаза, урҭ зегьы апоезиазы имаҭәахәуп, аха ара аус злоу апоет ихшыҩ ззишьҭыша, ииҳәо, дзыхцәажәо мацара акәӡам, ҳәашьас, еиҿартәышьас иеиҭаз ауп.
Лымкаала ажәлар ражәарҿиара аҵак ду амоуп ҳәа иԥхьаӡоит уи еиҳаракгьы иҷкәыну, аабыкьа ииз, аҿиара, аҭышәынтәалара иаҿу алитературақәа рзыҳәан.
Ухы гарҭа анумоуаз, иумхәыцрыз арбаныз.
Иарбан литературатә бызшәазаалак, ашьапы ӷәӷәаны ианаҩлак, абызшәа абеиара анапаҿы ианаанагалак, ашьаҭатә норма анышьақәгылалак нахысгьы иааҟәымҵӡакәа иҿиоит, иҿиалароуп.
Хылаҵәҟьа сыззааишьҭ уара уоуп, Заабеҭ Мачагәа-иԥа.
Ус аддыҳәа иааҩналан, рҭыԥқәа аанкыланы, еиқәышьшьы иаатәеит акомҿараа.
Шәанаџьалбеит, шәара шәбызшәа заҳауа аныха ныжьны шәабацои?
Макьаназ сааугәыҵак, снаскьагала сгәыӷра.
Кьаразаа асовет мчы даараӡа иашьҭаз џьушьома, асовет мчы аагара рхы иархәаны, ақырҭқәа Аԥсны иаларцеит.
Ахымҩаԥгашьа зегь реиҳа аԥсҭазаараҿы игәцарактәу, изхылаԥштәу
Аколнхараҿы ҳасабеилыргаҩыс аус зуаз Маҟәала налзаарыгӡа зегьы ачаи ҿыхра иҟан.
Умгәырӷьар умуазар, уиеигәырӷьала, дагьаԥсоуп ауаҩы ихаҭа, уеигәырӷьа угәамч-гәаԥхара, уԥагьара-гәадура, уцәаныррацәалашәара.
Инеиларԥсеит злабашьақәа зҵаԥсаны иааиԥынгылаз аҭаҳмадцәа.
Вставка шаҟа деичырчаҩузи!
Агеи ашьхеи реимадара уи цәаҳәала еибаркны, нас уи днеиуан аҩадарахь, аԥсуаа рцәашьы амца аркны.
Аншьан ахаҿы игылаз астол гьыжь аҿы иаркыз ацәацәашь ыцәахьан.