text
stringlengths
0
400
Зегьы урзымҵаан.
Абни амшын агәаны иаабо иҭоу ԥаразар, сара исымазааит, ҳәа.
Имцума, уааи, дад, сынхара зегьы блы, амала автоматк сыҭ, — иҳәеит нхаҩык дахьгылаз.
Агранатамиот сара искуеит, уара хара-хара уаасхы лаԥшла, анҭ аҩба инхаз, ма дара, ма ҳара!
Мап, зразҟ иаԥшәмоу дынхаӡом гәырҩала, сыжәлар, шәԥеиԥш шәахӡыӡо ишәыхьчала.
Егьырҭ хәлаанӡа ара изтәозма, аамҭа рзыԥҵәан, аӡә дцон, аӡә даауан.
Ус анакәха, зегь раԥхьа иргыланы ашәарҭа ӷәӷәа иҭагылт, маӡа-аргама ақырҭуа ҵарауаа зықәныҟәоз Пауле Ингороҟва итеориа аԥсуа абшьҭра хадақәа абазгааи аԥсилааи қырҭуа абшьҭрақәан ҳәа ииҳәаз.
Имааицзар агәыԥжәара сагар ҟаларын.
Урҭ рыла иааӡоуп абиԥарақәа рацәаны.
Арахь ацәаҳәа иқәгылази аҳазылхырҭа иадпаплази ҽырҵысрак рымаӡахмызт.
Доусы рхылԥақәа рхала иаалырхын, инырхаҵаны, адышшылацәа ахьгылаз ахь рҿынархеит.
Ршьам-рыԥсадгьыл урҭ ирнықәуан, аамҭа аӡыбларак рыхьӡан.
Аӷьра даҿын сан адырҩаҽны ахәылԥаз алампа ҿыц агаз ҭаҭәо.
Рим, Аҟәа аасҭа идуӡӡоу қалақьуп, аха акәшамыкәша иаҳа иҭбааҭыцәроуп, ашьапы неиҵыхырҭақәа маҷымкәа иамоуп, ара уаҩы иԥылоит абна ҽыгәқәа, адәы неиҵыхқәа, абаҳчақәагьы.
Ҭапара иаб Сабыда иакәзар, уи иҭоурых иаҳа идуун.
Рҿиамҭа ӷәӷәак аԥысҵеит.
Иарбан гхақәоу иҟаиҵаз апоет?
Ан ақьаад шкәакәа ду аҟны дҵәаӷәанҵоит.
Сзалҵуам анбанқәа рӡыжьра, сԥаҟьԥаҟьуа агәахьы сагаӡеит.
Ҳәарада, уи иаанагом, адунеи аҿы уаҩы иџьеишьаша, ауаҩы ирҿиамҭа ссирқәа быжьба рыда ыҟамшәа.
Уи Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иалхра иџьоушьартә ишыҟоугьы, ақырҭуа депутатцәа адгылеит, рнапқәа ирҩахеит.
Ауаа шәзыԥшуп, ԥызара рзыжәу!
Адкыларҭаҿ еилыркааит Радоу дшышьҭаз, лхы шылзымдыруаз.
Уи, уара, иаабахьоу дреиуам, зыгәра угаша, узықәгәыӷша аӡә иоуп
Ашәымкьаҭ дыргылон, идырхион абысҭа, акәакәарқәа, ачаӷәазал.
Ус уахык схәыцуа сышиаз исыӡбеит сгәала статиак ианҵаны агазеҭ Аԥсны ҟаԥшь ахь исшьҭып ҳәа.
Қьаламаҭ дыԥшааны узиацәажәар абзиа, мамзар ауаҩы динҵаны еилкаа, избан сыдҵа зынаимыгӡо?
Аха урҭ рықәԥара егьа иԥшьазаргьы, апоемаҿы иарбоу аамҭазы хәарҭара аламызт, баша шьакаҭәаран.
Аӡәызаҵәык иара усгьы.
Иуӡаӡаргьы, иуҵәахӡаргьы, иузжьаӡом
Абра зыӡбахә сҳәазгьы налаҵаны аҿар ирызкны иахьа акьыԥхь збо аԥҵамҭақәа, ашәҟәқәа, ажурнал Амцабз ианылақәогьы убрахь инархыԥхьаӡаланы, уеизгьы-уеизгьы абарҭ цәгьоуп, ҳахдырра дырҟьалоит, аҿар мҩахызҟьо, ма ирыхәо ак разымҳәо роуп, акы иаԥсам рзуҳәартә иҟаӡам.
Дтәоуп ахәлара имаӡоны, Амш аҵкыс аҵых дазгәышьуа.
Ауадахь дналган дышьҭалҵеит.
Ибоит имч зегьы ишәахьеит, егьигӡам, аха дгәыӷуеит, иаԥхьаҟа дыԥшуеит
Дцеит шысҳәо, иҿааихоит длахҿыхӡа, ма, зны-зынла, илахь еиқәҵацәо.
Урҭ рҿы уаа милаҭла реидгылара рацәак акгьы аанагаӡом, уа еиҳа акрызҵазкуа, аԥызара змоу занааҭла аҽеидкылароуп, азанааҭ ауп еиҳа еидызкыло.
Ашькыл ицангылеит уаа-хынҩажәаҩык инареиҳаны иарӷьажәҩацәеи иҳәаҭҳаныҟәгаҩцәеи.
Ааӡара бзиа змоу ауаҩы ианакәзаалакгьы дҩашьом, иаразнакалагьы зегьы деицгәарҭоит, Быҭәба Адгәыргьы убасеиш ԥсуаҵасла зхымҩаԥгашьа ԥшӡо, анаалашьа бзиа змоу, аиҳаби аиҵби здыруа, зегь рылагьы зыхы ҳаҭыр ззақу иакәны изызҳаз иоуп.
Иҟоуҵари, аԥсабара иаратәы ҟанаҵоит, ахәы агоит, аҿабырҳацәреи ахәмарреи баны иаанымгыло аԥсабара!
Зны игәы разуп, дҳалалуп, ҽазных, деилашәаны, иԥстәы цәаныррақәа рхарҭәаараҿы днызкыло ҳәа акгьы далаҟам
Имшымкәа мышқәак сырԥылон, шьоукы срыман сыхҭакны
Уи азы сҩашьаны сыҟан.
Сахьалоу Ҭырқәтәыла
Сҩызцәа иҟалаз анрасҳәа, убри аухаҵәҟьа, ҽык зҵакыз аҽуардын ҳаманы, хҩык абаҳақәеи аҽагақәеи аашьҭыхны, аҵых агәы анааиҩнашоз, бнала мацара ҳдәықәлеит.
Сцәа иалҵыз, сжьы иалҵыз, сшьа злоу ауаҩы дныжьны сааит.
Деибга-деизҩыда иҵара далган дҳарба.
Аӡыҵәҟьагьы удмыржәыр ҟалап уаашьҭахар
Санду дыччоит са саӷьуеит, аӡын цом ӡынҵасҳәа.
Нас уа еилагылаз Борис Гәыргәылиа, Вова Агрба, Ваниа Асаӡба, Терент Ҷаниа, Хәхәт Аҳашба, Руслан Қапба, Вало Сақаниа, зегьы иҳадырныҳәалеит аҵара шықәс алагамҭа.
Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Аҳмыҭбеи Ачачба иаҳаҭыр аҟнытә иадырбазаргьы.
Сышьҭа ихылан иаауама имақаруа сара арантәи сықәзыҭәҳәо ԥшак?
Ныҳә дахьааиз, длатәаны дхәыцит, иҟаиҵо планс иеиҭашаз азы.
Арыц аарыхра, асаркьа аарыхра.
Ҳҭыԥ алхуп, наӡаӡа уаҟа ҳаанхоит!
Уажәшьҭарнахыс, убригь аӡәы даадәылицарц далагар схы шидысшьыло жәдыруазааит.
Амахә ҩа шәҭӡом.
Иаартым адгьылқәа ҳзыԥышми хара, иаартым амаӡақәа ааҳартыроуп ҳара.
Избан, дызцарызыз уаҳа акгьы мҳәакәа?
Џьоукы иаҳаҭыр рбеит, игәы ршаҭеит.
Аҭаацәа зегь еибаргәырӷьо изымччозаап рлакҭа, аԥшқа иҵәуабжь, еиларгьежьуа, ианыҩнымҩуа аҩнаҭа.
Игәалашәон Марица ишылҭахымыз Асҭанда лшьапы иахьыз ахьылҵәахуаз Баҭыр иаҳарц.
Ахьаԥарч еиԥш
Еиҿшәырԥшы аҳәоуқәа
Дара рымала рыҽӡаны иахьеиқәшәахьаз, ахәырма ду аҵаҟа акәын.
Еилышь, ана-ара амыцмыџь дуқәа гылоуп, амандаринаҭра хазы ажәшн ахаказказуеит, ақәаҵа хазы
Иахьнеигаз ақәаб лассы иааумгеит, аха ари иҭагылоу ақәабшьҭа хәыҷы закәызеи ҳәа иазҵааит.
Арҩашқәа леиуеит, ажәҩан казказуеит, икаҳаран иҟаз макьанагь саауеит.
Аҩызцәагьы махԥсахуа уа иаахықәтәалоит, зны иаахырқәақәоит, иаакәанызануеит, инаԥшы-ааԥшуеит, рыбла рыбла акәиц хәыҷқәа ааҭбаахоит.
Аха урҭ ацҳа агәҭа ааи ҩыршаанӡа, агәырқьҳәа аӡыҳәҭала зҿаадырхоз апулемиот, ршьапы иқәгылаӡамшәа ирхны инышьҭанаҵон.
Аӡара ҭхәааӡа, ахәда ҵәыцоушәа иҭыхәхәа, аԥҳәызба хымкых леиԥш аԥшӡара икны ишԥаго, ма ишԥассиру акәаршьа.
Нас иашьаки, иаҳәшьаки реиԥш, бзиа ишеибабоз, шьала ишеизааигәамыз анырдыр, аӡыхь иаҩызоу, абзиабара цқьахьы иианагеит, ҳара ҳарԥырхагамхакәа, ҳрыцхраар, пату еиқәызҵо хаҵеи-ԥҳәысны иҟалоит, ҭаацәара бзиакгьы аԥҵахоит.
Ари егьссируп, егьџьашьатәуп, егьлакәуп
Нацәхыԥк иадамзаргьы, абыржәы хәыҷӡак даақәацар, ӡибнаҟа абри аџь днахәлабгарашәа ибеит.
Аҟамчгьы, акәмаангьы, ачабрагьы аацәыригеит.
Уи ашьҭахь, рацәак иаанымхакәа ауха иҷаԥшьақәоз цеит.
Уи издыруам иаалырҟьаны ара акгьы шыҟамлаз.
Урҭгьы рхы-рыԥсы!
Саби сани.
Амчра рнапы иакуп ҳәа, ацәгьарахь рхы дырхар иранахома?
Шьаликәа дшыччауаз имҩахь дцеит.
Уи ибзиаӡаны ирдыруан Аԥсуара зырҿиаз ҳажәлар.
Уа еимаркуан Бзыԥҭатәи ажәҩан, рыеҵәахәқәа рҽеизыргон абра.
Уара зыбжьы уаҳауа иуеиҳәоит, уара иузымдыруа, иааумдырырцгьы ԥсыхәа-ӡыхәа умам даҽакгьы.
Убриоуп уажәазы ишәасҳәо!
Ададианқәа ихацдыркыз Ачачбақәа рабашьра, Гыртәыла даараӡа иарӷарит, Леуан данԥсы ашьҭахь, аҳрагьы зынӡа иԥсыҽхеит.
Аҭыԥхьӡқәа зегьы рқшаны ақырҭқәа ишааныркылаз.
Агәыԥ аиҳабы, уҟоума?
Бардӷә имцхәрас абригадирра салагарыма.
Илшалакгьы, убриҵәҟьа илымшар ҟалап!
Ус умҳәан, улшәиир ауеит анырҳәа, Анцәа сылшәиргьы, ажәлар рхы сыдырныҳәалондаз иҳәеит иара.
Аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп, аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп, илҳәон, илҳәон, еиҭалҳәон лара гәаныла.
Схы кажьны саауан.
Лан, Бара боуми ҳәа аҭак аныҟалҵалак, Избан, саб дыбҭахӡами?
Уара уҩашьоушәа збоит, сашьа иԥа.
Уи рыдумбаларц залшом ипоемақәа Ацәқәырԥақәеи Абнеи.
Амала, акаҳашьа маншәалахазаап, рыцҳа
Аха анаӡаха изымҭаз аӷа иааишьҭыз аҩбатәи аснариад дахәнатәит Витиа, иаргьы уаҟа, Лиончик дыниваҳауеит.
Дышԥахыццакуаз аибашьра еилганы, аиааира ганы иҳәаны изтәаз, иԥсы еиԥш бзиа иибоз аԥҳәызба лахь ахынҳәра.
Рыҽдырххама?
Сыбмыргәаан, сбыҳәоит, сыбмыргәаан