text
stringlengths
0
400
Дҵааит Иаҭма, иҽы аӷәра наҿакуа.
Аҵара аган ахь ала ибҳәаз садгылоит, аха егьыс аамҭа бзианы ишәхыжәгоу?
Издыруада џьара дымҩахыҵзар игәахәын, ауацәа, аҭынхацәа, аҩызцәа аӡәы даанимыжьит, аҭел дасуа дрылсит, аха, мап, иахьатәи ала дҳамбаӡацт ҳәа аҭак иаҳауан.
Еиҭасҳәоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атематика иазку апоет иҩымҭақәа арахь иалауҵар ауеит апрозатә, апублицистикатә ԥҵамҭақәа, астатиақәа арҭ зынӡа даҽа материалуп излыху.
Зыӡбахә сҳәаз ажәар хәыҷы саргьы ак сиҭеит.
Ихьаан, иусын сызхьымӡоз, дааиуан схы сгәы назҭаҵо.
Актәи аԥҳәызба дгәырӷьаҵәа Риҵа!
Ҳабакылнагари абри аамҭа, уахьахәаԥшуа, Асҭана?
Аваҵәирҭаҿы
Егьи иахь диасит.
Ашьаԥа ахьгылаз.
Уи еикәаԥхо, еилаџьуџьууа абз хәыҷы наҭааҭо аилабылра иаҿуп.
Ауаҩы иҿы акгьы ахарам, имгәагьы иахарам, ҳәа иаақәгылт илымҳақәа.
Ианамуӡа ҿаалҭит
Ицоит адәыӷба Смоленсктәи аобласт иаҵанакуа акаршәра иқәԥраа.
Схьамԥшыргьы амуит абжаранӡа иаатхьаз ашә, иара уажәыгьы, бла иамбо напык иаанартыҵәҟьозшәа, ашьшьыҳәа аатра иаҿын.
Нас ҳабеиԥылои?
Уи дхынҳәаанӡа, аҳаблақәа рахь ирышьҭышаз ауаа гәыԥла иршеит.
Ажәҩан иалахаз рыԥсы ус ранаҳәон иҭахаз
Аболгарцәеи авенгерцәеи еиҳарак изларгәаԥхаз, даргьы, ҳара, аԥсуаа ҳаиԥш, ауама рзааимгахьаз аҭырқәа, рҭоурыхтә гәаҟрақәак аҳәазар акәхап.
Уахь аиасра угәы ианҭоук нахыс саауԥыршәомызт.
Уи бзиарамзар цәгьарак ҟаиҵахьан ҳәа исгәалашәом.
Шәгәы анцәа еихимыршәааит!
Нас умшәан, лада иҟоу, нас, умшәан, аҳаҳаи, саргь абраҟа сӡыхгылоуп, саргь абраҟа исызҳаит!
Уажәазы дгьежьуам.
Ҳаамҭазтәи аҽыԥсахрақәа, атәым культура аҽаршьцылара.
Идуузу?
Абӷьааҳәа урҭ ихәыцрақәа иҽаарымхны, иҿаԥхьа игылаз аԥҳәыс ҿа лахь иниеигеит.
Сышьҭахьҟа уаҳа хьаа сымамкәа, сахьааиуагьы
Сара сеиԥш иагаҩ ҭагәаҟхьан уи аҟарс ҭылашьцара, иагаҩ рыԥсы рхыҵхьан, иагаҩ рқьыбжьы, рыӷызбжьы аҵаҩхьан уи аҭуан лаҟәы.
Иаҳа еиӷьысшьоит, дысзыҟоуп ҳәа иасҳәаз џьыбшьома ажәахә даԥхьарц ианиаҳҭаз, уара уеиԥш иҟоу, зхатәы гәаанагара змам, зыԥшрада акгьы злам иоуп уи аус ианаало ҳәа, ҳаҩнуҵҟа иара изыҳәан иасҳәақәаз наҵәахны, иаарҳәны, зынӡаск даҽакы наиаҳәаноуп дшықәҳаргылаз.
Сызҵаарақәа шыҟазгьы абас акәын
Ари, зыџьма иӡаз, даалаган, иџьма зӡаз аныха деиҭазаап
Сышнеи-шнеиуаз, хара имгакәа, Са сышҩашьоз еилсыргеит
Ҳаит, ашьашәы уҭарблааит, аҩсҭаа!
Наҟ дархьаҳәын, Изгәамҭакәа имҩа аркьаҳәын, Зымҩа дагаӡеит данҟьала.
Убысҟан, иҟәышӡа, иԥшӡаӡа иаԥхьа иааит уи лсахьа
Аҟәара деиҵаслап сагаанӡа агәыԥжәа.
Ари иубо ԥсыжырҭоуп, агәаҩара дҭарԥшуа, иршәны иҭашәыжь, нас аҵаа ԥыҽҽны ирықәшәыԥса.
Анцәа имч ала ҳара зегьы ҳаибга-ҳазҩыда ҳаҟоуп, чымазаҩ дҳамам, — рҳәеит лаби лани.
Абри акәын гәҭакысгьы ҵакысгьы иамаз ари аизара.
Убригь иазхәыцроуп зыжәлақәа ус зызу, нас иаҳа ирласны идыриашоит
Ачеиџьыка иагбмыжьит, бхаҵа иҿаҭахьа набыгӡеит, уи адагьы бхаҭа ибылоуп азоуп асҟатәи аҳаҭырқәҵара збылшо.
Амала, акыр шықәса раахыс зыҩра саҿу сымшынҵаҿы сшааиз ианысҵеит ишылҳәаз еиԥш, ажәак ацымҵакәа, ажәак агмырхакәа изусҭцәазгьы арбаны.
Ҳаџьараҭ иҩызцәеи иареи иццакы-ццакуа ананырахь рхы надырхоны еиԥш
Хәлаԥазын.
Лгәы иалан лашьа, ара даанымгылаӡакәа, иҿара иҵаххуа, анахь-арахь дахьгәараз.
Адгьыл ахықәшарҭахь анеира заҵәык акәын иуадаҩыз, нас жәа-шықәса раахыс дзышьцылахьаз акосмос ӡсара изымариахон.
Арҭ ацәаҳәақәа равтор сҭоурыхтә публицистикаҿ акырынтә иазгәасҭахьеит аԥсуаа зхыԥхьаӡара рацәаз ажәлар ирҟәырҷахоуп ҳәа.
Атәым дгьыл иқәгылоу иоуп икәадоу.
Аусура ԥсыцқьала уара иуԥхықәуп, уи ауп уеиҭазго угәы иҭоу иԥхаӡа.
Уажәыгьы исаҳауашәа сыҟоуп уи ибжьы.
Иҵегь-иҵегь шәыҽшәырӷәӷәа!
Биашамшәа избоит.
Шәгәы иалсуа ныҟәызгом, шәсырԥхашьом, мамоу!
Изызӡарызеи, уа рацәак, рацәак акәым, зынӡа сшьапы нӡаасымкылац
Алашьцара ацәгьара ианасыԥуп, иамыцхраауазар, иаԥырхагахараны изыҟалаӡом.
Аха арҭ ажәабжь кьаҿқәа иҟарҵо ахатә критика, акы, азҩыдара, мораллагьы доуҳалагьы аҽрыцқьареи ахы аиааиреи ирзҳәоуп.
Шәахьааиԥыло думбаӡазшәа умҩасыз
Ҳгәы нымхарц ирҟәымшәышәны илҿыҵҟьалон лани лаҳәшьцәеи шыгәхьаалгоз, дцарц шылҭахыз.
Ҳахьцогьы иаабагәышьози, ҳаӷацәа ҳамҩақәа ԥырҟеит, иахьатәи амш ҳара ҳзы илашом, иахьа еиԥшхоит уаҵәгьы.
Уи идыруан лара ус ак шылҳәоз, аха ус акәым арс ҳәа илҿаирхьырц иҭахымызт, избанзар уи лафын.
Аведра азна аӡы ҟаҵаны, зымпахьшьы знапы иахаршәны, агәыгәым кны игылаз, аҭыԥҳа лахь еиҳабык иҿынеихеит.
Михаил Горбачов ага дганы аӡы имыржәӡакәа дааигоит, инацәахы дахаиргьежьуеит ҳәа ззырҳәоз, Урыстәылан Абгахәыҷы шкәакәа ҳәа хьыӡшьарас изырҭаз Едуард Шеварднаӡе ддемократ дууп, дуаҩ ҟәышуп ҳәа башаӡа изырҳәон.
Абџьар ҳаԥшаароуп!
Уи дахьхысыз бзиа изымбазгьы ҟалеит, аха Ҳаџьараҭ саншьа ду ҩызас дицуп ҳәа анрылаиҳәа, уаҳа акгьы рзахымҳәаакәа рҽааиқәыркит.
Уи илыман рбаӷьк, аика ҟаԥшь ахаргыланы, амҵәыжәҩақәа ԥштәы хкыла еилаарцыруа.
Игон аҳәсақәа рыӷазыӷызбжь.
Еизадарак аҭыԥ амаӡамкәа, икыҷыра мацараха иҟоу лнацәкьара ауқәа ирбжьахәмаруа илыргьежьуеит ан лдырды.
Аԥсны ахақәиҭраз ақәԥараҿы имаҷмызт аҳәсақәа иалахәыз.
Ааԥынрахь дынӷыҵсаанӡа игәанала ихы алаф алихуан.
Дуаҩы ццакуп, зны-зынла дықәԥақәсуеит.
Ллакыҵа ҭацалақәа ччаԥшьк рыҵшәомызт.
Ма ашәышықәсақәа рышьҭахь археологцәак ахлымӡаах аартырак мҩаԥырымгози.
Ихәмаруа ашҭа ианаақәлалак уаарылаԥшыр угәаҵанӡа инеирын, қырҭбызшәала ианзымеицәажәалак аҿаҳацәа реиԥш ирҭахыз напыла шьаԥыла акәын ишеибырҳәоз.
Сҵыс хәыҷ сыхьчара зылшаз, сара сакәзар ашәа инҵәаз.
Аха даҽакала дышԥаныҟәои ауаҩы, алеишәа ашьақәыргылара иҽазимкзар, аҳәынҭқар ахада иахгара заҵәык игәы иҭакызар?
Изылашәыжьзеи аҳәынҵәа шәхы?
Иубартә иҟан сҽыԥныҳәа ихьаақәа зегь шиханаршҭыз.
Дырҩегьых, сара?
Баша дцәажәаӡомызт, еснагь ҿааиҭуан уи Сакәыт.
Аҷкәын адауцәа рырахә иманы хаха хымш амҩа дықәын ацҳа ирицарц.
Ҿыц илзеиҿыркааз лиарҭа анаҩсан иара аус иуан.
Лыԥҳа лышҟа даахьаҳәт.
Шәгәы касыжьыр сҭахым, аха счымазара башак акәымзар ҟалап.
Усда-ҳәысда, абас аҿыҿра, ҵыԥх иаҿын, иаҿын сынтәа.
Усҟан, ари ажәҩан дуӡӡа аҟнытә, адгьыл амшын ҵаулеиԥш уахьӡааԥшыло, шаҟа шәарҭара ацу, шаҟантә уԥсра уахыԥар акәу, нас уара уазхәыц
Абас ала, Ишькодраҟа сцарц азы абзиараз ҳәа засҳәаз сҩызцәа еиҭах саарзыхынҳәит.
Иҟан ирымпыҵаԥсуазгьы.
Дарбан ԥсуазаалакгьы дунеихаан ихашҭраны дыҟоума гәнаҳарыла иҭәыз аԥсуаа рлахьынҵа иаҭоурыххаз
Сара соума иззымдыруа, бара зынӡаскгьы быцхәмарра сҭахӡам, илымаикуан лара лаҵкыс ҩбаҟа хԥаҟа шықәса деиҳабхап ззуҳәашаз аҷкәын.
Рнапы дықәҵа, ашьацраҿ днадыриеит.
Ихадараз, иаргьы арҭ ажәақәа игәы ианааҵаххлоз шыҟазгьы, иԥҳәыс длықәымчуамызт, дрыцҳаишьон.
Ацҳаҿынтә шә-метрак набжьамкәа, ахаҳәтә хыбра игылаз иҩнан амилициа ақыҭатә ҟәша.
Ҿааиҭит аԥшәма.
Аҭак анашьҭыха смаӡакәа ателефон абжьы геит.
Ишԥаҟасҵари, зымшира ҟаҵатәуп ҳәа ззырҳәо дызусҭоу здыруоу?
Қырҭтәыла аидҵаразы ақәԥараҿы раԥхьатәи ашьаҿа ҟаиҵеит Кахеҭиа Ахада Григол, Қарҭли ашьҭыхрала
Ари аҭаҳмада хшыҩца аибашьра ишаҿу саҳахьеит иҳәеит уҳәансҳәанлоуп ишидыруа.
Изларылшоз ала иансыгәҭас