text
stringlengths 0
400
|
---|
Усҟан ауп сара сшеиҭымыз аныздыр. |
Уԥшра сгәаԥхаӡом, хәшәқәак узысыԥшаап? |
Ажәеинраала Интернационал. |
Аҭаҳмада ииҭаз азҵаара ԥсеиқәырхагак еиԥш днахьынҳалеит Мырзаҟәыл. |
Уқәра уахьӡоу? |
Иаҩызаха ақәыџьма млашь еиқәыцәа, Иҵаҟа анаҟәу еиқәыцәашь, Иԥшуп, даҳфап ҳәа дылҭаҳар. |
Мардасоу уусқәа зегьы уԥышәырччо иҟауҵозароуп ҳәа Игор ииҳәаз игәы иалакьакьон. |
Сара адҵа ҟасҵоит ари зызҳәоу ишақәнагоу ала шәахәаԥшны еилшәыргарц. |
Аҩадатәи қалақьк аҟны иаанхаз раанхашьеи бзиа еибабоз рыбзиеибабашьеи, реиқәшәашьеи еилкаам аԥхыӡ иаҩызазар, Суламири Ҳаиҭи ртәык здысҳәаларыз збом цуфарақәоума? |
Ус, ак зымҳәоз ԥшрак аахәаны, иҭыԥ аалихыхт. |
Ҩажәамш аус ааур, заҟа кьыла ҟало. |
Иҟалоит, дҭаркаанӡа, ианқәыԥшқәаз бзиа еибабозҭгьы, иҟалоит, ааӡаб цәгьа ихыганы даныхынҳә, дрыцҳалшьаны |
Амҩа рымоуп изызшәаз |
Илзымчҳаит ан, Дынхьаԥшт. |
Аха амаҵуцәа уахь иқәломызт. |
Адгьанашьа лхаҵеи лареи ԥшьышықәса ишеицынхозгьы, ас дцәырҳаны дааԥшуа длымбацызт. |
Уи ашьҭахь шықәсқәак рышьҭахь, ҩаԥхьа ари амҩала сшааиуаз сымҩахыҵит Дина лахь. |
Иаразнак аҭуан дҩаҵакьысит Шьашьна, иҩҭҭәааит лхалаҭ гәаҩагьы. |
Амҩан аҷкәын дныжьны, аб ихала иусурахь дцартә, иламыс иабжьанагомызт. |
Аҳы ара адәны уанбанӡагылазаауеи, умацара уагьжьамкуеитеи, аҩныҟа ҳлашьҭы. |
Амшқәа мҩасуа, ақәа асуа, асы аҩуа, иумбозаап аамҭа ццакы-ццак иахьцо. |
Уааины сгәыдкыл, сылашара! |
Ажәлар раԥхьа уҩагылан. |
Ахы ааԥиртлеит Назыр иажәа. |
Гьаргь Гәлиа Дырмит Гәлиа урҭ рышәҟәыҩҩы дуӡӡа. |
Иагьаџьара ҳакҿаԥсоуп, ҳара рыцҳақәа?! |
Ҷыҷыкәа дкәашоит. |
Игәы иалан абырг. |
Уи лнапы гәыӷрыла зыбла ҭырхахаз аԥҳәыс ҿа лнапы инақәылҵан, дҩагылеит. |
Иҟоу шәдыруама? |
Аиаша дшадымгылауа, иҽшникылауа Озган игәаимҭар ҳәа дшәазаап. |
Абри ауп изыхҟьаз Радеда Мофа. |
Азиа маҷ аҟны еицырдыруаз ақалақьқәа Трапезунд, Синоп, Кизик, Амиса, Теос уҳәа Амзареи дареи аиҭанаиааирақәа рыбжьеижьҭеи акрааҵуан, иара убас абырзенқәа рхаан асаӡқәеи аубыхқәеи ргәылараҿ иҿиаз ақалақь дуқәа |
Изхырҵәагоузеи, саб? |
Нас ани алабҷашь аркәаталеира сылымшо сыҟоума? |
Ҷашьа ацҳа анԥаажәа ашьыжь дара зегьы планы иҳалалеит. |
Иахьарнахыс мап ицәыскуеит. |
Сара уажәы игәалашәоит сҳәоит! |
Лхаҵа ихы дақәиҭны дылмеиӡацызт. |
Днаҵааит Ҭырбеи. |
Уажәы иахьтәазгьы, Ҟазылбақь ида аӡәгьы издыруамызт. |
Аки ҩбеи раамҷыдарахаз аныҳәаҿақәа иаҩижьуан, арахь зегьы нҭыркәкәа ижәуазшәа дирбон. |
Иаанхаз аҭакәажәи аҷкәыни асакара агәы иаақәхеит, инасыԥеиқәаҵәаха, рҽыршьыр рҽырзымшьуа. |
Ари лакәзар |
Ишнеиуа, моментк рхы иархәаны, аҭоурыхтә Гагра ахьӡ ԥсаххоит, убри ҟалоит, ҳара зныкымкәа Аԥсны атопонимика азҵаатәы аҭыԥ ишықәҵатәу ҳаназгәаҟуа, уамак иҽеим ауаа планла рымҩа ылырхуеит. |
Избанзар, аҩныҵҟатәи адиалог аан ахшыҩҵак аԥхьаҟа ианиасцәо, арационализм убасҟак ианеиҳахо ыҟоуп, аҟазареи асахьаркыреи рымчхара аемоциа, ацәанырра ауаҩы ихы-игәы аҟынӡа анагара ацәуадаҩны. |
Исҭахым сара, ак сҳәашан, аԥҳәыс данцәажәо, ма аӡәыр акрижәындаз, дгәааны даагәрымын, ицәамҭаз ӡык неиҿеиҭәарц даадәылҵит иара. |
Шаҟантә ҿнаҭхьоузеи акәукәу, шаҟаамҭа дтәарызеи днасыԥдан! |
Ари еиҭах иуарбажә длақәтәан, амшын даарын, агәылшьап аҿы днеит. |
Еидарамҩангага машьынала, дәыӷбала |
Иара уамак уи дашьҭамызт. |
Ԥоча диватәан. |
Аҭаҭын умазар саурхандаз. |
Сҳәыҳә-ԥшқа, Нази |
Аџьабаа ду ибаӡомызт, игәаԥхаз ҩнык днахәаԥшны, иргыларц далагаргьы, џьабаада иргылон. |
Аха иҳәатәуп, урҭ акрыфара-крыжәырҭақәагьы ҳара ҳҟны иа хьеиԥшым шырацәоу. |
Издыруеит, издыруеит, — иҳәеит Рома |
Саԥхьон. |
Аныҳәара анҵәамҭаҿы зны амшын аганахь дхьаԥшны, зны ашьхара аганахь дхьаԥшны еиҭах аџьмақәа дрыԥхьозшәа рреит! |
Аминаҭ бҳәоу? |
Иԥсӡы ааҩны ианлаҳа, лыӡӷқәа ирнылҵаз лнацәхыԥ-шәахсҭақәа ус ишырнызгьы лдунеи лыԥсахит |
Автобусгьы Рушьни инаивакны ажыжәҳәа иаангылт. |
Жәҩанԥштәылан ашьыжь ҳазҭых, ҳхәыҷра ашьыжь иаҩызаз иара. |
Урҭ ақырҭ шәҟәыҩцәа аҵара зҿиҵаауаз рхатә милаҭ бзиабара змақәазгьы ыҟан. |
Дадрыҟәа абарҭқәа дахьрызхәыцуа ауп аурымқәа рнаалара зҳадигалаз! |
Асаӡ ҳәамҭа изҳәахьада реиԥш Ахәрашәа, ишьхынԥсыланы зыршахьаз. |
Длааӡеит, длааӡеит, длааӡеит, лан длааӡаҵәҟьеит |
Ацәқәырԥа дуӡӡақәа аԥшаҳәаҿы рыҽкыдҟьо, ашхәа аԥслымӡра иалжәаны амшын агәахьы инахарц рҭахызшәа идырхыџхыџуан. |
Лысыҩсыҩра, лҭәы-лԥхара, лгәызҩыдара абаҟаз? |
Дара рҭыԥан ичча-хәмаруа, аџьа збауаз ажәлар гылеит. |
Иҟаузеи? |
Асланыҟәа иацәажәара маҷк аҟара лгәырҩа хнаҽызшәа, убри аамҭаз лхәыцрақәа кахәхәа, еиҭахгьы анкьатәи амшқәа ирызцеит. |
Ианиҳәаз аамҭазы академик ишә снадгыланы снапы нақәсырӷәӷәеит аҵәҵәа. |
Акарпыжә! |
Адәыкрынқәа ҭынч рыҽцәыргауа, аҷҷаҳәа ицәажәо ак рҳәоит. |
Еилоу аҳәоу иалоу имариоу аҳәоуқәа реибаркыраҿы иара убас аҽаланархәыр ҟалоит урҭ реишьҭагылашьа. |
Абриаҟара ҳзацәшәозеи уи зегьы? |
Уи азын ҩнык аасхәароуп. |
Ианық Ҳалил Ибраҳим, Камалы Ефе |
Иаҳәашазеи! |
Али-ԥси рыбжьара халы-гәыла илеилаҵаны, итҟәаны иргоз егьырҭгьы аӡәырҩы бналартә иҟаиҵеит. |
Сашҭаҿ ҳаицаԥхьон иҳауз ашәҟәы. |
Шәыҽшәырҭынч! |
Ацәажәара ҿыц иалагатәын. |
Дырмит Гәлиа иакәхомызт агазеҭ ус иҟалазҭгьы. |
Ахәыҷы дырхәмаруа аӡлагара уахь аҩнуҵҟа ҳа ҳныҩналт, ацәашь искыз, абла ҭаара, исымпыҵҟьан наҟ инҭалт. |
Ларгьы саргьы ахшара анҳауаз аҽны иҳахшазгьы ҳаргьы ҳаԥсызҭгьы, џьанаҭ гыларҭас иҳауан, иҵегьы акы лҳәақәарц лҭахын, аха лҭаца дааин, ишылымуаз дышьҭалҵарц дылгеит. |
Ахыдара, ахәахәа, амц |
Шықәсқәак рышьҭахь Шьоҭа ҩаԥхьа данысҵеит, аха дук мырҵыкәан еиҭах дыфраерхеит, саргьы еиҭах данысхит. |
Ахьа цырақәа амца инҽҳәаԥсо, иӡны афара иналагеит. |
Ус анакәха, ажәа аҳҭап Уаридада |
Иан Хьмур рыцҳа, џьанаҭ тәарҭаҿы дыҟоуп, сшьамхы иахысаанӡа илаҳауеит, лыхшара акәтаӷьцәа илхны, еибакалҭла илааӡеит, Амлагьы иакит, ахьҭагьы иакит, аха зегьы акоуп имыԥсырц иҟан, еиқәхагәышьеит. |
Нас уи ашьҭахь адәыӷбаныҟәабжь атакт иақәыршәаны, азал иахьаду рыцнапқәа рыла адәыӷба акәырқәа рыҵәишьа ҟаҵо |
Аусҭҵаара анымҩаԥысуаз зҵаарак цәырҵит |
Зсахьа ҭихуа ақәыԥшылара есқьынгьы иацуп иара уи изаанагаз ахәыцра ҷыда, ацәанырра. |
Абас ихыблаа-ҿыблааит, сызхара исзымбаӡакәа, иаҵаз агьама зегьы ԥхыӡла иагьалагеит, ԥхыӡла иагьынҵәеит, абзиабараҵәҟьа ҳәа сзазҳәом, аха убриаҟараҵәҟьа мцаны исыцралаз раԥхьатәи сгәыбылра. |
Иҟалап, убри илеиԥшыз лзы акәзаргьы Анцәа-хша ҳәа ззырҳәоз! |
Ҳарҭ ҳаилаҵәоуп, ҳарҭ ҳаӷәӷәоуп, ҳарҭ ҳаҩызоуп зынӡа ашьанҵа. |
Зны ирҭрысны дылҿагьежьуеит, зныхгьы шьаҿа-шьаҿа иажәақәа хыриааланы ҟазарыла еиҿикаауеит. |
Игәаӷьны уҩны дузынашьҭрым |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.