text
stringlengths
0
400
Амҷба Қьаазымбеи Ҭыхә-иԥа иҳәамҭоуп.
Инеиҩсан ишьҭаз Алхас дааирҿыхеит уи, инаԥшы-ааԥшит аҩыџьегьы, аха сара схабар рымбеит.
Иуҭахӡоузеи уара ара?
Инеихәаԥшы-ааихәаԥшит итәаз арԥарцәа.
Усҟан зегь сгәалашәеит
Ақьырсианрахь ахынҳәраз ҳаныманшәалаха, ҳамҩахымҟьароуп.
Ӷьарӷьарҳәа инагәыдлоз ианырзаамыртлакь, ицәҳашҳашуа, аҟәыр-ҟәырҳәа инавахысны, инеимбӷьыжәаа рҿынархон ргәахы еибаркны.
Нас ҳҽеинрианы ҳдәықулап ҳхы ахьынахо!
Аӡәгьы даниба арҩаш инаваршәны иҿынеихеит.
Аеропорт аганахь иӷәӷәаӡаны атҟәацбыжьқәа ааҩуеит.
Арратә маҵзура ахысразы ааԥхьаратә кампаниеи амедицинатә комиссиа аусуреи ҷыдала ирзааҭгылан.
Изаҳаз алацәажәон мчыбжьык.
Азхҳәаатә ҳәоуқәа, хыхь ишаабаз еиԥш, рструқтуратә шьаҭа шьақәгылоуп азхҳәааи, азҳәеи, азырхатә харҭәаагеи рыла.
Сҿаҳәеи умшәозар!
Уи агхақәа рацәаны иадызбалоз шыҟазгьы.
Биба ҳәа иасҳәон сашьа.
Ауаа ӷьычны изҭиуаз ирымухит.
Аабыкьа хәыҷык ушьацәхныслазаргьы, уҽыхацәа зынӡа укармыжьит.
Ирыцҳашәшьа сықәлацәа, ишәымбо рызегь рхы рыкәаҽ иштәоу.
Исҳәараны иҟоузеи, усгьы ижәбоит сшыҟоу.
Аҵыхәтәантәи акурс аҟны дантәаз апрақтика дахысуан абраҟа сахьышьҭоу ахәшәтәырҭаҿы.
Иқәарқәашьеиуа џьара иамкуаз сеттер акәын.
Миха ашәақь ахы ҩҳареикын, аҵықь-аҵықьҳәа ҩынтә дхысит.
Дызлоушьри ауаҩы!
Еиҳараҩӡак изларыԥхьаӡо ала, амалазонкацәа мифтә хаҿқәоуп.
Урҭ рҳәамҭақәа рахьтә имаҷымыз асамарҟәли, алафи ржанрла иҩыз ажәеинраалақәа.
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, атәыла ашколқәа зегьы рҿы ари ашықәс иалагӡаны, Баграт Шьынқәба иубилеи инамаданы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит.
Амгәарҭа иҭаз аласбақәа реишра змааноугьы абри ауп.
Ақәа кыдхаҽа, иршәшәа-рқаца иланашьҭуаз абыӷьҳәа ирылахәмаруа илеиуан, иааҟәымҵӡакәа имацәысуан, иааҟәымҵӡакәа иҭадыдуан амраҭашәара аганахь ала.
Галицино лашарак сазкылсырц мҩахәасҭала снеиуан, Иаанҵәеит амҩахәасҭа бнаршәыроуп сахьԥшлак.
Аҳаҷашь ашҟа днеир ҟаломызт.
Абасоуп ҳаԥсуаа шрыцҳау.
Арсана убригь ақәҿимҭит.
Иӡыӷ-ӡыӷуа ишеилагылаз, ашә ааимԥааны аканвои даалагылан, шәгыл, шәееилашәҳә, шәдәылҵ ҳәа днарылаҟааит.
Ҳаџьым-ԥҳацәа лафҳәаҩык дырҭааит.
Избоит аӷа ицәымӷреи уи игәаӷи имцаны ишуцроу.
Ҽнак аҩны санааи, сан лылахь еиқәҵаны дысԥылеит.
Убасҟан Рома Ҿҭуа,
Сара сакәзар иԥаны исҿаԥало, мыцхәы иӷьамӷьамуа, иҟаҵацәоу арифмақәа раасҭа ассонанстәқәа слымҳа иаднакылоит.
Урҭ рҿы уара иулшагәышьои.
Кьахьыр днарыбжьаԥалан, урҭ рцәажәара хьанҭа ааиԥиҟьеит.
Абарҭ рҩызцәа ацәаԥҽыгақәа сара исымбаӡакәа изшада ҳәа иџьасшьеит, аха иааг, иҟалаша ҟалахьан.
Ашәа шырҳәо саҳаӡом, ашәа бналеит, ихароуп.
Ахьацамҿы аҿҿаҳәа ибылуаз ахәышԥырӷы хәажжаӡа иҟанаҵахьан.
Изакәызеи, ҿыц кыр ҟалама?
Макьаназ гәыӷроуп, аха имгәыӷкәа иԥсхьада.
Аха уи аамҭала акәын, нас инеихыҵуан, аԥсҭҳәа ӡлачқәа ажәҩан ишынахыҵуа еиԥш.
Имиц аӡыхьқәа урҿыхәала, имиц аҵеицәа ирызҳарц.
Раԥхьа ашәхымс ихыҵыз сашьа иоуп, уи усгьы, бжьык ахьаагаз, иара ихьӡ рҳәазшәа, раԥхьа дкылҟьар акәын.
Дҵааит Асҭан, аҭакәажә ҿылымҭуашәа аниба.
Иудыруазҭгьы уаныԥсуеи ушыԥсышеи, иахьа ушыҟалашагьы удыруан.
Адырҩаҽны ашьыжь дгылан, ауҭраҿы маҷк аҟара аус иуит.
Ианырмуӡа урҭгьы абџьарла иааибырҭеит, уимоу, хҩы-ԥшьҩы аҳәсахәыҷқәагьы хаҵа маҭәала рҽеилаҳәан ирыцҽыжәлеит.
Аха сара абраҟа, апоет ишықәсхыҵра иазку сажәаҿ сазааҭгылар сҭахын уи ибаҩхатәра хадарала иалнаршаз, ҳлитература аҿиара иаланагалаз, излацхрааз, қәҿиарак аҳасабала ҳаԥхьаҩ идиныҳәалараны иҟоу.
Ҳы, ари абзамыҟә иоума шәзызхәыцуа, абри дуаҩуп ҳәа шәизхәыцуама, ари ҳқыҭан лажәк аҟарагьы пату иқәӡам, ииҳәогьы аӡәгьы агәра игаӡом, — иҳәеит Шьардын.
Ҳара ҳамацара ҳакәым, ҳара ҳадагьы агәҿыӷь иаго ауаа рацәоуп, наҭеикит Кан, дцәыҵԥшны аӡӷабцәа рахьгьы днаԥшит.
Уаргьы ушԥазхәыцуеи?
Арҭ аԥҵамҭақәа ахәыҷы дрыԥхьаргьы, аду дрыԥхьаргьы, алитературеи аҭоурыхи ныҭкааны иззымдыруа дрыԥхьаргьы, ихәаша рнихуеит, зинтеллект ҳаракугьы урҭ ирыҵоу рфилософиатә хшыҩҵакқәа дуқәагьы еиликаауеит.
Ауасиаҭ зеиҳәашаз иеизиган, иуасиаҭ реиҳәеит
Ахкаара иҭоуп, ихароуп аҩызцәа,
Заурҟан Золак ожәшьҭарнахыс исеиҳәаран иҟоу ажәабжьқуа, изаҟаразаалак ирныԥшраны иҟоума хыхь ҳазлацәажәаз ахҭысқуа?
Амцеиԥш снеицрашәан
Абас ашәарҭа сҭагылан.
Иубац иакәым арахь иа иакәны, дшыҟац дыҟан арахь ҽаӡәны, ҿыцс идубалоз маҷын, илахь аҽалнадеит каҷырак, илҿиҵааз иԥҳәыс ӡаҳкәажә
Иарбан уара Ҳамырза, уҷкунцәеи уареи гуаӷшақу шәызсышьҭалаз!
Уажәы аӷьычҩцәа рацәаҩуп, саб Кьышь рыцҳа иԥсаныс иргазаргь шыҟало, акыр ҵуоу иумбоижьҭеи?!
Ажәлар неизыҭрысуеит.
Сахьцоз гәаныла исҳәон
Ашьшьыҳа дҩыхәнан, аҩны ауадақәа анаагәеиҭа, ӡӷабк дкалмаҳаӡа лкаруаҭ дықәиоуп, дыцәоуп.
Нас егьи акәацгьы аанмыжькәа, еихьгӡо.
Џьара акахьы ҳкылсуа џьысымшьози.
Еиҭахаԥырны, Ҟыр Ҟыр, — аҳәоит, ҩаԥхьа ахы инықәсны аҿынанахоит.
Убасҟан, уи абзиабара анцәахә иӡбахә анысҳәа, сгәы иснаҭеит ииашаҵәҟьан уи убриаҟара дааигәазшәа, иаҳҳәоз зегьы иаҳауазшәа, дагьақәшаҳаҭызшәа.
Аха ирҵаҩратә усгьы изыманшәаламхеитеи.
Сыҷкунцәа, дадраа!
Ҳара ибзианы иаадыруеит аабатәи ажәабатәи ашәышықәсқәа рзы Аԥсуа Католикосцәа шыҟаз.
Ҿымҭӡо сгылан.
Дахьыҟоу уцарц уҭахызар, уара, Шьалико, ҳа-ҳа!
Ианеилыскаа Зала агәала, иара убриалагь аԥсашьон.
Арҭ ахацәа ирыхьзеи, исашәҳәароуп, — иҳәеит.
Иаҳзеилымкааит!
Зыԥсаҭа бзиахаша иаб Азнаур ҳауп зҳәоз ахацәа раԥхьа дгылагәышьамзи напы мыждак ихьымкьысызҭгьы!
Ҳаҟоуп!
Каилар дук иацәыхарам Ахбалықь, Ԥсырӡха, Кәзмықә ақыҭақәа.
Аха дысхыччеит, сҵәылхәуа, сҵәылхуа, сҵәылхуа, сҵәылхуа, аҵа сылаҵо, аҵыӡ сылхуа, исылхуа, исылхуа!
Дара ажәабжьқәа рызегь еилырхны, классификациа рзуны, быжь ҟәшакны иртәоуп.
Ашәаӡак ҳабжьоуп.
Сзаццом аамҭа изымуша ацуа, сызтәом ԥхьаҟа исымамшәа ԥеиԥш.
Аҳаиуан ахы азеиҭаҳәом, алақәа ҭаа иухәаԥшуеит, иаҵалаз азымдыруа, иахьуа, иахьахьуа еилкааны уара иухәшәтәыроуп.
Аамҭа шцаз изгәамҭаӡакәа иааилалашьцеит.
Насгьы абри уара уеиԥш иҟоу аблаӷар аԥара изҭода?
Рашьыҭхеит, ашьоура еилаҳауа ҳәа иҟада, аха аҳәажәеиԥш ҳаӡәзаҵә дызшьыз рԥаҵа иалаччо иангәароу аамҭаз, аиаша уасҳәап, уи ачҳара уадаҩуп, аҵыхәтәан агәылакҩакра иныԥшуа даацәажәеит Гәаҭанас.
Инапала иурԥшааит ишьыга, уҳақоуп дызмышьҭыз ҳҵәаӷәаны.
Аинтеллигенциа аҳәынҭқарра аразҟы ауп изызхәыцуа, рхы иашьҭам ҳәа агәаанагара сымоуп.
Уԥсы ҭанаҵы уеиқузырхаз аҳ, Қерым-ефенди имаҵура уалс иудуп!
Уахь ианынхьаԥш, даҽаӡәгьы ашаха иҽанҵаны рышҟа ишҿааихаз рылаԥш наиқәшәеит, ус дук мырҵыкәа аӷбахәамц иҽанаахигаҵәҟьа, дызлааз амаҟа ааԥыртланы ихала дынкаԥеит.
Назиреи лареи анеиқәшәаз, дгәырӷьаҵәа акәын лнапы ианыз аус анагӡараз дышцоз.
Ҿаалҭит лара, ахәшәтәырҭахь ихәноз амҩа инадгылаанӡа.
Аԥҳәыс дҳәаны ддыртәон шықәсыки бжаки, избанзар, ԥҳәыс дызгауа аҷкәын аҭаца мҳара ҿыц ҟаиҵар акәын.
Асыршҩы ԥҭақәа ажәҩан дрысуеит, аԥшалас асуеит икашьшьы.