text
stringlengths
0
400
Сара уи саҟара сыцнаҵон.
Аԥсҭазаара ныҳәан са сзыҳәан
Сынтәа усгьы иахьабалак хьҭоуп, Аԥсныҟа ихьҭоуп уажәы, асы шьҭоуп макьана лҳәеит Алиса.
Абыржәы исҳәон ахааназ уаҩы иимҳәац ажәақәа.
Уаҳа аб-хәҭа ҳәа акы шәымаскуам, егьырахь акыр ҳамазар зегьы шәара ишышәҭаху ишәша, иҟалозар, сшәыҳәоит ҳҳаԥшьа Ҩаӡамакьат сара исышәҭ, — иҳәеит.
Икьаҿуп уԥсынҵры ԥеруалаз, ааԥын шааиуагьы лассы.
Ари адгьыл сатәым.
Шәыԥхӡашоуп иқәыршоу, абарҭ адгьыл шьамкәа.
Иахьа ахәылԥазы ҳныҵалеит Италиа ашьыргәыҵа.
Ус Аԥсадгьыл иаҭахуп
Аҳаԥы уҭаларц уҭахӡами, Нур?
Ихьӡ ҳҿы иҭарзза иаҳҳәар акәхагәышьеит
Аизга иалоу алакәқәа рҿы еизакуп аԥстәқәа ирызку, анашанатә, алегендатә, ановеллатә лакәқәеи, абзазаратә лакәқәеи алафқәеи, иҟам-иным алакәқәеи.
Ауаҩы дуаҩуп дахьугалакгьы
Иаҳгәалаҳаршәап абжьаратә ашәышықәсақәа рзтәи Аԥсны аҳцәа
Ақәрамаҷ, уазхәыци, ҳаҩнқәа, ҳуадақәа, ҳгәашәқәа зегьы ацаԥхақәа рымоуп, ҳандәылҵуазар иаҳаркуеит.
Лыжәҩа бабыцк ықәшәаны иаақәхар, уахьсыруадаҩыз сминауаҭуп зҳәо аԥҳәыс, аҵхыбжьон, ҳхы-ҳгәы ҭынчӡа, ҳҭаҳәахаа ацәа ҳшалаз, баша амала ҳлырҿы хомызт.
Ажәыларахь!
Ус ауп нас, уажәшьҭа уаҳа искузеи.
Ишԥа, уара, аџь алаӷәым аҵаҵаны иԥаажәома?!
Ишәҳәо иашоуп, ус ҟаҳҵароуп.
Мап, сара схьамҵӡеит, схьаҵп ҳәагьы сгәы иҭаӡам
Сгәырӷьаҵәа, сгәы алаҟа, схы алаҟа саб сивагыланы анхара саҿын.
Жәохәҟа ҵәа-шьапы ирҿалаз уамашәа ибаны еснагь игәеиҭон Басиаҭ.
Ашәагьы амыткәмагьы еихысҳәаалеит, аҿаасҭагьы дызбеит, аԥшӡагьы дызбеит.
Дыԥшуеит, дыԥшуеит, дабаҟоу?
Иацнаҵозаап аҟазара, уи абас иансылахәмаруа.
Хымш иалагӡаны асекциақәа рҟны ирылацәажәараны иҟоуп аинвестициатә проектқәа Аԥсны аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны, хәҭакахьала, ақыҭанхамҩеи, ааглыхреи, ааглыхра аус адуларатәи, ахәҳахәҭреи, афымцамчи, аргылареи, атранспорти аинвестициақәа ралагалара.
Уца нахьхьи, суадаҿы икнаҳауп, иаага!
Исаҳауеит, — иҳәеит Анотон ҭынч.
Мзалеи даныршьыз аламҭалазтәи игәҭахәыцрақәа руак аҿы абас иҳәоит
Ԥахьа уаӷацәа нзырҵәаз зусҭада?
Меҳмеҭ Рауф-ԥашьа, Гогәуа-ԥашьа аӡә иакәын.
Ахалаҭ шкәакәақәа зшәыз ахьынӡалхагьежьуаз ҳара ҳахҩык агоспиталь аиҳабы икабинет азԥшырҭа ҳныҩналеит.
Уи дыршьит!
Сус ароуп иахьыҟоу.
Аԥсцәа ҽынла иржыр ҟалаӡомызт, ҵхыбжьонла акәын
Дааӷьаҵәыӷьаҵәит уи бҽыбыхьчар акәымзи ҳәа лаҽԥниҳәозар аҟара, аҵакы аҭаны.
Иара усгьы рқыҭаҿы аусутә аумаҷхыз, арахь кыр зылшоз ахацәа аибашьратә мцабз иалагылан.
Аандеи агәареи исинонимқәоуп уҳәартә иҟоуп.
Уцәаужь ианыруа угәаҵа иҭысуеит
Иахьадагь уи аҩыза ажәла ыҟоуп ҳәа исмаҳац.
Насгьы цқьа игәцаракны, хшыҩзышьҭра аҭаны ҳахәаԥшып ара иҟазшьарбагоу даҽакгьы
Қьазым Агәмаа ашкол данҭала инаркны иԥсадгьыл аԥсабара абзиабара ицәа-ижьы ианырхьан, бзанҵы илымҵуа илаҽхьан.
Ҳара, иахьа исасцәаны ишәҭоу украинатәи аҵеицәа, ишәзааҳгеит Днепр аӡиас ду агәыҭбаара, ишәзааҳгеит уи ацқьара.
Дшабазшәа, дзықәацомызт акраамҭа.
Игәы иахәаны иаахьааигеит Ажьгьери.
Сгәанала, уи аԥҳәыс данлыкәаиоугьы апартиа абас аҳәеит иҳәозар ҟалап.
Уи Какубаа иакәын, дреиҳабын.
Скаҳауан, сгылон, скаҳауан насшәагь, аха усгьы сцон, ԥхьаҟа сцон.
Уаалеи, Гәыраз, уаалеи
Аиашаҵәҟьа шәҳәома?
Асоциализм аҿынтә акоммунизм ахь аиасра аламҭалаз, астудентцәа инарыгӡарц ируалыз, акоммунист ргылара ԥхьаҟа ишыргашаз.
Адамрыԥшь иԥҳәыс ахәыҷы длааӡеит, арахә ихьчартәа дхаҿӡа дҟалеит.
Тарзан аҩбатәи асериа.
Уажә уи иӡбахә абарҳәо, зыхьӡгьы рхаишҭхьоу ахаҵа?
Алеи-аԥси рыбжьара еивагылоз рцәаҳәа аухо иалагеит.
Ушыбзаз уԥсит ҳәа ззырҳәода, дад?
Сыԥсы аҿыхгас, сыламыс ахьчагас исымоу убри ауп.
Ари рыцҳара духеит анреи абреи рзызуаз раҳәшьаду дахьрыԥхаз Зураби Нурики Малиаа рзын.
Жагәа уажәраанӡагьы игәеиҭахьан рыҩны ашьҭахь алҩа ԥыҭҳа-ԥыҭҳа ихаланы ишҩеиуаз.
Абри алегендала Горки ҳгәыҳҽаниҵоит
Арҭ ацыбжьыҟақәа рҟынтәи ацыбжьыҟақәа жь шь, ӷь хь цыбжьыҟа ԥшқақәоуп.
Ҩбагьы, абзыԥқәа рганахьалагьы ҽеирак ыҟамызт
Ҳҳәынҭқарра ашәарҭара ду иҭазыргылоз аӡбарақәа мап рыцәкын.
Ҳаҭыр зқәыз уаҩын, иҩны имҩахыҵуаз идырцәа рацәаҩын, ԥсасалеи шьамаҟалеи деиқәшәан, игәиҽанӡамкәа уаха уаашәҩык мҩахыҵыргьы аказы деиламхо, зегь рыла еиқәшәаз нхаҩын.
Усҟан, алампа иахылҵуа алашара ԥшқарах шәаны иҩышьҭыԥоит, иаақыџьқыџьуеит, азныказы инбжьаӡуеит Есма лхы-лҿы, инҭԥсаауеит Лад игәы.
Уи иҩызара Чагә идигалеит.
Ҩаӡаралагьы рацәак ахәшьара бзиа сзаҭомызт.
Ешыра аиҿахысра ӷәӷәа цоит
Уажәы аныҳәа ишәа-чара ишахәҭоу имҩаԥгатәуп.
Агәнаҳа ҳәа акрыҟазар анцәа идумырган!
Дара ируа рыҵыҵыр ҳәа ишәаны, заанаҵа инаԥхоит?
Амра акыр ианшлак, ари ахаҳә ҟьаҟьагьы ирласны ишуан.
Илхылҵыз ахшара даара иԥшӡан, игәыкын, иҟәышын.
Амала сара гәыбӷан усҭом, угәы иҭаз уҳәазаргьы, аҩы ыжәны уҟоуп, аҳәашьа уақәнамыршәеит.
Уа ажурналистцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рзыҳәа акьаҿқәа ҿаҵаны ирӡахуазаарын.
Мап, сара ари адгьыл саԥырҵны џьарамзар-џьаргьы сцом
Иааҩуа наҩӡом, урҭгьы ԥҟарақәак рызшоуп.
Ашәваз иадблыло ацәашьы гәырҩак снамҭарц сацәыбналоит.
Дранда дҭаскит ҳәа иасҳәеит.
Уи Шәача иганы апошьҭа иеиҭар акәын.
Ԥсаҭа шкәакәа, саҳәшьа, саҳәшьеҳаб лцәа лхыскаауеит.
Абахә ашьапаҟны ҿыц зхы ыҵызгаз аӡыхь еиԥш, лыбла анаӡарақәа ирыҵкьасон алаӷырӡ.
Нас еикәша игылаз иҩызцәа днарыхәаԥшын, ирԥҳақәа рызна аԥсыԥ ааҟаиҵеит.
Аҟазшьақәа змам ауаҩы абас ахьӡуп уи ашәҟәы.
Наҳар лабак ааиаахар уи аҟара имчымзар ҟаларын.
Аҩбатәи асахьа иалагоит актәи асахьа инаԥшьны, инацҵаны.
Сарлашәыртә еиԥш мцак сҿаҷҷеит, афақь цаҳә-цаҳә схы-сҿы аблит.
Жәаа шықәса анихыҵ, адәы дықәырҵеит.
Шьоукы урышьҭагылан уԥшыз уара аӡыжәраз, уаанхоит укаҳуа ааугаанӡа ҭыԥда.
Амсахә саркьа амса хәы змоу асаркьа.
Иҳалшо зегь ҟаҳҵашт, аха ҳзаиааиуам.
Гәыџь зназы игәы нирхоит, абри аиԥш ажәабжь шәаҳаны, иаха изҳашәымҳәазеи ҳәа, нас дрыццарцгьы иҽыназикуеит, аха дара злаццакуаз ала, аҽеибыҭара даламгакәа иҽааникылоит.
Уабасыхәагәышьо, аԥҳәыс лыбӷа умкуазар
Аҩызцәа, шәыҽшәырӷәӷәа!
Аҭакәажә ауҭра сҭалоит ҳәа лҿыналхан, ахҵысҭа данынхала, уа днықәтәеит лыԥсы ааиҭалкырц.
Ари аҵас убас иӷәӷәан, Шьмаф даныхәыҷыз ианшьцәа Арыдаа рҿы ихҭысыз акы ааигәалашәеит.
Избахьаз ибзианы ирдыруеит, аресторан Риҵа агәҭаҿыҵәҟьа иҟаз афонтан, абанкет аҽны, уи, аӡы ацымхәрас ахәхәаҳәа аҩы агәылҵәраа иааиуан, ҵаҟа ихыршәлаз амашьараԥқәа рыла акәын аҩгьы шырнаҳауаз
Акьаҿ изибои усгьы дауушәа, дкаҿушәа ибоитеи ара ау!