text
stringlengths 0
400
|
---|
Ԥшь-блак лылаҟаца ԥыҭраамҭак ашә даалахеит иԥшәма, нас ашырқьҳәа днаицәхасын, ажурналқәа днарыгәҭасны, днеины лан дналыватәеит. |
Базала усгьы иеилаҩынтыз аҭыԥ аҟны ак изырур ҳәа дшәаны Узеир Беи иҵегьы дихылаԥшуа далагеит. |
Абаӷәаза маҷ аҿаԥхьа, какалк ркырц, аҭәаҵла иааҵагылт. |
Кас аибашьраҿы ихигаз, дызлаԥшыз, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа-фырхацәа ртәы аниҳәалоз Џьема хәыҷы егьараан, игәы хыҭхыҭуа дтәаны дизыӡрҩуан. |
Шьҭа ҳааит усгьы |
Ишьапы ҟьашьқәа рыла изыҵәахуаз џьишьеит уи имаз Аҳақ аԥшшәы |
Ибзианы издыруан Вахтанги уи иашьа Ромеи. |
Бызшаз ианаамҭаз ҳаиқәимыршәеит. |
Биашазар ҟалап. |
Кьагәа, иҽы амгәырххақәа ааркәаданы, амӡырха инықәиҵеит. |
Ирзааргоз агазеҭқәа гәеиҭон, усгьы уаҳа информациа икӡамызт, Аԥсны апартиа еиҿкара иахагылаз Адлеиба иусура дамырхызар, иқьаадқәа ргеит ҳәа иԥхьаӡатәхон, избанзар уи маӡала Борис Кьахьыриԥа иҽышидиҳәалалоз азы нҵамҭақәак Леуанти имаӡарах ҵәахырҭа иагәылан. |
Арҭ зегьы рыҩнқәа рҿы ианнеигьы, иахьатәи реизара акәын хьаас ирымаз, зегьы рыгәқәа ирҭымҵәо акәын ишыҟаз реизара. |
Ари алирикатә ҩымҭа азныказы ԥхьаҩык игәы иаанагаргьы ауеит зеиԥшлашәа аконкреттә поетикатә мыругақәа адымгылақәа еиҿыбаушәа. |
Аԥсны Аԥхьахә агара ачемпионат иреиӷәу аӡбаҩ-Федоренко Витали. |
Аԥсны ада даҽа ԥсадгьылк змамыз, ашьац аҟара илаҟәыз, зышьҭыбжь мгаӡоз абыргцәа, аҳәса, аҿар. |
Уигьы реиҳаба дзықәшәаз аиԥш дақәшәт. |
Аҩнаҭа ҭышәынтәала иалахәу боуп, Анцәа бнеигӡааит! |
Ахала аҽанамрыцқьа, рыцҳа, изрыцқьода? |
Иҟьаҟьаӡа ианааша, ақыҭа уаҩԥсы даларшәымызт. |
Ак сымҳәаӡар зынӡа иламысдарахоит иҳәан |
Адәныҟа ддәылҵны ашҭа днықәыххит |
Напхыцла-шьапхыцла, ииулакгьы, аби-бӷаџьмеи азага иахьахаз ашәақь бжьаӡаратәы днеит. |
Анхацәа реиԥш рыҷкәынцәа абџьар ддыркӡом, рхаҭагьы иркӡом. |
Ахԥатәи арҩаш бааԥс дырит! |
Ус мариаказ, суҳәоит умгәамҵын, уара умаҵаура ныҳәоуп ҳа ҳзы. |
Асҭаршын ицламҳәа ҩазы инаркны, иџьымшь џыԥхьқәа рҟынӡа зегьы ҩеибарххеит аҩада. |
Урҭ аиаҵәара ҩаԥхьа адунеи иахдырҵәоит |
Ҳмашьына ҿыц, ицырцыруа ицқьаӡа игылаз агараж иааҵаагеит. |
Ара сқыҭа ауми, инхо ауаагьы зымдыруеи |
Арахь уԥшыр, иҟақәоу ҳәа акымзаракы изымдырӡозаап. |
Инаиаҭеикит Мачагәа даагәырӷьан. |
Ақәыџьма аауеит, абра угылазароуп анырҳәа, дшәан аҵла дахьықәлаз ианааимҵала, далыҩрны абақҳәа длақәҳан абӷа ахьԥиҵәаз ргәалашәан, уажә ахыбжа имҵарҵеит, убра имҵоуп! |
Сахьцо, санцо, сышцо, сызцо, ианызго, иахьызго, ишызго, изызго |
Абас ауп, Шамил Аҳмаҭ-иԥа |
Схәыцит, сеиҭахәыцит абри Цәҳәаава ԥсыхәас исҭарызеи, дызласҟәысцарызеи ҳәа. |
Нанду рыцҳа! |
Аҟәардә даахан, аишәаҿ лнапы ауқәа ааидкыланы инәықәылҵан, лхы ларҟәны даатәеит. |
Уи ихала ашьха дшыҟаз ашәанцәа дыҭҟәаны дыргеит. |
Избанзар ицәырҵуеит азҵаара, аԥсуаа ԥсылманцәамызҭгьы амҳаџьырра ҟамлаӡози ҳәа?! |
Урҭ убас еибарххеит, еибархьу-сууит, азныказ алыӷәра бганы аҩныргәы иқәҳап уҳәарын. |
Иузымҳәар, ақәҵа уиҭаӡом! |
Иахьантәарак сзыргәаҟуаз уаха сагарым. |
Баргьы саргьы бзиа ҳаибабоит |
Ааԥынтәи аҵыхқәа ӡыҩӡа ишанхон, иԥшӡахон, иԥсаҳәон. |
Быцәаз, рыцҳа, быцәаз, бара баҟара аҳәынҵәа иламгылацгьы аӡә дыцәахьеит рҳәеит иблақәа, нас амса зҵалахьаз инапсыргәыҵа џьаџьақәа рыла лхы-лҿы ааишьшьызшәа, игәы ааҭынчхеит, дгыланы ахәшҭаарахьы иҽынеихеит. |
Урҭ убас ахеиԥш ицон, раԥхьа Аҟәа изалалаз ахыбжа ирҭозшәа, нас Қырҭтәыла зегьы иахдырҵәарын рхаҿсахьақәа, рпатреҭқәа, уаҩ дызмыхәоз аекстремистцәа зегьы цҟьаны, Аҟәа инеиз ҳәа! |
Ар ҟаԥшь иқәырцеит аԥсуа жәлар раӷацәа. |
Са сзаҵәуп, адунеи ду дзаҵәны дықәхеит Карлос! |
Араҟа иааџьоушьаратәы аԥшәма ацәыргақәҵа бзиа ҟаҵаны иман. |
Лара леиԥш, арҵаҩ ҿыц Марҭагьы бзиа дылбон, ҳәарада. |
Усҟан уара уеиқәхеит, аха уажәы ҳаԥхьа уԥсыроуп. |
Агәашә аркны рынагьежьымҭаз, Уардчхьоу агәашә даадххылан, чоу аниҳа, аҟәақҳа агәашә данлас, илыҿжәаны игит. |
Ииасыз аԥҳәызба ԥшӡа лнацәкьарақәа иреиԥшуп амш ицаз. |
Исҳәеит ҳәа акыр иаԥсоуматәа! |
Аха икәасқьа уажәы араҟа, иашҭаҿы иқәԥраауа иқәгылан, усҟан аасҭагьы аҽа ҿра-ԥшрак ахаланы. |
Абас агәырҩа уи данарҩа, адәы дықәлеит лыԥшӡара зегь хҩа. |
Ирацәацәамызт ажәлар рҵеи бзиақәа, урҭ иаҳа иагьреиҷаҳауан. |
Аԥсуараҿы анапыӡәӡәарагьы аҵак ҷыда аман |
Издыруада, саргьы сшәыцзар уҭахызар? |
Иаԥхьаҟа днахараны, амаӷ архра иҽазирхиозшәа, зеигәышә мазеины икны инеиуаз игәыла дышишьклаԥшуаз, иаалырҟьаны игәалашәеит Абзагә аибашьрахьтә даныхынҳә дышиҵашьыцыз. |
Изымдыруеи, сан, убри аҵыхәалоуп сзаазгьы! |
Срыцуп жәҩанаҿ ҵыси ҳәыҳәи, ара адгьылаҿ ак зымчым |
Иҵегьы иҳәоз џьысшьан, аха иажәа имроут, иҿахиҵәеит, азнык аиашазы иаасцәымыӷхеит, дыхьшәашәаӡа сызидикылеи ҳәа сгәы иаанагеит. |
Урҭ автономиа акәым, аидгылатә республика роуан, асовет аамҭа анааи, рхатә бызшәала ашәҟәыҩҩра рымазҭгьы, ҳара хазы милаҭуп, ҳхатәы бызшәа, ҳхатәы шәҟәыҩҩра ҳамоуп, ҳхатәы школқәа аарттәуп ҳәа рызҳәазҭгьы. |
Урҭ аҵых агәазы ҳаӷа итехникақәа ахьгылаз аахақәа рырҭон. |
Кәасҭа Герхелиа играждантә лирикаҿы атәымуаа иреиуоу аҭоурыхтә ахаҭарақәа ирызкны иаҳԥылауа ажәеинраалақәа ирымоуп иаразнак улаԥш иҵашәо ҷыдарак. |
Чақырџьалы абри аҩыза ихымҩаԥгашьа амшала ԥырхага зоуаз ауаа беиақәагьы агәынамӡарақәа рыман. |
Мамоу, исыздырӡом! |
Ишынаскьазгоз сара сқәыԥшра, сҭәымҭа снадыххылт уажәы. |
Ршьаушьа шыҟалазгьы абас ауп. |
Данызба длаԥшықәҵан, ҳаҭыр ду налықәҵан, ажәа лыԥшаахқәагь акымкәан исҳәоит. |
Мчыбжьык ааҵуаны еиԥш аан, Нестор аменшевикцәа реиҳабыраҿ днарԥхьан Очамчыра амилициа дахадыргылеит. |
Уажәгьы даара сҟәышхазшәа |
Аҩ ус сҟанаҵоу, ажәҩан хәашьымкәа сахьаҵаԥшуаз акәу, схы збон сынцәаны. |
Иҳазырҭра, имаҟа, иҟама, иаԥсуа маҭәа дҭабаҟа, иӡара ҭкәыцәаа уажәы иаабама, ичаԥашьа, деилфаҷа. |
Аҵх ма акыр цахьандаз! |
Арухаа Витали, Арухаа Васили, аеҳәшьцәа |
Аҵак ду, афилософиа-ԥсихологиатә идеиақәа ааирԥшуан зҳәаақәа ҭшәоу аҩымҭақаә ирҭагӡаны, ажәа мыцхәык мҳәакәан, иԥҟаны, ишәаны, изаны, акыраамҭа аԥхьаҩ игәынкылараҿы инхартә еиԥш аԥсы рхаҵаны. |
Уажәы ҳдиректор аҭел данас, аҷҷаҳәа аԥсышәала дцәажәо Бармышьтәи Закан Ахвледиани ибжьы анга, изымбатәбарахеит Ҳақыбеи Фаҭ-иԥа. |
Иаалаган, шеи-шықәсеи иааӡоз амахәқәа иаарысуа, икыдыҟҟааны икарыжьит, аха зегь акоуп, аџь зегьы-зегьы ачҳаит, имқьит, имӷызит. |
Ҳара ҳтәқәа ҳәа ззуҳәо зусҭцәада? |
Шәышықәса ирҭагылаз, дсацәажәон ҳамҭак. |
Абриаҟара зхысҳәаауа, ажәыларазы иазгәаҭаз аплан ахьаанкылаз ауп. |
Иажәагь даара ираӡоуп, зныхгьы, уи хыԥҽыгоуп ргәы дызҭымҵуагь убри азоуп, ҽагажә ҳаԥшьа хтыгоуп! |
Ианбанҵәо аҵхыбжьон агылара?! |
Ацыгәгьы аҳәынаԥ ду ахьышьҭаз иаԥырымҵкәа, миаау, миаау аҳәеит, нас аҵыхәа ааҟьан, уи ииҳәаз аҳаны ишагәаԥхаз инардырырц аҭахызшәа ишьапқәа инарыҵаҵәиит. |
Анаука иаҳәоит аматериализм, ас ишәзеилымкаар ҟалоит, аԥсышәала иааркьаҿны ишәасҳәап. |
Зны сзыргәырӷьаз сыдҳалан саргәаҟуан, царҭа смоуа адәы сықәын уамашәа. |
Нас ирыхьуазеи урҭ ҳара ҳҿы? |
Знык ҳацәаӷәатәқәа ҳрылгар |
Иалшоит иуҵар арифмақәа реиқәршәашьа, аха ажәеинраалаҵәҟьа аҩышьа мап. |
Игәы ишаанагоз иҟамлеит реицәажәара. |
Шьыжьык саацәырҵит сҭынхадан. |
Даҽазны, апоет играждантә позициа иаахтны акәымкәа сахьаркырала ихыркны иҳәоуп, уи азы зеиӷьаҭам цхыраагӡоуп аметафора, иаагап ҿырԥштәыс ажәеинраала Арҩашқәа |
Ус анакәха, Еқәыԥ Гәаџьуа ииҳәаз аҭак изыҟамҵеит ҳәа аҳәара аӡәгьы ихы иаҭәеишьом. |
Аиаша здыруа аибашьра ацәаҳәаҟны аҭабиа иҭатәоу асолдаҭ заҵәык иоуп |
Нахьхьи, џьара, алаԥшҳәаа анҵәамҭаҿ, ихәыҵаҳәҳәан ҳгәыӷра ҵәахын |
Аурыс салдаҭ алеи-аԥси рыбжьара, автоматқәа аашьҭиԥаан, ихәда инахшьны иаразнак, ишызбоз нахьхьинтәи иаауаз абна ацәаҳәа иҽеиҭеит. |
Абар уажәы, узқәымгәыӷуа агәырӷьара ду уаԥхьаҟа Анцәа иуԥигалааит ҳәа аӡәыр диныҳәахьазар, иахьа хымԥада иақәшәаран иахьыҟоу. |
Иааидкылан, иара аҭагылазаашьагьы, уи хьазыршшо зегьы рҭакԥхықәра аҽахьавырго иахҟьаны, абызшәа даара ианыԥшит, изырхәанчо убасҟак аланагалт, агәы иҵачны иҟоуп. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.