text
stringlengths
0
400
Ааи, ааи, ишԥаҳзеилымкааи, еилдыргалааит!
Ирбомызт ԥхьаҟатәи аԥеиԥш.
Абзиа ҟалароуп зегь иаҳҭаху, лажәа налалҵеит шьардагьы
Сқьиара ансзылыԥха, Сымра хаа багәылыԥхап.
Дҩеиуан уи, шьап нықәыргыларҭа змамыз ахра ҩашра зыԥсы аҿакны ихалоз ашәарыцаҩ иеиԥш.
Еиҟара-еиҟараӡа, икьаҿқәаны, илас-ласӡа, аха иҵауланы хҭыск аҟнытә хҭыск ахь лацәырӡысрак ахмырҵкәа ииасуа, еиҟәырҷҷауа ургәыланарԥшуеит аԥсҭазаара адаҟьақәа, урҭ неидкыланы улаԥш нархугар иаку еизаку ҩымҭа дук еиԥш, инарҭбааны жәлар рыԥсҭазаара уазнархәыцуеит.
Далахәун аҩбатәи адунеитә еибашьра.
Дареи ҳареи мҩак ҳаицықәуп, дәыӷбак ҳаицҭаны ҳцоит.
Иԥсы ишьон, насгьы иҩымҭа ду Ахра ашәа аҩра даҿын Переделкино.
Ус сҳәеит ҳәа, адунеи мааҳәхьеи, даҽакала излааҳәуазеи!
Шәара шәашҭа шәымра ҭалашоит еиҭа.
Сара уи игәы зласҟажара сыздырам, ажәақәа араҟа имчыдан
Нан, мҩа бзиа шәықәлааит!
Шәызҿызи уа, амц ҵабыргыртәырц, ахаҳә ӷьазӷьазуа ианықәдыргылоз?
Зны суахьад аасцап ҳәа агаҟа сцеит.
Астароста исиақәа ирныз ауаа адырра рыҭаразын, Лихардов гәыԥҩык апартизанцәа иҭаны, ақыҭаҿы даанрыжьит.
Сазыԥшуан уи сшанхашәа, ицәажәон, ихәыҭхәыҭуа, аԥша
Миха ажәеинраала бзиақәа знык, ҩынтә рыда рыԥхьара иҭахӡамызт, нас апыҟҟаҳәа даҿамхаӡакәа ҿырҳәала иҳәон.
Ааҟтәирахь иҭакәажә рыцҳа дахьжыз агәы ҩызӡа иҟан.
Сҵыхәа афара зылшозгьы, згәы былуаз ԥсыӡ хәыҷык ҟалеит.
Ебырҳам уи игәы иахәан инап дуқәа еиниҟьеит.
Избанзар, зегьы ирдыруазарц сҭахуп иахьа ашарԥазы ишсауз сгәы зырласыз, саҟара сыцызҵаз, насыԥла иҭәу асалам шәҟәы.
Ҭемыр ибзоурала иеиқәырхоуп аԥсуаа рҟынтәи итҟәаны иргаз аӡәырҩы.
Уара, иухьи Дима, узмырцәои?
Иааигәара уаҩ дыҟамызт, адәыӷба иаарласны ишымааиуаз дырын, нас имацара уа иҟаиҵози?
Уаанӡа лара лгәы ишаанагоз акәхеит.
Ахьҭақәа рҽеиҵыхуа ахрақәа ирҿаланы, рӡамҩақәеи рықәцәақәеи ршәоит.
Сҿынасхар акәхоит шьҭа инеихшьала изуз, исҳәаз сызхьымӡаз, сзыхьӡаз.
Урҭ рхатәы гәаанагарақәа рыхьчон, ахақәиҭра ала иалукаауан.
Ҳҭоурыхҩҩцәа излашьақәдырӷәӷәахьоу ала, Прокопи Кесариатәи Трахеиа ҳәа зыӡбахә имоу абаахырӷәӷәарҭа, афбатәи ашәышықәсазы зҽеидызкылаз аԥсуаа раҳҭнықалақь Анаҟәаԥиа ауп
Сара саб иҽы аӷәра ахьыскыз, уажәы-уажәы ахы насыднаҵон.
Аха ҳара, џьарамкәа-ҩыџьарамкәа ҳашнаԥхьазгьы, агәырџь иҩны ҳаҟоуп ҳаиқәыхьшәашәа.
Абџьар ркын зегьы.
Игәахәоуп епиграмма шҳамла Уаӷа гәымха игәы аԥжәара, ма асаркьа аҿаԥхьа дгыла, итәыҩа ихазала иара.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра ари шьаҿа хадоуп, ҳақалақьқәа рыбжьара еицыфеидоу аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы, хәҭакахьала аекономикеи, ахҳахәҭреи, атуризми, аргылареи русхкқәа рыҟны, — иҳәеит Феликс Дауҭиа.
Аеҵәақәа рылашара рыҵарӡ, икәицха ицырцыруан ақәыџьма аблақәа иабду иблақәа.
Шьаҿақәак ҟарҵеит абӷаларахь.
Ааи, ухаҵкы, сара иахьа ауп уаныздыр.
Ирқьақьан амӷыш, мацәазҵас, нап ҟазала уаҟа иахарԥоуп.
Сышәҭышха ҭыԥ-ҭыԥла сахьӡон Аԥсынра.
Зегьы ирыцкын уи ауха исызгәакьоу скаруаҭ аҿы сышьҭаланы, сгәы раҳаҭны сҭахәхәа саныцәа.
Аҵыс хиртәалт аҭра ахьыҟаз Хьымца дыхәнаны.
Абри иаҳәоз зегьы хәыцхәыц издыруазшәа схы мҩаԥызгон, иарбанзаалак иакәымз ак ҟасымҵеит сҳәартә уажәы макьана схы збон.
Абри аҷыдахаз акы змам хәыцырҭас, ишәфагәышьала, ишәҳәагәышьала
Ишәмаҳахьеи?
Ицәгьамызт аиашаз, акаруаҭқәа амцхә гыламзар, ҩыџьа рзын Уаҳа зҭахым акәын, аха ара игылан хкаруаҭк.
Иара, рԥа, иааиҭахыз зегьы дрылаҟан.
Аргылара ҿыцқәа ирыламгои.
Убри аамҭаз акыргьы дшәаԥырҳаԥуа акәын дышцәажәоз Антонио.
Адунеи азбжак зымпыҵаку, амсылманцәа зегьы злыԥха ҳаҵанакыз асулҭан ду сара сзын иааирԥшыз аҳалалра насыԥ дуӡӡан исыԥхьаӡоит!
Арҵаҩ иакәу иаԥсахаз, аҵаҩ иакәу?!
Мап, акгьы ласымҳәацт.
Сасрыҟәа уи аиныжә омага дииааины, амцагьы имхны нарҭаа ирызирхынҳәуеит.
Убра ахәра иҟазгьы
Кьоу-шәоуқәак иацәынхаз рыла ҳажәлар рыгәқәа камыжькәа ишааиуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ҵысит.
Ахы иақәлахеит сгәахы, изламлац иоуп иаго ахы.
Иӡсоит сышхәа, аӡы ихыхәхәала, ԥынгыла амаӡам зынӡа, аҵааҵлақәа аԥаҩ ихгыла, салам сырҭауеит шьыжьӡа.
Ус днаихәаԥшит, аха алаҿимҭит.
Ҳақда, ламысда, исывалт, шьоукы иаамҭамкәан.
Агәылшьапқәа, иҳалахысырц ргәы иҭаны, иҳамариаша иаауан.
Марицеи лареи ирхыргоз аамҭа заҵәык акәын лара лзы иԥсыршьагаз.
Ажәакала, даду ачара ныҳәак изаҩызоуп, убри аныҳәа агәалаҟара ҳаргьы иҳаиҭон.
Ажәак аҳәаха илымҭеит луада ашәхымс данынхыҵ.
Ари сара сышхәа хәыҷы хзыршәҭыз амшынцәгьа, хәҳахәҭга ӷбакгьы хнаршәҭит.
Рыбжьы ҵарыхәҵәақәа хҵаны, иеигәырӷьаҵәа ҿырҭуеит, атрышә иасуеит ахәыҷқәа.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ауаҩшьразы аусҭҵаара амҩаԥысшьазы.
Гәырҩак самоуп сеимрыххо
Наҟ, сыла иамырбакәа, ақалақь иалца!
Аԥхьа инеиуаз аҩыџьагьы неихәаԥшы-ааихәаԥшын иааԥышәырччеит.
Иныҳәон, аҿа-маҿа иҭаргалаз, абзиарақәаз ирфарц азыҳәан.
Анцәа иџьшьоуп, ухы уақәиҭхеит.
Зегьыҵәҟа.
Мсыгәда хәыҷык даанҿасын, даахәыцит, ахаха илҳәару, ирмаанашәа, инаркәараҵаны илҳәару, бара быҟамижьҭеи ауа ҿыцқәа ҳарҳаит, Тосиа лыбзоурала
Уи амҩа амлакра иахәшәын, аибашьцәа ԥхьаҟатәи ржәыларақәа ирымч ҷыдан.
Ахәаша дыбкыма?
Адыд иасыз наҟ ибналахьеит аҽӡа, Хараӡа.
Ааи, аха ҩыџьа ахылаԥшцәа абаҳҭаху, ҳусуцәа рхыԥхьаӡара маҷми?
Уи адунеи иԥжәаша гәык азҭанда.
Абзазара далымҵыроуп, иара ахаҿы дгылазароуп.
Иҟаӡамызшәа, иныҵабга ицаӡарцу жәларак?
Еидара хьамҭак дааҵыҵызшәа, иавтомат иҩнапык акәыршаны, уи ашьхәа ихы нықәҵашәа иҽааирҭынчит.
Уаҟа еизыргеит ақырҭуа ҵарауаа.
Ирахә баагәарашәа дрыкәыршан, Ажәеиԥшьаа иара изы илыԥхон.
Саргьы уажәы уабсҵәьа сыхьит, уаҳа исаҳарызеи ҳәа сҿы раҳаны сшыԥшыз
Иаанкыланы ауӷә лырхаҵаны аҟаир иасырхеит.
Аԥсыӡкцәа рканџьа амшын инхҵаны инҭалан, ицаны ашәындыҟәра ӡхыргеит.
Анҭ аҳаҭырбага ажәақәа иахьахәҭоу ишахәҭоу еиԥш ахархәара рмоуазар, урҭ цқьа иргәлаԥшны иззымдыруа зынӡак иҿеимыршәӡар еиӷьуп.
Исашәҳәа абылра шыҟалаз, арцәара шәшалагаз?
Кәаҵиа, ашә ааимԥааны, дындәылԥеит, аҳҭынра ишьапы шҭигоз згәамԥхоз Ҟанчоубеигьы уи днаишьҭалеит.
Ҳаргьы иаҳҭахыз уи акәгәышьан, ҳнапқәа ааӡәӡәаны акәаскьа азал аҟны астол ҳнадтәалеит.
Гагра ахы ианақәиҭыртәы ашьҭахь Габриа Асҭамыри Шьаҟрыл Алхаси еибырҳәахьаз анагӡара напы адыркит.
Аха Аҭакәажә даасыхәаԥшит, уигьы шеилылскаауаз мҩашьо, сгәы рӷәӷәо.
Ишәыхьзеи, шәхы еилагама, иҟашәҵозеи зҳәаз рнырҵәара иалагеит.
Сқәыԥшра хызхуаз бҭеиҭыԥш абаҟоу?
Уаб аколнхара даналалоз ицалалеит Мачагәа, Қәаблыхә, Леиуа, ус ами?
Исхыҵны ицом, сызҿу былроуп.
Хаҵарас иишьоз, меигӡарахда илазгьы акы заҵәык акәын, иара иҳәа шьа, ихарԥ заҵәгьы деигӡомызт игәаԥхаз аԥҳәыс лзыҳәан.
Зегь зыхҟьо ҳаашьара.
Уи иҩымҭақәа апролетартә культура арҿиара, аршәҭра иҵәатәы шьаҟаны ишаҵагылаз.
Аусҳәарҭа аԥенџьырқәа иркылҷҷо алашареи аԥҭақәа инарылшьқьрааны ажәҩан иаҵәа инаҵало амзеи инарыдибалоит, иқәацә-қәацәӡа аҵх иалагылоу аҟарулцәа.