text
stringlengths
0
400
Иаҳа-иаҳа амрахь, иаҳа-иаҳа амзахь, мчык хыхь исыхоит, сықәрахь саннеи.
Схаҭа снацәа аҭӡамц инадскылазшәа, схаҭа снацәкьарақәа ашышкамсқәа авеибаҳәа инеиуашәоуп ишызбаз, сцәа-сыжьгьы ишаныруаз.
Уаҩысҭаамхакәа, иахьатәи аамҭаз, аҵх лашьцара узалтәоу узалҵраны уҟаӡам.
Уаҩ дшашьуа, Гәнаҳа имаӡам
Ашәира аӷьра усгьы ирҟазшьамызт.
Ҿымҭроуп акәупе аҩнуҵаҟа иҟоу.
Аԥхьала анеира ԥсыхәа змам усуп, ааигәахәын, уахь ддәықәлеит.
Зегьыздыруа, крудырҵәҟьозар, суҳәашан даара
Аҵх агәы ааҩнашоны еиԥш, апап дҩагылан, Алгьери дахьышьҭаз днеит, ахьы имаҵәҟьоу еилыскаауеит ҳәа.
Иҟалазеи, дшәозма уи ҭабар ҳәа, ас дҟазҵазеи иблақәа цырцыруа?!
Иахьанӡа сара аӡәк сакәын абри аҩны иахыз, аԥшәымасиамаз.
Аха, Сафарбеи иаҳра Урыстәыла иадиҵаанӡа, асҵәҟьа иҟамызт.
Саргь уи салҳәозар имӡа, иқәыԥшӡоу ҷкәынак игәра лгозар
Еснагь акы игәы алаҟамызт иара, лара усҟан изымхоз лдыруазшәа лбон, аԥҳәыс, ахәыҷы, ажәакала, ахатәы ҭаацәара.
Уажәа ркьаҿуа уиацәажәа.
Уца ҩышм ныҟәара, ахымш рзы шьыбжьоун ӡмахк унадгылоит.
Аха иҳәаақәырҵо ажәа ианацу, аиагаратә суффикс ашьҭахь игылоу ажәа иацлоит
Ԥсуаас иҟоу зегьы ҳара иҳашьцәоуп, аха ашьа ахала ахы адыруеит, уи атәы хазуп, уи иналкаан уамыргәаҭеир ауам.
Мыцхәы еилыршьааит, ааха зауз аҭырқәцәагьы ахьаҵра иалагеит.
Агәы иааҭахәыцит.
Иҟалеи, абааԥсы, иумҳәо нас!
Иахьанахыс иухьӡаҳҵоит Амаамын-Фырхаҵа хәа ахьыӡ шьахә.
Лгәы иаллырсит лан.
Сара знык иуасҳәахьеит, аха сыламыс аҳаҭыр азы еиҭауасҳәахуеит.
Сыкаҭ ааиҵыхны иласыргылан, слатәеит, аха ахәлара акгьы агмызт.
Ахьҭа ҳамкроуп, амла ҳамкроуп
Асонетқәа абасҵәҟьа сгәы ҟалап ҳәа мцак ацрало
Ахаҳә шкәакәа ана-ара ишьҭоуп, иаакәршаны ҵлаԥшзара мацараха иҩычоуп.
Уи Егрытәи аибашьрақәа руак аҿы дҭахагәышьахьан.
Қамса даара дныҟәахьан, дышнеиуаз, бна дук дныланагалт.
Ари иаанагоузеи?!
Ԥасагьы изумсхыз, акыр сзыҟаҵоз џьысшьаноуп, аԥарақәа лџьыба иааҭыхны иналырххеит.
Ҳашԥаныҟәари уажәшьҭа?
Уажәшьҭа шәаарыԥхь арахь, шәаарыԥхь!
Таташь иакәзар, зны асоциал-демократцәа ҳәа ицәырҵыз ҳашьцәа бзиахәқәа ҳхы иархәаны, абра иаҳхагылоу шьҭа дара аурысқәагьы ирҭахым, ҳаԥсы зфахьоу, ҳажәлар ықәызххьоу аиҳабыра ықәҳцап, нас иҟало аабап, — иҳәеит.
Акгьы зхараӡамыз ауаҩы
Шәхы шәақәиҭуп
Убри иҟанаҵо акәақьҭ аҿыҵәҟьа иубоит иара игәарԥ иқәгылоу аҩны еихагыла.
Амала ауаа рхыԥхьаӡара рацәазароуп.
Анцәа бсиҭан, анцәа бсымихит цәыкьа, избоит бзиа нагӡа ишамоуз нарха.
Иҩбахаз, ԥсыхәа ахьынӡамаз, аԥш раԥхьатәи абӷьыц илнагаз аҟынӡа, ахәда иныҵаԥсо аԥш шьапқәа анышә рыдсыҳәҳәалон.
Амҩа зырлашо насыԥуп
Зегьы акакәын аԥсҭазаара шыԥсҭазаараз иаанхон.
Иан Тишик қәрала ҩажәихԥа, ҩажәиԥшьба шықәса дреиҳамызт, ҷкәына асакы, аха ашьанҵа еиԥш дӷәӷәаӡа, амца ицырҟьо акәын дшыҟаз.
Аҟармаҵыс бзиала, сҩызцәа, сыԥсы зыҿҳәароу, сымҩа сықәлоит, ишԥааури, ҳлахьынҵа ҳара иаҳзыцәгьахан, иҳашьҭоуп ҳаԥхаҵа
Иҭысхуази Дал аԥсҭа!
Абаа, шәаангыл!
Афронт аҟны аума иахьшәыхьыз?
Уҵкы уроур ак рҳәоит, иуркьаҿыр даҽак рҳәоит.
Адунеиаҿы уамак ҟалоит.
Хыдаран дзызхәцуаз, гаӡаҵас дҭахеит.
Зегь ҭахеит, мамзаргьы аӡәгьы акы имыхьӡеит уҳәаратәы, хәык иҟыт-быжьгьы џьара иҟамкәа, иааҭынчрахеит.
Какан иҩызцәа ргәы рҽаниҵон.
Ҳыҳ, сыԥсы ҭамкәа
Анаҟә сы аируит злыԥха ҳаура, иаацқьахеит.
Урҭ ирҭаххаргьы ирзарҳәомызт.
Сахьынӡаҟо, сҽамҭакәа ашәшьыра, исылшо ламысла иҟасҵап.
Ара Кәакәын ҳәа ззаҳҳәо зынӡа даҽаӡәуп.
Ражәақәа рымацара ракәым, рыччаԥшьгьы мцуп.
Хыџьара хҩы-хҩыла зҽеиҩҿан итәаз ацуфацәа рыбжьара ҿымҭрахеит.
Издыруадаз уи игәы иҭаз!
Ахҩыкгьы аҭаацәара иаламлацызт.
Усҟанҵәҟьа ажәеинраала зҩит.
Иахьа аусура дагхеит, уаҵәы дагхеит, уаҵәашьҭахь лхы ҿаҳәа лгәы ҿаҳәа, лыблақәа ҭакәаҳа днеит Кьасоу иԥҳәыс.
Ҩыџьа аказакцәа, уи идырра иазыԥшызшәа, арԥарцәа инарыдԥалан, рнапқәа ааԥдыртит.
Ачымазцәа ирыхәеит, ачахә змам ирыхьӡеит
Нан, исзамҭеит ари ԥсыхәа, Усыцхраароуп, сызкәыхшаз
Акранырфа ицәеит.
Аверталиот анца, еиҭа аныҟәара ҳалагеит, амала ӷәӷәала ҳахьааԥсаз азы ласы-лассы ҳааҭгылон.
Иблақәа цәаакӡа, лаԥшыла сааимидеит абырг.
Ауаҩшьра аныҟала нахыс зегьы гылеит.
Гәылак дааины дырԥырхагахар зҭахымыз аԥшәма ԥҳәыси лаҳәшьаԥҳаи аҩныҟа инеихеит, Рашьыҭ аԥхьа днадыргылан.
Исхамышҭыша схасыршҭуеит.
Афабрика цәдырҳәит, — рҳәеит аха, ус, хазы-хазы иганы урыхәаԥшуазар, аӡәгьы акгьы ихараӡамзаарын.
Ҳшыла нҵәама, уахҭаԥсагьы ҳазнымхаӡеи?
Ҳазхара ҳаччеит, ҳахәмарит ҳәа баалоит, — рҳәеит уахьынтәи.
Ари ахыза ду шԥарзымхои
Еилкаахеит уи ачарҳәараҿы Шеварднаӡе ԥахьатәи иқьаҳиа, уажә Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр козерев ихараз шырацәаз.
Узҿу уаҟәыҵны аусура уалага акәымзар уцәгьеитәуеит рҳәан, иааигәара аус зуқәоз, ирамхацәгьахан дахьтәаз иааихаххын даанкыланы данаадырхха ауп ацәа далҵызшәа ихы анҩышьҭих.
Дсылахәмаруама, ааигәахәт Тариал.
Ҭенгьиз дааҟәымҵӡакәа аҟыжра даҿын, дара рыбжьы рдуны, иааузымчҳаратәы аҟыжра иаҿын.
Аха шьҭа угыл, иаамҭоуп, Аԥсныҟа амҩа ҳақәлоит.
Аҵыхәтәаны адунеи игәы ахшәеит зынӡа, ишәақьгьы, ақаруа еиԥш, иаакнихт иԥшӡаӡа.
Дзықәгәыӷуаз ауаа шәҩык еизигеит.
Босфор суҭоуп уи ахьӡала, са стәала, ужәытә-уҿатә уи ажәытә аҿатә!
Шоуп угәахәуеит, аха ишам, схәыцра аԥшәымам, егьсасым.
Лара дышнеиуаз аӡы дныҽԥынгылт.
Абри ҳгәыӷырҭа ҳахшара ирдыруазар шаҟа сеилаҳуазеи, шаҟа сазхьааузи!
Ушлара аҿаԥхьа шьамхыла сгылоит.
Зны изеиԥшроу шәсырбап сҳәан
Ҳа иҳалымшо џьаргьы акгьыҟам.
Пыта, уара.
Дҭалан, иҳаман иахышьҭаҳхҵәҟьаз ҳнет.
Итәарҭаҿ дтәоуп аҳ Расмаг.
Гәазаза лцәа дҭаҵәиуа иаԥхьа дгылан.
Аурымқәа ианакәзаалакгьы аибашьра аԥҟара иақәныҟәоит, аилагарагьы бзиа ирбаӡом, аҽакала аиҭакра иԥырхага дууп ҳәа иԥхьаӡаны!
Мыта бзанҵык ихашҭшам иара убас амасар ду иахарԥаз исыс ацәа, иҟәашӡа, ашьа алатата
Ҳаргьы мап ҳамкит.
Аибашьра аӡбахә атәыла иахыҩит, хәыҷи дуи зегьы еигәныҩит.
Иаԥхьашаз гәлымҩык саныхны, дгәырӷьаҵәа аҩныҟа даауан.