text
stringlengths 0
400
|
---|
Урҭ ауахәама ианҭоу иршәырҵоуа амаҭәа цырцырқәа рыла еилаҳәоп. |
Уара ушьҭахь узлаҟоу ала, сара уеиқәсмырхозар, аӡәы уизеиқәырхом. |
Ашьҭыбжьқәа зегьы ирылҵәраа игәы инықәсит иԥшәмеи ихәыҷи рыӷызыбжьы. |
Аӷацәа гәырӷьон, абна былуан. |
Абраҟа хымԥада иазгәаҭатәуп |
Дыбзиазар ҿыхтын дубап. |
Ажәлар ргәы шкаҳам, рыԥсҭазаара агәра шыргоу, агәыӷра шрымоу апоема Уаа, дызусҭада ари аԥҳәызба?! |
Иаатит жәларак рлахьынҵа мҩақәызҵо аус дуқәа рыӡбарҭа, аныҳәақәа раан, зықьҩыла ауаа реибабарҭа, ргәрӷьарҭа, рысас дкыларҭа, рыкәашарҭа, рышәаҳәарҭа, рҽыбӷаҟазарҭа. |
Данцоз аламҭала лҩызаки лареи адәахьы идәылҵны ишгылаз, данԥшы, Нырбеи аконтора даадәылҵын, ашколи аусҳәарҭеи ирыбжьгаз адауар аанда агәашә аартны дааҭалеит. |
Маршьанаа дара-дара ықәибахуеит. |
Арҭ ҳаиуанқәоуп, ҳаиҩызцәазар, иҵыртла. |
Ацәгьара ухьчоит ҳәа ахьӡ ухы иоуҭоит. |
Асарақәа жәба ыҟоуп. |
Ашәышықәсақәа еиҵарцалан, рыцҳа, алахьгьы кыҷуп. |
Уи иаанагоз шәҳаламкьысын ҳәа акәын ирзеилкаауазар |
Убри азоуп дара ажәеинраалақәа напҟазарылагьы идеиатә ҵакылагьы игәылшәаны, ихаҿсахьақәаны изыҟалаз, досу рхатә ҟазшьақәа рыманы изаабо. |
Ҳзышьцылахьаз наџьнатәхозшәа, Иҟамлаӡоушәа еиҭакра ауа, Ҳзышьцылахьаз аанхаӡозшәа, Аамҭа аауан игәагәауа. |
Уажәы абра ҳҵарадырра азырҳаразы ҳаарышьҭын, арахь сзымааиӡакәа саанханы сыҟан |
Аҽынеиҵнахын сара схәыцра, жәҩани дгьыли инарыбжьалеит, ихьы цәыкәбарха ахәажә бӷьышраҿ, аеҵәақәагь аарныԥсалеит. |
Аныҳәара аҵакы абас иҟан |
Иахьа уаҵахаргь, иҟоуп уаҵәы |
Абри дазхәыцны ауп аҭауадгьы абас зиӡбаз, згәы намӡоз арԥыс џьбара иҳәатәы хеиҵараны дшыҟамыз шибозгьы, аҭауад дихьчарц иҽыназикит Сусҭар. |
Дагьымҵадырсхьеит лара, — рҳәон урҭ еиҿахәыҭхәҭны ицәыҵаччо. |
Иваҟәылоз Жьакәа иҿаԥхьа даҽакала дыԥхашьарын ргәахәит. |
Ааи, аҵыхә кьаҿын. |
Аҭаҳмада даара дгәырӷьеит. |
Даҽа иааиарк гатәуп, нас ҳцеит! |
Харада-барада азакәандара иалаӡыз жәпаҩык егьырҭ ауаа қьиақәа реиԥш, уи иабгьы дҭаркуеит ари ашықәс азы, аха ҭахашақә дҭамхакәа, мыҟәмабарас иҟоу зегьы ихганы, акыр шықәса рышьҭахь иҩныҟа дхынҳәуеит. |
Лара лшьаҿа неихылгаанӡа, аҩныҵҟала ашә аныҟәцаҩ иааиртит. |
Сыгәраганы исоуҳәаз азы, даараӡа иҭабуп. |
Мызкаҟара анҵлак ҩаԥхьа рыҽцәырыргоит, ҿааиҭит Џьон. |
Жәохә, жәаф шықәса зхыҵуа аӡӷаб хаҵа дцо, жәохә жәаф шықәса зхыҵуа аҷкәын ԥҳәыс дааиго аамҭа ҟалоит. |
Адамыӷа иснышәҵаз сазгәаауам, сҽақәсыршәап арҽеишьа. |
Хьымкәараса ихы-иҿы аччаԥшь наҟ инықәбан, иҽааириашеит. |
Ирҳәаз хасҵар сымҩа акыргьы салацон, сызлагылаз аамҭа ома ацәызгашан. |
Мҩа ҳарак аҟынтәи дааԥса-дкараха дааит уахык аҩны. |
Шьҭа усгьы еиликаахьан абнаршәыра аҿықәаныҵәҟьа шакәыз иаха ибла ахьҭааз. |
Дҵааит иаарымчны Алмахсиҭ иҷкәын дицәцаӡар ҳәа дшәаны. |
Агәра ганы сыҟоуп, уара уцхыраарала, сыгха шсыриашо. |
Уажәы ара акариера сашьҭалахуама? |
Исзыжәрым иҳахҭыгәлаз иржәуа, урҭ ирҳәогь сызҳәарым уаҩҵас. |
Уажәгьы Сасрыҟәа дахьеибашьуаз даннеи, дфырҭынха аӷацәа дрылагьыжьит. |
Аидҳәалага акәым аҟаҵарба акәзаара уажәтәи аамҭа мапкратә формоуп. |
Иара дшәан, шьҭахьҟа днаҭрысит. |
Уи иагьаԥсам, иагьашьҭам. |
Исеиҳәауаз? |
Ублақәа узҳархынҳәуеит, ибзиахоит, уадаҩк ыҟаӡам! |
Закәызеи насгәахәын, сынҭгылан лбааҟа сыԥшызар, ам ҩшаак иҟоу ажәала иҩуп, абжьықәыӷәӷәара аҩбатәи ашаа ацыра иаҭаны. |
Абарҭқәа рзоуп асовет кьыԥхь аҿы, лымкаалагьы аурыс периодикаҿы, иҵоуроу алитературатә фырхаҵа изкны лассы-лассы аимак-аиҿакқәа зцәырҵуа. |
Кындыӷтәи аԥсаатәааӡарҭа аҟынтәи арахь ишуҭаху уааԥшуеит. |
Аԥацха ақә ала ашақәа аакәыршаны ԥшь-ҩык арԥарцәа иркын |
Аха ҩажәамш иҟарҵоз зегьы анеидыркыла, рацәак зыҟамлеит. |
Уи лафшақә иҳәоуп, абас иҟоуп |
Агәылацәагь лыцхрааит, аха ианбанӡалыцхраауаз, ахықә аҟынӡа днеизар акәхарын, лықабла лаԥхьа инаргылан, абазар ахь дцеит. |
Зхы ықәызгоз аҵыс ҭан ихылԥа, зегь илшон акы аазлымшоз уаҳа. |
Хьыкәыҷ ара даанагеижьҭеи Нуца ус ахаангьы илмыхьцызт, ак аалылакьакьаргьы иаразнак илхәаҽуан, идлырдырӡомызт. |
Ҳазҿызгьы баша ишмыӡуа агәра аагоит, ҳахәра ӷәӷәақәа аанхазаргьы имӷьацкәа |
Ԥҳәызбак ԥхыӡла рԥыск дылжьоит, дгәырӷьан дҿыхар ицәа ҟьаларц. |
Еидҽырбало ҷкәыни ӡӷаби, рынасыԥаз аҵәца шьҭых. |
Аҳәраҳа ишьҭыхны краамҭа акра мамзаргьы агара ишымариам ус еиԥш имариам Аԥсны аҭоурыхтә лахьынҵагьы. |
Иара иҳәашьала, иц-ишә иҵраӡааны, ажәақәа ишәа-иза, ахшыҩҵак нарҭбаа-нарҵауланы ажәеиҿкаара, ҽакала иаҳҳәозар, ажәеинраала дазҟаза хатәроуп. |
Аха аҵыхәтәан, напхаԥса деибамыргакәа, Ӡызлан-Ӡаҳкәажә лызқәа икыдыӡсалоз лыхцәы қамыз дламҵасын, Қамча иҟама ԥҵәаха наҿеикит. |
Ақыдсаҟәаҿы ихы кны дтәоуп Дамеи. |
Шьҭа сара схәыҷӡам, саб дахьыҟоу здыруазҭгьы схала сцаны саауан ҳәа ииҳәаз ианшьа ихы-игәы зегьы аанарҳәызшәа ибеит, дрыцҳашьаны игәы иҭаз иҿы изамырҳәеит. |
Дацыҵҟьашәа дҩагылт. |
Еизҵаауан ашьыжь ианааиқәшәалак. |
Угәы каумыжьын ашьха уаҩы атҟәа. |
Лыҷкәын ҟадыџь шәарыцара дшыҟоу акы лмыхьындаз. |
Абзиаразы, Хьымца, ҳаҭоумҵан, ҳара иҳахҟьаны акино уагхазар! |
Ианқәоу убап. |
Нас ларгьы даасыцхраан ажра ҳанҭыҵит. |
Насгьы шаҟа шәышықәса ҵуаз усгьы ҳмилаҭ еиуоу аӡәы инҭкааны, иԥкааны динк дамҵаныҳәо, дашьапкуа дыҟамижьҭеи. |
Ԥҳәызба еинаалак са дыздыруеит, ла сылдыруеит сызҳәауам. |
Ахәыҟаҵарҭа дныҩналан, лыхш аҭыԥ иқәылҵарц, ачуан нықәлыргылеит. |
Иҵаауан лгәы. |
Убас еиԥш иҟаз аҭоуба ӷәӷәа рҭихьан. |
Уи аамҭазы, аматрос афырҳәа илгәыдгылаз днеихасын, деиқәшәӡа ахәыҷы днеиҿаԥшуеит. |
Астароста ибла ҭыҟаԥшьаақәа Дубанец иааиҟәиган, иҵыркшәа иԥҳәыс иналыхәаԥшит. |
Леон игәы шыҟалаз ҳәашьак амам. |
Сысчот саахан, акәанҷақәа рҭаԥсара салагеит. |
Аҩада сгәы ҩарханы сахьықәиаз уаҳа сҽаасзымԥсахит, аҭуан сыблақәа налаҟацаны иахьцаз иаасзадымхт. |
Сани саби ирыдҳәаланы иҟаиҵахьоу абзиарақәагьы игәалашәон. |
Агаӡа инапала амаҭ идыркуан ҳәа, абар унапала уҽахьудыршьуа, игәы ԥжәон Леуанти, дыҳәцымцуа дахьтәаз. |
Сасрыҟәа импыл асшьа анылба, абри аҷкәын хәыҷык хар имазаарым! |
Сеиҭакыр ҳәа бшәахуан амла, иаасгәаларшәо ишыхьҭахаз. |
Ҽыргаӡа ҟауҵоит акәу? |
Атама иалху акомпот узаазгоит ҳәа уаҳәаны абрантәи сымцази?! |
Быбла ссирқәа гәыҟаҵаган |
Ацыреи уи ахкқәеи. |
Рыӷбақәа еиԥхыҟәҟәа, аҭырқәцәа акырӡа иааскьахьаны ари анырба, еибашьрак аԥшьымгакәа, ишәаны ишхьаҵыз, ишааз еиԥш, рыӷбақәа еиԥхыҟәҟәа дырҩегьых шьҭахьҟа ишцахыз. |
Алашә ииҭаху иҩ-блак, ҳара ҳажәалагала аҵкьыс еиӷьу уҳәозар, иаҳҭаху уи ауми, — иҳәан, даасҿаԥшит, дара ирыхәаша бзиарак сҳәоз џьшьа ихы-иҿы нықәлашаан. |
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ари азҵаара аԥсуа ган изныкымкәа Женевеи иара убас хә-ганктәи аиԥыларақәеи рҿы ишышьҭырххьоу, аха иахьа уажәраанӡа лыҵшәа шамам. |
Аурок ахь анеиразы аҵәҵәа иасаанӡа, зегьы ҳаилаҵәаны аԥсшәа еибаҳҳәон. |
Надшьа акы лхы инҭалырԥан, арахә дрызцеит, Асҭандеи Баҭыри ааизныжьны. |
Аҳы, Ҷаӷәына баша умгылан, Кәаӷь даашьҭхны уца! |
Дышнеиуаз, Кьаӷәра аԥсра дшаҿыз дихагылт. |
Ари афырхаҵа иҟазшьа ӷәӷәа иалкаау сахьаркыратә мчхарала иаарԥшуп ароман анҵәамҭаҿы |
Агәыӷра ауаҩы амч инаҭоит шәхаҵкы. |
Аҭауад иӡӷаб днарыхәаԥш аарыхәаԥшит. |
Иҟоу бдыруоу, ҳаӡӷаб бхаҵкы! |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.