text
stringlengths
0
400
Закәанла уи аҟаҵашьа уара ибзианы иудыруан.
Сара сқырҭуоуп, Қырҭтәылантә сааит, — иҳәеит руаӡәы.
Еидарак змамыз адырҩегь ирыбаргызи, аха еидарак иалаҟаз зынӡа идырххон.
Ахьӡыртәрашәа.
Зегьы хьаас ирымаз Очамчыратәи аԥсуа қыҭақәа
Сышанхара саалҵны слазҵааит.
Сыццакуан, сахьыццакуаз схаҭа исыздыруамызт.
Урҭ аӡәырҩы хьыдырҳәеит ашьҭахьы.
Аибашьра еилгар, ама ҵурҭа иагьараан аргылара ҳахьӡап иҳәан, имуит, иара инапалаҵәҟьа деихсит.
Ҳара шҭак аҿы ҳанхон.
Автобус аангыларҭаҿы ианаангыла, аныҟәцаҩ ишыҟаиҵалац еиԥш, аԥхьатәи ашә ааиртын, аӡәаӡәала рблеҭқәа гәаҭо роужьра дналагеит.
Амрагыларахьтәи афронт ҳәа изышьҭаз аҿы ауаа хәыҷгьы дугьы, абџьар зкызгьы урҭ ирыцхраауазгьы, рыззегьы акаамеҭҵәҟьа рылшеит, иаарыкәыршаны аӷа дыштәазгьы, ҳауалагьы мшынлагьы дышжәылозгьы ак илдмыршеит, рыԥсадгьыл аӷа шьагьырҭас ирымҭеит хыԥхьаӡарарацәала афырхаҵара аадырԥшит.
Зежә шықәса рыла зегь шәеиҳа схьысҳаны сыҟоуп.
Бара базхәыци шьҭа, шьоукы уажәы-уашьҭан ҳәа аԥсра иамҵагыланы ҳтәыла рыхьчоит, шьоукы
Уаҳа аӡәгьы дамысӡои?
Ишеилалашәшәра ианааилалашәшә, абри сылшоит зҳәаз арԥыс иҽааилихын, хәдацәахьы аӡыхь дна-лагылеит.
Борис Ҭыжәба ироман Аԥсырҭ аҿы инарҭбааны ирыжәпаны ахархәара рымоуп аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа.
Аа са соуп, абааԥс, сара!
Амзаҿы ҳаиқәшәара Лыԥхала исыԥшьон.
Кәасҭа, ихьаам хьаас иҟоумҵан.
Убри ашықәс азыҳәан ауп Ҵабал, Амзара, Ажара, Дгьанҵәыш, Башь-икәара уҳәа, инхоз Быҭәаагьы ҭаацәаныла амҳаџьырра ахыԥша ианагаз.
Убасҟан акәашара мцаха иаақәырҵеит.
Аҽашәеит, игәаҟит, иалшоз зегь ҟанаҵеит, нас иаангылт, аблақәа амцеиԥш иҟаԥшьхеит.
Ҳаздырҵаз аколнхара планс иақәыз ачаии аҭаҭыни ракәын.
Хҭарԥа шкәакәа рымшуп.
Ара ахархәара рымоуп ажәахырҿиааратә суффиксқәа -тәы, -тәи.
Умцар амуазар, уҽынмырхакәа уаа.
Уск аҵыхәала сааит, сыззааз аус ҟалозар, снапы сыӡәӡәоит, — иҳәеит.
Исҵәахыроуп, Мақа ихашҭны дцазаап бымбои, — лҳәеит Шьама.
Бара наӡаӡа сыԥхап ҳәа баҿын, сыԥхап, ҳәа сыблып ҳәа Аԥсны азхара.
Игеит ҳҩызак ибжьы.
Акрааҵуама бара аграф мап ицәыбкижьҭеи?
Бкәанызануа аҭак ҟабҵоит, бымбои исыхьыз.
Абыржә еиԥш аҵх аангылан илымбацызт.
Иудыруама уара, Токио ҩажәихԥа административтә хәҭақәа шамоу, адунеиаҿы зегь реиҳа идуу қалақьны ишыҟоу.
Ишьапқәа неихигарц иақәикит, аха еиҭах иҽааникылеит, дахьцарыз ахьизымыӡбаз азы.
Ауаҩытәыҩса игәы аиҳа иҵаулоу ак ҳамам, уҭахызар ажәҩангьы адгьылгьы еимда!
Уажәы имроукәа, сычҳарагьы ԥышәмышәакәа абри ауаҩы дысзаажәга
Шьазина илҳәаз иашоуп.
Агәылацәа уи гәарҭар, ишьыцны ацәгьа рымҳәози, зҿы иашшуаз ааны иҟалаз аҭҵаара рҽазырымкуази.
Мазар Самыҟә иахь.
Ҭаацәак аҿы еидкылазар, еиларҵәазар, уара уазхәыцуоу закә мчхоз.
Ишәымжәааит, — лҳәеит Лариса гәаныла, усгьы иеиқә шәаз уаамызт, ари аныржә, уаха аӡәы иаџьал дырцәгьоит.
Насгьы реиҳа ишәарҭаз абасҟак иауны иныҟәара иақәымшәаӡацызт.
Аха сшабаз, сганаҿ ацаҟь инықәԥан, џьаргьы изымцо исҿаԥшуа иаагылт.
Иԥҳә, иԥара уҳәа алӡынра ирахә-ишәахә ҭәы-иԥха, ихәапжапуа иӷыҵнагартә иҟан.
Амца ԥснырхага дыркуа еисуа агәқәа зегь ирҭысуеит.
Зны Калдахәара Кьагәа дыҟаӡамкәа ирықәлан, иеимҵәаны, ирымаз рыхцаны, иаарыниаз ауаагьы раԥцаны, ирыманы идәықәлеит, арахә-ашәахә зегьы еибарҿыҿуа.
Сҿы иҭамӡоз сымҟаҟацызт, шьаҿак сымхәыцкәа иҟасҵаӡомызт
Қәхышьас иамоузеи аԥсабара, ауаҩытәыҩса иоуп ианыӡаар зылшо.
Саргьы арахь сылҭалан сааит.
Кадырбеи днаԥшы-ааԥшшәа.
Шаҟа сыԥхашьозеи, схазеиԥш шәа шәызгьы!
Аҵарауаҩ игәҭакқәа иреиуан абарҭ ианҵамҭақәа хазшәҟәны рҭыжьра, аха уи иара дахьымӡагәышьеит.
Зҽаазырцәгьазгьы дааиҳнаҳәап ада иаангыларым.
Ҳҟьалазшәа абра ақалақь ҳалан.
Изакәазы дааз аус Гасдрубал иҽахигоушәа аниба деицрашәаны даацәажәеит Дадрыҟәа.
Игәы иаланы иеиҳәон иара, ақыҭаҿы амаҵура сзалауҵауа ауаа сыхурччаларц азы ауп ҳәа.
Абрыскьыл ихҳәаау аҳәамҭа иазкны еиуеиԥшым ргәаанагарақәа рҳәахьеит, уи аидеиатә ҵаки асахьаркыратә ҷыдарақәеи акыр ирыхцәажәахьеит, иазгәарҭахьеит аҵарауаа
Адәыӷба цон Аԥсныҟа ахы рханы, ақалаққәеи ақыҭақәеи, адәкаршәрақәеи ашьҭахьҟа иааныжьны.
Еибаргәамҵроуп иҟоу агәымхақәа рдунеиаҿ, иага уургьы, иага уҳәаргьы узалагылом.
Аҩны иакәшеит, ашҭа иакәшеит, аха иӡыз ыӡит.
Ҳаргьы ашырсырҳәа ҳҩаҵҟьеит.
Иван Васили-иԥа аддыҳәа амардуан длалбаан, дшыҩуаз наҟ аӷба аҵахь дцеит.
Амаиор, аус ҳацызуаз?!
Аџьыр ашәа аҳәоит.
Ҳажә згаз дкьаҿуп
Абжьааԥны еиԥш уажәыгьы иаҳәац акәын иаҳәоз, шәгыл, аусурахь ҳәа.
Ауаҩы иахьынӡахәҭоу дузымдыруа, уԥсҭазаратә мҩа аҟны ҩызас лышьҭыхра, сара стәала
Уажәы Ҳабыз ихәыцрақәа зегьы ахьыҟаз, дырҩегьых заҟаҩы ҭахараны иҟаз акәын игәнигозгьы.
Нас амҵәыжә-ҩақәа неихыхуа ашьшьыҳәа ашьхарахь ахы рханы аҿынанахеит.
Аштаб аҿынтә иааз иреиҳәеит, ирзымдыруа аӡәы данааиуа ажәа Адгьыл иҳәарц.
Егьи, дара ирыцыҩназ аԥҳәыс, алаф ахы акрагьы лыламызт ацҭәала аҭарагьы дақәшәомызт, аха дызхәарҭаз акы ыҟан
Иаразнак ала арахьдаауан.
Ус дшыҟазгьы, ашыӡ лыхьызшәа, аҟәараҳәа дыхьҭышьуан.
Ароман алагамҭаҿы иаарԥшуп Мышкин Швеицартәылантә Петербургҟа иаара.
Цә-дук гылоуп, ахы ҵаҟа икажьуп, ахәаара иаҿуп.
Уи ажәытәӡан Ԥсы ҳәа иашьҭан, иахьагьы аӡҵәҵәы ыҵыҵуеит.
Ашьҭахь Зураб Шьамтәыла даннеи Омар иӡбахәқәа Маршьан Уалид иеиҳәеит, иадресгьы ииҭеит.
Аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, аха имҭа-ишьҭа умбо дыбжьадырӡит.
Ақыҭа иалгаӡан иҟаз, хыла аказы имнеиуазар уаҩы иҿархасырҭамыз ашҭа иқәҩыз аҳәҳәабжь ақыҭа ду ахи аҵыхәеи зегьы иахьӡеит.
Наҳар днеин, ашәҟәы аашьҭихын, днагәылаԥшит.
Шәааи, ҳазқәныҟәаша планк шьҭаҳхып!
Исгәыдҳалаз хьанҭан, ихаҳәымызт, аха усгьы хаҳәҵас ихьанҭан.
Миро захьӡыз иашьеиҳаб аррамаҵура ахьихигоз Бақәа дҭахеит.
Бара была уи деиқәхар, анцәа ибџьишьап!
Аха, иахьа уажәраанӡагьы изласгәалашәо ала урҭ ашколқәа рҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи иналкааны аҵакы зырҭоз маҭәарны иҟамызт.
Амаҵур абжьы неиҵых-неиҵыхны еиҭаацәырнагеит.
Арха аӡы ҳҭан.
Рыҟаабжь налаӡуан, амшын ацәқәырԥа.
Аа, ижәбап закәытә ҩну изҳаргылауа!
Уажәы зегь ҳалбаарган, уаханӡа ҳәа ара ҳтәоуп.
Уаҟа бысзыԥшыз, бжьы гәаҩак нҭыҩит ателефон.
Уи маҷӡак иԥсы анааивига, иаҳа доунашьҭызшәа ибеит.
Адгәыр Паатаиԥа Какоба егьи аганахь ала даҽа гәыԥк драԥхьагыланы амҩа дирбон.
Шьаурдынны уахьыҟоу ҳазхалом
Илашоит икәаԥӡа, еҵәак са схахьы.
Ҿиҭит абыргцәа руаӡәы.
Исгәыдкылан сҩахан, аарлаҳәа иааҭызгеит.
Аҩыза амаиор, ааи, иашоуп, ари сара дсеиԥшуп, мап, ус акәым, сара иара сиеиԥшуп, аха зынӡа акәӡам.