text
stringlengths 0
400
|
---|
Схазгьы, даҽа шьоукы рзынгьы, сааҟәымҵӡакәа, даҽа ԥсҭазаарак, ҟалашьа змам дунеи ҿыцк сыӡбоит. |
Ҳаиқәшәар сара исҭахын, дааҭгылеит лара, лымаӡа ихала иааиртыр аҵкыс, заа лхала лыҽлыргамар еиӷьалшьозшәа. |
Уҽадажә зҭахыда, ашоураха, амҵқәа ирыцәшәаны мҵырбӷьрак инхәыҵашьшьызар, аԥсы ааиҭанакыр иаахәыҵыҵып, — рҳәоит. |
Изну аамҭеи илоу ауаажәларреи рзы акынҵаҵыреиԥш иҟоуп, ажьымдыр иаҩызоуп. |
Имшуп нхаҩык, ԥаҵа хахак, иаацәырҟьало, ҳнеидыслақәар, ҿыц. |
Ақыҭан дынхон Ушьангь ҳәа аӡәы. |
Араҟа дсықәшәеит Уанчка Лакрба. |
Ԥҳәыс даазгарц сыӡбеит, иаазгарыда, исықәнагахарыда? |
Убарҭқәа зегьы импыҵашша ацара иаҿын уажәы, арҭ аҩы шықәсак раахыс. |
Ашәҟәыҩҩы убасҟан ииҩыз аԥҵамҭақәа Короленко дыдирԥхьеит. |
Пемикан ари афатә ихәҷу, аха угәы зырҭәуа фатәхкуп. |
Амра зымгылазт, лашьцаран аԥҭақәа анхыҵгьы |
Рлабашьақәа ршьапқәа рыхьшьуа идрыцқьоит. |
Ҳхы назҵаҳкша хыбракгьы схыбуан, амҩа сықәын, саауан сара аҩныҟа. |
Ас еиԥш иҟоу ашәҟәы аԥхьаҩцәа зегьы рзы ҳамҭа духоит. |
Изылшада абри еиԥш иҟаз ахаҵа ишьра анырҳәалак, абарҭ роуп, рҳәалап, рҟәаҟәа иқәу ачынқәа иҵегь иааӷьазӷьазп, рџьыбақәагьы ааҭҭәаап. |
Ҳазшаз ауаа зегьы еиԥшны адәы иқәиҵагәышьеит, аха иазууеи, аҳәоуеиқәшәара рыҭара рыцәигхазар сгәахәуеит. |
Аҟәа иҭоу ахьы ҭагәышьаз, сара исзалам џьаргьы абазк. |
Уажә аабыкьа акурорт Пицунда апансионатқәа реидҵа анапхгареи ҳареи ҳаилахәны акультура Аҩнаҿы аизара ду мҩаԥаагеит. |
Нарҭаа Шьаруан аԥсшәа иаҳәаны, аҩныҟа днаргеит. |
Абас аамҭа цон, амақарбжьқәа еиҳа-еиҳа ирацәохон. |
Абџьар зку ахацәа рыда, зегьы абаагәара ааныжьны ицахьеит, аԥсҭақәа рахь, рҭыԥқәагьы дырмазеихьеит |
Ашәҟәыҩҩы Ҷӷьыц ихаҿсахьала иаҳирбоит изызҳауа ҿар амҩахҟьара иаҿу арыӷьарахь рырхынҳәраҿы ажәа хаа, ажәа ҟәыш аԥсҭазааратә фактла ишьақәгылоу хаҳара шало, еиҳа ишрыдыркыло, ишазхәыцуа. |
Аин аакьыркьыруан, ибжьы ҿацаӡа инақәиргон Бадрагьы. |
Шьҭа бзиабарак сазымхьаҳәуа, зегьы-зегь схашҭуан еиԥш иахьа, ӡыхь ссирк дәықәлеит ахьхьа-хьхьаҳәа, ҭабашьак ақәымкәа, ҩаԥхьа. |
Иуаҳауоу? |
Нас Махази Синаҭи, ирызкны, иашәаны ақыҭа ирылалеит |
Иани иаби ԥсаҭа шкәакәақәа рыԥсыбаҩқәа наӡаӡа инижьроуп, абра такәы инаицәынасҭхоу ашәыга еиқәаҵәа зыхьшьу ацҳа неиҵых днықәсны Егры анырцәҟа данца нахыс. |
Рҩыџьагьы акит. |
Абарҭ ахацәа ҩыџьа реидыслараҿы Џьамхәыхә аиааира игеит |
Нас аҩнус нҵәаӡом усгьы, ауанҭара сналагеит. |
Ианиаҳа акәымкәан, длыԥхьан, дааигеит. |
Уи инапы иҵыҵит имаҷымкәа ажәабжьқәа, аповестқәа, аочеркқәа, агәалашәарақәа. |
Знык дызхыҵыр акаҵәара, нас уишьҭаз, уаҩ дибом. |
Даҽаӡәы дҭашәыртәа. |
Акрызҿеиҵашаз ауаа дырхаанымхацызт. |
Ас нхашьа убахьоу |
Сара саамҭа баша ишымцаз агәра жәга! |
Абарҭқәа зегьы Хәымса данрызхәыцлак, алкаа ҟаиҵеит |
Рыкаҭеи рҵыси аархыхны иугозаргьы, ирбаӡомызт. |
Ианеимакха аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа еизан аилацәажәара иалагеит. |
Даҽа хәыҷык аҭаарыхқәа науасҳәап нас, салоугалеит уеизгьы. |
Анымҩақәа ақәиҵоит аԥҳәаҟәа, Дџьоумшьан, ушҟа дымхьаԥшзар. |
Уаха ииуа ахәҷы ддуханы, ԥҳәыс данааиго ауха, иԥҳәыс даадәылганы ишаауа, амҩан ӡиас дук ыҟоуп, абри аӡы даныруа ихылԥарч ихшәаны аӡ ду иалаҳааит. |
Шәара шәыҟоуп, сара сыҟоуп |
Избан ахаан имоуцыз ари ацәалашәара бааԥс уажә изиоуз уи? |
Ишԥеиҭахыз, цқьа санихәаԥш, дырбарҭазар зегь иараӡәк. |
Иара раԥхьа аԥышәара анысҭиуаз, раԥхьатәи амаҭәар инаркны ишысҭиз, хәшьарақәас исоуз зегьы идыруан. |
Еҳ, доус ргәалақәа ирыҵоуп, иҵәахуп маӡақәакгьы рхазы. |
Абазгаа ртәы иҳәеит аҩбатәи ашәышықәсазтәи Римтәи аҭоурыхҩҩы Арриан. |
Длыԥсахызшәа, дылҭизшәа лгәы ҟалеит ианылҳәоз, аха ԥсыхәа лымамызт |
Ҿыц аҵара иҭалаз дреиуан аҟнытә, уи аԥҳәызба уажәада димбацызт. |
Сара, уаҳа иҟасҵарыз санақәымшәа, абарҵаҿ игылаз аҟәардә хәхәаҿы снеины снықәтәеит. |
Иабацәа урҭ рабацәа иџьынџь иацәзырӡхьаз даҽа еибашьрак ишеиԥшымызгьы ибеит. |
Аԥсуа ҳәынҭқарра ду ыҟан, аха ашәҟәыҩҩра рымамызт рымамызт дкаҳарц егьлыгымхо, днеиҵаӷәӷәеит дкаҳарц егьлыгымхо, днеиҵаӷәӷәеит Аминаҭ. |
Уи акәым, бзиа бызбоит ҳәагьы ласҳәеит. |
Урҭ днарышьклаҳәуа дрыцхуп, ма акы дызрыцхраауандаз |
Аԥсраҟны иааидгылоз зегьы ирхьааз акакәын |
Ҳарҭахыҵәҟьам уаргьы саргьы. |
Ари афорум аполитикатә ҵак ду амоуп. |
Ииҳәуаз зегьы бзиан, иԥшӡан, ирҟәышган, аус злаз ажәан |
Сара уаха саншьцәа рахь сцоит. |
Иахьа рацәак ицәыргамзаргьы имаӡам аԥсуаа цивилизациа дук ишацырҟьоу. |
Баҭыр ихы аакылирҳәҳәеит. |
Аԥшәма данаба, ахәда иахаз адаҷ рҳәазо иа ишҟа аҿаанахеит. |
Шьҭа исызхымгартә схьаақәа рацәаӡоуп |
Арахь рыԥсцәа хыла-гәыла еилажьуп, руаӡәк сара иԥсы ҭалан дкәеҩӡа дықәтәоуп |
Иаашәҳәо зегь ҟаҳҵалон. |
Ахрақәа ирныҩны иаҳахуеит Хьымкәараса быжь ҿацак, гәынхарак џьбараӡа, амацәыс еиԥш, аҽыԥ-аҽыԥҳәа иалҟьа-алҟьо. |
Аха уажәы аубыхқәа рцымхәрас аурысқәа рԥылеит. |
Унымхан, уазылас, уца шьҭа уаргьы, Абраҵәҟьа сагьыҟоуп шәааир хәылԥазы. |
Уи ааигәара инхоз Џьынџьуа Ӷьеџьала аӡәы ҳкаҳар ҳәа дшәаны даҳхылаԥшлон. |
Ҳара ҳамч, ҳдырра, ҳажәа, иаҭаххар, лара иҳалҳәап, убасҟан азы ҳгәыҳҽанызааит, арахь ажәлар ирҳәо ҳәа уара акгьы уҽазумкын, — иҳәеит. |
Саргьы убри ауп исыхьыз. |
Ишԥаҟалеи ари? |
Иӷыӷкны иҟоу аҳәира акәиц алашәар еиԥш, исҿыҵҟьаз ажәа цех-цыԥхьаӡа иныҩналан, зегьы ражәа иалалеит |
Иҟаиҵара дақәымшәо, ихы зқәикра изымдыруа акәын дшыҟаз. |
Адгьылгьы мшаҭакәа мчыла иарҵысуаз, иасуазааит аԥшатлакә, имацәыс идыдуаз, ахрақәа ирызхымго, иԥыххаасан ибгоз, ахаан мчык иазымго, снапала иҟасҵоит. |
Цәгьа наӡагь ыҟам, Ҳдунеи еибаркыраҿ. |
Аха иара амашьына дызҭымҵит. |
Уи ажьа. |
Сара арахь саазгаз уажәы ныҟәара дцаны дыҟоуп. |
Ашәҭ ҵла амҵан адгьыл кылҵәа Шхырцәаӷь ҭыппын дара рфеит. |
Ҳара ҳакәым, арашәаҩ иҽага иԥышәҵаргәаны даагылон, аҭыԥҳацәа ргәы аҽареиџьуан. |
Џьозеф уамашәа ишан |
Араԥ иџьыба дынҭаԥшын, маркатыл хәыҷык аацәырганы инаииҭеит. |
Џьара, ҟырҷ-мырҷк ҟаимҵаӡои, анаџьальбеит? |
Аԥсныҟа дааи уажәи рыбжьара есышықәсагьы ԥсшьара дахьцалоз Кисловодск акәын. |
Уи зузымдыруеи? |
Амала Акакьи даныхынҳә ччаԥшьк илакыҵа иҵашәомызт. |
Амала, ииашаҵәҟьаны анаарақәа шыҟазгьы, Мзымҭа ахықәаҿы зегьреиҳа иҭбаау, зегьреиҳа зхоура-зҵоура наӡааӡоу кәакьуп Гәбаа адәы. |
Ефрем Ешба, ҳәарада, ипатреҭгьы ыҟам, игагагьы. |
Иухьзеи, уара, умч кәадоупеи? |
Даҽакгьы дналацәажәар иҭахын, аха аамҭа злаимамыз ала иҽааникылеит, аҩны днеир ихала еиликаап ҳәа. |
Дцон жәымш, жәамш данымаауаз ыҟан. |
Убри аҭакәажә са сылдыруеит, сыӡбахәқәа егьи уҳәа, — аҳәеит ақәыџьма. |
Мамоу, сара соуп дызхәҭоу, уара, мҿтәсахьак ҟауҵазар инкажьны уцон, амаҭәа зӡахызгьы ухәырџьын инҭаҵаны узқәа инкыдҵаны уцон, ахьымаҭәа лзыҟазҵаз сара соуп, сара дыстәуп ҳәа дгылт ахьи! |
Саҵоуҵар еидара хьанҭак, саҵаԥсуазаргь, сыҟоуп иахьгатәу изгарашәа. |
Амала аҩызаКәыҵниа иҳәамҭақәа рҟны, хымԥада диашоуп. |
Абри адгьыл иқәхаӡароуп ирызҭымхкәа инхаз уԥсы! |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.