text
stringlengths 0
400
|
---|
Анџьныр хада Аиҭымба ҩажәи жәаа шықәса дырҭагылан, аха уахьихәаԥшуаз рацәак зхыҵуа уаҩуп уҳәаратәы дыҟаӡамызт. |
Уԥа соуп, Ҟабарда! |
Ари, ҳәарада, аныхтә аҭахуп, аныхтә ахҭынҵатәуп. |
Иҳаӡбеит сҳәаргьы сара соуп иаԥшьызгаз, амала, уамашәа избаз, ларгьы мап ахылымҳәааит. |
Ацгәыԥсыҵәҟьа ндәылганы адәы иузцәыршәломызт. |
Ақалақь игәаӷьны унапхыц хсаны иузаламыршәратә ицқьан. |
Дҳамаҳәызаап, — иҳәеит Сандра. |
Седроу, шәара шәакәӡами жәац абранӡа дааскьазгаз? |
Изулакь сҽы аарлаҳәа иаасыршәыкьын, слалбааит. |
Аӡы ихала даарын, иԥҳәыс диманы дышнеиуаз аӡлагарахьча иҟны днеит, аӡлагара ҭырқәак дахатәан. |
Нас иҳахьи, избан абас ҳазцәажәара?! |
Ашәуа Ҳаџьмаҭ иџьма шкәакәа, уаа, уаа, наныкьара! |
Ашәҟәыҩҩы асеқтантра иазыҟазаашьа аетнографи афольклористи ринтересқәа ирҭаӡомызт. |
Ҳашьхақәа еибырҳәап гәаныла, шәымҭак ҳаблақәа ирхыххыз |
Мамоу, макьана еилкаам, ирыцәцеит, аха даргьы аӡәы дхәуп, иахьыҟаз ашьа каҭәаны ирбеит. |
Смыччакәа, ассир аҳәара уахьаҿу умбаӡои?! |
Ҳара иаҳгәалаҳаршәон раԥхьаӡа қьаазыми ҳареи ҳанеибабаз, уи игәыразра, иажәақәа, иабжьагарақәа, игәцаракра, ихачҳара. |
Акылԥш-кылӡырҩцәа маҷҩуп иаҳа араҟа, усҟак иӷәӷәам, имчым ақыҭа аҵас. |
Ахәылбыҽхан аслан хәыҷы азы ахш рацәаны еизнагоит. |
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥго, Ареспублика Аԥсны ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи, астандартқәеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ерик Рштуни, афымцацәаҳәақәа рыдҳәалара агәаҭаразы Амшынеиқәафымцамч аспециалистцәа рыдагьы, аҭыԥантәи афымцатә станциақәа русзуҩцәагьы адыԥхьалахоит ҳәа азгәеиҭеит. |
Рахәыцҵас зыччара ԥымҵәоз, ма хаҳәҵас зхьаақәа зҵәахлоз. |
Аӡӷаб шьаҿак днеиҭаԥеит. |
Уара, абри зхы-зҿы ҭаҳәҳәаны абнаҿы иаҳбаз иакәымзааит! |
Азал аҟны итәақәаз ирылан Кондрат Ӡиӡариа, Николаи Патеиԥа, Симон Бжьаниа, Нестор Ҭаркьыл, Давлеҭ Чачба, Аҭман Ӷәынџьиа абри убри аамҭазы аԥсуа школ аҟны аԥсшәа дирҵон, убас егьырҭгьы. |
Уажәы ари еиԥш аҽыӡга аниоу, дицрыҵуа дыҟазма. |
Дица колнхаҩԥҳәысуп. |
Усқәак сыман, сырхыццакуан даарагь. |
Исиааит. |
Ауаҩы иԥсы анҭоу изуузоуп ҳәа, данԥслак нахыс абзацәа иаҳҳәо-иаауа еиҭах ҳара иҳахәаша, ҳара ҳҭызгашоуп. |
Азин изҭада икрыфарҭаҿы крызфарц инеиз акәтаӷь аӡа иҿаҵара? |
Ауаҩы игәы каҳаны даныҟоу, агәырҩа ду анимоу, ажәа разык иԥсы ҿнахыр алшоит. |
Ҭынч иаҳзыԥшын ашәаԥыџьаԥ, акәҷар реиԥш ача рацәан |
Ҳажәлар ирылшо шаадыруа еиԥш, ирылымшогьы аадыруазароуп! |
Цқьа имжәӡакәа ифазаарын, изырсомызт. |
Лқьышә аалырҵәиит Ерына, гәамԥхара ҟазшьак аалынлырԥшит. |
Уи дшьацәхныслеит, ҳаи, даанышәкыл, уи дшьацәхныслеит |
Рышьҭахьҟа ишәарҭамкәа ианыҟала, аҷкәын Маҳмуҭ диҳәеит. |
Арҵаҩы дшыҩналахьазгьы, Ездора ажәала ирылеиҳәеит аӡәы дагымкәа ишааиша, араион аҟынтәи ауаҩы дшыҟало. |
Агәылшьап ҭеиҭԥшла антропоморфтә ҟазшьа аманы иаабом, амаҭ излеиԥшу рацәоуп, маҭ дууп. |
Аҵыхәтәантәи аквартал азы аҳасабырба риҭараны дыҟан. |
Уаҟа узхысуамызт, махцәа еибакыр акәын, усҟан аԥсуагьы уимаҭәахомызт, иҟама кьаҿ ахьиҟоз улаԥш узахьыгӡашамызт. |
Ԥсҭазаарак захҭнумҵарызеи, Адица, убас сӡамҩақәа аныхәацыхәаԥшьхоз аамҭа хынҳәырц азыҳәан! |
Ани аӡәк иакәын зымҩа игылаз, уи дынижьит ихазы. |
Абасала, аҵыхәтәан фырхаҵарыла илахьынҵа даԥылеит. |
Нас лгәылацәа ахацәа даарыԥхьан, ҩыџьа-хҩык ахацәа, аҩны иаалгт. |
Уыбра ԥенџьырк аман ахыб аҿы, амна дкылатәазаарын. |
Банаџьалбеит, абри аџьықәреи бара иҿыбымхыр, иҿызхуаз уаҳа аӡәгьы дбымбаӡози? |
Иааит ҳарҭ абыргцәа ҳгу хыҭхыҭуа ҳаззыԥшыз аԥшьаша. |
Иҭабуп, — сҳәеит сара аарла, ахаҳә сыхәлашәазшәа. |
Сгәы еиқәҳәалан ԥхьа снаԥшыроуп, мҩа дук сзанымҵуа са санхалеит. |
Уаҳагьы дхьамԥшит, аха уи идыруан, урҭ иаразнак аӡлагара иныҩнапҟа ишцаз, иахьгылаз иҭацәӡа ишынхаз. |
Арҩашқәа неилало, аӡиас сса-мыссақәа иалало, иаҳаиаҳа идухо инеиуеит Бзыԥ. |
Ашәҟәы иара иԥсҭазааран, даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьахьан. |
Зынӡа иааигәомашь сыҿҳәара, сиеҵә кыдшәан хланҵы изҭалеи? |
Цандрыԥшь хәырбӷьыц Гагрыԥшь хәырбӷьыц иақәырҵон. |
Абри зегьы еилаганы, иан лыԥсы шахьыхәхәо, дышгәаҟ-ҵәаҟуа дахигар акәхеит. |
Ус аӡәгьы дзыҟамлеит еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. |
Абар мчыбжьык ҵуеит, Аҟәлан Аҟәланқьари ар иманы Лыӡаа дрықәлан аибашьра иаҿуп. |
Лнапқәа лыбӷаӡара инықәкны |
Ус анакәха, уи ихымҩаԥгашьа, иажәа, ихәыцшьа, идунеихәаԥшышьа, иҟәыӷоу аԥсабара иазааигәоу аԥсуа шәарыцаҩцәа, абчараҳцәа дырхаҭарнак иашоуп. |
Ус анакәха, Анцәа ду илаԥш ҳхызаауеит. |
Исгәалашәоит, ачаирҭа аҵыхәаҿ аӷа адесант даниртәа, уи дызкуаз шаҟа ҳрыхәаз, ҳаибарҩыз лада-ҩада. |
Мап, мап, ааигәа ҳнеиуеит, саншьа Кадыр даҳзыԥшуп. |
Уоора, дахьаауа жәбо дкаҳабӷало! |
Ааи, уаҵәы аус рыӡбоит. |
Урҭ ирҳәоз, шьҭа ашарккара иалагеит ҳәа кәын. |
Аҟәа еиқәхеит ауп ҳарԥарцәа ршьала, дарбан, изгода анацәа рҳақ? |
Аха иаҽхьныз дзеиԥшраз адыруазшәа, ашьапқәа уамак еихымго, ирсса иргыло, илеиуан. |
Сара сыц-хәыҷ ҵәымыӷ рыҭәам, уи ахагьы зынӡа исымам, сара сшәаҳәоит уӡырҩла, сашәа ҳәашьақәа ҵала! |
Ҩымш роуп иҵуа абжьаратәи ашкол иалгеижьҭеи. |
Еснагь Анцәа дуцзааит, ҳара ҳныҳәаԥхьыӡи ҳабзиабареи шуцу еиԥш, дад, сыҷкәын гәыраз! |
Иахьа Амра лхьымацәаз, Шәача дцаны иҭины, ахәыҷқәа рзын афатә аахәаны илыманы дааит. |
Ҳҟәышхон иҵегь |
Ҳпоетцәа ирызку астатиақәеи арецензиақәеи рҿы акырџьара ишаҳԥылахьоугьы, иаҳҳәар ауеит, хьаҳәаԥаҳәада апоет ихатә бжьы имоуп, аԥсуа поезиа амусҭаҿы иара иитәу аҭыԥ алиххьеит ҳәа. |
Ашьҭыхра имч ақәхеит. |
Мчыла лани лаби дрымгеи! |
Ажәла бзиақәа Аԥсҳара аԥацәа роуп |
Лымкаала иаагозар, аԥсуааи аурысқәеи ажәытәӡатәи аиҭанеиааира рыбжьан. |
Уажә урҭ мбаӡакәа дахьцоз Сабыда игәы еихьнашьуан. |
Рҩыџьегь наҟ-ааҟ иааиҿатәеит азныказ. |
Аԥсуа ибызшәа ианыҵәахылоу закәу, иҭоурых ақәра заҟароу, уи ахьынтәалаго иарбан дунеиу, иахьынтәаауа шыџьашьахәтәу уҳәа егьырҭ амилаҭгьы ирдырааит, ирбааит иӡыргатәуп. |
Ишԥалгәаӷьи мамзаргьы лыҽӡаны иара изыӡырҩра?! |
Иҭабуп, Шьагә хьарахә угымхааит! |
Ԥыҭҩык ахы цаҳә-цаҳә иаргатәуп, ахы цаҳә-цаҳә! |
Сыҟоуп сара. |
Рхы ианақәиҭышәтәлакь, ишыжәгаз еиԥш арахь иаажәгоит, Драндаҟа |
Саби сареи ҳус, раԥхьашәа, иманшәаламхазшәа иҟалеит, аха ишыдыдуаз ақәа амуӡеит. |
Амҩасҩы, уххь згеит, уҵаашьақәа злаҟоу ала, аҿагыларахь ҳнауԥхьарц уҭахушәа збоит, аха иҳалшару ақәылаҩцәа раанкылара? |
Узқәа ианындаз умбо, уи аҩыза ахҵар даахәыцт назыр дахьгылаз. |
Шәҩыџьегь шәылгәамԥхозар? |
Ари абоуго, Ата, иаа? |
Уа, утәаз-мшәа, узгылоузеи! |
Ҳа ҳҿы ианаало аҳарданжьы ауп, — иҳәан, иҭаҭынжәга неиҿыҵеикит Есҳаҟ, дырҩегь иԥынҵа алҩа нҭырббуа. |
Татеи иашәа данаалга, аҭаҳмада иааизымычҳаит. |
Иҭабуп, сбыкәхшахааит, — лҳәеит Саида, саргьы исҭахуп быҩныҟа ҳамҩахыҵыр, аха бгәы иалымсын, ԥыҭк сааԥсоуп, сышиашоу аҩныҟа сцар еиӷьасшьоит. |
Шәышықәса инеишагьы, уаҵәы иԥсышагьы, зегь ргәыӷрақәа ҿыцӡа игылеит иахьа. |
Аџьанах иақәтәан хаҵаки ԥҳәыски. |
Ҳарзыӡырҩып аиҳабыра ирҳәо, ажәа раҳҭаԥ, — иҳәеит аӡәы. |
Убри аахыс ахыбраҟны акапиталтә рҽеирақәа ҳәа акагьы мҩаԥгамызт. |
Гьач Рашьыҭ дааҭгыланы дааӡырҩит. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.