text
stringlengths 0
400
|
---|
Дцан иҽикәабеит. |
Ашьапқәа аҵамгыло иаагыргырын, ибӷаӷо ихышәҭны икаҳаит. |
Сара аҩны ас сшеилаҳәо уамԥшын Шкок сашьа! |
Ҳара зыԥсы еиқәхаз ҳаԥсы ҳаманы ҳааит. |
Иаарту ашәҟәы, анкьатәи сҩыза уахь саршанхеит, Резо, усалам шәҟәы ансоу. |
Чақырџьалы дахьынхоз аҭыԥқәеи, дызгәылаз ашьхақәеи уаанӡа избахьан. |
Диҳәо-дичо, иаԥхьа дшьамхнышгылан Ача, аха иара ихы шьҭимхит. |
Дицхыраан, ишьапы даақәиргылеит. |
Макьана акгьы ҳамаӡам |
Сааҭқәак ирылагӡаны, ҽеиҭакрак имазар лбарц дазгәаҟуа мацара, аҩны дааит. |
Абарҭ зегьы реидбалара иара изыҳәан имариаз усмызт. |
Знымзар зны исоурыма маншәалара? |
Ажурнал Алашара ҳазҭоу ашықәс азы актәи аномер аҿарацәа изларызку ала, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, еиҳа иааигәаны ишәсырдырырц сҭахуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зуа аӡәы-ҩыџьа сҩызцәа, исықәлацәоу сколлегацәа. |
Нас ихиҿы лыԥшаан, лыҩнапык рыла иаанкылан, алаӷырӡ зҿашы, ицаҳә-цаҳәуа иҟаз лӡамҩақәа нахьшьуа, иӡамҩақәа ааимданы игәыдылкылт |
Астадион аҿы раԥхьа ҳаизар дара уа изеизаӡомызт, имшәакәа инеиз аӡәык-ҩыџьак ықәаҳцарын, аха даҽакала ҳхы мҩаԥаагартә ҳақәшәагәышьеит. |
Ҳаззегьы ҳҭаҷкәмқәа раҵәаны уҽырӷәӷәа Рефик! |
Хәыҷгьы дугьы еибадыргеит. |
Аха абри иаасызхәыҵлашаз агәырӷьара ашәахәацгьы нархадахеит. |
Зыԥсҭазаара иалҵыз хаҭала дыздыруаз даларгәалашәаразы, аҿар игылоугьы иӡбахә рхадмыршҭразы, аҩнаҭа иамоу атрадициа наҟ-наҟгьы аиқәрхаразы, аҭаацәа иҭаҵәахны ирымазароуп аԥсҭынха. |
Аибашьраха, иабатәи ныҟәароу, уара! |
Мыцхәы дласцәан, махәҭеи ҵыси еиқәызмыртәоз, амҵ иазыҵҟьоз, уаҩы аапкык, уаҩы ццышәк иакәын. |
Суслик иџьыба дынҭалан, блокнотк ааҭганы акы наниҵеит. |
Изеиԥхыӡуазеи, рыцҳа, сыԥсадгьыл уаха? |
Ибгәалашәома аҵара шықәс ҳаналагоз, амш кахха ибзиан, аха шьыжьыказ аибашьыга ӷба еиқәаҵәақәа еицырхашьшьы аҳәаа хырҟьон. |
Аӷа урҭ ахьгылаз игәаҭаны дхысуазшәа, уажәы-уажәы раԥхьа, рышьҭахь итҟәацуан, аҵыхәтәаны иахьшәарҭамыз рҽыԥхьаркаанӡа рааигәара итҟәацыз аснариад аԥшатлакә еиԥш ирылагьежьит. |
Заурҟан Золак убри еиԥш аԥсҭазаара дҭанаргылеит, иҭахы-иҭахым, уаҳа цәцашьа имамкәа акырынтә иаԥхьа иаақәгылон абызшәа апроблема. |
Зегь еизадан иамам ҟалашьа, адунеи аҟазшьала ишцац ицалап. |
Нас аҽы даамҵасны икит. |
Зехьынџьара аиԥыларақәа рҿы игон аԥсуа жәеинраала ашьҭыбжь |
Са сандәықәла Аҟәаҟа агәҭацәыра згома, нас? |
Адыхҳәа сганаҿ иныҵԥрааит абнакәты, зназы сахьгылаз саашанхеит. |
Ԥахьа зны, ҩыџьа аҳәсақәа ныҟәигартә еиԥш малк импыҵакызар акәхарын, иахьа хаԥсыра баны зхы ныҟәызгоз ҭаацәаран. |
Ҭаҭхыр дҩагылан аҩныҟа даауеит. |
Ашьхарҵыс |
Ашәамахь ԥҳәыс дызлацәажәоз убри акәын. |
Изакә хьӡузеи иазуԥшааз?! |
Ҳпатронақәа нҵәеит, иҟаҳҵарызеи? |
Уҽурлашәит, уҽурдагәеит, аусқәагьы еилаургәагәеит. |
Лылабжышқәа ҩхаҟәҟәалеит. |
Карлос иџьашьаны дҩаҵҟьоит. |
Иахьаагылаз ацаҟьа акыргьы иҳаракын, мрагылара аганахь ала уахыкәмшакәа уантәи иаша халашьеи лбаашьеи амамызт. |
Иаартны дҭамлакәа, дҽыжәҵны иҽы даавагылт, аԥшәма ишҟа дшаауаз аниба. |
Са сакуп сеилархханы бла иазгәамҭо даҷк |
Асасцәа ахьҽыжәҵыз аҩнаҭа агәла-азла уҳәа жәпаҩык адеизалон. |
Иаха Жениа Шевченко ҳаиҭан, даара патула ҳидикылеит. |
Сақәшәомызт рацәакгьы исҳәоз, изуаз, ианылагоз ажәҩан ду сханы. |
Издыруада, ашьа-дақәа дара рхала иԥыжәжәазар, аӷацәа сцацха ианҭасыз, ианԥыржәаз, ирҟәаҟәазар сдақәагьы? |
Даханы игозар изымуз изымҳәаз, дақәыӡгәышьозар уи азы акы зҳәаз. |
Жәабжьк аӡәырҩы рҟынтә иананысҵогьы рацәоуп. |
Аҳыҳ, шьҭа исылырхи, рхабар шәдырбо, егьиуа! |
Ирҭааны ишырбаз |
Дамоушәа убоит. |
Уи днаԥшы-ааԥшуашәа аниба, Бегьлар иара иахь еиҳа дааскьеит. |
Атроцкист, ажәлар раӷа ҳәа ахарадҵа идҵаны. |
Кавказ ахыҵхырҭадырра иазку илекциақәа ркурси, иусумҭақәеи, еиҭагамҭақәеи рхабар еилкаамҬ |
Аха уи акәым ауаа хызхуа лхахәы ҟаԥшьӡа, уазааигәахар, уабылрашәа имцаԥшьха иԥаны илықәуп, ашәаӡеиԥш лцәеижь пашәӡа иҟәымшәышәӡа, лӡара па хәыҷы ԥраҳәала иҿахҵәоушәа убоит. |
Иагәыдҵаны ачара узура ҳгәы иҭоуп. |
Арҭ ҳа ҳрыхәом, ижәпаҩӡоуп иҳабашьуа, еиқәныхла бџьар хкыла дара еибыҭоуп |
Уахымҟьарцаз уара умҩа, Ахра иахьаҿгоу, Ига, иусҭоит сара сыбла, Лашараны исхоу. |
Ухаҵазар, уԥҳәыс даҽа хаҵак сахьигаз умбаӡои! |
Даргьы ирцәымыӷхазаап, аха ирылшози. |
Амшынҿықә иаваршәу ақалақь аҿы ус иаумариаху ауада аԥшаара! |
Анашанатә лакәқәа рҿгьы ауарбажәи афырхаҵеи реиқәшәашьа, реизыҟазаашьақәа абасҵәҟьоуп ишыҟоу. |
Разита иаалхьааны. |
Араҟа Ленин имавзолеи ыҟам, аха уаҟа ихалан аиҳабыра шықәгылалоз еиԥш, ани Ленин ибаҟа мыжда ахәамц заҵәык аӡын аҵаа ацәыхьчараз иҭарыҳәҳәо мандарина шьапык аҳасабала уажә касышла иҭарыҳәҳәаз ахьааԥшуа аҿаԥхьаҵәҟьа еидҵәаҵәала еиҭақәгылахуп ҳаиҳабыра. |
Аҳәынҭқарра ашьапы акра, аус арура, арҭ ажәашықәса, ажәеизашықәса ажәлар рҭагылазаашьа, уа иҟаҵоу, иҟаҵам, зынӡа извысыз уҳәа ртәы даара иҭбаау темоуп, хыхь џьара ишаҳҳәахьоу аиԥш, ус иааинырсылан узахцәажәом. |
Иван Саӡба, Руслан Қапба, Кандид Ҭарба |
Аӡтәы нхамҩеи амелиорациеи Агатәи рыҟәша аҿынтә иааз абульдозерқәа ҩба, аферма ахахьы аӡиас Жәӡара инҭарсны, ажра ҭӷәыхаа аҩагара иаҿын. |
Днарыс-ҩарысит. |
Автобусқәа усҟан, акы, иуарла-шәарлан, ҩбагьы, рыхә сымч ақәымхар ҳәа сшәон. |
Нахьхьи ихараӡаны игәыргәыруа, адыдра иаҿызшәа, абзырбзанқәа рыҭҟьабжьы ааҩуан. |
Амҩа алԥха наиқәныҳәаны, доусы рус ахь иаахынҳәит. |
Уеизгьы Қарбеи иан ашкол ахь дылмышьҭыр лымуит аҽны. |
Ашьшьыҳәа лхала заҵәык лыҩны дыҩнан, џьара магазинк аҟны данцоз-данаауаз ада. |
Маҷк дыԥхашьазаргь рыӡӷаб Светлана, ажәҩан аҵасқәа рыла дсаҳәшьан |
Сара гәҭакыс исымам ашәҟәы иану аҩымҭақәа рылацәажәара, џьара анализк рзура, урҭ рҿахәы дара ирҳәоит. |
Аха иузыгәаӷьыр, уаргьы уҭынчхоит, узҭахугьы ҭынчхоит, аха |
Даҽаӡәу? |
Ацәқәырԥақәа агәыдыҽҽалон, аха усгьы ирымхәаҽит. |
Аиашеи аҵабырги ракәын енагь сзышьҭаз. |
Бара брыхшеит аланаа дуқәа, ари аҩыза ахҭысқәа ирыниахьоу, абасала зтәыла кырынтә еиқәзырхахьоу. |
Даба, исаҳәишь, Сандрик, аҩнытә ԥсаатәқәас иудыруа? |
Адҵа ҟасҵоит шәысԥырҵны шәцарц! |
Алагамҭоуп иҳамоу. |
Иара уаанӡагьы лирикатә поема хәыҷык сгәы иҭаскхьан, абри ашәагала изҩыр сҭахны |
Чамлыџьалы ршәақь дшаҵагылаз еиԥш диеихсны дхаххала дылбааишьҭраны дыҟан. |
Абра илеилартәаны асааҭқәа реизшашьа атәы раҳәатәуп, иалацәажәааит, еилдыргааит. |
Акәтаӷьи, акәаци, ашәи ишәықәу шәшәом. |
Ишысҳәахьоу еиԥш, есышьыбжьышьҭахь, есымша амжәаҵла иамҵагылаз арымӡ, еихшәа-еиӡшәа агәҭа ахьеизеиҟараз днықәтәон. |
Зны-зынлагьы избоит сыҵәгәыри сареи аргамаду иаҳхыччошәа. |
Длызхәыцуазушь иара Нуца? |
Ахы исықәшәаз џьмаҟьуп, — иҳәеит, ашьа исылҵыаз ԥыхӡуп, — иҳәеит, бысцәымшәан акымзарак смыхьт, — иҳәеит, хәыҷык ак сыцраст, — иҳәеит, аха шәарҭа ыҟам, — иҳәеит. |
Аԥсабара аԥсы ахалара иаҿын. |
Урҭ зегьы дрыҳәон иара, аха дара зегьы абас аҭак ирҭон |
Амиф-ҵабыргқәа урысшәала былички ҳәа изышьҭақәоу рҿы лассы-лассы иаҳԥылоит аԥҳәыс бжеиҳан аҭакәажә даҩсҭахааны, ацгәы дақәтәаны дныҟәошәа, ма дыцыгәханы уахынла дгәеи-гәеиуа ақыҭа дрылаланы, агәылацәа ацәгьарақәа рзылуашәа зҳәақәо. |
Ҳажәлар рдоуҳа еиднакылеит |
Ибулак, иҵабгалалак, абни ахьча джьаны Гәач иршьны, нас ахьча дшәаны Гәач сшьит ҳәа аҳ изиаҳәаӡом, амц иҳәар акәхоит, уиала иаҳра аагап, ҳәа. |
Убасҟан апап игәеиҭеит иаԥхаьа игылаз ауаҩы дышбашамыз. |
Уажәраанӡа иқәырқәашьеиуаз, атәыла зырбгоз аҽы, уажәы Сасрыҟәа ицәҳар ахьирхалакь акәатаҳәа иаццо иҟалеит. |
Цәгьарас иҟасҵазеи, Коба? |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.