text
stringlengths
0
400
Қәасаџь убасҟан, убраҟа, убри ахәышәтәырҭаҿы дышьҭанаҵы, иԥсы шеибакуаз еиԥш ҟамлацызт.
Иҟалап ихтцәазар, асахьаркыра-семантикатә лшарақәагьы маҷзар ауаатәыҩса реизыҟазаашьақәа рҿы хаҭалатәи асимпатиақәеи антипатиақәеи рыпроблема зеиԥш ажәала, хыхь-хыхьла иаазырԥшуа ажәеинраала Сырҭахыҵәҟьам, сырҭахым.
Урыламкәа ужәлар крызуа, уцәазар усҟан џьара
Еснагь дҿыҟаԥшьааӡа, ихы-иҿы ҟьаҟьаӡа амца зҿықәыҳәҳәы иҟаз, иԥаҵа хәышлаԥса игәыҵач, ибла ҟәазқәа ҭалаҳа, иҭыггаӡа, гәаҟрацәгьак дышҭашәаз рныԥшуан.
Хамсада ааимҟьарсҭак лԥшаан, лаҳкәажә дналеихырхәеит.
Рыҵәҩаншьап абас иҵырхааит!
Ҳара даара иманшәалан аус аауит.
Ҽа хыццышәк са сзыҳәа изықәшәода?
Лареи Џьадари рчымазаҩ дырбарц ианыхәноз, Гана аполиклиникахь днеит.
Ан лыԥҳазаҵә!
Ахәылԥазы атехника ашәарҭадареи, аџьаус ахьчареи, асанитариеи рызҵаарақәа ирызкыз азеиԥш занааҭеидгылатә еизара ҳаман.
Агәгәаҳәа еилаҽҽон арҩаш, ашәах хчыла, ихәашьӡа.
Ааи, абыржәашәоуп!
Иахьагьы дмааит Кадыр, — иҳәеит аҭаҳмада Гәаџь дааҭгыланы даанаԥш-ааԥшын, Кадыр данимба, игәы иамыхәакәа, ижакьа шла инапы аалишьын.
Ааи, уи ахҭыс ду шаԥсаа нагақәа рҵеира дрылазыргылаз акакәын.
Избаҵәҟьар, акы азааӡбап
Зегьы сыбла ихгылоуп рҳарҭа-сырҭа, урҭегьсыциит, егьсыцыԥсуеит уаҵәгьы.
Ауаҩы дышгәыӷуаз адгьыл даҵаҩахарц, Ашарагьы ирхәларц, ашара зыршоз.
Уи акәу џьушьо, убри убарҭ рабду абџьар иараӷьама иарӷьи ҳәа дзашьҭоу удыруами?
Уажә избо џьысшьоит зегьы, уи лнапы ԥшӡақәа, лцәа-хаа, лқәыԥшра урҭ зегьы иалырҳәо амелодиа иацзаап, урҭ ракәзаап ауаҩы игәахьы иназго.
Быҭәба Сеилаҳ зегь раԥхьагьы дшәарыцаҩын, дагьжәабажьҳәаҩ дун ҳәа акәын дшеицырдыруаз, ихаҭа дызхааныз адагьы иабацәеи иабдуцәеи ирҳәамҭаны иаҳахьаз ажәытә ҭоурыхқәа анеиҭеиҳәалоз уазыӡырҩуазар, аԥсуа жәлар ирхыргахьаз амыҟәмабарақәа рхыԥша оумашәа иубаратәы уҟанаҵон.
Аҟәа сахьнеиз, ахылаԥшҩы-аначальник илабарҭагьы смоуит, ашкол еиҳабы аԥҳәыс лакәызар, лаб дызшьыз сара сакәушәа, лыбла аахтны дсыхәамԥшит.
Иҭабуп зҳәаша сара соуп.
Иниасит хԥаҟа шықәса, ақыҭақәа инарылга-аарылганы инагаз сымҩа снанагеит Гал араион Чхәарҭал ақыҭанӡа.
Ахԥатәи адаҟьа бахәаԥш, — лҳәан Таразиа лгазеҭ Наҭела иналлыркит, насгьы Даду лганахь даалацәҟәит.
Еицәажәарала, еиқәшаҳаҭрала, ҳәа иаасҿагылоит зегьы.
Џьамхәыхә ииабз дара иџьеишьеит, краамҭагьы дазышанханы даанхеит, аха нас днаидгылан ус диазҵааит
Иҭаҳаԥсоит ҿыц аҵәы далаҳхуеит даҽаӡәы.
Саԥхьа иқәыз иқәыз снаизхәыцуан, лабжышла мацара сыгәгьы аасырдан, снаиҿаԥшит, снаихыҵуа, схы сҩахан, снаиҿаԥшит
Аԥсны аҿартә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Есышықәса, аҵара ашықәс ҿыц анааиуа ишыҟалало еиԥш, сынтәагьы ашкол аҿы аԥхьара мчыбжьқәак шыбжьаз, рҿаархеит арҵаҩцәа рконференциақәа, реилацәажәарақәа еишьҭаххы
Шылашьцазгьы лнацәала лылаӷырӡ лӡамҩаҿ ишылрыцқьоз лзыҵәахуамызт.
Гамарџьобаҭ, патын Леуани!
Сталин ихаҭаратә культ акаҳареи Бериа иқәыџьмара ажәҩа алаԥҵәареи ԥсеиқәырхаганы, ԥсҿыхганы иҟалеит аԥсуа жәлар, аԥсуа литературеи, аԥсуа культуреи зегьы рзы.
Аԥхьа иааиуа аасҭа ашьҭахь иааиуа еиҳа ахы аԥызаны, еиҳагь амч аманы?
Аӡәыр ишәҭахызар шәақәтәа, уажәыҵәҟьа сеиҭатәоит, аҭаҳмадцәа инарыдылҵеит Мери
Ииҭахыз зегьы дрыхьӡон, ииҭахыз диҭацан.
Арахь са сгәазҭарц исзаауада, адәгьы суадеиԥш ианҭацәу.
Дыԥшаатәуп иаарласны, илгатәуп наҟ!
Егьаҩы егьа рҳәаргьы, ҩыџьа ахацәа ахьеидгылоу блас ицәыругозеи абри уара?
Сышьҭахьҟа уаҳа сышхьамҵуаз анырба, ацәқәырԥқәа рҵыхәа дыршәшәан, дырхәмаруа, дырхәмаруа, ампыл еиԥш дырԥа, дааганы дсырҭеит ишәан!
ГьерманГьерман тапанчаны судҳәаландаз
Уагьмҳаџьырны, аҟәыдгьы уахәо ҳәа, аҟәыдҵәҟьа иахьымшькәа уахәар ҟаломызт.
Аҭак ҟарҵон даҽа џьоукгьы.
Жәытәнатә аахыс агырқәеи ақырҭқәеи рхаԥыцқәа рхуан Аԥсны азы, шаҟантәгьы иҳабашьхьази!
Аҵла амҵан днатәан аҭаҭын ахара дшаҿыз данԥшы, аӡиа аҟан, аӡиаҿы алаҳәа еиқәаҵәа аҽакәабуа ибеит.
Утәа, ухаҵкы сцеит, уаншьоуп, амчра утәуп!
Уа иҳаракӡаны ԥсаатәқәак ԥыруан, ииаҟьан иахьимбоз џьара ажәҩан аиаҵәара иалаӡуан, нас дырҩегьых иахьибарҭаз иааиуан.
Иидыруаз нҭкааны дзыдтәалаз реилыркаара иҽанишәон, иҟаз аҭагылазаашьа ииашаны еилыркаартә еиԥш.
Аамҭа-аамҭала аԥсҭҳәақәа хылоит, амшын аԥшаҳәа иазааигәоу аҭыԥқәа рҿы ақәа леиуеит, хазы игоу амшқәа рзы ақәаба-сабаа леир алшоит, ашьхарахь асы шьҭалоит.
Убри аамҭазы Абзагә Ҭаҭал днаидгылеит.
Абас дыҟоуп Аԥсуа!
Шьамхахьы асы сахьахоз, стәар сзымгыло аҟынӡа сааԥсеит.
Арахә реиԥш иӷьычны еидҿаҳәаланы инаргоит ауаагьы.
Уи адагьы, Сырма данца, инлыжьыз афатәқәа, ачеиџьыка ду змаз Арда, ԥасеиԥш, инеиҿырцааны акы аарылылхуан.
Ахәылԥаз мҩаԥаагеит акыр илахҿыхны.
Сбыҳәоит, санхеит, сбыҳәоит баҟәыҵырц, дабабыԥшаауеи араҟа аԥсуа.
Исаҳәеишь цқьа, еилыскаартә
Шьыжьбзиа, Шьагә!
Уи ааӡара бзиа змоу хаҵа ҟаимаҭуп.
Ԥсрак дахыԥазшәа игәы иабо, ицәеижьы ихыбзаауа, лассы ихы инапахьы изаагомызт
Урҭ рышьҭахьҟа еиқәҽыжә игылан афицарцәа жәпаҩык.
Шьыта уаҳа акгьы мҳәакәа, лҵыхәа лаҳәшьа иналҿаҟьаны, ашәахь лҿыналхеит.
Аха, убри аан, Қырҭтәыла изныкымкәа ӷәӷәала ишеиланагахьазгьы Москватәи Аиқәшаҳаҭра, жәларбжьаратәи анаԥшцәа зныкгьы Қырҭтәыла анапхгара ирықәмыӡбеит, — иҳәеит Шамба.
Ажәакала, урҭ аҭаацәа абас разҟыла сырнымиар, сыԥсы ахуага уи абахҭа изҭыҵран иҟамызт, есымша сху рыманы абахҭа ашә илагылазшәа, амла садмыркит, умшәан, аҳа-ҳаи, ара ҳаҟоуп рҳәозшәа сгу дырӷуӷуеит.
Уи агәра ганы сыҟоуп.
Игәы нмырхакәа иаразнак снеиԥыххылеит, нхыҵтәи саама сара, ҳаԥсадгьылаҿ ҳаҟами?!
Кыргьы сгылан са сыԥшны, аха схәыцит сшам ҳәа сбарҵаз.
Иара абри аӡиас ауп ҳқыҭа агәҭаҵәҟьа иалсуагьы.
Аҽны иара иԥсра аԥсабарагьы ишаныруаз мҩашьо, амш қәарԥссон, маҷкгьы аҷыхь аҿан
Симагь уи ибара ҳнабжьысып ҳәа салымҳәацтеи, излаҟалазеи ибара ҳамцацкәаны?!
Уи апрограммаҿы иҟоуп
Исаҳарц ҳарбаӷь хәыҷ абжьы сгылароуп иахьа шьыжьы.
Ус ҵламахәк ааимԥыхьашәан, иҽы итәӷәыбжьара иаабжьырӷәӷәаны, дууаӡӡа дҩаԥан амахә днахьынҳалт.
Дахьтәоу дызгылом зхы хҵәаны ибызҭоз, аԥҳәыс бырг, ари ахаҵа ихаҵа, бшәахуеит ибызкнымхыр ҳәагьы абысҭа, бышԥакаԥсеи, бымч абас иабацеи?!
Афицар иуаа рахь инапы неиҟьеит.
Анцәа унапы ҳануп!
Амала, ишәхашәмыршҭын, уа Анҷара аҭаларҭаҟны мҩак ауп иамоу, сара уи кны сыштәоу!
Ашоура цәгьоуп.
Акгьы ҳмыхькәа ҳаиқәшәараны ҳахьыҟаз аҭыԥ аҿы ҳаннеи, ҳҩызцәа ҳзыԥшын.
Иагьа еилылкааргьы сара сҳәатәы дзахыԥом, избанзар илзеицәоу ҟасҵом
Уӡбахә сумырҳан!
Амала убранӡа иазгәасҭоит даҽакы.
Сылатәоуп абаҳча ашьацаҿ, Сыбжьы ныҵак исҳәоит ашәа.
Бзиа ббааит!
Абри аус аҿыԥшра иахьынӡахәҭоу ахархәара злымшо ахәыҷы изҳараҿы акыр имаҷымкәа ауадаҩрақәа дрықәшәоит.
Аҟармаҵыс ашәаҳәара иаргачамкны иӡырҩуаз аԥсаатә иаарылҵын.
Кәтол ашкол даналга Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа дааны дҭалеит.
Амза алашара ҩежьгьы ахьацақәа ирылаӡуан џьара.
Дмааиӡошәа аниба
Аԥхьаҩ гәыбӷан ҳаимҭароуп, ԥасашәа зны иааҳамҩатәны Џьарымхан ҿыц ахшара лцәа далашәан дшыҟаз ахьаҳҳәахьаз ада, ари асаби лыӡбахә уажәраанӡа иахьҳазцәырымгацыз.
Уара угәы иаанагозар ҟалап
Аперемена анҵәамҭазы абарҵаҿы икнаҳаз арельс хҵәаха адежурна днадгылан, акәыркәоу ала акаҩ-акаҩ ҳәа днасит.
Аԥсны Ахада заа иҳәахьан имҩаԥысоаны иҟоу апарламенттә алхрақәеи аҭыԥантәи алхрақәеи адемократиатә принципқәа ишрықәныҟәо атәы.
Шәгәанала изыҟои аҵаҩцәа рзыҳәан абриаҟара идуу аԥсшьара мшқәа?
Аџьабара иахьақәшәаз рзымхозшәа, уи иахычмазаҩхаз Мадина аԥсраҽны даартә дахьзыҟамлаз, уи ашьҭахгьы ахәшәтәырҭа дҭамлар ахьамуз, нас лгәы лхашҭырц, ишылҭахымыз ландуи лабдуи дахьыргаз хьааргон зегьы.
Уи аԥсшәа ҳзырҵоз Васили Мышьа Маан иакәын.
Макьана умаалықьын, иужәшаз аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт, ҿыц игәылҵыз ажәҵыс ҷырҷыр еиԥш, зегьы уҳалаҵәаны уҟан.
Иҟасҵооз, сыҽмырххакәа, сықәгьыжьаан скәашеит.
Ибжьы саҳауеит ԥсы зықь ирхьыӡсо, раԥхьатәи сшаеҵәа анарцә исгәыҵшәаз.