text
stringlengths
0
400
Ак ҿыц иҭәуеит, аҽак ҩеиуеит, мыцхә амҩа иқәхар иԥхашьоит.
Шәеиҿасыжьып шәызынтәык, шәыхәцә еибасыркып.
Араҟа дырҩегьых Маан Уазбақь дгәамҵ-хамҵуа ус иҳәеит
Еилумкаауеи уара, ари иаҵанакуа?
Уи иалнаршеит ԥсны жәлар рмилаҭтә зинқәа рзықәԥараҿы акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылара.
Бегәагьы абас адәы дықәуп, гәалак змаӡам иеиԥш.
Дымццакыр анамуаз икаламқәа дырзыхынҳәуан акәымзар, дреиҷаҳауан, иарҭмаҟ иҭаз акәын еиҳарак ихы иаирхәоз.
Убри ашьҭахь уаҳа саузыцәахуаз, аиарҭа сшылатәаз иаасыршеит
Харҭәаашьас, шьақәгылашьас ирымоузеи зынӡаск икьыԥхьымзи икьыԥхьыз рвариантқәеи.
Иааугаз дабаҟоу?
Сыԥшәма командировка дцан Шәачаҟа, дыхнымҳәыц, схәыҷи сареи ҳауп аҩны иҟоу
Машьынала ҳдәықәигалеит уи
Иироуп шәара шәгәаҿы!
Абар уажәы аҳәыҳәрыхьшь шатәыс иҳауит.
Зыхьӡу аминиатиуратә ажәабжь хәыҷы аҟны иаҳбоит уи агуманизмратә ҵакы.
Уара умсааит фҩы цәгьак сшамаабуа.
Санаауаз сан дсыҳәеит аполитика саламцәажәаразы, аха акызаҵәык сбыҳәоит исабҳәарацы
Ишызбоз ашьа нарҿашәит сҩызцәа, абас иажәа ааҿахиҵәеит Вианор.
Уара иудыруоу, Миша, Егори уареи шәеиԥш иҟоу шаҟаҩ ыҟоу?!
Ателефон аацәыригеит.
Ҳанашә ас аниаҳа, даара дархәыцт, аха дыхнымҳәкәа имҩа деиҭакәлт.
Игәжәажәо ишеилаз ираҳаит шьыжьык
Ҳмага-маго акыргьы ҳныҟәеит
Авторгьы изымбатәбароуп ара иҟоу асахьақәа
Адгьыл хәыҵжааны иҟарҵахьаз аҭабиа ҭбаа лҩакгьы ахылҵуан, аԥсуаа жәылоит ҳәа иҟамызт, аҽырԥхарҭагьы ҟаҵаны ирыман.
Мап, урҭ зегьы абра уҩны иҟоуп, абраҟа уашьа Алиас дырхылаԥшуеит, мчымхарак имыхьыр, урҭ зегььн еиҵеиааӡап, уанаахынҳәуа урҭ зегьы абраҟа иуԥылап, рҵакыреи дареи еиҵаҩҩы.
Рааигәара аӡәы днеиуамызт.
Усҟан Бочо дыҟамзааит!
Иуасымҳәази абас ҟасҵоит ҳәа, лыбла дыхгылан Манча
Абзиеи ацәгьеи еилыргатәуп!
Зыбз ҭамгылоз, ацха змоу аҟәыдмҵаа ҳәа илышьҭан.
Ҳара ҳҿоуп уи раԥхьа ашкол дахьҭалаз, афбатәи акласс аҿы дыштәоу, ҳаргьы иаадыруеит.
Амсылман иаша мышкала хәынтә анамаз икыроуп, шәара, изласаҳауа ала, уи зынӡак ишәхашҭит!
Ахәачалаа абжьааԥны аҵкысгьы игәалаҟазаара бзиахаӡаны дыҟан.
Уара уоуп ахаҵаҵәҟьа, Алхас!
Уа узыргәамҵуа, са сзыргәамҵуа
Даҽаџьарагьы аоригинал даԥырҵуам, дазааигәоуп.
Иахьа иџьасшьоит, уаанӡа дызмырцәажәоз, иҿаԥоз, аҵәы илазҵоз аҵыхәтәажәаҿы хыхьтә аӡәы акоманда риҭазшәа шәиҟәаҵ, ииҭаху иҳәааит, уашьҭан иареи ҳареи ҳаибабап ҳәа рарҳәазаргьы ауеит еиқәышьшьы иахьтәаз.
Иаасыргьежьлоит аелектрохәмарга исымоу
Уахыла ашьҭалара лҭахӡамызт, арахь ирласны дааԥсон.
Аа, уи ииҩуа
Уи аамҭа дацәшәаны дықәҵхьеит.
Сыԥсымзар Победан иара, — иҳәеит аҟарул.
Ашкол аиҳабыра иҳадмырҟаҵарц рыӡбеит, ҵыԥх џьоукы ргәы нибагақәеит азын.
Имамзар сара сацхраауеит.
Гәаџьуа, ҳара макьана ахашшааҩ даҳҭахӡам.
Лылахь еиқәышьшьы, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха даазхәыцит лара.
Ҳара ҳаҟны арҵаҩцәа иааизакны илеилатәаны ԥҳәызба ԥышӡак аурысшәа здыруа данырбалагь, аигзамен рҳәоу сыздыруам, акы нлыркышәа ҟаҵаны аҷкәынцәа лыҭаны, иарԥхалаҳәа ларҳәоит.
Убриазоуп Аԥсны аҳ ихантәаҩрала ари аус изахәаԥшуазгьы.
Иаахәцәырххеит, иаамадаӷьмадашәеит, аха иааиқәыргәеит уаҟа аҽазмырҵысуа, алақәа ҭызза иааԥшуа.
Иаргьы ииҳәоз
Ԥыҭрак аус анаау ашьҭахь, ԥсааиҭакра ҳәа ҳанаатәа, абрахь саазар аахыс сазҵаарц исҭахыз, аха игәаӷьны исзымҳәоз, аацәырызгеит
Гәынаа рныха ҳа иҟоуп, убри аныхаԥааҩ иакәын.
Иахьа аԥсуа жәлар рҿы ахаҵара гимнк иаҩызоу ари ашәа шаԥҵахаз, закәытә ҭоурыхтә ҭагылазаашьаз иара зхылҵыз, еицырдыруеит.
Аменшевик иааџьеишьеит.
Сҭаркуа, сҭаркуа, сагьынахыргандаз, абрахь сымҩахымҵыкәа.
Акыр иалыртыр ашьҭахь, аҭиграфаахылҵәеит.
Аҵх лашә дахьзалымҵыз иахҟьаны аҵакы ухаҿы иузаамгаӡо иааумпыҵахоит ажәеинраала Аҵх агызмалрақәа
Иара убасҵәҟьа ауп асессиахь инагоу азҵаатәқәа иахьамзаргьы-уаҵәы ирымӡбар ада ԥсыхәа шыҟам.
Дыччеит, лыгәгьы иахәеит.
Дҩагылан, ачаи ршыга нақәиргылеит.
Саанаԥшы-ааԥшит, ааигәа аӡәгьы сылаԥш дыҵамшәеит, аиԥхьбара аамҭа иақәшәан иҟан.
Аӷацәа лассылассы иахьтәоу аҭыԥқәа ԥшааны ҭыԥ рыҭалатәӡам, мамзар, иааҟәымҵӡакәа итәаны хысроуп дара зҿу, иҟалап уиала ҳдыршәарц рҭахызар, аха уаҳа умԥсит, урҭ иаарласны ианиз амш ргәаларшәатәуп ҳәа азгәарҭеит ҳашьцәа ҟабардаа.
Аԥсра афҩы ансаҳа, уаргьы усыманы нырцәыҟа сцоит, сымала сгәы мҿыӷьларц азы!
Ари аҵыхәтәантәи аперсонаж имч хом, аха уеизгьы дызлаӷәӷәоу мышкы ахы, мышкы аҵыхәа уи ипозициа зҩыда аиааира агап ҳәа аԥхьаҩ агәӷра инаҭоит Қсас инапқәа хьыдышьшьны, игәы кажьны, аиқәԥара дахьаҟәымҵуа.
Амагнитофон иануҵаз ҵәахгәышьа, архив азы ибзиоуп.
Амаҵуаҩы дааиԥхьан, ԥыҭк еицыржәит.
Аҩнқәа, аҳаракыра иаҿаӷӷа, амшын аҟынӡа инашьҭуп, улаԥш хнакыртә еиԥш.
Уарҭан иагьараан иаҳахьан дзышьҭалаз ауаҩ иранг аҿы иҟаз ианакәызаалак дышиашаз аӡәы инапаҿынтә аԥара шимгоз.
Борис рыззегьы џьара иштәаша, насгьы амцхә рыбжьы шыдмыргаша реиҳәеит.
Рхала еизынхарц ашә наиркит.
Иара имшныҳәоуп маи жәба рзы.
Нациҵеит Ҷнагә.
Иаанагозеи уи ҳәа диазҵааит.
Урҭ зегьы баша исгәаԥхон аҟароуп.
Нас уи аҷкәын игәахы еибакуа, иҩыза днаидгылеит
Ажәлар ананамгара, агәаҟра, амчымхара ианҭашәалак, мамзаргьы ахақәиҭраз ақәԥараҿы амҩа ҿыц иананылалак, алитературеи аҟазареи иаҳагьы аҿиара, иаҳагьы ажәлар рҿахәы аҳәара иалагоит.
Уи еснагь еиԥш дымццакӡо, иблақәа чча-ччо даасыдгылеит.
Иабаздыруаз ишҵыхәтәантәихоз.
Нас ҳцәажәара абас инеит, араҟа инхо реиҳарак рхы шымҩаԥырго еиԥш.
Иқыҭоуп изызку абзиабара ду зҵоу абарҭ ацәаҳәақәа
Иреиӷьу аиха иара алхын.
Урҭ злацәажәоз абызшәа, рылахҿыхшьа, рхымҩаԥгашьа шеибакәу зегь џьашьатәшәа ибаны, иблақәа ҭырхаха дрыхәаԥшуан Леон.
Агәнаҳа Анцәа иуимырҳәааит, Алиас.
Анаџьалбеит, исоуҳәозеи, сарӷьа бла?
Аҵара лызҵомызт узҳәомызт, лҵатәхәқәа лҽырхьылыгӡон.
Ибыдысныҳәалоит, мчык амаӡамкәан, изулак, мчыла сҿы иааҭсыршәеит убри ажәа заҵәык
Аӡы хәашьқәа рыцҳа ахаангьы ишәарҭан, иқәлаша дзықәлом, иқәлаз дызцом.
Исҭахуп ныҟәара сцарц, сынасыԥ сыԥшаарц.
Гәаларшәашьа змаӡам ахаҿқәа
Убри азакәын сара схаҭагьы шәҟәык ҭсыжьырц, жәа-шықәсала сзықәԥоз, иаасԥырагылалак снарыжәло мацара.
Бара бтәала биашазаргьы баргьы ҳара ҳаиԥш бназхәыци.
Ԥсыӡ еиқуарақуак шьқьыруа иҭоуп, рымшын иазымиааит!
Арахь уааи Қәаса-қамса, арахь уааи, ажә гәарлеит, ҳәа.
Жәохә шықәса зхыҵуаз аԥҳа дызцыз ан, лыӡӷаб лыбла дныҵшәар ҳәа дшәауа длыдыргыланы дыԥшын.
Ибзиоуп нас, ақьачақьра сааҟәыҵны сызлаго уасҳәап.
Света лхәыҷқәа ахьаанлыжьыз, амҩа аԥхьа акәын иахьынхоз.
Иахьагьы убри арыцҳара аҵыхәтәа ԥҵәамкәа иааиуеит, игәы дынҭаӷызшәа ауп абарҭ ажәақәа иҿы ишааҭшәаз Џьармаҭ.
Нас ажәеинраалақәа еишьҭаргыланы.
Инали Чанчеи иагьалаҟан ахаҳә аҟынӡа иӡсаны инеиратә еиԥш.