text
stringlengths
0
400
Нан, са суҳәоит, уаатәа, макьана афатә иҟасымҵац ԥыҭк ыҟоуп, — лҳәан, егьин амҭа ԥыҭк лгеит.
Ацгәы икьууа аҵкыс имкьууа еицәоуп.
Аккаҳәа изкуаз ахьаца мыҿқәа ирылыхәдаахан, абна аҟынтәи аагашьак рзаҭомызт.
Ахацәа рыбла дыхнамкыртә, амч еснагь илыԥшаалар, зегь раҵкыс илмалыз лҭаацәара ҭынчра лхьчон.
Аԥынгыла-шьаҭақәа зегьы еицырзеиԥшу абстракт-локативтә ҵакы рымоуп.
Мышкызны шәеинааларц шәыҟазар
Иахьанӡа бымбакәа сабаҟаз, хлаҳәада?
Ауааԥшӡақәа абра мацара ииуашәа ухәыцрақәа ирҭаауеит маӡак.
Икәашааит, ишәаҳәааит, иаԥылааит ахақәиҭра мра!
Ҩажәи жәибжь мши ҩажәи жәибжь ҵхи амҩа иқәын ачаландар.
Иҳазырқәа икаламқәа иҳазырҭра ирҭыхны наҟ икаиԥсоит.
Нас амрагыларахь ихы рханы, аныҳәара дналагеит
Апартизанцәа рлагер иналганы, ачлаа зҭиааны, ӡынгьы-ԥхынгьы ҭабара зықәӡамкәа ишьҭоу аӡмах ашьҭахь нылак идыргылеит рыхраӡаг.
Ҭаацәашәала акәу, ацәгьара шыҟашәҵаша акәзу шәызлацәажәоз?
Ансамбль Афырҭын алахәылацәеи анаԥхгаҩи Гагра араион ахада иҟаиҵаз афинанстә цхыраара азы ҭабуп ҳәа иарҳәоит.
Џьара дцеит, даныхынҳәуа сыздырӡом ҳәа раҳәа, — иҳәан, Адубеи иҽаниҵәаҳ Заира ашә аалыртит.
Уажәы ауардын змоу дмаҷуп, иалихи?
Шьрынбеи дҵәылхуа.
Абас-абас ауп иҟалаз, ҳәа аиргь Саҭанеи Гәашьа ллымҳа аҟынӡа инаргеит.
Генриетта лхәы лҟырҟы цқьа илыбаанӡа акрыфарҭа дааҩнҟьан, дыҩны ахԥатәи аетаж ашҟа дхалеит.
Ари аҩны Ан Тереза, ихьанҭаз, излымгара ачымазара змаз ауаа рзы иаалыртит.
Уара, уанаџьалбеит, душьыртә аҟара
Аиԥылара далахәын аҳәынҭқарра ахада Иофициалтә саит акорреспондент.
Иан, аԥҳәысеиба, иара идагьы хшара длымамызт.
Ари ахьаца, дадраа, сабду иаб Мшәагә рыцҳа иқәлоуп.
Иҟаз-ианыз анызба, уаанӡа исарҳәоз агәаанагара аҽаԥсахит.
Бара аҷкәын дбымаӡамызт.
Иахьанахыс ҳара аԥсуаа ҳаҳ уара уоуп ҳаухаҵгылоуп, иахьаауҳәо ҳмазеиуп, аҭахара анакәхагьы ҳуцҭахоит, — рҳәеит.
Уи ус ҳаиҳәеит, деиҭаацәажәеит Нар.
Ҵхы лашьцак еиԥш афырҭын ааскьон, амацәыс хәыҵҟьон.
Ибла иаҵәақәа агәырӷьа рхыҳәҳәыла иҟалон, Ница аҩны дшыҟоу уи данааилакь.
Рацәа сынакьаҭа ҟалеит!
Шәара аԥснаа, шәыбжьы ҭыганы ацәажәара азин шәымоуп, Анцәа дышәзыразхааит!
Агәгәаҳәа еилашы иандәықәлоз, ахақәиҭра агаразы.
Аизара иалган, уаҟа ишьҭалашаз ааныжьны, егьырҭ рыҩнқәа рышҟа инеирц идәылҵны адәы иа наақәгыла, еимыгга ашара иаҿын, аҩар икыдыӡәӡәаа иланашь ҭызшәа, ажәҩан акалҭ иааҿыкәыршаны ихыз аԥҭа шкәакәақәеи, урҭ рцәаԥштәхәы аазхәарц иаҿыз аиаҵәа ӷар-ԥшари ирҷыдахаз, иҿыцу, уаҳа улаԥш зыдхалаша акагьы ыҟамызт.
Убри схы иархәаны ҵаҟа аҩныҟа сылбаарц сҭаххеит.
Биԥарала еиҵагылараны иҟоу аҿарацәа ааӡалатәуп рыжәлар рыхшыҩ азыӡарҩышьа иақәшәо, ҳабацәа рԥышәақәа рыцырхыраашьа иақәшәаны убасала рымчи рыхшыҩ анырзеибыҭа, усҟан ианакәзаалакгьы аԥсҭазаара иқәнаргыло азҵаарақәа рҭакҟаҵара рылшоит, иара убас раԥхьаҟа рхы иазхәыцны аихаҵгаларахь инеибагоит, ирыцҳаибашьаны аӡәи-аӡәи еицхыраартә еиԥш, ишьҭи-бахуа иҟалоит.
Дуаҩума аибашьра згәы ахымшәо
Абатареиа акомандир акгьы ҟамлаӡазшәа дааччан
Аԥсуа школ ахьгылаз маҷк инахаран азы, ишыҟазгьы ргәалашәаӡомызт.
Изжәхьан сара араҟа ҩык, аиԥш абаҟаз, ҩызма, иара шьан.
Аҵла хәарҽуп, кәрыжәаа ирықәлоуп!
Амшқәарҿ аҵыхқәа сҵәахын, урҭ зынӡа еинаалом.
Арахь иаҵанакуеит хинди, урду Индиеи Пакистани рҵакырадгьыл аҿы иуԥыло, абенгал, ацыган бызшәақәа уҳәа убас егьырҭгьы
Лара иаалымданы, Абзагә ианбаҟаиҵоишь ҳәа дцәыҵыԥшуан.
Абарҭ аҩныҟа инаганы сааиуеит, сара иузысхьоит
Ирҳәоит, ауаҩы абнаршәыра дылаланы дышнеиуа ижәҩа ҭҟьар, дҟьалар, егьа аамҭа абнаршәыра дылазаргьы, егьа дгьежьыхынҳәыргьы, ижәҩа ахьҭҟьаз, дахьымҩахҟьаз аҭыԥ ахь дыхнымҳәыкәа имҩа изынагӡом ҳәа.
Иаарыкәшеит иахьцәырҟьаз рымбаӡакәа алымқәа реиԥш, ԥшьҩык аԥсуа ҷкәынцәа, зыҽзырҵысыз итәы егьыҟам!
Аха нас, урҭ ҳҵасқәа ззымдыруаз ауаа анҳалаҳа, урҭ рыкрыфашьеи ҳакрыфашьеи еиԥшымхеит, урҭ рыкрыжәшьагьы ҳакрыжәшьагьы еиԥшымхеит.
Арҿиаратә мҩа Џьума Аҳәба дышқәыԥшыз данылеит.
Ашьхарахь ажәҩан цәыҵлашаауа, икеикеиуа ицқьан.
Амала сара исылшар ҟаларын бҭацара, бара бхаҭа уа наӡаӡа бсымазар.
Абар, сара сааныжьны саҳәшьа Гәында деимҵԥаа дыргеит.
Иҽааилихын имаҭәақәа наганы ани инаимҵаиҵан, ари днеин ахьча иџьмақәа даарыдгылт.
Усгьы, дук хара имышьҭыкәа, сҭаацәа хырҵәаны арахь иаазымгар ауам.
Мықә ашҭа, ус ҟарҵон Бзыԥаа
Зназы иааимхацәгьахеит, асҵәҟьа убахьоуҳәагьы игәы инҭиҳәааит, еимгеимцаракгьы аанкылара изымгәаӷьуа, аҭакәажә ирхха илкыз ахыбаҩ днахәаԥшит, нас игәы ааиԥсахын, иаалымихит.
Сызҳахьеит, са сыхҳәом.
Амҩан дааҭгылоит гәырҩала, хәыцра шәкы дрымоуп уи дԥах.
Борис раԥхьаӡа иаацәыригаз абри азҵаатәы акәын.
Аҩымҭа актәи ахы иахьӡуп
Апоет Рауль Лашәриа ианҵамҭақәа рҿы игәалаиршәон таифи иареи ҽырбара амшын абаӷәазахь ишныҟәалоз.
Илиршазгьы маҷым.
Лара дгәрӷьацәан, акәукәуҳәа дыҳәҳәан ауаа еизылгаит, иҟалазгьы шыҟалаз ралҳәт.
Сашьа ҳқыҭан аус иуеит, дырҵаҩуп, — сҳәеит сара.
Сшәыҳәоит, иҟало акы акәзар, шьҭарнахыс Ҳанифеи, Беслани, Аханиԥацәеи, Маршьанааи рыдагьы, Алло!
Ибара ҳара ҳзыҳәан ихәшәхеит!
Аҽны иаҳақәаз Леуарсан ихәда рзыхҽуамызт, агәамбзиарақәа иахьа изааизма.
Бара, сгаӡа хәыҷы, макьана бцәаныррақәа ԥыбымшәац.
Астәи Аԥеҳамбар Аҟәаҟа дцеит.
Шаҟа хҭыс рацәа збахьоузеи, Шаҟа саҩсхьоузеи хара!
Уажәшьҭаҵәҟьа уссгьы искуам ҳәа дыҟан.
Игәы иҭаҵәҟьази?
Сыҟан, сыҟанаҵ сзаҵәны, сцеит шәа шәыгәнаҳа шәаны.
Уахьахәаԥшо, ҳаи, нан!
Иабду дихылаԥшуеит уа, инапы икәыршаны диваиоуп.
Сеилыҟә дахьтәаз цыблаа рхада игәамԥхоз кыр ҟасҵама, исеиҳәарц ииҭахузеи ҳәа дхәыцуан
Ҳаргьы ашоура шааҵыслак, уи арас хылԥа ҳашьцылан, арас ҳмоур ҳәа ушәозма, есымшашара арас хылԥа ҿыцқәа ҟаҳҵон.
Аха, мчылаҵәҟьа сҽааныскылеит
Џьуна дҩагылан, ацәашьы налыркит.
Ашьхантәи идәықәло асырӡ убасҟан абра иааӡоит.
Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ахада иазгәеиҭеит, аԥсуа ган иаарту ацәажәара амҩаԥгареи аусеицуреи ишазхиоу.
Уахәак аӡы иналажьны уақәтәар уаманы имцари!
Хәба рҳәазар, анемец исааҭ дахыԥап ҳәа умшәан.
Аӷьычцәа блатноиаа ҳәа изышьҭаз, ауаҩра зцәыӡхьаз агыгшәыгқәа наганы ирыларҵеит ауаа цқьақәа.
Уахьнеиуа иухьзеи ҳәа иузымҵаар залшаӡом.
Араӡны мҳаҵә иазууеи, аха егьырҭ зыӡбахә уҳәаз амҳаҵәқәа акакала иԥаҳшәеит, акы аарылмшеит.
Днеин, ижәҩахыр лнапы ықәкны ус лҳәеит
Аҟәа ауадақәа иман, арахь нхара ҳәа даарц иҭахӡамызт.
Аҷкәынцәа рабацәагьы ируалуп, ирылшауала рыҷкәынцәа ахьҭеи амлеи изламкша аҳасаб ныҟәыргаларазы, казенла ироуа иазымԥшкәа, наҟ-наҟ дук мырҵыкәа, Аԥсны ахадарареи, ашьақәыргылареи убарҭ рыҷкәынцәа рнапаҿы ишыҟалауа дырны.
Иара арахь сааигеит
Уара уан дудыруеит, уи уара узын иааҟалымҵац иҟоузеи.
Шьҭа аҵх наскьоит, аӡәгьы даауам.
Уцә, уцә, шьышь каҵа, шьышь
Нас, ҳааигәасигәа адәқьанхьшьцәа, ҳаҟәрышьқәа нҵәаанӡа, чабабак-чабабак рымҳхәаауан, ашьҭахь, акыр иаԥсаны маҭәаҩыҭәак ҵәахны измаз рымгәахә иахҭнырҵо рҿаархеит, аха изакәызеи, амала ирымҵарыжьуан, амла иаго аилахәаахәҭра илшома
Мзауҭраа аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа наԥхьацаны, ирзымдырӡоз даҽа шьоукы нархадыргылеит ирзеилымкаауаз абызшәала иҟьымҟьымуа, игәамҵ-хамҵуа, ицәҳашҳауа
Ирҳәоит, ргәы дырҟычуеит, аха ашьхақәа еиҭаҵраҳа, ҳахьынхац ҭыԥк аҟны ҳанхоит Ҭамели сареи.
Абри аниасҳәа ашьҭахь, Кәатала ус иҳәеит
Ан лакәзар усҟан, лҿи лнапи ӡәӡәаны ахәшҭаара аԥхьа лшьамхы арсны лнапқәа дҩарыханы, доуҳак еиԥш зыгәра лгоз лыматанеира даҿын
Ҷыри-ҷыри, сымԥан шәааишь, ҟәарҭ-ҟәарҭ, ҷыри-ҷыри!