text
stringlengths
0
400
Аурылагьы иҽынеиҵихуан.
Аҵыс иаҵәа ашәа ҵыхәаԥҵәада, сахьцалакь, есқьынгьы
Даҽа џьоукы ракәым, лхаҭагьы лхы иацәылыхьчарц илҭа хыз, лашьа икәасқьахь дыԥшуа, аҵла ашьапы лыҽнавалкит Ардушьна.
Издыруада уара ушҭахоз уцәа иалашәахьазҭгьы, издыруада уара ухьӡ уҷкәын изынужьырц уҭахызҭгьы
Быԥсынҵры иазҳааит, дад, уи инаициҳәоит Омахь, даара ҳшәеигәырӷьеит, дад, даара!
Амҩахәасҭеи амза иҭәуи
Сыгәҭакы хырԥашьа амаӡам, Фарҭын.
Гәыла еибахаз днасыԥдоуп, ихәуп-ишьуп, иладеи-иҩадеи.
Амҵәышәымпыл, анапылампыл, атеннис уҳәа рыхәмаррақәа.
Умшәан, ԥшаласуп абна инылаххыз.
Шәара шәыда сахәаӡом.
Лара уаҳа дааҭымгылеит
Шаҟа ҵуазеи, шаҟа ҵы, схәыҷра ара исымбеижьҭеи?
Нарчоу уи дгәаҭаны.
Аибашьра дыргаанӡа дызҿызгьы аадыруеит, аибашьраан иҟаиҵазгьы еилаҳкааит.
Анатоли Лагәлаа
Атәым иашҭа уанықәгылоу акәзаап уҩны иаҳа ианубарҭоу!
Ахарарбагатә асаркьа иалшоит амаҭәарқәа рырдура.
Ихәаԥшуеит амҩан дызбо зегь длакәшьан, ихы ахьизгәамҭо иҭатәӡам гәыбӷан.
Анхаҩы дихашҭуамызт абзера изыҟазҵаз уи аҭакәажә хәарҭлаӷь.
Урҭ апомешьчикцәа, афабрикантцәа, азауадқәа зтәу, аҭуџьарцәа, аџьажәлар рыԥхӡашала ахатә мал рҳацәа, ауахәама амаҵзуҩцәа апапцәа, аҳәынҭқар иаинралцәа роуп.
Уи аахыс абар шьҭа аа-шықәса бжьыст.
Ажәа ирҭахьан, атрибунахь днеиуан, абри абас ауп ҳәа дызлалагоз ажәакгьы ихаҟны иҟамызт.
Ихы кны дхәыцуа дыштәаз Чагә данааигәалашәа, инықәыршәны дцан иҟаз зегьы иеиҳәеит
Аиаша азыҳәа анкьа уахьгылаз уҳәҳәон, арԥыс хазыноуп, иужьаз абас рҳәон, баҩык умҵадыршәуан, иҟаҟо утәоуп, ацәгьеи абзиеи узеиԥшхеит, анцәа иџьшьоуп.
Хьеҩ-сеҩ!
Аҿар рхымца.
Аҭаҭын сҵысха излахәарҭеи, иџьеишьеит Ҷаӷьыц.
Акьыр далаҵаны дрыблыма, Сибраҟа дыӡхырҵама, издыруада иԥсҭбашьа ҳәа Шоҭа игәы хьаа-хьаауа ианирҿыцлоз, лассы-лассы ианигәалаиршәалоз лара дшизыӡырҩлоз
Дауҭ ауардын днанырҵан, дрыманы рҿынархеит.
Бара анасыԥ бзиа аԥыҩлара башьҭамлан.
Адырҩаҽны анааша, аҳ иԥҳа гәымбыл-џьбара лсаркьа кны асоф даақәгылт.
Илбааигалон уахьтә абӷабқәа, Аԥслаҳә, абӷаџьма, ақәасабқәа.
Аҷкәынҵәа!
Ирыцҳасшьацәо адунеи хысгьы-гәысгьы саман, сахашҭлоит, сыҟамшәа араҟа зынӡа.
Бқьышәқәа гәилуп, быбла ԥыџьқәа, ҟаман сгәы иалоуп иҵарӡа.
Алиоша, саншьцәа рҿы сшыҟаз иаҳазаап дыҩны дааит шәҟәык иман.
Издыруада техникала аиқәыршәараҿы ацхыраара ҳаиҭар.
Ҳара ҳҿы ишԥаҟоу?
Абарҭ зегьы сымоуп, избанзар, ихәажжаӡа еиқәуп саб ихәышҭаара, иҟьаҟьаӡа иаартуп саб игәашә
Дызшьыдаз зугәахәуа, иашьа дишьит.
Шьыжьымҭан ашкол ахь санцо, мчыла еиҵарҟәаҟәақәак сҿабымҵалои?
Аҳкәажәцәа ҳәа сара издыруа зегьы абри дреиӷьымзар, сара суаҩым, — иҳәеит.
Катико изнапык аҩада иҳаракуа.
Ааигәахәын, ихәыцрақәеи иареи шеиҿыхоз, иуадаҿы днеит.
Ала зҩызоу ахаҵа ахаҵа бзиа ҳәа дыршьоит, аха ала иаҩызоу ахаҵа ахаҵа бааԥс изырҳәоит
Убырҭ зегьы еидара-еидарала, иганы, есыхәылбыҽха, акамбашьхьақәеи, ажәхьақәеи рзы ажәгәараҿы ишьҭаҳҵон.
Лара илхароу аҟара ҩба ихараӡами лхаҵа?
Иадыруеит сабар иара ишацло, ишышьҭабо сара санԥсы.
Аурыс Сашеи ҟабардантәи иааз ҳаибашьҩи ирыхьыз умбои.
Аҿыц ҳәа ҳазҿу изакәҵәҟьоу цқьа ҳхаҿы иааганы иҳамаӡам.
Акрыздыруоу, дшанхашәа ланхәа дналзыԥшит Ница.
Есымҽышеи, аканикулқәа раани рыҩџьагьы иеицны, ақыҭа ирылан.
Абар хымш раахыс аредакциа аусзуҩцәа фҩык рыда егьырҭ ахьыҟоу сыздыруам.
Еицәажәон снацәкьарақәеи ба быхцәаԥарақәеи захьӡу иажәеинраалаҿы иҟоуп зегьы
Ила акгьы амбо иқәлашьцеит
Ас ахәшә анужәуа арыжәтә ҟалом.
Асеминар анеилга, Виачеслав даасыдгылан дсазҵааит, узцыда уара ҳәа.
Иазҳәах дыздыруада Ача лҳәыс иахьыз, арахә рҳақьым диман дааины дыҟоуп.
Дҵааит Шьаликәа.
Чача ҳәа изышьҭоу акәхап.
Шьыжь мра гыла, амшркара нас сҭашәон.
Уи аҟара сзышәҳәартә еиԥш уамас иҟасҵазеи
Адамыр рзарал иара ихәда иқәиҵар шиҭахыз Какан иауимдырхуаз.
Аамҭа ԥҽыхак саҿа ианырҵан, убрыгь саӡом са схазы.
Ажәа еимаркуеит иааҟәымҵӡакәа
Сара убасҟак асекундамер кны аӡәы сыцакыра ишәозар адунеи аҿы арекордсмен иаԥызгозар ҟаларын.
Сааит, сааит!
Илаԥш аалхмыршәо дылҿаԥшуан.
Иызбанзар, ажәақәа зегьы аруӷәӷәага ақәыӷәӷәара
Зураб Шьаликәа-иԥа Оҭырба иеибашьратә биографиа атәы аҳәара даара ицәгьоуп.
Арҭ амшқәа мрахәага лашараны наунагӡа ианхалашт Аԥсны аҭоурых.
Ҭина акассир ҭабуп ҳәа налалҳәеит, акассир аблеҭ анаалылҭа.
Снаган стәанда сгәахәт Аҭара, мцак араҟа са сарԥхом.
Егьырҭ ахьаа, ашәара, агәахәара.
Шәынаур ԥшьақәа Ҳацуп ҳара, иақәым ишәзыркыз ахаҵашәа ԥсра!
Убри нахыс уи аеҵәа ашәуа иеҵәа ҳәа иашьҭоуп.
Иархагеит, иархәыцит уи илыхҭысуаз.
Арҭ зегьы ҳлитература иаҭахқәоу роуп.
Шьынқәыр Софыџь, шьҭа, аԥхьарца аирҳәон, алерс ациҳәон, қыҭацыԥхьаӡа дрылан, зегьынџьара дырдыруан.
Злымҳа еимаҷыҩу адагәақәа, зцәеижь иалҵуа аҭагәақәа
Урысшәала
Даагәамҵхамҵит.
Автоматқәа рыҟны џьара дзамысит, даҽаџьара дышцәажәоз еиҟәырҭхеит.
Ииҳәаз шҳәамыз, дышуаҩымыз абраҟа иккаӡа иааԥшит.
Амшын Еиқәа еишьылӡа, ажәҩан агәы кәеикәеиуа, Франциаҟа амҩа ҳақәуп абаӷәаза Нант.
Абыӷьқәа ракәзар, ршьара иқәланы ииаҵәаӡа, иҭбааӡа иҟан.
Аҽа ршьит иахьцаз.
Урҭ ҿыц абаӷәаза иҭалаз аӷба здызкыларан иҟаз ракәхарын.
Аибашьра аанкылара уажәазы изыхәо ҳара ҳакәӡам ақырҭцәа роуп, ҳәа иажәа хиркәшеит.
Улақәа хуҩар амшаԥ уцәцоит рҳәоит, аԥшыха аамҭа ыҟам.
Ажәҩан иаҳа-иаҳа аимаҷыҩра иаҿын.
Иҷкәынцәа рыԥсы ҭоуп ҳәа дыҟаӡам.
Аха аҵәатәы шьаҟа мышәҭыр, усҟан агәнаҳа уара иузаанхоит.
Ижәуам, шәара избо, ахьымӡӷ сышәмыргар жәуам!
Зегь илоуп, имоуп уи аблақәа жәаба Ахәыҷы даниуа кәицк џьара иӷрахуп, Иҟалома уи ҿыцәаар арҵаҩы имба!
Сышьҭахьҟа аууҳәа бжьқәак гон.
Зегь ззеиԥшу ажәҩан кәицқәа, ԥхара зхылымҵуа рыгәҭа, изымбаӡандаз арахәыц па ушахьынҳалаз ухаҭа!
Дшәоу ак ихьт, аҽадҳәыс
Дшәомызт, дыԥхашьомызт.