text
stringlengths 0
400
|
---|
Аԥсны зхы ақәызҵаз рыцԥхьаӡа лгәахы иалаҵәахуп, зегьы лара илхатәуп. |
Иԥара ыҟоуп, ишьара ыҟоуп, урҭқәа раагашьа иҵахьеит |
Ҳаԥсқәа ааҳалалеит зегьы. |
Иутәыда, нас? |
Уи Ҭырқәтәылаҟа ацара иашьҭоуп, аха изалшом |
Иага џьасшьоит иагарыла, урҭ зегь реиҳа иџьашьатәхаз |
Аха нас еиҭа арахь схынҳәыхит, сықәызгаран иҟаз зегьы рцас. |
Схы-сгәы зегь зыхәшәтәуа, аҵлақәа анышәҭуа, сааԥынра сазхьуа. |
Сара саб сиҳәеит урҭ ацәаҳәақәа рҵакы еилкааны исеиҳәарц, аха уи иара илымшеит |
Борис игәы иаанагон алаӷәым ԥжәар абомбақәагьы дара-дара реидыкшалара иахҟьаны аԥжәара иалагап ҳәа. |
Иаалырҟьаны Сакси иҭахара зегьы аҿхагаахеит, џьоукы дшьуп рҳәеит, даҽа ԥыҭҩык ихала иҽишьзар ҟалап ҳәа азхарҵеит. |
Ма ҳаиқәшәоу? |
Иҟалома ус? |
Багаԥшь Раџьаԥи Ашәы Ҳабыџьи ирқыҭоуп! |
Уи ашьҭахь дцан, аҩымсагжәлагьы аалган, уигьы уахь иналеиԥсан, аведра аҵанӡа инапы ҭшьуа цқьа еилирхит. |
Алықьса Џьонуа |
Ааи, ааи, асы! |
Уаҩы цәгьак дыҟан. |
Инеигәыдҵаны дысшьуеит абольшевик марҵеи. |
Иԥшәма лысасдкылара шыбзиоу мҩашьо, лгәы раҳаҭӡа даҳхагьежьуа ҳамаҵ луан. |
Сара игәасҭеит даҽакгьы. |
Насыԥс уи акәын илымаз лара, араҟа, асценаҿ шәынтә уи дыршьхьан. |
Амца сақәын, сара аҿҿаҳәа зны сбылуан, дгьыл санамкуаз ажәҩан хышә хәыҷ аасыртуан, жәҩан дунеиаҿ еҵәа блыха сыԥшаауан. |
Иаҳҳәап, Убилава имала шьаҿак џьара дзымнеиуа дыҟоума? |
Ҳәарада, ари зыбзоуроу ажәабжьҳәаҩ зҭыӡшәа имоу ауаҩы иара иқыҭа дахьеиуоу, дахьигәылоу акәхоит. |
Иԥаҵақәа ырша, ибла гәыкқәа ҭшаша, ихылԥарч ырнаа, игәы иҭакызгьы мӡо, исахьа кыдын хаҵак, дыԥшуа иаша, иҿыԥшылара хара иԥырны ицо. |
Шәызныло амҩа наунагӡа шьаҭарӡгоуп, шәанымлан, абааԥсы! |
Иаҳҳәап, сара сыццакцәеит |
Аха Мадлеи уи аҩыза макьаназ издырамызт, ауаатәҩса рҟынтә. |
Сосрыҟәа дкаҳан, дрыцҳаха |
Аԥсуа леишәа ус акәын ишрыднаҵоз, уи азы Базалеи Амреи иеицны ақыҭа иалаланы изеимдаӡомызт, аха рыҩни рашҭеи иманшәалан. |
Ҭланбақь, уххьзгеит! |
Дынхеит уи иахьанӡагь дышсашәаз, иахьанӡагь саҿылгоит цаҟьак. |
Араион аколнхарақәа зегьы реиԥш, Шларҭаԥаагьы аизара ҟарҵеит. |
Агыгшәыг ахьырааӡо акрыҟазар ираҳҭарын, аха иабаҟоу Аԥсны ус егьыҟам, абнахь иганы иоусышьҭуеит, иудыруеи, ани иареи еибаԥшааргьы. |
Дихоит аица-хара |
Аха иумжәит |
Аха аҵааԥҽыхақәа ирдыруазма абырсҟак ргәы зырҟәандаз еиҳа ишшәарҭаз, аҳәынҵәеи иареи еилазҟәаҟәаз ашьапышьҭақәа раасҭа? |
Даду иҽԥныҳәа ҳааиҵанарӷәӷәеит зегьы, аха нас |
Дааҩналт ҳаклас ауадаҿы, ихала, уаҩы дицӡамкәа, арԥыс ҳәа ззуҳәаша хаҵа ҳаракык, ԥшӡакы. |
Ҳа ҳаидтәалоуп хәылбыҽха. |
Иабду илакҭақәа баша ихамызт, иҟыбаҩгьы илеиҵеит, днагӡаны дшәиҭеит, ҳәа ргәылацәа ирыдырныҳәалон. |
Шьоукы-шьоукы зынӡа аџьабарҟьылқәа ззырҳәаҵәҟьоз ракәын. |
Ан Кәакәа илҳәаз, уи хымԥада иҟало акы еиԥш ирԥхьаӡон изаҳауазгьы. |
Ус ауп, аха сара исылшом Марҭа лыгәхьаагара адагьы сааԥсаха сыҟоуп. |
Ашырҳәа ихыза наԥхьаршәҭны ииарҭа даннықәтәа, ашәыб зқәыжьны аԥенџьыр асаркьа иадыз амахәқәа илаԥш нарықәшәеит. |
Ишыжәдыруа еиԥш, дналагеит хахуԥҳа, аҭаҭын ицәыригаз амца наркны, мчыбжьык аахыс Ҳаџьы Кьарантыху хадас дызмоу аублаа реиҳабыра тәоуп, еимҵактәыс, ӡбатәыс ирымоуп аублаа жәлар иахьа изҭашәаз рҭагылазаашьа, аха макьана иеицҿакны хырхарҭа рзамҭац. |
Нас мышкы-ҩымш рышьҭахь, шьжьымҭанла амра ашәахәақәа инахьхьи, ақыдуахәа дуқәа реиԥш, еиважьыз ахәышкәаӷьазақәа аарлаҳәа рыԥсы рыманы рхы анаавҵыргоз аамҭаз, убла зыргәырӷьоз аиаҵәара аԥштәы аԥсахуан, аҽеиҭанакуан, убасҟак иласны, амч аманы аҽанардыруан ҽаҩраҭагалара. |
Аиашаҵәҟьа ҟарҵеит. |
Шьоукгьы икылырхп зны ахраӡаг, сашьҭамлаӡацт схазы митәӡак. |
Ауаа ҩналаанӡа дрызԥшын. |
Уаанӡа уахьха лфарц лгәы иҭан. |
Дырҩегь иааины лсахьа сыбла ихгылоит, аамҭа шсыцәцац исыцәцоит исымбауа. |
Ҭарҟан ԥхӡашала ирҳаз имал хәыҷы арҳәцәа иахьыргоз аҽаҿнашьаауан. |
Аԥсуа шәҟәыҩҩы ду аԥсуа драмәтургиа ашьаҭа зкыз Самсон Ҷанба ипоезиа хыԥхьаӡарала ирацәам. |
Иара ихаҭагьы ааԥын даҳзаанагеит. |
Иаргьы иусымкәа, башьа иоуми. |
Аԥсуа жәлар ҩыџьа рҵеицәа лашақәа рышьҭахь иаанрыжьит рыжәлар ргәалашәараҿы изланхо аус дуқәа. |
Уи ахьылгәалашәоз, лхылыхшыҩ еибгазҭгьы, лцәа дыҭӡыӡаарын, ауаӷеимшхара шыҟалҵоз лыбла ихгыланаҵ. |
Бзиа ишԥазбо схәыцрақәа наҟ хара, ианрыцлауа, даҽа хәыцрақәак раҟара. |
Адҵа риҭеит аҳ икнаҳан ишәшьы ҳәа. |
Ус анакәха, иахьарнахыс уара укамандир взводуп. |
Убри ауп иагьеиқәзырхақәоз. |
Сырҭахын. |
Абарҭқәа зегьы иргәылубаауеит шамахамзар аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рбиографиақәа рҿы иуԥымло даҽа ҟазшьак, даҽа ҷыдарак |
Аха иқьаԥҭахаз Аԥсынра ишԥаԥсыхәо сабду? |
Зны, ааԥынра аналагамҭаз, даҽазны ҭагалан гәҭаны аҭаацәа, иҟарҵаша заа еибыҳәаны, аҭахцәеи, агәлацәеи рахьтә ҩыџьа-хҩы адгаланы, аԥсыжырҭахь иаауеит. |
Избан умбои, иуқәҿиоит! |
Егьи Петроград дшыҟаз иԥжәеит. |
Зегь реиҳа насыԥ дус иԥхьаӡоузеи ауаҩы изыҳәан? |
Аи, абааԥсы сумшьын сара иусҭап ухааӡага, соужьны усышьҭаланы уаала, — аҳәеит аҵыс. |
Аҩызцәа рацәаҩны имоума? |
Џьажә ахы сықәымтәар, сықәымгылар, сыц еихысгәышьоит. |
Уи ахымҭак амза иамцҟьаа иагоит атыҩ. |
Ҳаифеит, ҳақәихит, наҟ дамҳәаны дкашәыжь ҳәа ажәлар еицҿакны игылеит. |
Аҩыза диԥсахуан аҩыза |
Уи арахь иубаӡом, иубаӡом, аха иаадыруеит, убри ауп изымуа! |
Аԥсуа ҵасла ҳаилгар ҟалап ҳәа, Алиас ииҳәаз иаҵа накуаз змааназ дук рыхшыҩ азымцеит, аха уеизгьы уа рҽааныркылеит, даарагьы рылахь еиқәнаҵеит. |
Шәыԥши, уара, изакәытә бна ссиру ҳазлысны ҳцо, шәырзыӡырҩи аҵарақәа, шьакаҭәарак ыҟоуп ҳәа ргәы иаанамгаӡо, изакәытә ашәа хаау аԥсабара иахдырҵәо, дааҭгылеит Маадан, игәы иахәаз аҵар рашәаҳәабжьқәа ирзырӡырҩуа. |
Ахәаҿы ҳаннеи, ахысра ҳалагеит ахаҳә ҳҽавакны ҳахьиаз аҟынтәи. |
Зыҟны дымцәажәоз рыхьӡгьы лҳәомызт. |
Бара боуп исазҳәаша асҟак бгәы дхьааха дзыҵалаз? |
Агәырҩа ду ахгара ан лзыҳәа ихьанҭан. |
Дықәхандеиуа, дықәхандеиуа дшыҟаз акәымкәа, ари ажәлагь иҭахымзи, ишьанӡаақәа еидықшало ишьан иара, Қәыҭ Шьанӡаа ҳәа ишьҭан. |
Ианымариаз ҳәа аамҭакгьы ыҟаӡамызт. |
Дналагеит уи ҭырқә бызшәала, аҽыҩҳәагьы илабашьа кьаҿ наирсын, ихылԥарчгьы нахаирԥеит. |
Акыр ҵуеит агәамбзиара схаԥан |
Сара срыцҳарақәа рхы аныркыз ақәра. |
Абзиала, саҭабымҵан, сыццакуеит! |
Иԥхыӡ мшуп бара иббаз, Марусиа. |
Угьыжьы! |
Иаарласны акы ӡбатәын. |
Аха Аҩадахьтәи ақәҿимҭит. |
Араантәы иҿынеихеит Барцыц Виктор дахьынхоз. |
Арҭ, — иҳәан, илабҷашь дааҩахан, аобком аганахь инеирххан, иажәа инациҵеит, зыԥсаҭа шкәакәахаша Дымрит Ду, арҭ, дад, абандитцәа, ауаа ҟәыӷақәа, абаҩхатәра злоу рцәымӷуп. |
Азныказы, аиқәԥаҩцәа аринг аҿы дара-дара еибашьуашәа угәы иабар алшоит, аха иагьа ус иҟазаргьы, аринг анҭыҵи аԥсеиҭакразы аамҭеи ирылагӡаны, аиндаҭлаҩцәа реизыҟазаашьа патуеиқәҵарала ишышьақәгылоу умбар залшом. |
Дзырҽеиуа шьоук ҟалап. |
Сыбжьы ахәқәа ирхысырц еимырҟьа-еимырсны, инымҵәаӡо аԥхыӡссир салазарц иахьак! |
Уи, аиқәырхага хшыҩҵак, исахьаркны ажәытәан ирҳәахьеит |
Думбари |
Subsets and Splits