text
stringlengths
0
400
Знымзар-зны иҳәатәын
Ихәра ӷәӷәан, Гәдоуҭатәи агоспиталь ашҟа дыргарц, амҩа ишықәыз иԥсҭазаара далҵуеит.
Иаб днаиқәҵәҟьашәа иун
Абас иҿио, изызҳауа, исубиективтәу ацәалашәарақәеи агәҭахәыцрақәеи рҟынтә изеиԥшуаҩытәыҩсатәу адунеидкылашьахь уиазго апоезиатә хшыҩзцара ахала амҩа ылнахуеит, аҽышьақәнарӷәӷәоит анаҩстәи астрофақәа рҿы
Суслик ачашә афара даҟәыҵын, днаԥшы-ааԥшуа дтәан.
Сара Ҳашаа бзианы издыруеит
Абарҭқәа ирцырԥшны, иаҳа-иаҳа диасуан уи апрозахь, хымԥада егьицааиуан иара.
Ара шьхатәылантәи ажәҩан аҿаԥхьа ауаҩы убас даартуп, уи алаԥш иҵамшәо, иагәамԥхо акы ҟаҵаны исҵәахып ҳәа, ари ажәҩан иацәыхароу рхауаҩык иакәымзар, ашьхауаҩ ихаҿы изаагом.
Адауажә ибзиашәа инарбеит аҵыгьразы изеиԥшраз аҽы, ишыцҳауаз ала, ашьаԥхыц иамԥыхьашәоз иазнауаз инарбеит ахьшь.
Шәаҳәабжьыла рыгәҭа шԥаҭәи Смели, Сааҭи, урҭ рыԥсаатәи!
Ҳаи, иазхоуп, џьушьҭ, ушаҟәыҵра, бзиабарала маӡа ахәыцра!
Ашьыцра уҳәеит ҳәа.
Инхеит аҩнусқәа.
Аҩыџьарагьы аанда ҟаҵаны ианалга, Бача ашҟа иҿыҩеихеит Мышьа, днышьҭасын имԥыхьашәаз ҷынкгьы аашьҭиԥааит.
Инҭкааны иҭиҵаартә гәаҳәара далаҟамызт, егьирахь дызхаԥхьарызи.
Иаразнак Идрис Ага днаиеихсны дишьырц иақәикит, аха иуацәа ашәарҭара иҭагылар ҟалон азы дахьхәит.
Уи ахаҵа фархьк иакәын, иблақәа ҵаакәкәала, иԥаҵа ҟаԥшьқәа аҭаҭын иашәны иҟан, даасыхәаччеит сандәылҵуаз.
Уи исзиуз еиҳау ацәгьара аӡәгьы исзимуцт
Егьырҭ џьоукы училишьақәак ирылгоит, иаанхо, аколнхараҿ аусура иалагоит.
Аҳаирплан иҭаз ҩыџьа рбеит.
Урҭ уадаҩым, уххьзгеит!
Февраль мза анҵәамҭазы ааԥынра кылҟьа ишырзааз.
Нас, Еммараа реизара аҵыхәа сазыӡырҩит.
Нас днеиҭаҵын, амашьына ашьҭахьтәи абарбалқәа шьапыла днарыс-ҩарысуа, џьара ацаразы иазирхиоушәа днавалеит.
Ус ҟалҵалон лара есымша, ижәны даныҟаз.
Миллионҩыла ауаа рзы Карл игәы цқьаҟны избеит сара џьанаҭ.
Иаҳҳәо ҳҿамшәо, ҳҽеидыԥсала, ҳаҵагылан ҳҩыџьагь ҳаргьк.
Ус анакәха, азин сымам уи атема авсра.
Иаанҿасуазма уи амҵәыжәҩа шамаз, иԥрырц ами изамоу ахьшьыцба!
Аибашьра алагаанӡа мызқәак шагыз сашьа Али, Аԥсныҟа уаала ҳәа Ефқан иеиҳәахьан.
Адунеи ҟьаҟьацәоуп, иҭбаацәоуп.
Ажәларқәа ҳарҟәаҵып, аучтелцәа убри еԥш аус ҳзыҟамҵеит, ҳзышьҭоу зегьы акы акәын аха, ҳзеидгылуам, партиак ҳзыҟаҵуам.
Ҳара уа ҳаззыҟаз, раԥхьа иргылан, политика усын.
Уигьы цәгьарак аҵамҵакәа.
Ақьаад илаҳәаны, арахәыц ала иҿаҳәаны иааҭызгеит ҩажәихәба-ҩажәихәба ицоз асовет ԥарақәа жәибжь нызқьи хәышә мааҭ.
Иаха ахьҭа иамккәа иҟам.
Урҭ хшара дырмоуцызт, еиднагалеижьҭеи макьана шықәсыкгьы мҵыцызт.
Амза аҩны иҩнаҷҷомызт, аҩн ашш ааныжьны ажәҩан агәы ихалан иҩаскьахьан.
Еҳ, игухьаага, Аԥсынтәыла, ирҿых ушьыжь, уҿара!
Аҵла дқәуҵар, алаҳә дыргоит, Ее, ҳее, ҳаа!
Уи идыруан, ҳәарада, адунеи ду, иара итәыла хәыҷы назлаку, ашәшь еиқәаҵәа иахаԥаз ахҳәара зылшоз асоветуаа заҵәык шҳакәхоз.
Аԥшәма ԥҳәыс Уарчхан амца еиқәҵара даҿуп, Фа риза асаркьа дадтәаланы лхы лҳәоит.
Уи иԥсыбаҩ анышә иамардеит Аацы Анқәабаа рҭаацәаратә нышәынҭраҿы.
Избан акәзар, цас ауашәа мзызда хымш аусураҿ дыҟамызт иара.
Азгәаҭақәа ирышьҭанеиуеит хархәара зызуу алитературеи, еиуеиԥшым арбагақәеи ажәабжьҳәацәа рхы-рҵыхәа уазҳәо, доусы ртекстқәа узыр-бо
Иҽы ишьхәа нарбаны аҳҭынра агәарԥ данынҭҟьаҵәҟьа ашыр-сырҳәа иҩҽыжәлан ишьҭалан, иара ишьҭархх инеиуаз иеибашьцәагь изгәамҭаӡеит.
Алқәа ирыбжьаҟәыҟәны иахьгылаз ирыцҳаушьарын.
Иацы аҵәымӷ алахысҵәон, иахьа иԥнаҟаӡом амҿы.
Азҵаара дырга анургылалак, аҭак ҳаԥшаауеит ҳәа, еимҵәаны аԥхьара
Ҳарҭ, ҟазшьала аҳауа иалоу
Игылоуп аҵла ашәыб аҿалан, асы аҩырц ахуҳәа ажәҩан лагоит.
Дшааԥсыҽхаз еиԥш Филипп даҽа маҷӡак даақәгьежьны лшьа кәапеила илташт.
Ашәҟәы ашәҟәы ариуеит.
Иаақәдыргылеит афырџьанқәа, аҵәца ҳаракқәа, акониакқәеи авискиқәеи шәзеилаҳауазеи ҳәа, аҵаа рхьшәашәагақәа рываргыланы.
Ԥсык игага рбеит, уаҳа акагьы.
Дарбан издыруа егьи ажәа
Сара сымацара соума, иҟами ус еиԥш иҟоу даҽа шьоукгьы.
Ҿырҳәала иҵаны имазшәа, ҿааиҭит дзыхьчоз.
Исыхәҭазма, нан, абас Ашьац иаӷрамгылоз уаҩҵас?
Сара аклассӷәы аҿы иҭысхуа шәара шәыбӷьыцқәа ирнышәҵоит, аклассӷәаҿы днадгылеит, лызбжарак аҵаҩцәа рахь ирханы.
Аамҭа-Ҩаӡамакьаҭ нҵәара зқәым, ԥсра зқәым, ҭтара зқәым, зны ицәыкәбару, зны имшыну.
Аилкаара мцацәа зыԥсоузеи?
Ԥсышәала ицәажәо зегьы ԥысҳахыраа роуп.
Алақәа рҿаҳәара рылшоит, аха злымҳақәа ҵару илымҳақәа аихаҵәы ршны инҭадыршьшьыр дыԥсуеит азы злымҳақәа ҵарым иоуп иҟарҵо.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа, абиԥара-ҿа реиҵааӡараҿы даара идууп апоет илшаз.
Аӡын ӡнызар ишӡыну иҳарба, аԥхын шыԥхыну, ааԥын шааыԥну.
Аа, ашьыцра мыжда, ҳцәа-ҳжьы изалымӡаауазеи?!
Уажәгьы сыҟоуп, сшыҟац сыҟоуп.
Ихы изымдырит.
Уи цәыкубарк ҳаҩны иҩнаршәымызт.
Уаҳа акгьы усмазҵаан, — иҳәан, аҽакахьы иахигеит ацәажәара.
Ҳаҟан, аха иара дҳақәымшәеит.
Ԥшьбаҟа-хәбаҟа шықәса убри аԥхьашәа Мамацев Ҟараман ҳәа издыруаз револиуционерк дыршьхьан, убри дахьихьӡылаз аҟнытә мацарагьы исхамышҭит абри ауаҩ ихьӡ.
Акы уацәшәоит уаргьы, — лҳәеит лара.
Лгәы дажьазар лгәахәит.
Уи ҟалашьа амоума Шкок Беи?
Ԥша ԥшқарахӡак асуеит ашьшьыҳәа, схы-сҿы инықәԥыруеит сыхаара лнапеиԥш.
Иҟалазеи, анаџьалбеит, иабабжьаӡи урҭ уажәы!
Амш саҩызоуп, сеилшәап уаҵәынӡа, сымрахәагаха суԥылап уаҵәы.
Избан акәзар, ас еиԥш аусура аиҿкаара иабзураны аҳәынҭқарратә биуџьет ахь ашәахтәқәа ралагалареи аусуратә ҭыԥқәа рыцҵареи рзы алшара ҟалоит.
Асовет автономиатә республикақәа рҟны ирымақәаз атеатрқәа иреиӷьыз ҳаман, Анцәа иџьшьаны, иахьагьы иҳамоуп уи ахыбра, аха ахыбра зуҭахузеи, бжьышықәса раахыс иқәдыргылахьоу спектакль заҵәык ауп.
Уи ииҳәоз рмаҳаӡаргьы ауаа ирзышьҭымхуа иалагеит ақыҭа ахуааданы иахьынхаз.
Ԥыҭкгьы беиҳа схыҵуан, аха, сыбла бхын.
Ҳаит, амарџьа, шәнеибац, аԥсуаа рыҷкәынцәа!
Бзыԥын урҭ рҳәон ашәарыццәа иахьцаз ирықәҿианы, ашәарах шьны, ихынҳәны ианаауаз.
Ҳаи, сыԥсызаап, рацәа сҭахеит, — иҳәан, зныԥсыра дыԥсит.
Аха Лакрба ихаҵагәы ианакәзаалакь икаижьуамызт, деиҭалагеит аусура.
Сгәахәын, ус даасгәалашәеит аӡәы, уи сара истәны аԥарақәа иқәын.
Иара изку аҳәамҭақәа руак аҿы Кәын ақәылацәа уас дшыҟарҵаз излаабо ала, убас зны Кәын ирахә иманы ашьха дахьыҟаз ҽнак иҩызцәа аԥсаса ауасақәа аарызныжьны шәарыцара ҳәа акыр иахьыхараз, хымш, ԥшьымш дахьзымнеиуаз дцеит.
Ухтәалоуп, маҷ ҵома, кәтаӷь заҵәык уҵоит, унхыԥраар, убжьы цәгьоуп, амеитә ҟауҵоит.
Ахы дықәгылан даныԥшы, километрак аҟара инахараны алҩа хәыҵыҵит.
Аамҭа агьама сныруеит, аа, аԥшшәы гәасҭоит даҽазных.
Еиҳа-еиҳа мши-ҵхи ргалуан хьшәашәоит, еиҳа-еиҳа еицралоит ашарамша сгәырҩа.
Дзымҵахырхәо зынӡаск бихәамԥшын, бара бызхәаԥшра амҵақьақьаҩ ихы-иҿы ауп.
Заҟантә сыԥсхьоузеи, иараби, ацгәы аԥсы схазар акәхап.
Џьоук шааиз инырын, даахьаҳәзар, ирыцыз даниба, изусҭқәаз идырын, ииулак ишьапқәа ллыбааиган, дҩархаҵгылеит.
Амра ԥхашьа-ԥхаҵо Лашькьандр ашьха ихыҵны Аԥсны дгьыл ианыԥхало аҿанынанахоз, ашәахәақәа ԥсаҟьауа.
Иаацәылашон, Цхакаиа астанциаҿы адәыӷба дааҭыҵит Сааид.
Ҳаибга-ҳазҩыда ҳанырба уаҳа ирҭахыз, Чагьам ахәҵааи Ҳәыбза аганааи дареи ааицәажәан, аҳаскьын азыҳәа адгьыл ҳәаа ҟарҵеит.
Абри ашьҭахь зегьы хынҳәны ицеит, ршьапышьҭыбжьқәа рыла ирацәаҩны ишааиз аҟара еиликааит.