text
stringlengths 0
400
|
---|
Иашан еилскаауазар убарҭқәа здыруа ауаҩы даагатәуп. |
Уи лакәуп, насгьы дӡааҟәрылт аҵыхәтәаны. |
Акапанга заҭахузеи, иаазгаз сзымдыруа сыҟоума? |
Иахьа иазхоуп. |
Егьи, ани ажәахәҟаҵаҩ ԥаҭхалеи, ирҳәоз џьара акы ившәомызт, иԥсгьы ӡаны дтәан |
Хноу-иԥа Хабжьын изку аҳәамҭа аԥсышәала џьаргьы икьыԥхьны иҳамам. |
Ибзиан идыруан ақырҭшәа, ақырҭуа редакциа аусзуҩцәа қырҭбызшәала ирҳәоз аҭак риҭон. |
Аханатә аахысгьы ахьӡи-аԥшеи, аԥшӡареи еицакит. |
Маҷк деиӷьӡами? |
Уи егьа лахьеиқәра аныԥшуазаргьы, ҳәарада, асахьаркыратә мчы иалоу иабзоураны, аԥсуа лирикатә поезиа ахаҩаӡарахь ухьазырԥшуа ируакуп |
Кәыдры ахықәан шьац иаҵәала ихҟьаз ахәыԥшӡа иқәгылан абааш. |
Уи иҭыԥ идыруазар Аҳмеҭ Ага идыруеит, ус ауми? |
Ашьхагәара змамыз нхаҩык дыҟамызт. |
Ибжьы аалықәиргеит. |
Ус изцаӡом дара ишырҭаху! |
Уиҵәҟьагьы дақәшаҳәаҭхоит ҳәа сыҟаӡамызт, ашьҭахь изласарҳәақәаз рыла, изҿлымҳарахьчаҩ маҷк дирблаҟьеит акәымзар. |
Сыварала акәын, ишиҭахыз соуразоуроу сибарҭан. |
Нахьхьи ҿызҭуаз Сергеи ибжьы сгәы иқәыҩуан, аха ииҳәоз сзеилкаауамызт. |
Ҩажәи ааба цәаҳәа иҟоу абри ажәеинраалаҿы апоет қәыԥш илиршеит ҽаҩраҭагалан Аԥсны аԥсабара асахьа ссирқәа раарԥшра. |
Ишаабо еиԥш, алакә аҟнеиԥш ацәгьоуцәа ахьырхәуп, аиаша аиааира агеит. |
Ҳшәышьҭаланы ҳааит рҳәеит. |
Мардасоу аџьармыкьахь анеира ицәымӷын, ахаҳә рдыдра, уахахьҟьашарыз уздыруамызт, узлаҳауаз аҳәынҵәы убомызт, узҭагылоз аӡаҩа ахьҭатәаз узгәаҭомызт. |
Амала, иаакәыршаны иаргәҵысҭа ашлацқәа ныҵаԥсон. |
Ари аԥсуа жәлар зегьы зеигәырӷьаша ус дууп. |
Апаспорт змам аҵарахьы дызцаӡом. |
Ианаԥҵоу аамҭақәагьы акыр ашәышықәса рыбжьоуп, ихаз-хазӡоуп иара убас изхылҵыз асоциалтә-уаажәларратә ҭагылазаашьақәагьы. |
Сзызцо адгьыл шьҭоума баша нышәны?! |
Аԥшәма дналыхәаԥшит. |
Гыџь сҩашьазаап, башаӡа игәра згон. |
Иахәоу Аиаша, иагьазҭоугьы амч, иаҵас иҭызго, Аиаша нзырхо, ҿыцха икамыжькәа, имшьы еиқәзырхо |
Аӡба, сҿажәкит, аӡы, аӡы |
Ари аҩыза дазԥшымызт зынӡа. |
Мап скуеит ҳәа даламгаӡеи? |
Ари асахьа ҟаицеит, сара еиласҳәап иҳәан даалаган аԥҳәыс маҭәа назиӡахын инашәҵаны данаалга иԥшьсааҭкгьы аанҵәеит. |
Асааҭ ԥшьба рзы инеираны иҟаз ҳдисантцәа зықәтәаз абаржақәа аҩбагьы рзы акоридор ҟарҵар акәын Тамшьтәи аԥсуа еибашьцәа. |
Аха иахьа уажәраанӡа ҳажәлар рдин аилазаашьаҿы фундамент ҳасабла амырҭаҭра ацәынха-мынхақәагьы уԥылоит. |
Убри ашәара ларгьы лдақәа ирҭамлар амуит, лаҳәшьа дылхыбааит, заалымдарак длымнахышашәа дналыхӡыӡааит. |
Аа, абааԥс ан улыхшазар, усыцхраа, срыцҳауп ҳәа снаиашьапкны, суаажәлар рхаԥсыра рзаацаны, зегьы неидҳәаланы иаԥхьа инасыргылоз џьишьон. |
Амала уи еилеигаз ыҟан, аиӷаранӡа реиҭанеиааирақәа неигеит уҳәар даараӡа иашахомызт. |
Абас-абас исыхьыз. |
Иуфаша аазгеит, ухы ахым-баакәа иудкыл! |
Рыхганкгьы ргәы рҭынч алхрақәа ирԥылон. |
Излаҳаӡбыз ала, раԥхьа қәаблыхәи сареи ҳакәын, адырҩаҽны егьырҭ цон, уаанӡа рҩызцәакгьы аҭыԥ аҟны ирзааирц иҟан, иааиуаз аӡәки аешьцәа руаӡәки ракәын ицоз. |
Уи уаҳа сызлаҳәом абзиабара аҵыхәала. |
Џьоукы ргәы камыжькәа уск дырҿиарц рҽазыршәон, аха иааизакы урыхәаԥшуазар, аҳәынҭқар ус уамак ауаа ргәы ахӡамызт. |
Ишҵаҟасҵари? |
Аматросцәа рымаҭәа еиқәаҵәақәеи рхылԥа шкәакәақәеи рыла имҩашьо рыҽрыԥхны авахта мҩаԥыргон. |
Ахәырбӷьыц еиԥш аеҵә рықәсҵоит сгәы ахәрақәа, саргьы ахаҳә еиԥш сышӡааҟәрылахьоу збаӡом. |
Абас акәын ақәылацәа рымцахара ирзыԥшыз зхы зыхьчоз шеиҿкааз. |
Усҟан, аԥсрацәҟьа угәазыҳәо ушыҟоу, иуцыршәаз кәицк аалашоит ушьапаҿы. |
Аԥсуаа еиуеиԥшым ахыцтә, арахәыцтә, абжьатә рҳәагақәа рымоуп. |
Арлан-Гәашьа аԥсуаа рқьабзтә поезиеи рнашанатә лакәқәеи дырперсонажуп дыԥҳәысуп |
Арахә раалыҵ, ахшхырҵәы, анаҩс ублақәа рыҭҟәартә иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иҟаз ашәхақәа еилажьу адунеи зегьы иазхап уҳәап! |
Рыбжьқәа рдуны еицәажәон, арахь уа еидгылан. |
Аха иаргәаҭеиуа инхеит дара идыршаз, ирҭахӡамкәа сыхьӡ ықәхеит рқьышә. |
Араиком амаӡаныҟәгаҩ ҿыц иҟарҵаз Леуарса, аусура далагеит, деиҭамҽханакит, даагылазар дзышьцылаз аус-ҳәыс хьанҭақәа рынагӡара. |
Анцәа иҳәаны, узызцо аҵара узҭаланы, узыҟалар, маҷк акәзаргьы, есымза ҟәрышьқәак узынасышьҭуеит, аҵара ахьынӡауҵо усхасыршҭуам, анцәа агәабзиара сыҭаны, аус ахьынӡазуа, — иҳәеит Витиа. |
Ҳариза лахь днаԥшуа, дцәажәон Ҟаурбеи. |
Аԥсны аабатәи ажәабатәи ашәышықәсқәа ирыҵаркуа аҭоурых салацәажәоит ҳәа иалаго, иаԥхьа иаагылоит ақырҭуа ҭоурыхҩҩцәа еиларҟәаҟәаз, идырхәанчаз. |
Урҭ азыгушьуан Кавказгьы. |
Сзықәтәаз аидарамҩангага амашьына турбаза ианааи, иааныскылан, сналбааит, сымҩа ахәгьы имазеины еиларҟәыҷы искыз жәамааҭк наидызгалт исымихырц. |
Ишԥаҟоу, нас, аԥсҭазаара ацашьа? |
Даара схы азышьҭны схәыцит, аха акгьы сзымхәыцит. |
Мака хәыҷы даара деигәырӷьон уи аныҳәа, избанзар аҳамҭа ԥшӡақәа дырзыԥшын. |
Абхәында Лиосик Лагәысҭан-иԥа Ладариа иареи сареи даара пату еиқәаҳҵоит, ус қыҭак ҳахьеицалҵыз акәым, уаҩышьала ҳаиқәшәоит. |
Иҟаиҵахуаз, иашҭа дызҭымсуа иҟан. |
Арахь уаароуп, нырцәыҟоуп анаӡаӡара ахьыҟоу, уахь имцо ҳәагьы уаҩ дыҟам! |
Нас, ҿымҭ-ԥсымшьҭ ила шәаҟьақәа наҭааҭо, илаԥш зегьы инархыго, игәы дҭаҵәуон |
Аӡә ҿиҭуам, ҽаӡә длақмаруп |
Зегь неиқушаҳаҭхеит, шәҟула иаашьҭырхын Асулҭан иахь инаргеит, уи ачымазаҩ дамԥхьаӡакуа инапы наниҵеит. |
Дышԥаржьаз?! |
Уажәраанӡа, аҳәса рыкәа иҭаланы рмаӷра икылслауаз Ми ша, уажәы, ибз иҿыҵа иадҷаблазшәа дҿаббаӡа дгыланы длы хәаԥшуан. |
Сара агәхашҭра соут саазқәылаз, сахьынтәаауа сара исԥылаз, сцарц ахьысҭахыз, сахьцо, мҩас сызқәыло, сызлацо, исҳәаз, избаз саб икәал, зегь аасхашҭны ҳашҭа сҭалт. |
Ҳарҭ ашьыжь жәба рыбжазы абрантәи ҳҽеиҿкааны ҳдәықәлоит. |
Иара, Шьалуа Инал-иԥа цәала-жьыла дрымшьит, аха игәы ҭарҷаҷеит, иҵара-дырраҿы хашҭшьа змам хҭыс бааԥсын изҵаара анырыӡбуаз Аԥснытәи аобком аҟны. |
Уи атәы уара иудыруеит. |
Шьабаҭ дааҭгыланы ихахәы инапы налишьит |
Ус зегь ҷаԥшьоит ҩнаҭакаҿ, ҩнаҭакаҿ зегь рылахь еиқәцәоуп |
Жәаҩык аԥацәа сымазарц сҭахын, адырҩагьых слымҳа иҭаҩит Чабахан лажәақәа |
Макьана шԥыкәу? |
Аԥсуа жәлар реиҳараҩык аамҭа ҿыц иадырҳәалон иззыԥшыз ргәыӷрақәа рынагӡара. |
Уи иҭаацәеи, имҩаԥгаҩцәеи, иареи зықәтәаз аҳаирплан ҷыда ҭахеит. |
Аӡәгьы ишәџьысшьом иазыжәухьо Аԥсны, ҳнырҵәара шәаҿуп, ҳуаами ҳаргьы. |
Ианеиԥырҵуаз еиҭа еиқәшәарц еибыр ҳәеит, аха мчыбжьык ааҵаанӡа уи аибашьрахь иԥхьан дыр-геит |
Исаҳаит уаб Нестор иԥсҭазаара дшалҵыз, даара сгәы иалсит, усҟан саргьы сҭарымкӡацызт |
Усҟантәи аамҭаз аԥсуаа рзыҳәан аныҳәара акраҵанакәан. |
Уахь ацара-аара аамҭа рзақәырӡӡомызт. |
Алшара уи шылшароу инхоит оҩы изгом, амала урҭ алшарақәа иҟақәоугьы ашәындыҟәра иҭаҵатәым, иаарԥштәуп ари ҳцәажәара хәыҷы аҟынгьы урҭ алшарақәа рыҵәахра ҳашьҭаӡамызт, иааҳарԥшуан. |
Арҭ ацәаҳәақәа ҩуп асахьаҭыхҩы иԥсадгьыл Аԥсныҟа ихынҳәра иазкыз арзаҳал сара сызхадаз аусбарҭахь ианааи амшқәа рзы. |
Зегьы рхәы рыҭо, амашьына аҿынаирхеит. |
Иҩызцәазҭгьы ас ҟарҵомызт! |
Арҩашқәа хыҵны иахьлеиуа агәгәаҳәа, аԥсышәан слымҳа иҭарыҩ рыбжьы. |
Ҳаит, анаассыни, иҟарҵо закәызеи! |
Ҳаԥсадгьылаз шәгыл абааԥс! |
Аҷкәын иӷәӷәаны дшәахьан, убри иахҟьаны иара ацәажәараҿы деихәлахон, ибз акуан. |
Уажәа хьыла иԥысҟоит, саҭоумҵан зегь зымчу, саҳ ухаҵкы, сахьуԥыҩлаз! |
Сыла иԥыр-ԥрыз, иахьа Очамчыраҟа сахьцоз иақәсҵеит. |
Бзиа иеибабо аҷкәыни аӡӷаби хаҵеи ԥҳәыси ҳәа иеибагоит. |
Автомобиль бақәтәалозу? |
Сааилыблааит, аиаша сҳәар еиӷьуп. |
Subsets and Splits
No saved queries yet
Save your SQL queries to embed, download, and access them later. Queries will appear here once saved.