text
stringlengths 0
400
|
---|
Алакар ашьаҭа иахьҭҟьаз, аӡыхь ахьыҵыҵуа, аҿышәҭ иақәыршәаны, аӡыхь ианҵаны, нас аԥҳал азна ҭәаанӡа, акәас қьа ақәцә иҩалҟьахьан амцабз. |
Дзыниаз аҭыԥан, закәых сеидру, дзызхәыцуаз зынӡа даҽакын |
Ҳқыҭа деиҳабын иара, убриаамҭаз агәгәаҳәа агәара иҩҭалт. |
Сара харас исывыжәбозеи уеизгьы? |
Алӡынрак аҵаақәа ирылган, адгьыл еиҭа афҩы лаҳа-лаҳауа иҟалаанӡа инагатәуп. |
Урҭ рзыҳәан ала ажьы сфахьан. |
Изхысҳәаауа, ауоу атәы сара даҽакала ауп ишыздыруа. |
Иахьагьы гәырҩала ихәлеит Маҭеи изыҳәан. |
Аҩны еихагыла дуқәа, атеатрқәа, акинотеатрқәа, ацирк, еиҳау аҵараиурҭа қәа ирызку аҩнқәа акымкәа, ҩбамкәа. |
Нас иааҩуа закәызеишь, ԥсырӡума, бзарӡума? |
Асҭанда, сбашьапкуеит, иҟалозар ажәак сараӡа |
Схала амҩаду аҿы санаанха, акраамҭа сынкахәыцуа сгылан. |
Мамзар асҟаамҭа дкылҟьан даахьазаарын, Гәҩарасгьы имам рыцҳа! |
Рымцақәа еиқәым, иахьа агәгәаҳәа, аҵеицәа хазынақәа зыхьӡқәа ԥшьоу. |
Алашбыжь ашәышықәса еинархон, алашбыжь, сдәылызгаз ҵхыбжьон. |
Аха иҟаҳҵоз, абџьар ҳкымызт, иаҳкӡазаргьы дара рҭыҩра уҭахысыргьы амшә еиԥш иҭыҵӡомызт, наҟ иаҳагьы ижны иҭалон акәымзар. |
Варлеи дызмаз ргәарԥ ҳаракны иқәгылан, ркәасқьа еихагыла акәзар иҵегь иахьҩышьҭхырҭаз иқәыргылан. |
Абраҟа иҟоуп даҽакгьы. |
Ари ажәлар ргәы архаҵан, ҳаԥсы-ҳанха, абыржәы ҳаиӷьым, уеизгьы-уеизгьы ԥсҳас дҟаҳҵароуп ҳәа рҽаҿшьааӡаны рус нап аларкит. |
Иҭашәоит иара убра. |
Аха ԥаса сзырҭаслымхьаз, уи анылба деикәашәеит. |
Иуаҭәам џьара лафк умҳәааит! |
Аԥсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп. |
Еицыз апартизанцәа хысрада, хҭысда рышьҭахьҟа игьежьит. |
Ас иаартны бара быда ара уаҩы сызиацәажәом. |
Нырцәынтәи бзарбзанла ҳцәыҵарҟәаҟәоит. |
Хәҩык раҟарагьы дара рышҟа рҿаархеит. |
Уи анааҭиркәкәа, ихала ирҭәын, даҽак аашьҭихит. |
Аурысцәа рҳәашьа, анасыԥ аныҟамла, анасыԥдара ихәеит. |
Ари шьҭа шеит, шьыжьуп, асаркьал иасит. |
Уи ихы дамыхәо ижәызшәа, дҟәызгаӡа астол дықәыԥшуан. |
Даршәомызт, амала дарҭынчуамызт. |
Уа аҟәара даваԥшуа дызлеиуаз, еиҭах игәыжь ибеит ахаҳә кылҵәаны, ахы аакылыҳәҳәо ишҭатәаз. |
Аиҳабы уи днеихаҵгылан, инапы ааимихит. |
Даазцазеи?! |
Сара схәыцуан хәҩык ахацәа ҳаҟан, уажәы ишьапы ԥаҟьаӡа дҿаԥха-ҿаччо даҽаӡәгьы даацәырҵит. |
Еиҳарак, хылҵ-ԥылҵла дмаџьанахоит. |
Ресмаг иакәзар уи аамҭаз хҭацәыхак имамкәа ахыхьчараз аҽеибыҭара даҿын, иарӷьажәҩауаа идгаланы заанаҵ анапынҵақәа риҭеит аӷьармацаҳәа ахақәиҭра иазгылаша ахацәа реизгара нап адыркразы, шәнеибац анырҳәо аамҭаз ивагыланы рҿынархарц. |
Даргьы гәҩарақәак рымамкәа иҟамызт. |
Денуар, алақәа бзиа избоз, аласба азыҟаиҵон, ибжьон. |
Ауаа ргәырӷьара зынӡаск иазҳаит, хәыҷгьы дугьы рԥылоит ирацәаҩны. |
Ауаса шкәакәа кәыхшатәыс ҳәа иааигазгьы, аҽыхәчара инҭадырԥалан, ҷапырхәала инкыдҿарҳәалеит. |
Аӷа иганахьала ҩышәҩык, аԥсуаа ҩажәаҩык, урҭ рахьтә ааҩык автомат рымоуп, егьырҭ жәаҩаҩык ацентралкақәа. |
Убасҟан, аҳәса аидтәалан |
Знык ианалага, иааҟәымҵӡакәа такәаамҭа иаҳәон. |
Аманахцәа, иумыхәозар, иуԥырхагаӡам. |
Аха сара сылацәақәа еимаҷабуеит, сзазоит сахьгылоу. |
Нас ашәаџьҳәаҩ иҽы днақәтәап, ҭынч гурҩала дҭыҵны дцап. |
Уӡыблара салан, салоуп, салахеит, сгәаҟра убахьеит |
Ҟаимаҭхан арҵәааҳәа дыҳәҳәан, ддәылҟьаны дцеит, уи длышьҭалеит Баӷыргьы. |
Иааҳгаз атекстқәа излаҳдырбо ала, ари ажәабжь ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа иахьҿырбаауа рацәоуп. |
Уи ара ааигәа дынхон. |
Иара ицәаҩа иалаз иҟазшьа ҷыда аԥхьарҟәҟәаара аӡәырҩы рҽаныршәахьан, аха егьшалымҵуаз анырбалак, рҽааиқәдырпатон, акагьы иамараӡамшәа, инхьати-ԥатиуа. |
Аҽны анша, аӷар иԥҳәыс лгәылацәа дразҵааит, иаха ԥхыӡрыла сԥа дыԥсны анышә дасҭазшәа збеит, иҟасҵарызеи? |
Бара ҿа сбырҳәома? |
Аԥсҭазааразы, анасыԥазы дзықәԥом, қәԥашьас иамоугьы издыруам, дқьуеит, дыӷзуеит дашшуеит аҟароуп, ауадаҩрақәа рҿаԥхьа дыԥхьаҵуеит, аԥсҭазаара ақәҟәырԥа дыхнаҵеит. |
Нури иҩны днықәыԥшит, иҩны акәшамыкәша итәақәаз аибашьцәа днарабжьақәеит. |
Мамоу, адауажә, уара уааины сырга аӡы, — иҳәеит ари аҷкәын. |
Сара исхылаԥшуагьы шьоук сышьҭахьҟа игылоуп. |
Лара руаҭах дамкуа дааҩнахеит. |
Шәара шәхәыҷқәоуп, иабыкәу шәахьцо, шәаҳ-цәыршьуеит, шәҳашьҭуам, — рҳәан, анацәа рхәыҷқәа ирхьынҳаланы иркит. |
Аб Ҭемыр Ԥачалиеи ан Анжела Чхьабелиа-ԥҳаи рыхшара ирылагәырӷьоит. |
Аиҳабыра ахада Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә усбарҭа анапхгаҩы Андреи Белиалинови ҭабуп ҳәа изиицҳаит. |
Избан, иаҭах ҳқәыԥшра амшқәа рыбжьы ҭахәаҽӡа издыдуеи? |
Уа ҳажә лар рхаҵареи, ргәымшәареи, аӡӷьеиԥш зҽамҭакәа, ршьапы иазықәымҟьакәа иааиуа ргәаҟрақәеи, ргәырҩеи рыцеи ҩысшарц сҭахуп. |
Ҳара-ҳарала ҳаибадырфоит. |
Арасаӡыхь аԥсҭантә Чхьатиаа иааргон алабазаҵә ианҵаны, амҩан иаҳԥыргалеит. |
Убри акәхеит, Лаврент даахынҳәын, амҩахәасҭа ианыжьлаз иеихеи иеигәышәи аашьҭихын, дӡырга-ӡырго аҩныҟа иҿынеихеит. |
Амилициа ҳәа аҿыҭбжьы заҳаз ҩыџьа амилициацәа акылҟьан, рыԥшьҩыкгьы еидкыланы ауаа инарылыргеит. |
Ари аҳ иџьеишьеит, илакәишьеит, ари игәыла баша ччиамкәа, акры здыруа аӡә иакәзаап иҳәо дҟалеит. |
Саби Саб иаҳәшьеи рыԥсқәа схоуп! |
Аӡәырҩы аныӡаахьеит ари адунеи, аха аҭоурых аанхеит. |
Узлаҳаз уналыргап лассы, урхьырыгӡап, лабҿаба акәмыз, ԥхыӡлагь уҩызцәақәак. |
Иахыскаауеит ҳаӷа иԥсыхәашь, дара реиԥш игатәуп иныҵашь. |
Иара сара уажәгьы сышкаҳара сыҟоуп. |
Уаҩы игәеиҭаратәы иҟоуп февраль мза аԥхара шаанагаз. |
Иааигәахәон иӷба ахьӡаарҟәрылаз аҭыԥ. |
Абарҭ реиԥш аан Камаҷыҷ ахәыҷқәа налырԥшын, идлырбеит. |
Иџьоушьаша, дара урҭ ашьабсҭақәа убриаҟара ирзааигәахеит аха имырҳаӡеит. |
Дарбану лара? |
Гәмԥсы аԥшаҳәаҿы инхон. |
Иахьагьы, макьана ашара ашамҭанӡа ҩраԥа шыбжьаз, сангьы, саргьы, Қәасагьы, аамҩа ҳақәлеит. |
Адырҩаҽны ашьжьымҭан ашьақар зауад аҿтәи аусуцәа ажәабжьны иаарылаҩит, иаха дәыӷбак Германиаҟа иргоз аукраинатә ҿар, иацы аихамҩа ахьыдрыцқьаз ааигәара авагонқәа рышә аартны, шамаха зегьы бналаны ицеит ҳәа. |
Насх саақыџь-қыџьуан, исыхьызшәа ашыӡ, сцәа-сжьы исанаҳәон митәык шысзыԥшыз. |
Ааи, Хәаџьа Шьардын дыԥсит лҳәеит. |
Агәаҿы аԥашәқәа зҳахьоу абзиабара арблаҟьара аурым сара сгәаныла. |
Нас ҳаиқәшәеитеи. |
Ахын, анцәахәқәа зегь реиԥш, ажәлар ҩбаны изыҟан. |
Аԥсуара аԥсуа бызшәа иаҩызоуп, иааиԥмырҟьаӡакәа абиԥарақәа еимырдалозароуп. |
Уи аҩыза аиҿкаарақәа рҿы реиҳа аԥышәа змаз Стампылтәи аԥсуа клуб акәын. |
Ддәылганы дырго ианалага, Назирагьы дишьҭаланы лҿыналхеит, дахьнарго баны цхыраарак сызиҭозар ҳәа, аха бара баангыл, бысҭахуп иҳәан, Ԥачулиа дмышьҭыкәа дааникылт. |
Сашьа Хьрыԥс дубама? |
Сара ажәа мыцхә аҳәара сцәымӷуп. |
Иҳамбаӡакәа, аԥсшьарҭа аиҳабыра шԥеики! |
Нас игәалаҟазаара шԥаҟаз? |
Иуасҳәаз иашамкәа мцык уҵазгалозар, усҟан аубых ҷкәынцәа сԥах снарыҭан Саӡтәылаҟа сушьҭырц улшоит. |
Џьарамзар-џьара шьҭакы сызхымлеит, аинститут ахаҭа акәзаргьы аибашьра ҟалаанӡагьы ашә адыркхьан |
Уи игәхьаа рымкырц нарабжьеигеит. |
Рыхшыҩқәа еилаҵаны раԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара шыҟалаша иалацәажәон. |
Уара, сԥарақәа анбасышәҭо? |
Subsets and Splits