text
stringlengths 0
400
|
---|
Ҳара лассы ҳақәҵны ҳцар ҟалап, — иҳәеит сара сызцыз Ардашьын иахь дынхьаԥшын. |
Ашҭа зегьы ҳаскьын иаҵәараха иааԥшуеит, еиҟараӡа, ҳәыгәрак алмԥшӡо, уарҳал иаҵәа ҟьаҟьа дук нкадыршәызшәа. |
Ишԥыкәу аԥҳәызба дышҿоуҳәаз, уара абзамыҟә? |
Сгәахы ҿкаауа, иацы ашьыбжьон аахыс аҿаҵа шысымфац аасгәаланаршәеит амла. |
Икшеит Дамшәи иареи анеисуаз ишыкшалоз еиԥш! |
Ахшыҩҵак еилганы иаабом. |
Руаӡә ачымазаҩ лӡамҩаҿ даалҿасуа даалырԥшырц лҭахын, уи лнапсыргәыҵа аиха жьаҳәазшәа дахьыкшоз аб иныруан. |
Саргьы иҟалаз уамашәа избан сшанханы саанхеит. |
Зназы абжьы иаҳауан, ҷық-ҷық аус ауан, аха нас имаҳаӡеит, ашьшьыҳәа ацәа дагаӡеит. |
Ашәшьыраҟны иаатәаз афицар |
Ҿык-бзык ала ҳәашьа амам сшыҟалаз |
Длыхәаԥшуан лыҩныҵҟа лгәеибафара ашьҭыбжь иаҳауазшәа, ихы лара илзышьҭны, аҳәашьа дақәшәомызт акәымзар, уи лхьаа иаргьы игәхьаан. |
Иҩагылалакь зегьы лара ҳлаӷацәоушәа ҳашԥалызкашәеи? |
Ҵоуп, макьана аҳ ҳәа иушьҭоуп, уеиқәшәоуп малла, чынла, аха угәы иалымсын, ҳааӡамҭа, уара уаҳӡам, уара укьанџьоуп! |
Лара даахьаԥшит Алмахсиҭ, аха дзакәызеи ихьаԥшыз! |
Бџьарла еибыҭан. |
Аччиа уи аамҭазы ажәлар наирӡырҩын иреиҳәеит ахәшә зыԥшааз иара шиакәыз, уи агәра дзыргашаз имаҳәылацәа адамыӷқәа ирниҵаз надирбеит. |
Абна зхыҵәаз аӡахәақәа исса-ссаӡа ирҿалон. |
Хьшьцәақәак арахә рыманы итәазаарын. |
Ихаҭагьы шьҭрала дабазгуп, ус анакәха, цәгьа ру, бзиа ру ижәлар роуп, урҭ рҭак ҟазҵашагьы иара иоуп. |
Ақыҭа атәы ҳәа акгьы издыруамызт, аха мыцхәы дазҿлымҳазшәа ҟаиҵон. |
Ҭакәи даақәгьежьаан, амаҵурҭахь дныҩналеит. |
Ахәхәаҳәа даақәыԥсычҳаит Никәа. |
Мызқәакгьы ҵуам аусуцәеи анхацәеи Урыстәыла дырхыџьхыџьижьҭеи. |
Рыцәгьеи рыбзиеи еилан. |
Иҟоуп уи, хьӡы ама, иамам, иҟоуп уи, хара узырԥшуа! |
Лхаҵа дизҵаауан. |
Ларгьы сара сзыҳәан ацәгьа шылҭахым абри иахьатәи сыблааԥшра еиԥш, агәра згоит. |
Иҟалаз аб ианеиликаа, аҳ диҳәеит аҷкәын аҽырхәмаррагьы азин ииҭарц. |
Амсыр қьаадыш насымҵасҵоит, иааныскылоит схьы-калам. |
Аӡынра ҳанҭысхьан, аха амшқәа макьаназы аҿыхьшәашәаара рныԥшуан. |
Алиас уи еиԥш ҟаиҵомызт, ауаа зегьы иахьырбарҭоу, адизертир Баҭаҟәа дидтәаломызт ҳәа иҩызцәа агәра рымгеит. |
Ҭамара Платон-иԥҳа аԥсуа нбан, ахәыҷы илымҳа иаҳауа аамышьҭахьгьы, иблаҿы иааиртә, игәалашәараҿ инхартә, сахьалагьы еиқәыршәаны иҳамандаз ҳәа дазхәыцуан. |
Акурсқәа ирылганы ианааи ашьҭахьгьы рацәак иҭышәынтәалан аус рызуамызт. |
Аха дымтәац шиҳәоз, ашырҳәа дҩаҵҟьеит, цәа зхаӡамкәа изхыҵхьаз ижьы данақәтәа, аӡаӡ дахасызшәа, дҩыҵнарԥеит. |
Ибжьы ныҵакшәа даацәажәеит ар рымаҭәа ҩаза зшәыз арԥыс. |
Анаџьалбеит, асҵәҟьа аамҭала, адәы сықәызма сара?! |
Уи ҟауҵартә иҟалеижьҭеи маҷгьы мҵыцт, аха иахьа уажәраанӡагьы ус инханы иҟоуп. |
Иҟам аганқәа иреиӷь-иреицәа, амш зегь сыҭ! |
Иаҳагьы диҭахын. |
Убри ала дрыԥшааит. |
Ее, Шьханыҟәахеит. |
Ноурыз, амилиционер ииҳәаз игәамԥхакәа дыҟам, дагьамхаччеит. |
Дызусҭада зуҳәаз? |
Иҟәынҳәалаз аҳәа архәара асаара ишьҭасуа, уи аҳәа еиԥш имахәҿақәагьы ауны |
Аиашаз, шьҭа суцәшәогьы салагеит! |
Уи уахи-ҽни ҳар аибашьраҿы рфырхаҵарақәа, ргәымшәарақәа, шаҟа танк мышкала иԥыржәоз, шаҟаҩ ршьуаз, шаҟаҩ рыҭҟәоз, шаҟа кәылӡтәы техника рцәыргоз, шаҟаџьара аԥсуа қыҭақәа ирылырцоз, урҭ ирыҵаркхьаз ахәы ҳаракқәа рымырхуаз, ҳшәымшьын, шәнапаҿы ҳа ҟоуп, ари шәара шәыдгьыл ауп, ҳара ҳжьаны ҳааргеит! |
Уаҟәыҵ ацәажәара ҳәа наиқәҿиҭырцгьы нақәикит, аха иҽааникылеит. |
Сасуеит! |
Ирмуӡозар, усҟан иҟауҵароуп иуасҳәаз. |
Лыхцәы еилажәжәа асценаҿы дықәгылазшәаҵәҟьа акәын ишыналыгӡоз лроль. |
Иара ихаҭагьы идыруан, игәала изхараӡа мыз ишлыхҭниҟьоз. |
Ҳлыдынҵәалахьеит, — лҳәеит гәаныла Нуца, нас ииашаҵәҟьан Кама абыржә хаҵа дцошәа, ма кыраамҭа дахьылымбаша џьара ддәықәырҵошәа дааҟалан, лгәи-лылабжыши ааилаҵәеит. |
Салан сара ажәҩан, схалон есааира, сыргьежьуа исышьҭан аԥша сыхьӡаны. |
Уи аамҭаз Заур аԥсшьараз аҩны дааны дыҟан. |
Иаха урҭ рыӡбахә анцәырзга, Ҭенгиз дыԥсыр иҭаххеит. |
Сара сакәӡам дызҭаху, шьааиза лоуп |
Уи иаҳәаз иаҳагьы иацаапкит Аҳауа. |
Быжьба сымоуп. |
Ҳаибадырит иара убасгьы бзиа иибоз, иарӷьажәҩаны иҟалаз Фатима Гәынбеи сареи. |
Иӡхыҵрушь нас гәаҟрашәада, рхәышҭаарақәа рбартә? |
Абна аазгоз амашьынақәа шыбжьаз ибжьан, ахьчацәа рырахә рыма илан, игәы уамак иҿыӷьуамызт. |
Уҩны ҳаҟан, ҿааиҭит апрокурор Вардаиа. |
Егьырҭ рыхьӡқәа сгәалашәом, аха руакы уеизгьы-уеизгьы Анаҟәаԥиа акәхон, иаб ибжьы игәы иқәыҩуан. |
Ҳқыҭа шьхақыҭоуп, ҳаракыроуп, адунеи аныршаз аахыс ус иҟоуп, ахәқәа рбганы еиҟараҳамтәуазар |
Иазгәаҭатәуп, иаарласны зегь раарҳәра, рыԥсахра алшоит ҳәа зыԥхьаӡоз асовет аамҭазтәи аҳәынҭқарратә идеологиа ас еиԥш иҟаз алкаақәа шацәтәымыз, ишаднамкылоз. |
Нас дара ртәала иаагәамҵхамҵын |
Насыԥссирк иашьҭоуп аҵыс иаҵәа, аха анасыԥанаԥшаауа анбыкәу? |
Ԥсырӡха иахыҩт еиҭа ибжьы, аха еицәазгьы иаԥхьа ишьҭан. |
Грибоедов формалла декабристтә организациак далазу-даламзу агәра гаҵәҟьан аҳәара уадаҩуп, аха еилкаауп уи иаамҭазтәи аԥсҭазаареи ауаажәларратә шьақәгылашеи рзы имаз адунеихәаԥшышьақәа, адекабристцәа рдунеихәаԥшышьақәа ишырзааигәаз. |
Аԥыза зегь ашьҭоуп, зегь рааԥсара рӡоит, иџьасшьоит аԥсаатә ԥшӡақәа ирылаӡо. |
Аиха, аигәшә, абаҳа, аҽага уҳәа иахьырҟьауа амра рныҷҷала, анна-ара ицәырҟьа-цәырасуеит. |
Сзықәтәаз ақды иавҵиааз афырмахьц аахысҵәан, аҟыцәҟыцәра салагеит. |
Ани ашьха ӷьычҩы иҩны дцан дгьыжьны иҩыза дахьиртәаз ахь дшааиуаз, иҩыза дааиԥылт. |
Уи еиԥшқәоуп ауаԥсаа рфырхаҵаратә епос аҿы иаҳԥыло уаиг, ақырҭуа мифологиаҿы иаабо деви. |
Рыгхақәа гәаҭаны аусура ианалагалак. |
Ныҟәаҩык дкараха даауеит, џьара крыфара снеиндаз ҳәа дыҟоуп амла дыԥсуеит. |
Ақырҭқәа рганахь ишьу рацәаҩуп рҳәеит. |
Иула ҩаԥхьа илаԥш нақәшәеит уи ирбага нацәа иахаз амацәаз. |
Иоуразоуроу ихәшамзи ахшҳәа илымаз Хьыкәыр, лыԥсы сакәыхшоуп. |
Уааишь, дад, Умар, абранӡа! |
Исзеилкаауам, убри ауп рыцҳарас иҟалаз, — иҳәеит Басиаҭ. |
Ианын уи |
Иара убас, аусумҭа иеиднакыло антропонимтә материал алингвистикатәии аеҭнографиатәии аспеқтқәа рыла иахәаԥшуп. |
Ара иагьа уар ықәнагалап, макьана иабаҟоу! |
Даалаган, ҩанхьаа ашьтәа кажьны ирзишьит. |
Урҭ шеицыз лыналыдгылара маҷк изыманшәаламызт. |
Рамхәыҭ ижәыламҭаз Кьагәа иқәҿиҭит. |
Хы-шықәса маӡалатәи қәԥарыла инаргеит. |
Еиҭаҳаз аҵәаҵлақәа рбаҳча гәыгәҭажьны иаанхеит. |
Ианбатәи усу уи, наҟ иухаршҭ. |
Марҭа лнапы ҩышьҭылхын Бадра ихцәы иналылшьит. |
Уара, Грышьа, иҟаҵои, уабацо? |
Ашьац сырҟьацыр ҳәа сшәон санныҟәоз, сыгага мшәарцаз савсуан сҽырҭынч. |
Абас арԥарцәа ахьыҟоу, ауаҩы азин имоума ақәра аҽаҭара! |
Иалахеижьҭеи рацәак мҵуашәа дназхәыцыр лҭаххоит, аха ирыхҭнагахьоу зегьы анааидылкылалак, инымҵәаӡо акы акәушәа лбоит, иахыҵуагьы уамажә зегьы ыҟоуп. |
Узныҳәаша дыздыруазар, ус сшьамхы арсны сныҳәашан. |
Аҭәархҩы иакәымзар сыџьмақәа зегьы абга исцәашьуан, — иҳәан иџьмақәа иреиӷьыз шьтәа дук рылихын, атәыҩа ианкны ирҳәазауа, аҭәархҩы иҿы иааигеит. |
Иҭахаз уреигӡома? |
Даԥсуа гәышьоуп, аԥсуа интеллегентцәа џьоукы |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.