text
stringlengths 0
400
|
---|
Аӡә дгылацыԥхьаӡа идамра лырҵысуан. |
Пиотр илацәақәа анаахит, Хьымца аҩра дшаҿыз аниба, уахыла ҩтәқәак дшынрыдтәалалоз ааигәалашәан, ихиҳәаалоз алаф аацәыригеит |
Ашәҟәыҩҩы иӡаӡом аҵарадара иахҟьаны анхацәа рдунеихәаԥшышьа шыҭшәаз, аха урҭ ибзамыҟәны, ихшыҩданы иааирԥшуам, уимоу, хшыҩла аҵара ҳамоуп ҳәа идәықәыз абадақьцәа, ачиновникцәа ириааиуан. |
Сасрыҟәа икыдиԥааит аеҵәа, Абрыскьыл диҿагылеит анцәа. |
Иқәыжәга, уара, ихәжәоит! |
Мап, уи амала иахьа уизымԥшын, ухаҵкы сцеит, уи дцеит абра ааигәа қыҭак ахь. |
Уаҳа шәымлыбаан схабар жәбаанӡа! |
Чынчор ихәламшәы акы ҩыҵачит, иблақәагьы ибылбылуа иааҟалеит. |
Исҳәаз шигәамԥхаз гәасҭеит, аха исаҽԥнимҳәеит. |
Ианеинаала, аҽҳәарагьы суҭароуп, — иҳәан асас, аҽҳәарагьы еимырдеит, аҳгьы дхынҳәын, аҩныҟа даан ачара аҽазыҟаҵара далагеит. |
Уи ус шакәу ирацәаны ажәақәа ақәмырӡыкәа иҭыцҟьааны, икылкааны икьаҿны изҳәаша ажәақәа иԥшааит |
Арашра иаххәааны абри еиԥш ажәабжь рҳәоит |
Саб иашьа уоуп, насгьы аирак уреиҳабуп, убарҭкәа рҟнытә пату уқәысҵоит акәымзар, уара ухаҭа иҟауҵахьоузеи хаҵарас? |
Аԥхьа игыланы иаауаз аибашьцәа ротриад дырԥылеит Озермес. |
Аҽқәагьы ноурышьҭын адәы инықәырҵеит. |
Ушьапы неиҵухыр уҭахызар, ундәылҵ, аулицахьгьы уаалеиҩеи, уажәшьҭа урҭ зегь урықәиҭуп, абаҳча иҭҟьаны ицаз Есма длышьҭеиҵар иҭахын иҷкәын. |
Уи ихы хьаҽны ижәҩахыр иқәын, инапқәа хьышьшьы наҟ-ааҟ ԥсы рхаӡамкәа ивакнаҳан, ишьапқәа ракәзар, убасҟак ихаҟәало иҟан, абарҭ знымзар-зны ииашаӡа игылан ҳәа уаҩы игәы изаанагарымызт. |
Ишьақәшәыргыл ажәабжьтәи азҵааратәи аҳәоуқәа рхархәарала аиҿцәажәарақәа абарҭ атемақәа рыла |
Амҳаџьырра иаанаго ахцара ҳәа акәзар, араҟа ҵакыс иасҭо анырҵәара, аҩны ҳшыҟаз ҳнырҵәара ҳәоуп. |
Апҟаҩҳәа иҿынеихан, абынҽацә ахыҟаз днеит. |
Ашьоура иаман ахатәы ҵасқәагьы, иаҳҳәап иаӷахаз дшыцәоу ишьра, иара убас абџьар икымкәа иҭархара, мамзаргьы дцәыҵа-гыланы еихсра аԥсуаа хаҵарам ҳәа иршьон. |
Урыстәыла есымшагьы иқәгылон иагьықәгылоит жәларбжьаратәи азинқәа хьаҳәа-ԥаҳәада рынагӡаразы. |
Абыжьҩык рдиалог актәи изҿыгәҳәаауаз афырхаҵара Азыхынҳәит еиҭа! |
Ус даанымгылакәа наҟ иациҵоит |
Арҭқәа аӡынра иазҳәоуп, уахәаԥшыр акала. |
Дызхадыргылоз иааџьаршьеит дара рахь дрыманы рҿанынарха, ибла иабом, илымҳа иаҳауам, дабатәи маҵура уаҩу иажәымҭыҽха рҳәеит, аха уи хыхь аӡәгьы иимырҳаит |
Кәаҭи иҟалеи? |
Аҭӡамц иаакәршаны саркьала иҟаҵоу аландақәеи ашьқаԥ хәыҷқәеи рҿы уҳәа иқәгылоуп ари аинститут иалгахьоу ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ршәыҟәқәа. |
Аиҵбы ласбак лыман, ахҩыкгьы аҳәса хәыҷқәан. |
Сгәам абна сшьапаҿы ишьҭоуп. |
Иҳаракын ҳа ҳзыҩназ аӷәтәы ҩны, ахыб ашьац ақәиаазшәа ииаҵәан. |
Угыл, Карлос! |
Иаҳзуҩит, уара |
Реимак иаанаго узымдырӡои? |
Шәааиасны арахь шәтәақәа! |
Иахьабалакь уеимдама уа? |
Ҳәарада, урҭ акы-ҩба шәаргьы ишәԥыхьамшәацкәа шәыҟам, амала, дзыхьӡахьоу раасҭа дызхьымӡац, аихьеи-уахеи гәҭыхас имоу ахшыҩҵак дуқәа, игәыҿкаагоу агәалашәарақәа, иара идам здамгьы уаҩы ахаан изымҳәаша, макьана заҟа ыҟоузеи. |
Амшын ажәҩан агәахьы ихалазшәа акәын ишлеиуаз ақәа. |
Ари ара ус лымаӡам даазгазеи игәахәит, аха усҟак хырҩа азимуит. |
Гәкыра-ԥшӡарак, угәы цәыҵазырхәыҭхәыҭшаз, рнубаалон. |
Абызхаа иҿамзи! |
Иаҳҳәап, амш ақәа ауа иалагар, ақәгылара ииагахоит ашьыбжьаараԥнахьы, асааҭ жәеиза рахь. |
Апоет иразҟы аниҿалашо иреиӷьу асааҭаз иит абарҭ ацәаҳәақәа |
Нас аӡбаҩ ацәыҵарахь днаиԥхьан |
Саб, сыгәра уго? |
Аӡәы иоумҳәан, иԥхашьароуп, — иҳәеит егьи. |
Аха уажәнатә даанкылатәуп, дааӡатәуп, мамзар ушьҭан дымҩахҟьазар ауеит |
Убригьы лызхәыцра мчыдахеит уажәы. |
Ҳчеиџьыка аагәаҭ ҳазиамҳәеит, иаабоназ уи ҳаигәамԥхеит. |
Уи адагьы, саҳәшьа лаҵкыс деиӷьымзар, деицәаӡам. |
Шьыбжьышьҭахьынӡагьы Заурҟан дыхнымҳәит, аухагьы уаҳа ҳзымеицәажәакуа, цәыкьа ҳашьҭалт. |
Аӡыԥси ажьакца ҩежьи ацыркәкәа апалуба иқәжьыз аԥырсал дназыԥшит. |
Зшьапы изхымгыло, аванна зыдкыланы инықәиаз, снықәԥсит сиарҭа снылаиаанӡа. |
Ишысҳәаз еиԥш, Нхыҵааи ҳареи ҳаешьара ажәытәтәи атрадициақәа рышҟа архынҳәра еиҟәыргахьаз аешьцәа реибаԥшаара иаҩызоуп. |
Акомендатураҿ иҟарулуаз аполициа дахьгылаз илаԥш иныҵашәеит. |
Аха аҩызцәа изрыламгылеит, аҽынасҭхан зымҩа игылеит. |
Аӡиас ццакуеит амшын ахь |
Амашәыр дацәыхьча, уара ауаатәыҩса ирхы-лаԥшхәу! |
Иара дызну уи асиа заҵааира игәагәауеит, иара иҟаиҵаз аҩны бзиа, иара иаԥхьа џьоукы иргауеит. |
Ан ашьҭахь ажәҩан акәзар зҩышьа уҵаз, урҭ угәы еицҭаԥхазар шәахәаҵас? |
Аҽныҵәҟьа Чагә Кривоносов диԥшааит. |
Азараҟьа ахы зхагылаз, аамҭа даццон дықәԥаны. |
Иван Иван-иԥа дысгәылоуп, аха иаргьы саргьы ҳаиқәлацәам, сырҵаҩ иоуп, сицәыԥхашьоит. |
Исаҳауеит сабду ибжьы исцәыхароу, сышлара сналыԥшуеит, саџьал хароуп. |
Ница уаҳа дхьамԥшӡакәа дышиашаз аҩны дааит. |
Сзыдгыло? |
Дизыԥшит ирацәаны аамҭа. |
Дсыдызцалазеи, иараби, аламҵ еиԥш, днаулаԥс дцоит! |
Аҭуџьар дақәшаҳаҭхеит. |
Ишәыхьша шәаԥхьа еиҭа сахьӡеит, сыҟоуп сшыҟац сымхаӡеит. |
Саб ихан баныҩнырга, бабацеи? |
Днаскьазгон ҳамҭакы, рашҭа агәашә аҟынӡа. |
Аӡлагарахьча ипалта ашыла ахьтата аӷар инииҭан, иара итәы ааишәыхны аӡлагарахьча иниҭаны, уи иара иааишәиҵеит. |
Сара иҟасҵозу? |
Имгәыӷкәа иԥсхьада, иудыруазеи ҳәа дыԥшын. |
Нас ҳара ҳнеины, игәшәымшәа ҳәауа, ҩаԥхьа аусура дналаҳаргон. |
Иаха данцоз, дынкыдгылан сара сҟны, сгәыдкыла-схыдкыла, ахәыҷқәа гәыдкыланы, зегьы аса лам шәызныжьны дцеит. |
Абасала, аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы рхаҭа идырҿиаз рдоуҳатә культура рыманы, иԥшьоу аҭыԥқәагьы, рԥааимбарцәагьы, Анцәа дугьы дрыманы ишыҟаз ауп Симон Кананит дшырҭааз. |
Рцуҭаҿынтә лара дызнысхьаз амҩала дааиуан Ҷыжә. |
Аԥсуаа ракәзаргьы имаҷыҩӡамызт, иԥсыз дыздыруаз ааиқәеит. |
Зус еилыргатәыс ирымоу ракәзаргьы, ацҭәы ирыбжьалаз ииашаны даара иӷәӷәоуп. |
Уи автобус анцозгьы, иааигәа-сигәа иҭатәақәаз аҷҷаҳәа драцәажәон иахьа хәлаанӡа, убри аҟынтә ибжьы еиҵыхны ацәажәара дашьцылахьан. |
Аццышә ҳаладыртәеит |
Наҟ игәыдҵаны дышьтәуп! |
Ҳахшыҩ азхом. |
Иаԥхьа игылаз аҟәардә хәышә гәарҭак ықәгылан, аха урҭ зегьы шҳамны, еиҳагьы ауаҩы дызго ракәны даарызхәыцит. |
Ишԥаҟалаҵәҟьеи, мшәан? |
Қырҭтәыла, Аԥсны аҳҭны-қалақь ирымпыҵадырхалеит, аиҳабырагьы рҭыԥқәа аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рмоуит. |
Сҿынасхан снеины ашә илагылаз сизҵааны, напыла-шьапыла цәгьамыждарыла еилсыркааит, уи аҭаларазы аҩбатәи агәыԥ анаауаз. |
Саԥхьа иаагылт Аԥсны, Ҵабал, саншьцәа рҭынхара |
Еиҳараӡак, шәхаҵкы сцеит, абра шәтәоуп, ианшьцәа шәоуп абжеиҳарак дзааӡаз, аха игәыблра ҳашҟа иҟоуп |
Изсашәҳәаз зегьы! |
Раԥхьатәи аицлабра Нидерланды имҩаԥысит. |
Уахьигәыдыԥшылоз иӷәӷәаз аӡәы шиакәыз иныԥшуан. |
Урфарым, аӷьара ааихгеит аб. |
Схәыцуан сара, урҭ рыцҳашьаны сахьрыхәаԥшуаз. |
Аԥсуааи ақырҭқәеи еиҿажьтәуп. |
Урҭ рхыхьы ирцәыз ахьаҵлақәа шьҭаҵаны аҩны аргылара иҩалагеит. |
Дзықәгәыӷуа абџьар имазаап азоуп аибашьра ахы зирҵысызгьы, инаиаҭеикит уи Шәлеиман. |
Уазамаҭгьы иара дизҵаауамызт. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.