text
stringlengths
0
400
Аҩныҵҟа аԥҭека аус ауеит.
Усҟан Ашәтәылаҟа зегьы еицырдыруа хыҵырҭақәас иԥхьаӡан
Дычмазаҩхазар уамак ауҟалах, аха аума ззырҳәо ахьыҟалаз ахәшәтәырҭаҿы дрыманы иахьнеиз ауп.
Убра ԥхыӡла снеит, уааԥсырала ихкааны шҭак ҟаҵоуп, убри аҩнуҵҟа иҭагылан быжьбаны еихагылаз хан дук.
Убри аамҭаз илҵны ацара иаҿыз имчгьы ахьхәны аҽаԥыҭкгьы арахь изыхынҳәызшәа, макьана ухы иархәала ҳәа ахәазшәа, игәы иабо дааҟалеит.
Аҵх лашьцаӡамзаргь, дызбодаз дхәыҷӡан.
Аҳамҭа ҭабуп ҳәа ахҳәаауа иажәа аахиркәшеит Дадрыҟәа.
Ус сышнеиуаз, ашә-ҵла дук аҿы аҷкәынцәа ааҩык рҿынӡа шеилатәаз сынрыдгылт.
Сгәы азҩеит дзырҟаԥшьыз, сагьааццакит уаҳа дымԥхашьарцаз.
Насгьы изакәытә жәқәаз?!
Уи уаҳа арахь дшымаауаз анидыр, насгьы ҩыџьа ахәыҷқәа змаз аԥҳәыс даниднагала, уахь дцеит.
Урҭ ҳәынҭқарцәан!
Асҭанда илаҳауаз лцәымӷын.
Ақыҭа иахьрылоу ирызҵаауан
Ашьҭахь имҳәаимырза ҳгәаҳҽанӡамкәа иҳақәлеит.
Ишгылац игылоуп ашьац
Византиа ҳәа зыхьӡхаз абри аҳәынҭқарра дуӡӡа иалалеит еилаҳаз ажәытә Римтәи аимпериа мрагыларатәи ахәҭа шеибакәу зегьы.
Ахәыӡ абысҭа ҳәагьы иашьҭан
Уара, Аинар-жьи, уҟәыӷареи сара сыгызмалреи ириааизеишь еиҳа?
Иҵаауа иалагеит дара, аӡӷаб хәыҷы даанкыланы.
Аҵеи ибхылҵыз Анцәа ибаҭәеишьаат!
Иаҵон аԥсшәа ахьыжь
Иҟәазу ҭыԥкахь аӡә данҩеиуа, раԥхьа излеидыруеи иара?!
Дҵааит урысшәала, аԥсшәа усгьы илзеилкааӡомызт азын.
Ус аҟаҵара шауа ааԥшит уажәраанӡагь зыӡбахә сҳәахьоу, аԥсышәала зҭыҵра напы арку агазеҭ Еҵәаџьаа ала.
Иаргьы даараӡа дгәамҵзаап.
Лара лавтомат егьи лнапала иаанкыланы
Уажә анҭ ихәыҷқәа иман рҩыџьагь дзырӡом.
Жагәа уажәраанӡагьы, Нестор иажәақәа дырзыӡырҩуа, лара лакәын дыззыԥшыз.
Аусуцәа аџьамыӷәа дурбалоит, аиашаз, аха иахьа узымбеит.
Зны инасыԥуп, зны иаџьалуп, зегь еизызго уи саркьалуп!
Доусы илшо ҟаиҵалааит аԥсназы!
Оҳ, исыбаргәызеи шьҭа сара,Исҵоит еиужьны аҵара!
Дааҽыжәҵын, агәашә дааҭалан, аҽхарԥарҭа иаӷәра нахаршәны, анан лышҟа иҿааихеит.
Уара улацәа аиқәыԥсара уанаҿыз иуҳәагәышьеит Аԥшақәсырҭахь сыжәга ҳәа.
Исԥырхагахо аӡә дызбар, ҿымҭкәа сиаҩсып ԥшьала.
Чагә имаузер ааҭиԥаан, изымдыруаз ауаа инарықәикит.
Уа иамур даҽа џьара сцаны аус зуеит.
Иқьышәқәа кәамкәамуа уа дрыдгылан.
Аки-аки еиԥшымызт, аки-аки еидҳәаланы, амца ишахылҵуеиԥш алҩа, алҩа ишашәуеиԥш ахәыблы.
Сбырхиеит, ахаафҩы схышәшәо, ҳзымцои!
Амала баша аџьабаа ҳадыббалон.
Зныкыршәа абӷабқәа ааилаҩҩын, ишәаӡыӡо иааилагылеит
Шьыри, абыржә абни ахәы бӷабк аахыҵыр, Ма қәасабк, мшәык
Ӡызлан дырҩегьых лхы ааӡаалырӡәрылан, анхаҩ иеиха ҭганы иаалгеит.
Амра Ковшовотәи абна ишнавалаҵәҟьаз, ахьҭеи алашьцареи ақыҭа иаалалеит.
Уаҳа нсыламкәан сааԥсеит.
Командирсгьы уа дҟаҳҵоит Лыхнытәи арԥыс Рома Чирикбаиа.
Абри аҟара ақәра змоу, аԥсреи абзареи зхызгаз, ргәы камыжьӡакәа иахьыҟоу џьеишьон анемец журналист.
Лааигәа ҽаӡә даагылар, иаразнак сеикәашәон.
Ҵарадыррала ҳара, зегьы иҳаур азҳара
Абыржәыҵәҟьа сзыцәшәо удыруоу?
Лнапы аалҟьеит абри ашьҭахь, Хьымца днеиҿаԥшын.
Иҩызцәа дрылагыланы деибашьуазҭгьы ибаргәыз!
Мушьни Аҳашба, Ӡаӡ Дарсалиа, Нестор Абжырба, Николаи Киут, Арушьан Касланӡиа, Золотинск Гәлариа, Сандра Сагәлиа, Саша Хәаҭланӡиа, Шьаликәа Сангәлиа, Рушьни Гадлиа, Кьыыҵа Ачба, Владимир Шларба, Александр Ҭариа, ԥасатәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҿы заԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Акакь Кәҭелиа.
Сусҭар усҟан ииашаны дазнеит, аха саб иоуп акымзарак ззеилымкааз!
Таҳир исзеиҭеиҳәеит, абас сзылҳәазаап лара.
Уажәшьҭа гәамҵ-хамҵрада сыхшыҩ аус ауеит, иҭысҵаауа апроблема анализ аҟаҵара сылшошәа сгәы иабоит.
Зегьы акоуп уара узыԥсахуа ҳара ҳаешьара дҳамаӡам.
Аккаҳәа абаҳча иҵыҩ зыбжьы ааҩыз аԥхьарца инацирӷзит
Иҭаз цәыкәбарк ҭамхакәа иҭыкәкәаны икаҭәахьан.
Лыԥсы аҟара бзиа илбо Ҭемыри лаб Аҳмаҭи ауаҩшьра шрыбжьаз Зина иаалызцәыригеит аԥхьаҩ уаанӡа идыруан.
Абз ҟьаҟьаӡа, аԥхьа, агәҭаҿыҵәҟьа ԥыхьаӡа зны иаркыз, аеҵәа ҭыԥ цәышҳабиӡа, ҳаскьын ԥшшәахәыла хылԥак ихан, иԥын ҵа агәы ырхәаны, илакыҵа ҵцәытшааӡа, данцәажәоз ибла крышқәа уажәы-уажәы ишаҟьшаҟьон, иҭшәшәаны абрахь иаԥхьаҟа рыҽкарԥсарц рҭахызшәа.
Уҵаашьа зеиԥшрои Алхас?
Анахь иагәыдлеит, арахь иагәыдлеит
Афырҳәа афырҳа, аӷьараҳәа аӷьараҳа.
Дҵааит Хьымца, даалеигәырӷьаны.
Шәнапқәа ӡык рықәшәҭәа, уажәшьҭа ихиоуп астол
Еиҭах иҟамчы ҩеихҟьеит.
Лассы-ласс Биг Бен асааҭ иахьӡыз џьыршьоит.
Ацәа акәзар кәтыбла-кәтыбла еилыбзаа-еилыбзаауа акәша-мыкәша зегьы арлашон.
Акы иҩуеит.
Ҳчеиџьыка ишәҿаагәахьаз анцәа ишәымыргааит
Уцәажәар, уаргьы иуԥеиԥшхар ауеит.
Ашьшьыҳәа шәыҩныҟа уца, бабагьа, инасыхьӡеит аҽаӡәы ибжьы, уи избо аҷкәын, иқәҿиошәа ибар, иҩызцәа шәахьгьы диасыр ҳәа сшәоит
Усҟан балкан аурысқуеи аҭырқуцәеи реибашьра цон.
Иарбан ҳадгьыл иадибалаз, дадызцалаз, имоу гәалас?
Са дсашьам
Ари адәы данықәыз ашыла ԥсахра илгар илырхынҳәӡомызт.
Сибраҟа ахгара зқәырҵаз Аслан, дԥахны, аӡиас Инџьықь дахганы даныргоз, акануеицәа дрыҳәоит
Сшәымшьыкәа шәҩыџьагьы шәсышьҭуам.
Иазааигәахеит аҳәынаԥ ахьыҟаз, ыҳы уажәшьҭа снамҵасны искып ҳәа агәы ишҭаз, иахьца иахьаа амбаӡо иныҵашәкәа иацәцеит.
Ашьамаҟа рфермагьы иақәҿианы иҟоуп.
Уара, сыԥсыр исхадмыргыло, сышьҭа инхаҳало иаауаз, уаазылымҵӡо абна улоуп, узҿыц уаҿуп, сызҭиуаз.
Илыманы дҩеиуеит, аха абар
Шәҵеира шәырхылаԥшла, аԥсуара иацәшәмырҟьалан.
Аа, уара, ара дахьышьҭу, қәацара имаӡам.
Иуфаз, иужәыз ауаа ируҭараны уҟоуп Абас сгәырӷьаҵәа сҟазҵаз, Ажәеиԥшь Акы ансумҭа аҭыԥахь сцоит.
Изжьақәароуп.
Уи ҳлитератураҿы ианаамҭаз, насгьы иахәҭаҵәҟьаны дцәырҵит.
Такәы ианынаскьа, ацәхыԥаҿы игылаз ахыбра рыҽныҵаркит, амрагьы ашәахәақәа аӡымшын инӡаалон.
Шьхатәыла знапаҵаҟа иҟоу хара ҳауп, сашьеи сареи, ус анакәха, ҳара ҳауп шәара шәразҟы зыӡбараны иҟоу.
Ихы дамеигӡеит Саҭбеи Абдаагьы
Бзиоуп, нан, урҭ сара иԥхьасцап, хьаас иҟоумҵан, уабацо аиарҭа уагәылҵны, ухы ықәҵеи, ихьаҩршәа иҟаз ахызагьы аалырҽеит, ихы шьышьуа иаԥхьа днықәтәеит, ахәыҷы дсышьҭит, уажәыҵәҟьа дааиуеит Назиа
Ҳаблақәа шааԥсахьазгьы иҿыцыз хеиқәырхагак зыԥшааз ҳаҷкәынцәа иҟарҵоз анызба, срылҵырц сгәы ишҭаскхьазгьы саахынҳәит.
Аха зегь реиҳагьы ихадароу иҟьашьу, ихәымгоу лгәалашәараҟнытә аныхроуп, Зиа лхаҵа иахь илымоу лыбзиабара ацқьароуп.
Иаарыҵаркып ԥацхагь хангьы, дара иртәыҵәҟьоушәа, уаҵәы
Дауҭ икушаҳаҭхеит аизара иалахуз зегьы
Иҷкәынцәа, иара лбаа ирыҵакны ирымаз амхырҭаҿы аҳаҳаиҳәа рҽагақәа нымҩанҵо ианҭагылаз ааигәалашәан, убасҟан зегь реиҳа насыԥ змаз дара ракәызшәа игәы иааинаҭеит.
Мшәан, дабацеи, дабаӡи?!