text
stringlengths 0
400
|
---|
Ашәыр рҿала ирҿамла, зегьы рыхьӡ идыр, изымдыр, шәаԥыџьаԥын, рыԥсы ҭан, аҳауа дрыцқьон, афҩы бзиақәа рхылҵуан. |
Изусҭцәада ихысуа? |
Амала, дара ақырҭуа ҭоурыхҩҩцәақәаки политологцәақәаки Аԥсны аԥсуаа роуп иаборигенцәоу ҳәа мҳәаӡакәан, Қырҭтәыла иаборигенцәоуп ҳәа зырҳәо, убриала ақырҭцәагьы Аԥсны иаборигенцәоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәарцоуп иахьазы. |
Сара ианакәзаалакгьы уламысдоуп ҳәа усымԥхьаӡацт. |
Аԥсадгьыл ҭынчым, уи иахылҵыз аҵеигьы дҭынчым, Амра гылоит, иҭашәоит, Адунеиаҿ зегь еикәшоит, зегь еикәшоит, еилаҩеиласуеит, избан, иззы абри адунеиаҿ ҵыхәаԥҵәара змам абарҭ ахынҭаҩынҭарақәа ахьынтәаауа, изызку Анцәа заҵәык иоуп издыруа. |
Иԥсы еиқәхеит. |
Сара дымҩаԥызгахьан Бериа, зны Аԥсны дааны даныҟаз. |
Исҳәаз даара игәамԥхеит, сышихәаԥшуаз ашәеиқәара неиҿысит. |
Сара издыруаз шәасҳәеит, исзымдыруаз злашәасҳәарызеи |
Аметафора жәпаҩык авторцәа ишазгәарҭо ала, ари аиԥшзаарала аиагара ауп. |
Кадырбеи дхарахаԥшуа, ииҳәара иҿамшәо дгылоуп. |
Убри амш ауп, умҩа ылызхыз, уҿызхыз Аԥсынра, Убри амҩоуп урылазыргылаз еишьцәоу рҭаацәара. |
Ари аԥҵамҭа асиужет ажәлар рҳәамҭақәа шьаҭас иамоуп. |
Уи ацәшәара аҭахӡам, ҳара ишаҳҭаху ала ахырхарҭа аиуп ҳәа сақәгәыӷуеит |
Ашәа хьшәашәа, Аԥсы еҵәа иԥсадазааит уахак. |
Ирымҟәыҵҟьатәуп уи амаа, мамзар ҳабӷа шхәоу ҳаԥсуеит. |
Аԥсуаа еибашьрала ианырмыхәа, амла иакыр, ахьҭа иакыр, ҳнапаҿы ишԥаҳзаамгари, иабаҳацәцои ҳәа иахәаԥшны аекономикеи, аполитикеи, акультуреи аусхкқәа зегьы рҿы ҳамҩақәа адыркуеит, дара ртәала, аҵысҵәҟьа захымԥраауа. |
Адгьылбжьаха Кариа аҳҭны-қалақь Галикарнас. |
Убриала ҳаибадырын ҳаинасыԥхеит, — иҳәеит. |
Мшәан, уаб дызшьыз Асулҭанцәа ракумзи, ожәы ухы рыхҭнуҵоит, ари шԥаҟалеи? |
Убасҟан иара иҿаԥхьа иаатит, ирҳәон, аха иимбацыз ҭыԥ ԥшӡарак. |
Уи ианакәзаалакгьы Акәын ихьыԥшуп. |
Уи анеиқәтәалак ашьҭахьгьы, аинтервалра зуа ажәашықәсақәа, ашәышықәсақәа бжьаларгьы, ашәҟәыҩҩцәа аҭоурыхҭҵааҩцәа уи усгьы дара рзаанаҭ ауп, ажәа сахьарк азҟазацәа еснагь иаҿцаауеит, уи ахкаара иҭаԥшуеит. |
Еицәажәан, шә-мааҭк кадыршәит. |
Илаҳаз лызхымгеит. |
Аҳауа лахҿыхӡа иҿыхьшәашәан, аха ауапа ишәиҵартә ихьҭамызт. |
Ашьаԥа ыҵырҭәаа иҵатәоу зегьы, сасгьы-ԥшәымагьы Уа, Анцәа Ду улԥха ҳаҭ, угәԥха ҳаҭ! |
Қьеҭо аҟыр-ҟырҳәа дааччеит. |
Мрагыларахь зеиԥш цәаԥшҭәхә уҭаху ала икәалкәаџьо ацәаҟәагьы ныхнаҵеит. |
Ауаџьаҟ акәша-мыкәша нышәыргәын, аԥенџьыр иахьазааигәаз ихӷәын. |
Убри ақәԥара иалагылаӡан. |
Уаҟа зегьы раԥхьагьы ашәҟәы санырҵеит, аха мап, сара акружок салалом ҳәа арсҳәеит. |
Азакәан зынӡагьы рхахьы иаарымгеит. |
Лгәы рҟьаны длызҭаҵомызт, уаҳа егьлыгмызт. |
Зны-зынла ишԥаалцәыхьанҭахои? |
Издыруада аԥсыбаҩ аԥсы ҭаланы маӡала ибналазар? |
Иаҳбап иџьоушьаша машьынақәак, аԥырра алшара ҳазҭо. |
Зегьы рзы. |
Ибзиан, амала уи аӡәы инапы алакны смаҳаӡацт. |
Ахәыҷқәа аапкын, ҭаҷкәымлагьы, хылагьы исуа, идышәшәаны икаԥсо, ианиргылалакь еиҭаисуа рҿаархеит. |
Амра ашҭаҿ илашароуп, иаҵәахызаргь аԥҭа зны. |
Уиижьҭеи акыр ҵуама, абар уажә истол ҭацәӡа сахьахәаԥшуа, иҷкәын хәыҷ илахь еиқәышьшьы саԥхьа дахьгылоу |
Ирымаз рпропускқәа мажәыцкәа иҟазар уи аҟара аџьа рбомызт, Ивенец ақалақь дналаԥшыргьы цәгьа ибомызт Зыхәба, аха, Боровики ақыҭаҿы ираҳаит рџьыба иҭаз афурҭқәа аӡы шыржәхьаз. |
Шьҭа дыԥҳәызбахахьан. |
Ашәҭқәа дразҵаауеит, лҩыза длазҵаауеит, ҭаха инаҭом лхәанга ԥшӡа, дахьцалак ибоит. |
Бата ацәҟьа иахаҩауа ауарбажә еиԥш, Гыд дхынҳәны аҩныҟа данаауа гәырӷьаҿҳәаша имысхуеит ҳәа амҩаду аҿы дкылсны дизыԥшын. |
Иҵәҩаншьапзаҵә иааӡара ихы-ихшыҩ азикуан. |
Аибашьҩы сиеиԥшума абри сара? |
Дышԥасцәаанхеи иахьанӡа |
Уаха абраҟа алапҟьеиԥш скақәхеит уҳәар саҳаит, — лҳәан, арахь дааҩналеит Тата, иҟалҵара лзымдыруа даалеиҩеиит, адиван днықәтәеит днеины лгәы дамыртәакәа деиҭаҩагылеит, деиҭаалеиҩеиит, нас дахьтәаз дааины деиҭанатәеит. |
Жәхьак акәым, Машьа, абра ббора иамкуа арахә алаабхәоит. |
Кьамач иман ҩыџьа ахшара иԥа Маџьгәыр иԥҳа Тытышә. |
Агазеҭ даԥхьарц лҭахын лара, иалихызи зылгәахуаз? |
Қазылбақь-иԥа иоуп, дыздырит! |
Уи сашьҭам, саҳәо сыҟам зынӡагьы. |
Уи Анцәа дирџьеит! |
Ахылаԥшҩы дааит, аизара ҟалоит, зегь Аџь дуқәа рыҵаҟа шәеизароуп, ҳәа алабаҟьаҩцәа ҽырххыла ақыҭа ирылан. |
Макьаназы рыҩны ччоит, илашоит, бзиа еибабоит, еиҿԥсаауеит. |
Бара инабыхҟьаны шьаҿак насзыҟамҵо сышԥанҭахеи абраҟа? |
Урҭ аҵарауаа дуқәагьы рҭаахьан. |
Лнапы аҩмсаг ахьакызгьы маҷк иҵысуан |
Аха ари иахьиасыҵәҟьоз алаӷырӡ хаҟәҟәала ицон, аҳәатәы иахьӡаны иахьазымҳәоз, абз аҿы ишҭабылгьоз мацара иахьиасуаз азы. |
Иара убас мацара зны снарылаӡп. |
Аб гәаҟ дышзахәо даҿуп ацара, абнара илыҩуеит аԥшқа иӷызра |
Ҷкәына фархьк, кьаҿк, макьана цқьа ихәы маацызт. |
Ҩымшҟа рышьҭахь дцароуп. |
Иузымдыруагьы удырып, уара узхьымӡо акгьы ҟалаӡом. |
Зынӡа дзаҵәхеит Гьач Рашьыҭ. |
Ахәмаррақәа рылҵшәақәа рыла аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас еихшан |
Дахьнеиз зназы абарҭ ууасақәа ахԥагь саархәа иҳәеит. |
Иаҳәеи? |
Џьоукы амашьынақәа ирықәтәахьан. |
Убра убас уаанхаӡарц угәы иҭоума, Џьарнас, уиашьара уалҵны, иаҽԥниҳәеит ҽнак риашьара аҟынтәи Ҭамшьа захьӡыз, ҽырхықәмҵа ҟаҵаны. |
Абан иахьԥхо уи, иԥхоит, абла гәыблаа ду дгьыли жәҩани рхеиԥгаларсҭа иахагылоуп. |
Санхәа, аиашаз, ԥҳәыс бзиан, уи лзы акыр сҳәозар сыԥсаҭа иабааит, дқәықәма-шәықәмаха ҳахьынаҵыслакгьы дҳашьҭан, ак хагхар ҳәа дшәон, ҳгәы цәымҟьандаз ҳәа дхахӡыӡаауан, лара лықәрагьы маҷмызт, аха данныҟәозгьы дымкәаркәа дныҟәаӡомызт. |
Ацгәы амшьҭа цәгьоуп ҳәа иршьозҭгьы, амҩан ушнеиуаз ала уԥылар, уахьцо зегь рыла уманшәалахоит ҳәа иақәгәыӷуан. |
Урҭ аҩыџьа-гьы еиҳәҭаԥало агәашә илҭыҵны рҿанынарха, аӡы шцара шәцааит иҳәан, даахынҳәит. |
Уи уа хаҵа дыҟами. |
Иамоуп уи акы иаанкылан |
Иаҳа лҽынкыланы, лан лыблақәа дырхыԥшыло, гәҭахәыцрала ҿаалҭит Есма. |
Дыҳәҳәеит лара, маӡажәала аҳәҳәара ауазар, саргьы иаразнак дааусышьҭит. |
Сара аинститут санҭаз, игон наҟтәирахьынтә бжьык, бзиа дызбон ԥҳәызбак, ԥшралеи чаԥашьалеи ак згымыз, абри бара беиԥш зыблақәа ҭыԥхаауа иҟаз аӡә лакәын, ларгьы бзиа сылбон сара. |
Дгәаҭеиуан. |
Ушәақь ахы улаха, сара суаҩуп |
Ауаа уахьынрылагыло ируа ирҳәо убоит, ҳаргьы ҩызцәаҵас уааҳадҵаалоит улаԥшықәрымҵацәартә. |
Дахьыҟаз ҳакәшаны ҳтәан, ушьҭа дабацарыз? |
Ус ҟалашьагьы амамзар акәхап ауаҩы, снаӡоит ҳәа дшаҿугьы, зганахь дзықәымлаӡац аԥсабара амч ду аҿаԥхьа. |
Чехословакиа аҭагылазаашьа ауп. |
Пату иқәҵо даазгеит кыргьы, саҿын сааҟәымҵӡо ирҽхәара. |
Ичуанршха ирхагылан ажәҩан, ибылуа амҳаџьырцәа. |
Сҩызцәа аҷан иахгәаҟуа иҟам, аха убас ануҳәах шьҭа рџьабаа азын рыхәҭаа роуроуп, насгьы иудыруаз даараӡа ргәы узынханы ишыҟоу! |
Ишьҭоуп, аха иааигәараҵәҟа изнеиуам. |
Уи рдыруан аусҳәарҭагьы, ақыҭа аиҳабырагьы, убри аҟнытә урҭ иаразнак аимак ахьыҟалаз рҽынбжьажьны, амцабз ахылҵаанӡа, аҭыԥ иқәырҵон. |
Аӡы дахьамаз анаԥшаа аԥаҩ иқәгыланы икьыркьыруан, иҳәҳәон, ашақә иасуан, аҽашьуан, шьапԥынҵала иахьықәсуаз шьамханынӡа адгьыл жны иҭагылан, алақәа, алаӷырӡ иаблызшәа, апырпыл еиԥш иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иҟан. |
Иеҵәахәны жәҩан икыду, соуԥшәыл шаша, Цаца, блеи, сымыш, адәы сыззықәу, сыбла ҭыԥха, Цаца. |
Баанырымкылаӡеи амҩан? |
Илитературатә рҿиамҭақәа уанрыԥхьалак ушдырлахҿыхуа, удырра ишацырҵо, доуҳала ушдырбеио, угәы шдырӷәӷәо, асахьаркыратәи аестетикатәи қьаф шурҭо еиԥшҵәҟьа, хаҭала зныктәи аиҿцәажәарагьы агәышьҭыхра унаҭон, ҵҩа рымамызт игәыҭбаареи иқьиареи. |
Бизхьаԥшуа быҟазар ҽаӡәгьы, исамраӡакәа иаразнак сҿарҳәоит |
Аԥшырҭа иқәтәоу ухьы шьаргәыҵа сакәыхшоуп, сыжәлар исызраҭәашьа улыԥха-угәаԥха. |
Сусқәа цәгьам. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.