text
stringlengths 0
400
|
---|
Ауха Ан ашьҭалараз дышьҭалт ҵабыргуп, аха лацәааихьшьк ҟалымҵеит. |
Ишыӡса-ӡсоз, ес-иҟанаҵалакгьы, аԥҭа хәашьқәа ианрылҵ, ахаҿы шамшамуа, ажәҩан зегьы иара иатәха иааԥшуан амза. |
Нас ԥыҭраамҭак аус еицаҳуан Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа реиҿкаара аҟны. |
Зегьы ҳшәарҭоуп, амҩа дахьаныз ибжьы раҳауан. |
Аӡәы, ишәгәаламшәои, Ерасҭ даниршәаз, шаҟа игәаӷ лымаз? |
Аха уи шыҟалаз, ашәымҭақәак ирылагӡаны исҳәар сылшоит. |
Ианоуишьҭлак иԥырны иааины, сыжәҩа инықәтәон. |
Уажәы қыҭа хәыҷык аҟынӡа ҳнеит. |
Игәы инықәсыз абжьы ашырҳәа ацәа даалнахит. |
Ааи, абас ҳақәшәақәеит, — лҳәеит ларгьы. |
Тапанчала, шәақьла, пулемиотла. |
Ажәҩан иаҵасуеит агәашьа, Аслан ҿаша еиԥш ицқьаӡа. |
Уавымсын ахаҳә, сыжәла амырҳәакәа, аҳәҳәашьа сҿызҵааз иумырҳакәа. |
Иаб иашьа Алықьсандр аҟыба-ӡыбарақәа дрылагылазар иҭахымызт, Кониар ибзоурала ара дыҟан умҳәозар. |
Уи игәаԥхар абарҭ зегьы ԥхьаҟа ирыхәҭоу ажәақәак рхысҳәаар сҭахуп. |
Уи иабзоураны рҿагылашьас иҟаҵатәугьы ҳарманшәалоит! |
Шәабаза нап баӷьа, шәыԥҳәызба еинаалақәа, шәыҟәбыз абжьы еицамкӡа ашәахаа ианалаго! |
Агәнаҳа иҟашәҵаз анцәа ишә хьигӡап! |
Аруҭан, Даур дшибазҵәҟьа дааиеигәырӷьеит. |
Аха Матута абналара игәы иҭаӡамызт. |
Са сабхәа днеиҿасыжьыр, уааирхынҳәып! |
Аҟамагьы ӡызлан дзацәшәо еилкаауп. |
Лани лаби иахьа илыр-ҭаз ааӡара бзиа иабзоураны аус луеит Приморсктәи абжьаратә школ аҟны арҵаҩыс. |
Уи аҽны, Амра лыҩны сахьыҟаз иласҳәоз, аха наҟ-наҟ азгьы ҩаԥхьа сҿы ааихымԥхьо сҟалҵеит |
Сцон салсны амхы иаҵәара, аԥш абӷьыцқәа ырҷаҩсаҩуа. |
Исаҳауеит иуҳәо батоно Алио! |
Абна уҽаҭаны умцозар, уаҳа цашьагьы амамызт. |
Схы сааҩахашәа зун |
Сҵәахы ҳәа иара иабаӡӡеи Осман иҿы уахык аҵх лашьцара иҽалак даакылсит, аха сажәра шыцқьоу исхызгоит! |
Ажәлар шьала иааргаз, иара ашҳам иасыргауеит ҳәа даҿуп, ашьнаҟма! |
Дааҭгылан, дацәажәарц иҭахызшәа, амза днаҵаԥшит. |
Имаҷзаргьы гәыӷрак иман иаҳра изеиқәырхозар ҳәа, иара инаҩс иԥа Аԥсны дахадыргылап ҳәа. |
Сзалымҵуа сықәхозаап уаҳа Одесса, сылхыбаан, сқәыԥшра сахыԥан саагылт. |
Данышьҭаха дышьҭахаӡеит |
Скалҭ илаԥсан сшаа-иуаз, убра акы снахҟьашан, сахьынкаҳаз, акыраамҭагьы сзымгылеит |
Ибырхит, ибырхыҵәҟьеит! |
Быжьрабыжьҵәа дхуҵоуп, ахуҷқуа рыԥсыбаҩ, рыҵәаабжь даҵоуп! |
Иаабози, иҳаҳаит, — рҳәеит. |
Дара роуми! |
Бзанҵык атәым дигәыдыҳәҳәала, ус дигәӡхьазма, мшәан, лара! |
Иубома, Адгәыр, ари ахәарчыч ахәшҭаара ишықәлашо?! |
Знык икылԥшны, знык ихысыз, ихәы ҭахом! |
Сара уаҵәы шьыжь саап, — лҳәан, дзазо лыҩны амҩа днанылт |
Ҳара ҳажәлар марӷьаԥалшәа изыԥхьаӡо џьоук ыҟазаргьы, урҭ рыԥсабаратә ҟәышра иахьауажәраанӡагьы ԥхьаҟа иагоит, аринахысгьы иагалоит, избанзар рыԥсы аҩҭкаареиԥш бзиа ирбоит рдаракәац, иагьа еинҟьа-еинырра ҟаларгьы рыбла аҷыц еиԥш ирыхьчалоит. |
Уа акәытқәа еибарҟарҟаруан. |
Аҿаҳәагақәа сызшәырхиа! |
Уаала, абахә аҟынтәи ахаҳә лаҳашьҭуеит, убри шьамхыла иԥуҽуазар, — рҳәеит. |
Зных, ажәақәа анизымааилак акәу, иику икалам ԥиҵәоит, иқьаадгьы ԥижәоит. |
Шаҟьароуп сызҿӡоу, ма уаҩ зыӡбахә иҳәаша ак ҟасҵахуандаз! |
Аҵәҵәабжьы шаагазҵәҟьа, уҩнал ҳәа аҩнуҵҟантә абжьы ааҩныҩит. |
Уи ажә зтәыз дааиаанӡа аҭәырӷә неин ашә иавагылт, аԥхныг неин аҭуан иқәтәеит, аӡаӡ асқам иалагылеит, акәтаӷь неин ахәышҭаара иҽҳәалеит. |
Ашьыжь ишьацәхныслаз шьыбжьонӡа дшьацәхныслоит Ажәаԥҟа |
Ажәлар заҵәык рҿаԥхьа рхырқьиагас акәын ихы дақәиҭыртәуазар дзақәиҭыртәуаз. |
Уажәы абаашаҿ дыҟоуп лара. |
Аамҭа алаҭхаџьра хықәкыс иҟазҵаз зегьы азхәыцыртә иҟоуп апоет ари иажәеинраала аҵыхәтәантәи акуплет |
Снеиуеит сыԥсадгьыл агаҿала, снеиуеит сымҩахь, сымтәаӡо, маитәи аԥша асит ихиаала, ацәқәырԥа хәмаруеит сгәы ҟаҵо. |
Аӡәи-аӡәи, аки-аки еицыло ауп аусқәа шыҟарҵо. |
Бзиа убааит, бзиа умшхааит! |
Агаҿахь сылбаарц сшаауаз амҩан анаҟә ансыхьӡа, сымҩа сацәыхҟьаланы арахь сханагалеит. |
Ҿыц иҟаԥшьхаз абымбылҵәа еиԥш лӡамҩақәа ҭҵәрааны ицон, лхы-лҿы асахьа, лԥынҵа, лыџьымшь, лылагәы аимхәыц ҭаԥсоушәа, лӡара па, лыжәҩахыр ҟьаҟьа ԥшьбаны иԥан иқәыз лыхцәы шьқьыр, ҿыц еицлабны иаагәылпыжыз аџь какалқәа иреиԥшыз лгәышԥы |
Иан анышә днаҭан ианаагьежь, ҩынҩажәа градус рҟынӡа ишоура халахьан. |
Инхаҵәи-аахаҵәиуа, ирулакгьы ашкол иадыз аерманцәа рстадион инықәлеит. |
Уи аҭак ҟабҵома бхала, бхала, брыцҳасшьоит сара |
Аха уамак шәықәырҵом. |
Қарҭаа рбираҟ ишҳамыркха, аӷрашьа ишԥаҳәо рчарҳәара. |
Изааӡарызеи, ҳчарақәа рҟны зны-зынла лабаҟьарыла ианеилало ыҟоуп. |
Амҽыша ауха дыргоит аиҳабы, уи ашәны агәыбжьанытә, егьи амҽышазы. |
Ҳаибарыҩны рыҩны аԥхьа аҟәара ҳныҽԥныххылеит, аха уцара уҟоуп. |
Иашас иуԥхьаӡауа уазықәԥалароуп, уашьа хаҭа дулнахуазаргьы. |
Уи абӷа имоу дақәгәыӷны иҽхыршаны ауаа дрылоуп, ацәҳара-ашҳара, акадр рыԥхасҭатәра ауп уи еиҳаракгьы дызҿу, иусзуҩцәагьы иара еиԥшуп. |
Сыхьӡ амацара уажәада имҳәацызт. |
Мураҭ Ага дындәылҵит. |
Хәашьра ақәымзааит шьала иаашәрыхыз аиааира ду, инагӡахааит шәгәы иҭаз, изылԥхааит шәыԥсы Аԥсны! |
Есуажәааны акәын, ҳашҭа аҵыхәаҿы икьыркьыруа ҳгәашә ианаадгылоз Хьаԥшь, абри сгәы инҭысҳәаан, агәашә ахь снаԥшит, аха Хьаԥшь ахабар ыҟамызт. |
Сгәазхара саӷьны, аӡыблара салҵны, хықәк сшаақәгылалак, даҽа гәалашәарақәак рыцәқәырԥа саашьҭнахуеит. |
Анцәа уихәа! |
Иуазҳәада, ашәарах иқәҵны ицоит ҳәа? |
Абри ауп хыхь ишазгәаҭо еиԥш, ароман Ашьацҳәа аидеиатә ҵакы. |
Амилаҭ милаҭхаӡом, еиқәзырхо, изырԥшӡо аҵеи данрымам. |
Ашхырцәаӷьҭра унапы ҭушьит. |
Акы арӡма, ҽак аԥшаама, агәыԥшқа ахы алоума, зны ԥҭеилахәашь ажәҩан, зны мралашасаркьа? |
Иагьшԥарацәахеи ақалақь аҿы урҭ, уахьнеилак бензин ҭирҭоуп. |
Сааҭгыл-ааҭгыло саԥхьон, уажәы-уажә Вова снаизԥшуа. |
Исҳәаз шидикылаз симырбеит Аслан, зымҩа дыԥшуан. |
Сгәы иаанагоит, аибашьраангьы, аха еиҳарак уи ашьҭахьгьы аԥсуа шәҟәыҩҩратә публицистика ԥыҭк иахьӡеит, уажәыгьы ицәгьамкәа иааиуеит ҳәа. |
Сахымыццакит игәы ахәра анҵара, макьана аамҭа ыҟоуп, апринцесса гәыраз. |
Исҭахыз ԥыҭ-чыҭқәак ансаҳа, сдәықәлеит сышьҭахьҟа |
Амцагь еиқәуп. |
Ҳәараҭахума, — иҳәеит Шьабаҭ, аурыс жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, иақәумкыз, дӷьычыҩӡам! |
Аԥсадгьыл абзиабара атема аизга Аҳамҭа аҟны аҭыԥ бзиа ааннакылоит. |
Пассаџьырцәақәак шьҭа ргәы кыдгылахьан, автобус ныгәнысуа лассы-лассы иахьааҭгылоз ҵыхәаԥҵәара амамкәа |
Уи сара избап, ихы дақәгәыӷуазшәа ҟаиҵон Манча. |
Иубап, Ахра акагьы ихьӡом! |
Уасил иҭыԥахь данааскьа, инеиҿахәыҭхәыҭ-ааиҿахәыҭхәыҭуа иеилагылаз Ашьхаруа Чагә иааиқәикит, ԥхьаҟа днаскьан. |
Абар, сҩеин, амзаҿ сыҟоуп. |
Аибашьра ашьҭахь ишәзыҟалеи ҳәа суазҵаауеит, Албақь? |
Иара, иԥсы анааивига, днықәиеит, Уарда илырхиахьаз ахчы ихы нылеиҵеит. |
Уи збоз Мрыҟәа иашьцәа кәыҿаа ирзычҳауазма, рабџьар шьҭых иаақәгылан, аибашьра ҭарҵеит. |
Карл Павел-иԥа, — иҳәеит иара, иагьарааны исеиҳәахьан |
Шәхала аусура шәаҿуп Нинеи уареи. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.