text
stringlengths
0
400
Ҳазӷабцәа хәылбыҽхала рхала иаҳзоушьҭуам.
Мардасоу аҵыхәтәан ҽаникәаба, имаҭәақәа шынеибакәыз иԥсахит, ииарҭа Алмас илырҿыцын, иԥсы шьаны дыцәагәышьуеит, аха ицәа даафақәар цәгьа иабомзыт уажәгьы.
Ииашоуп, аԥхьаҩ иусс иалоу зеи алитература қәрала шаҟа ахыҵуа, уи амыҟәмабарақәа иахнагахьоу.
Азал аҿы аӡ ԥыруазар иуаҳауан.
Ашәҭқәа ҩнагылоуп.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеитәи астандартқәа ирықәшәо иҟаҵоуп, уи Азакәан Хада
Асҭанда илымам акы дазхьаауа даабом, гәырҩас илымоу, ҭаха лызымҭо даҽакӡоуп.
Ус уаҩ лыгшәа аҽабаа иақәтәаны ирышьҭазгьы даарыхьӡан, днеин уигьы иҿы ӡәӡәаны, икалҭ ала иааирбеит.
Шәкы рыбжа ҭасыршәит!
Аԥсҭазаараҿгьы алитератураҿгьы иааҳԥыло ауадаҩрақәеи агхақәеи зегьы ҳнарывс-аарывсуа, ахәша нарыхьшьы-аарыхьшьны, иртатаԥшьны ҳанраҩслоз аамҭақәа цеит.
Уаб ауаҩ нага, Аԥсны азыҳәан зхы аџьыка ықәызххьоу, иаҳаҭыр збоит акәымзар, иухәҭаз уақәсыршәон.
Дгьыли-жәҩани рыбжьара ашәи бжьы бжьыҩуан.
Лара еилылкааит, инапы ахьылкыз шиҭахымхаз, иааулышьҭит.
Иаб дзықәшәаз изымдыруазар акәхап
Ужәба сыжәба, Уааба сааба, Убжьба сыбжьба, Уфба сыфба, Ухәба сыхәба, Уԥшьба сыԥшьба, Ухԥа сыхԥа, Уҩба сыҩба, Уак сак!
Иара убасгьы ихаиршҭырц иҭахымызт мра злымԥхацыз абна тоурақуа, аӷбақуа зырӡысоз аӡиас дуқуа, ашьхақуа, асакарақуа
Суҳәоит, Анцәа ҳазшаз, Умар Мқанба мшаҽнеиԥш ихы-игәы дақәгәырӷьо арыӷьарахь дургьыжьырц, хыхьи-гәыхьи ицәыхароутәырц!
Шьхан-шәарыца иԥа дааҭалеит
Ашьшьыҳәа имҩасуеит аҵых ҟәанда, Асар рымҩа каххаа инашьҭуп.
Адгьыл зыҟоу ауаа ықәынхарц азоуп.
Амашьынахь иҿынеихеит Иасон.
Ишәаххаз, иҭацәыз аамҭа иалаҭәон ишәаххарц аамҭа.
Дҿазҳәоз рацәан, ибзианы исгәалашәоит, усҟан ҳқыҭан, Аԥсара ашкол сҭан, фба рҿы стәан.
Урҭ ҳара ҳус дырманшәалон.
Ҵабыргуп, акык, ҩбак дыррақәак соуит усҟангьы.
Сыч чарц сҭахым, аха ишԥазури, смыччар адунеи еиқәыбгоит иҳәарашәа, ԥхаррак аҵаӡамкәоуп дшыччо.
Хәба рҿы инеит абыржәы!
Уара изумҳәозеи, Хьымца!
Хыхьчагас, еиқәырхагас имаз абџьар имухыр, дахԥсаауа аҟынӡа днанагоит.
Аҳәынҭқар иуаагьы ара изаабуам, ашыӡ иагоит сҳәеит, аҭак ҟаиҵеит Иула ҭынч, ихәыцрақәа ҽаџьара ишыҟаз ибжьы ианыԥшуа.
Апрел азы аизара ду шымҩаԥгатәхо, уа азҵаарақәа рацәаны ишрылацәажәо, иара убас мызкахьы знык иҭыҵуаз апартиатә газеҭ аҭыжьра ҩаԥхьа ишхацыркхо азгәаҭан.
Уи, аҵыхәтәантәи амш иахьа шакәызгьы, шьыжь аахыс шә-хаҿык аанарԥшхьан.
Мыд ихәыц злашәаз еиԥш.
Гьанаҩхәа ус иҳәеит
Сара ҳара ҳабиԥара агәыӷра сымоуп, ҳарҭ аҿар иҳаԥсахыр ауп ари аҭагылазаашьа
Аӡы дҩахан ишижәуаз, ани ажьҵаа илаԥш ақәшәеит.
Ҿыцәара ақәым шәхәышҭаарамца, дҟалом иџьазшьо ҽазнык шәсырҽхәар.
Ермолаи дагьҩаҵыззеит.
Ҳзеиԥш нхарҭа ҳавсны ҳанцозгьы сызгәамҭаӡеит.
Аԥхьа дааԥшит Қеҭо.
Адунеи иақәлоу мсымаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо далааи ҵабалааи рыҭауадцәеи раамсҭцәеи роуп зыӡбахәу сымоу!
Сара стәазаашт макьана ҿымҭ-ԥсымшьа, сан дзықәныҳәахьоу аҵых ду ҩызара азуа
Иҿыцӡа ибла иаахгылт, Сталин дуӡӡа ихьӡ рҳәацыԥхьаӡа заҟантә унапы еинумҟьаз аҟара лаба ухы ианҟьарц иҟоуп ҳәа аусҭҵааҩцәа ихагыланы, иааисуа иԥсы анихырхуаз.
Иара усгьы ишәарҭан рҽыззыркыз, иршәаны инаскьаигар акгьы иаԥсамызт.
Шәгәыӷны баша уа шәымгылан, шәышҟа схьаҳәып ҳәа шәара!
Шаҟа уаҩы ԥхашьаҩузеи!
Саб иншьани ипатреҭи ҵаҟа илбааргеит.
Аамҭа ицәцоит, арахь изыгәаӷьуам.
Ҳаӡхыҵт ҳахҩык, Володиагьы, иаргьы, саргьы.
Зныҳәаҿа ску дагьсашьоуп, дагьсеиҳабуп.
Ирхианы азхаз иқәгылаз астол инахатәеит аҭацаагацәа.
Уи иԥаны иҟәынҳәалаз ашәыра ачақәа маҷымкәа иҭан, шьоукгьы рымҵәыжәҩақәа арахь, адәахьыҟа икылҳәҳәон.
Грышьеи сареи ҳаныҟаз, саҳәшьаԥа аҵара иаанархәараз иуасҳәаз.
Амаӡаныҟугаҩ, ихы наиқәикит аредактор
Адамыр ицәажәашьеи ихәыцрақәеи зеиԥшроу ала, баша-маша уаҩ гәаҩак иакәӡам.
Ицҭатәаз аурыс уатка жәра анҵырга, аҭубар ххы фҩы аныҩнадырччы, афҩышәеигара дахәаҽуан азы, дыҩдәылҵын, ахышә дадгылан.
Игәалаҟамзаара илахь еиқәнаҵозар, убри ԥиргарц, илахь еимаирџьахәуан.
Платони Едуарди Бебиаа.
Иԥситоуп.
Уабатәиу?
Нақибоглу иҩныҵәҟьа абас иеиқәышәшәа иҟам.
Ахәырма.
Иахьатәи ҳаамҭа ицәырнагаз ауадаҩрақәа, амчымхара, амамзаара, ақәымҿиарақәа уҳәа ирыхҟьаны ауаҩы дзыниар зылшо ауп Дырмит Быҭәба иажәабжьқәа реиҳарак зызку.
Иахьсуҭарагьы убарым уара ацәыршәага.
Иара убас Ҟрым адгьылбжьахаҿы ахәҳахәҭра иаҭыԥқәаны идырҿиеит ақалақь ҿыцқәа
Шылҳәоз, дышныҳәа-ныԥхьоз, зҿы ҳа ҟаз ауаа рашҭа ҳанҭыҵит.
Ус зыбҳәозеи, Ерынахеит, урҭгьы акы иазымхәыцӡакәа ауаа шәнырымҵеит.
Азауад адиректор Борис Дамеи-иԥа Ладариеи иареи еибадырын, иаашьа, хықәкыс имоу уҳәа зегь иеиҳәеит.
Ашкол ашҭа ҳҭарцалеит иҳақәхәаан, аҵәҵәа ҟалан, ҳцәырцалт ақәа хымкәа.
Лҵатәхәқәа абжарак раҟара днархысхьан, ашә аҵәҵәа бжьы аагеит.
Абахә рбганы рымҩа ркит.
Иаргьы дааҽыжәҵын, иаӷәра аҽхырԥарҭа инахарԥаны лышҟа иҿааихеит.
Ибашаҵәҟьазар сызҿу?
Уажәы амҩа дықәнаҵы, иахьада иимбацыз аӡырҳәҩы Дадрыҟәа ҳәа иахьеи-уахеи зыӡбахә рҿакыз заҵәык иакәын дааҟәымҵӡакәа дзызхәыцуаз, ҳажәлар знапы ианԥшыло аҳцәа раасҭагьы ари ауаҩ дгәылмҵәахны дрызгылт ҳәа аҵыхәтәан гәанылагьы дилагәдухеит.
Ацәаакыра илабарц, дагьымтәакәа дышьҭалеит.
Амра нҭашәан, иааилалашьцеит.
Сышықәс сзахымԥар, Сықәра сызхымгар, Схы сазынхап, Сымалагь сцап.
Уажә абомбақәа еиҵарҵоит мрала, адгьыл зааӡаз амра рбылуеит мрала.
Аҭыхымҭа зегьы ауаатәыҩса рышҟа бзиабарала иҭәуп.
Ма аурыс уатка, аспирт иалхны, макьана убри иаҳа ирылаӡон.
Иара иациҵоз дыҩуа дахьлышьҭаз илеиҳәон.
Апоет аҽыбӷаҟаза иеиԥш жәлар рыгәҭа даацәырҟьаны, рыблақәа ҭырхаха ишихәаԥшуаз, инаӡаны ахәмарха имаӡамкәа, ашәақь лҩеиԥш дынкабеит, аха адгьыл иҿаҿаӡа ианиҵаз, ишьҭа шамахамзар, акгьы иазықәӡәӡәаауам, уи ипоезиа ашәахәа, уиаҩра ашәахәа, асар рымҩеиԥш жәлар ргәаҵахь иҭӷәыхаа инагоуп.
Сла нарылалт убасҟан иаапкызшәа
Сыхьӡ зны ирхымызшәа ирхырхып изтәыз, цәгьа изнаалоз изхыз.
Маҷсаҷқәак аҟаҵатәқәа ишьҭархх аҟаҵара иаҿын.
Мзысс иамоугьы сзымдыруа сыҟам.
Ари иԥҳәыс дықәгьыжьааны акәашара далагеит.
Аамышьҭахьы, дӡыргаӡыргауа, Арсыҭоуаҟа иҿылаханы, еиҳабацәақәа иҩареиҳәарцаз.
Банџьа ҳәа ара гәылак дсымоуп, даасыцырхырааны ихыҵәҵәаны аҩны аҵаҟа инышьҭасҵап.
Исаҳәи, Тати, сыҽсырӷәӷәартә еиԥш, ариаҟара амч абаазгари.
Аԥҳаԥса акгьы лышьамызт.
Ааи, лышьҭахьҟа даахынҳәит.
Аобком ахаҭарнак ҳаизара иҽалаирхәырц даҳзаарышьҭрызшәа ҳдыргәыӷын, уаҩы дзыҟами?
Излаабо ала, ари апоемаҿы аҳәачаԥа асимволтә ҵакы аманы иҟаҵоуп.
Кәасҭа, абахә уҽавакны унеила, сара аԥшаҳәа саваланы сцоит, — иҳәеит Виталик.
Ибысҭа фара зыԥхасҭартәуази?
Мамзар сара сҟарымҵоз, — иҳәеит Кьынтышә.
Са исзырҳәахьоу мачхума, сақәшәахьеит еицәоу
Абжьааԥны ауаҩшьреи ашьоуреи ыҟан, аха уи закәандаран
Нас ахҵысҭа днахыԥеит.