text
stringlengths 0
400
|
---|
Зны унаҳәыргьы, зны уааҳәыргьы, идумырбарц. |
Уаҳаиди Мактинеи ракәзаргьы, макьана ахәыҷы ҳәа изхәаԥшуаз рыӡӷаб имҳәа-мырза, рхахьгьы ргәахьгьы иҟаӡамкәа хаҵа лцара ргәы рнархьит |
Антипа аибашьра ҟалаанӡа саб Гарԥ аколнхара ахантәаҩра имыздаз иакәын. |
Анцәақәа рҭыԥҳацәа девы гурии. |
Ус ишоуп ауаатәыҩса |
Дыжәдыруазааит, сыҷкәын изыҳәан абаагәара даҩызаха, дзакә ҭынхоу исымоу. |
Мшәан, ибыхьи сан, дышԥабымбац! |
Ақыҭа аиҳабацәа Баҭа Абнауаҩы ҳәагьы иарҳәалон. |
Нас наҟ такәы уанцалак, Бзысҭа ҳәагьы ыҟоуп |
Алашара уаагьы иҟаӡам. |
Ҳашԥақәырхи аҳәақәа, ҳашԥақәырхи |
Ҳамтәаӡакәа ҳшеисалоз, ҳахалон аҵәы. |
Абри иухьызгьы, нан, џьабаауп, схы шьышьуа, ухы уахәалароуп, нан. |
Иара иаалымхны днахәаԥшит, днарыхәаԥшит ипасаџьырцәагьы. |
Ҳаи, ҳшьапқәа ԥҵәандаз, ҳаи, абри аҽгьы ҳаргьы ҳаибамбандаз! |
Дук мырҵыкәа Матута иҩызцәеи иареи ҩагылеит. |
Сгәы сааҭацәажәан, сҩеихеит. |
Илабашьа аҵла иаҵарԥшуа. |
Дидырбап дқьачақьушәа, дыхәмарган зҳәатәы иаҳаша уи ааиимырҳап. |
Урҭқәа зегьы аилкаара мариамызт, уи аамҭа аҭахын, иааԥшыр акәхон уаха-уаҵәынӡа. |
Сахьаркыратә баҩхатәратә цәалашәарала, интуициала, насгьы афырхацәа рҟазшьақәа рыла, аиаша аԥшаара иҽазимшәеит. |
Уахь шәахәарым, саб, уажәшьҭа, аҳәса русгьы ахацәа русгьы урыхәарҭахарым, сангьы снапы лыгхап, уаргьы цхырааҩ дуоурым, ҿааиҭит Синаҭ уахык, аҵх ԥыҭк цахьаны шакәызгьы аусурахьынтәи данааи. |
Дахьтәаз афырҳәа даагылан, ашыр-шырҳәа иҿынеихан, атрибунаҿы днеиаанӡагьы хәбаҟа метра абжьан инапсыргәыҵақәа рыҩбагьы игәышԥы иқәшьуа, ибжьы рдуны абас иҳәон |
Сара Фасисҟа сызцом! |
Бызӷаб блацәҳаны лгәы кыдбмыршәән, ахәшьара бзиа лоурц бҭахызар сара иҟасҵаз ҟаҵа, сара сыӡӷабгьы убас лзылун |
Ахаҳә дуқәа ирхыҽҽаны, еибах-еибафо илеиуеит, аҵа бырлашԥсараха, акалмаҳақәа еилахәылмызуа иҭаҩҩы. |
Сызхаанымыз ахыгара сықәшәеит саргьы, алабжыш сгәаҵа иҭашәит ихаҳәны. |
Уаҟа ҳшыҟаз Гагра ажәылара ианалага ҳгәыԥ уахь ирышьҭит. |
Гәырхаҵагас, гәыҟаҵагас Изҭаххада убжьы, Гәырҩахҽыгас, ԥхьаҟацагас Уара уҟаҵаны? |
Ажәеиԥшь хәыцра хьанҭак далан, урҭ ирхылаԥшуаз, зегь гәазҭоз. |
Дзаԥырымҵуа ахышә дадгылоуп, хәыцра дулагь дԥах даанкылоуп иҳәоит апоет. |
Ус санца |
Аха исзеихымхит уаҳа сҿы. |
Аԥхьаҩцәа рахьтә акатаҳәа исоуеит асаламқәа, иаахтны ирҳәоит аҩымҭа ргәы ишахәаз. |
Хышықәса ирулакгьы еицынхеит Дамыри Наалеи. |
Ҵакы хыркла, ҵакы хьӡыркла иҟаҵоуп. |
Адырҩаҽны ажәҩан хтшәа иҟан, аха амшын ацәа иҭыҵны ицон. |
Ҳлақәа Лаӷреи Лаԥшьи Самсон ихыԥшала дырдырын, уажә дырбазма иаакылеибаҳәан, инаидҵыҵылан |
Игәалашәозароуп, ихамышҭуазароуп |
Ар ируҭалак мыцхәума |
Зегь реиҳа уи иман ачҳара, аха даныҵҟьагь дмитәын. |
Аҵх лашьца иалҷҷаны иуҿаԥхо қәыџьмаблаҵас шаҟантә аԥсра абла ԥырӷқәа дырхыԥшылази, шаҟантәгьы уажәы-уашьҭан сзышьҭаз араион сшьапы наласыргылоит шиҳәо, амшын агәеисра ихыршәлоу афлыка аиԥш, игәы иахьҭаӡам ҭыԥк ахь дганы дҿықәнажьлази |
Даалахҿыххеит уажәы ҳариза. |
Исҭоубоуп, ари аԥҳәыс џьара акала дсуам, акгьы ҳзеилам |
Ахаангьы имыӡуа |
Акраамҭа урҭ аҳ дыкҿацаланы дрыман. |
Еихьышәшәа-еиԥышәшәа, еидҳәалаӡамкәа илзааиуан Ҳасан иажәақәа. |
Апрефиксқәа -ахьынтә, -ахьынӡа рыла ишьақәгылоу аҭагылазаашьатә ҟаҵарбақәа аҟаҵарба ашьаҭа иацлар ҟалоит апрефиксқәа -ахьынтә, -ахьынӡа. |
Аҳәсақәа ааҟәымҵӡакәа аҵәуара иаҿын, зыҽзызнымкылакәа ақьызқьызра иаҿыз ахацәагьы рацәаҩын. |
Ахәылԥаз иареи сареи, неи-ааира ҳанеицҭыҵуцаз ҳцәажәара апоезиахьгьы ииасуан. |
Уахьааз бзиоуп, — иҳәеит уи, Чагә днаидгылан. |
Акәац ржәит, егьит. |
Иҟаҳҵо башоуп. |
Уаанӡатәи амш азы даниқәымшәах, уи аҽны дахьимбаз ас дахьылымбаз иаҳа иеиӷьзар? |
Иԥҳа илаҳаны цҭәак алылхыр ҳәа сшәон акәымзар, егьырҭ аӡәыр Маҭбеи илаф дазгәаауа дыҟазма. |
Ибзианы ибыршит |
Ҭагалан иазгәамҭакәа уаҟа инарылашәо, абла маҷ-маҷ еиқәыԥсоит. |
Сыҵаз уа қәаҵарак, исылшозар хаҵарак. |
Шәаҟәыҵ ампыл асра! |
Иамуит, сара сзы ӷәрас исзыҟам ҵеит сыхшыҩ. |
Шәеилагеит шәара, аллаҳ иныс шәшеилагаз. |
Иазыҟаҵазгьы изеилымкаауаз ыҟазар акәхарын ҳәа, аԥхьатәи игәаанагара дацәхьаҵыртә еиҿкаан. |
Адунеи дақәлахарц иҭахуп, ҳматрос, дааиасамырҟәылт Гача. |
Аӡыблареиԥш, мшқәак унарылашәоит зны-зынла убас, ухы аҟыгә аақәгазшәа, уахьынтәаауа ухашҭуеит, иубом уахьаго. |
Сзырбои џьоукы даҽакала? |
Абри аамҭаз ашәа ааԥҵәеит. |
Амра каххаа амшын ихыԥхалоит. |
Ибгәалашәо, Ача, раԥхьаӡа ҳанеибадырыз, бансыршәаз? |
Дзыҵымҟьазеи, ари ииҳәо дақәшаҳаҭума аасгәахәт. |
Усҟан Аԥсны аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩын |
Аҳәыҳә ахьысшьыз санхәҷыз! |
Ҳара зылшара маҷу, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рзы амаҭәа еизаҳгоит. |
Уи дҵааӡомызт, лара дылҭахызу, дылҭахымзу ҳәа. |
Дназықәҳаз скамк хышәҭын, иҟәарҽаруа џьара икыдҳалеит. |
Абри акурорт аҟны сахьынӡаҭакыз, зныкгьы исгәаламшәеит. |
Урҭ зегь еизызгахьеит гәыкаҿ, иагьысшьеит еицакрада нцәас. |
Мартынов ицәымӷра скит, иац акәызшәа данҭахаз, насгьы убасҟан убраҟа сгылазшәа сеилнашьааит, ихьаазгеит ҭахык иеиԥшҵәҟьа апоет ду иҭахара. |
Ақалақь уааи, ақыҭа уааи реиԥылара, убысҟак еибарԥшӡеит, убасҟак еизааигәанатәит, ҿыки-бзыки ирзымҳәоз ргәыблрагьы цәырҵит. |
Сатәазымбо, са ианысԥырҵлак иҳәацәалап |
Схы иахьасыз, аӡаӡ алакшошәа, зны-зынла сааҭрысыртә иаасыхьлоит. |
Аҟазара дуҵәҟьа аҟынӡа изымҩеизаргьы, апиеса зҩызгьы, иқәзыргылазгьы, рнапы шҟазоу уеизгьы ианыԥшуеит, иагу рацәазаргьы, иахьахәҭақәамыз апиеса ахаҭа иркьаҿқәазаргьы, алирикара маҷк иацәыӡзаргьы арежиссиор-апрофессионал ишықәиргылаз шудыруа еиԥш аспектакль атрамваи Агәаҳәара. |
Зегьы ааҳзызуз иара ихаҭа иоуп. |
Лааҵәа ааиларҽны қьаадк инылалҳәан, илкыз асумка инҭалҵеит. |
Зҟынтә ишәымада, ҵаара ԥхашьарам? |
Қамса даара дныҟәахьан, дышнеиуаз, бна дук дыланагалт. |
Даургьы игәалаҟара еиҳа еиӷьын иахьа. |
Уимоу, саби иареи Ҳәасаԥшь иқәаҵа ишыҵеибамыргылозгьы здыруан. |
Аурыс ихы иқәжь дгылан. |
Ҵәыцак аҩеиқәаҵәа. |
Алхасгьы акы дышнацҳаз еиԥш, ихы нықәиҵан, нас ахәыцра дынҭанагалеит. |
Наҳар уи аҳабла данналалоз ишыҟаиҵалоз еиԥш, ахәы дҩықәгылан хрыжь-хрыжь хынтә дхысит. |
Абаагәара еиԥш игылоуп. |
Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аҷкәынцәа мыцхәы ирыцран аибашьцәа зегьы. |
Аус ахьиуаз аусҳәарҭа ианаавала акәыба шьҭырхӡеит, аԥсы ихы-иҿы уахь ирхауа. |
Ус иҟоуп азоуп уаҳҭынра агәарԥ аҿы еизаз агәырџьқәагь аазгаз |
Сан, ашәа ҿыцк гәарлеит, ибаҳахьоума? |
Абас сеиҳәеит сгәыдкыло сабду. |
Уи алитературатә-критикатә статиақәа, арецензиақәа, дзыԥхьаз аҩымҭақәа ирыхҳәааны, шәагаала имаҷзаргьы, агазеҭ Аԥсны Ҟаԥшь адаҟьақәа рҿы икьыԥхьуан. |
Ачымазаҩ ахәшә сыҭа ҳәа дсыҳәеит |
Дырмит атапанча анидыркы, аҵықьҳәа иааҭирҟьаз ахы ацәҟьара икыдыз агә-аҵәҟьа иақәшәазаап. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.