text
stringlengths
0
400
Агәыбзыӷра хааӡа инеиҿықәлеит Хьымца.
Уӡырҩи?
Иахькаҳауазгьы, амацәысеимҟьара еиԥш, амца нархылҟьон ицәыҵарлашаауа.
Аԥхынразы араҟа ахәыҷқәа иреизарҭоуп, ӡҭаларҭас ирымоуп.
Аедыгь бызшәала илҳәоз ҳара иаҳзеилымкааит.
Ахларҵә ахы кьацәкьацәра иаалатәеит агәыҵа аацәышәшәны ҵыск, ҟыршуп сҳәаратәы избон абрантә.
Иан урҭ лыҷкәын ихыбаамхарц азы акәын Анцәа иан длашьапкуа дызлышьҭаз.
Ҳажәлар Анцәа иныҳәааит!
Нас аҷкәын даацәырганы дандлырба, аҩны агәҭа днартәаны, дшымеибашьыша илабжьеит.
Дахьнеиз ақәаб изымҭодаз, знык ианигаз ақәабшьҭа ҭаргыланы ирызнеигахьан!
Шарԥазы аҽҵыс кьыркьыруа, ахы кыдҟьо, аҽашьуан.
Маҷк заанаҵ саԥыҩланы исҳәоит, аха ҳаԥхьаҟа иаҳԥылараны иҟоуп ари апартизан ихымҩаԥгашьа ишашьашәалоу, ишазааигәоу ажәеинраалала иҩу Баграт Шьынқәба ироман Ахра ашәа ахадаратә фырхаҵа Кьахь Ҳаџьараҭ иҽахьишьуагьы.
Бычмазаҩхар ишԥаҳаԥсыхәо
Уаҳа акымзарак лгәалашәом.
Егьи аганала уахәаԥшуазар, авартәа, даҽазны хыхь данҩықәныргалак, рҩыџьегь еибырҳәаз реиҳәон.
Хыхь иҟоу иҳәоит
Аҭабиақәа рымжыр ада хыхьчарҭа рымамка ианҭагылаз аамҭазоуп.
Усҟан акәым, иахьагьы ас еиԥш иҟоу аилибамкаара, агәеизыҟарара зныԥшуа аҩымҭа уанаԥхьалак, угәы еибанаркуеит, хьаас иумкырц залшом изҩыданы ихәыцуа аӡә уакәзар.
Сгәы иҭасшьуам са сгәы иалоу, Аӡәгьы ишьҭахь исҳәом цәгьагьы.
Арантәи уанԥшлак рааигәара иҟоу Иура Қәаҭ-иԥа Кәыҵниа аҩбатәи иԥшәма дахьизтәоу аҩны ашҭаҿы аԥшәма имашьына лас Жигули инапы нықәшьуа дшадгылаз ибеит аӷа.
Агәыԥ рацәа ҳҿаҳар ахысра ҟалоит.
Ацҳәарагьы акыр алшоит.
Уа аҽны шьыбжьон ирхацәеит арҳәцәа
Ҷыӷьыц ииҭаху ишәырҳәа, — иҳәеит аинвалид.
Беслан адырдхеиԥш дахьгылаз дааҵәи-ҵәиит.
Иаб издырамызт акәымзар, ари аҷкәын дԥеиҳамбарзаарын.
Адырҩаҽны Наноу дцеит шәарацара.
Ауха машьынала Гәыԥ аусҳәарҭаҿы сааит сшәақьи иашьыкьк апатронеи сыманы.
Уи шәазхьаауа шәазыԥшызар, нас, шәыгәҭыхақәа ҳәаны, ақәеи иареи ара еиԥшызар
Уара иухарагәышьоузеи, Аҳмаҭ, иаџьал ааны дыԥсит, зегьы џьалк-џьалк ҳамами, имԥсуа аӡәыр дыҟоума, дасу рлахьынҵа иақәшәауеит.
Лхаҵа дымшынуаҩуп, амшын дхуп, лара уи иӡхыҵра даԥшны аресторан аҟны дтәоуп, дидтәалоуп даҽа хаҵак.
Ҩажәихәҩык аҽцәа абџьарла еиқәныхла иаакылст ашҭаҿы, ауаа еизаны иахьыҟаз.
Бла иамбо ӡыхәашьха исхыҵәоит схьаа, сахьнеиуа сымҩа санылан.
Абас иҳәоит уи иажәеинраала Абрыскьыл изхәыцра аҟны.
Исыхәаран иҟаӡам уаҳа, ицазгьы ахьымаара ицазааит.
Шандор Петефи сажәеинраалақәа иреиӷьу.
Цицка Амҷба-Ашәбаилҳәамҭоуп.
Лӡара ҭкәыцәаа дшоуп лара, лыхәда шкәакәа ҵәыцоуп.
Ахьҭа иагоит.
Уахьлеиуа шәаргьы шәалҵуазар шәалҵ ҳәа сызраҳәа!
Ари збеит сара иаразнак.
Ноӡаӡе иҽынрылеигалеит.
Иахьынӡахиҩаалоз иаҳагьы инарҵауланы аҵакы еиликаауан.
Исыхьызеи?
Ишшәарҭамыз агәра анырга ашьҭахь, аӡы иҭаланы, нырцәҟа ирит.
Ахаҵа данхаҵаха еснагь иажәа, ажәазароуп!
Лареи сареи класск аҿы ауп ҳахьтәоу.
Уиала зыгәҭыха зҳәарц иалагаз игәҭыха аҳәара мариоуп.
Маӡа ҭыԥны доуҳа згәаҵаз, бжьы ссирк ҭызгаз ашә еимҟьеит.
Уажәы-уажәы иӡбахә иналацәажәон, ашаха ҳахьнырҳаланы, ашьхара ҳашхаигалаз ҳәа.
Аԥхьарца анизаарга, Ладикәа инапы ӷәӷәақәа дрыниалашәа, аиргьҳәа, иара иитәӡамыз имахәҿақәа ҩышьҭихит.
Аеҵәақәа рыбла ҭкәиуеит, са исыхәаԥшуеит иеилацәҟәуа.
Аекологиатә шәарҭадаразы иазгәаҭоу апланқәа ртәы дазааҭгыло, Богданчиков иҳәеит
Ак ҳаблып, — лҳәеит сан, егьи сҵаап.
Иахьзеи ари?!
Ҳныха зӷьычыз дыздыруа, лабҿаба дызбаз ауаа ҳалагылоуп ара!
Аха царизм аганахьала урҭ аҳәара иҟарҵоз хаҵгыла даиуны ҳәа иҟамлеит.
Арҭ зҿу закәи, уара?!
Дышәҟәыҩҩуп ҳәа абилеҭ иџьыба иҭоуп сҩыза Дыргәынгьы.
Анаџьалбеит, изаԥсоузеи гәаҵәа жәпак, абыржәы аупцәарҳәы сызҭазар гәыс.
Мап анакәха, иареи сареи ҳаицнымхозароуп.
Ашьа иаҵәа ажәып ааԥынрак
Аҩны иназгом уи еидаран, даӷьысҭантәи саҵалан, сыбла бхылбаар дгәаарушь даара са иныҟәызго сгәаҵала?
Ари аҽы-ӷәӷәа дақәтәан днеиуеит, аха аҽы атәы ҳәа акры идыруама?!
Лыҵабырг хәмаршьа деиланагон иара.
Бзиала Сухуми сымш хьанҭақәа зцыз!
Сықәра аидарагьы хьанҭоуп, сҩызцәагьы цахьеит исықәлаз.
Исыздыруам дзысчыча, иаб дысмырӡит, иашьа дсымшьит
Арҵаҩы иаҟара изылшараны иҟада амилаҭ милаҭны инхарц азы иаҭаху аҵаҩы еилыркаара, узхылҵыз имилаҭ наӡаны иҟаларц азы иаҭаху, ус иҟаларц азы дарбанзаалак ихәҭа алеигаларц шилшо.
Аӡәгьы бзиа дызбаӡом, лгәы ԥшааӡеит Наала.
Аԥхьаҩ алеитинант еиҳабы Надемианов дсазҵааит
Ашьапхҵәа иблақәа ааихмырсыӷьӡакәа Иауана ишьапқәа иҟарҵоз дырзԥшуан.
Мрагылара ашәаԥшь анаавҵнагоз, Мырзаҟан иплан аҿы, ҳнеит.
Абас ибзианы аус ахьиуаз дыцлабны, деисаны, жәаҩык рылша уа данҭыҵуаз.
Ашьха маџь иаауижьуеит, Ага маџь ишикыц, дшахац икуп, дықьуеит.
Ажәакала Шевкьеҭ шьҭа аҳ иеиԥш дынхоит.
Сара адәқьан аҿы снеиуеит, — иҳәеит иԥшәма лахь.
Имҩахыҵааит, иӡхыҵааит, имыӡааит, ишнеиуа изыдгыло арҳааит, имшәааит, имажәааит, аҽарҿыцааит, зегьы уи шсажәоу ираҳааит.
Шьмаф ҩымш рыла иаҳәшьеи иаҳәшьаԥацәеи изхара ибарц иҭахын, аха ус имариамызт ҩымш ракәым ҩымз иеицызаргьы иеибырҳәаша рыман, рыгәхьаагарагьы рзыртәомызт.
Аҳабла зегьы ашьыжь еизеит.
Аԥҭақәа рацәала иршәызшәа еиқәарак рыҟәнуп.
Уеизгьы абриоуп хәа инҭкааҵәҟьа, аҳәара баргәуп, аха, хымԥада, иахьаҵәҟьа асаркьа дҭаҵатәуп.
Аиаша иаҳәеит
Ахьыԥшааҩцәа, аффаҳәа ртыҩ ажәҩақәа аҵшьуа инеиуан.
Ҳаргьы ҳхахьынахоу ҳдәықәлап!
Абасала Лиуда Леибеи сареи Гена Ҟәланба ҳаиқәирхоит.
Ари дызусҭоу рдыруа иҟоума!
Уара, умбои, асасцәа уҭан.
Иаргьы ақәҷышь еиԥш дааԥаҟь-ԥаҟьит аха уаҳа акгьы илымшазт уа иҽааиҵихит.
Иарбану, суазҵаауеит, анхаҩы ԥсыс ихоу?
Иҟаз ниасит ааӡаб рыхганы.
Абжьааԥны еиԥш, иахьагьы, аҩны иааизынхеит Марфушеи Мсураҭи.
Хьыма лҽааилылхын, ибыбышӡа иҟаз аиарҭа днылаиеит.
Уара ахьӡыми
Усҟан ус иҟан, аҳра зуаз амчра аусуцәеи анхацәеи ркласс аҿагылара
Џьашьахәыс иукша еиҳаракгьы уи Гәымсҭаҟа аӡы дырны уахынла аӷацәа рахь дцалон.
Иахьлеиуа ҵаҟа аӡыжь ыҟоуп.
Инахараны, ҳбаҳча аҵыхәан иҟоуп анышәынҭрақәа.
Уаҟагь аԥсабара ааԥынрахарцаз, иҭыргәырӷьаауа сыжәлар ргәы!
Ишәҭахызаргьы ихьӡ шәасҳәоит, амала, шәҿы иааҭыхны аӡәы иашәымҳәан.