text
stringlengths
0
400
Дышзымҵәуо, лыблақәа шҭҩааз, иҭыблааны ишцогьы лдыруеит.
Апоет иԥсадгьыл гәакьа, абызшәа, аҭоурых, адоуҳа иара иԥсҭазааран.
Убри аҵла са исыԥшаар, ес-уаха амҵан сыԥхьалоит.
Ус, иара даакылсуан, счамадан аашьҭыхны, дыччо
Егьаџьара иҵааргьы, егьаџьара иԥшааргьы, урҭ рнапқәа ҳа ҳҟынӡа инаӡоит
Аԥшқа хәыҷы-хәыҷы изҳауеит, амч илалоит, есымша иҽиԥсахуеит, аҿыц иҵоит.
Абҭәалых џьаџьа акәмызцәа.
Ҩы-мшы аӡиас укызароуп.
Ари иаанаго амилаҭ реиҿаргылара ауп.
Акы ахьыр ҳәа адунеи дацәшәаны.
Асҭанда, лнацәкьара хәхәақәа аӡы иалылшьуазшәа, ачашыла ахьылкәаҳуаз, Марица лылаԥш лызлыҟәгомызт.
Сара исзымдыруа џьишьома абри аҩнаҿы, абри аихагылаҿы ҳәа аҭел днасыр, уаҳа шаҭахым.
Ааи, уи иашоуп, шәлеи шәхаҵкы сцеит
Даҽакгьы, ишҳамыркыз ҭыԥын ари.
Аҳәынҵәа сықәырҭәеит, сҩызцәагьы саргьы ҳадмыриашакәа сҭыҵуам ҳәа имуит, — рҳәеит.
Аураашьа!
Џьажә иамхны ҳәажә иаҭ ҳәа дшаҿыз ҳахькылигаз убоит.
Уара иуҵәуо аҽы ахьааго ауп, уахьақәӡуа гәхьаас иукӡам!
Елисо уи дахьылмырцәаз гәынганы ажәжәаҳәа дҩагылан, ахәҷы днеихаххит.
Дабоугеи сыҷкәын ҳәа суазҵаауеит?!
Сиҭ дыздыруаз иааиԥылоз
Дмааӡацт макьана
Ишәасҳәаз шәмаҳаӡеи, шәааины ижәжәы, акәымзар аӡыршы шәҿасҭәоит!
Ажәларқәа ркультурақәа еигәныҩуан, иҟарҵон анырра, аки-аки хеибарҭәаауан уигьы ыҟан.
Аибашьра ахьынӡацоз, афронт ахҭа ишҭагылазгьы, шыцкәараа шамахамзар рыҩнқәа ааныжьны џьаргьы имцаӡеит.
Дцалон абнахь хәлыбҽхала, деимдауа, иԥшааны.
Ари, жәаҳәарада, ақыҭкор аредакциаа игәра рымго дҟанаҵеит.
Дызнапырхахозеи?
Аҳауа зҩыда ҳгәы раҳаҭзар, асыҭәҳәа леиргьы илеимаҩ
Бамбеиашҭа ианынаӡа, Амра лҭагьалон.
Амала, иҟоуҵаша убриоуп
Иахьа зегь ҳзыргәырӷьаз ахҭыс ҟалеит
Иааит аҿиареи аргылареи раамҭа!
Ацашьа шәақәымшәо цәгьала шәықәхеит ҳәа сыхҭакны слымоуп.
Усышьҭымлан ақәа, сымҩа нахароуп.
Иахьагьы арҭ ажәақәа исарҳәо рацәоуп.
Аԥсҭазара џьамыӷәацәгьа мыжда!
Уи иҵагьы азхәыцра аҭахуп инарҵауланы
Сшьапқәагьы сбаҩганы сыргеит.
Усҟан аҳәыҳә ԥырны ицо, амшын ихыԥрааны нырцәҟа ицахьан.
Дырҩегьых Абчараҳ Смел иҷкәын такәы дҩеидасит, иаб иабџьар шьҭыхны ацәҟьара деихсуа далагеит.
Абар, мрагылара еицралоит, иаԥеиԥшзар иблырц адунеи ассир!
Иашьеиҳаб Џьамалгьы дицны данаауаз ыҟан, аха уи деиҵбушәа акәын Џьофик дшизыӡырҩуаз.
Аԥхасҭа иара аԥсуаагьы ирымоуп.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны ахадара ахаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Зегьы иџьаршьоз акы акәын
Араҟа абырг дызхаану рацәоуп, ахҭысқәа иаԥхьа ииасуа ԥҵәом.
Сзыхҟьеи?!
Акрыфарҭеи акамбузи реилыргаҩ ахәашамаша, ацәынхамынхақәа дәылганы ркаԥсара дагхазар акәхап, уи ауп изырҟыруа
Акьыба ҳәа ззырҳәо ачымазара сымоуп.
Инеин, агәы рҭынчны ахәышҭаараҿы инатәеит.
Аԥсуара иаԥырхагоу ҳнапала ирҟаҵаны, шаҟа даԥсуа бзиоузеи ҳәа дырҽхәауа ҳнаиԥырҵит.
Узеибашьуада абџьар кны?!
Англиа, Франциа, Испаниа, Америка уҳәа иахьа-уаҵәы ҳәа иацәшәоуа иҟоуп дара рахьгьы ареволиуциа ҟалар ҳәа.
Аиеи, дад, ажәа мыцхә уасыршьызар ҟалап, аха уара макьана уҷкәыноуп, иудыруа уагымхааит, абри ажәабжьгьы удыруаз, ууаажәлар рыламыси рқьабзи иахылҵыз акоуп!
Џыр Ҳамид бзиа ибон иабдуцәа ахьаныҵыз иҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны, акырынтәгьы даахьан
Бара ибдыруазеи?
Ухала узгылома?
Сыблыргьы ма сымчқәа каԥсаргьы, исзымҳәо сҟамлароуп ашәакҵәҟьа.
Ӡызлан аӡыхьқәа, акәарақәа, аӡиа цқьақәа дырхылаԥшхәуп, урҭ рҿоуп аԥшәымарҭас иахьлымоу, еиҳараӡакгьы ацәыҵалашьцарақәа ҭыԥс иалхны илымоуп, зныхгьы адәы ԥшӡақәа рахь дцәырҵуеит.
Быҭә-ԥҳа Сабинеи Быҭә-ԥҳа Оксанеи Омар-иԥҳацәа Быҭәба Ҭемыр Луҭфи-иԥа Ҭемыр иԥшәмаԥҳәыс Адлеи-ԥҳа Саида Даҭикәа-иԥҳа Быҭәба Уаҳаид Шьаҳан-иԥа ишьҭамҭа рахьынтә хшарала деиҵаҩҩы иҟалаз иҷкәын Быҭәба Рамиз иоуп, иҵакыра уаареи-гәырӷьартә уааԥсыралагьы есааира аизҳара иаҿуп.
Урҭ аҳақьымцәа аарган, ахәшәқәа ирҭеит.
Аус аҿы ианааи, акгьы ҟашәҵар шәҭахӡам.
Хымш ус ҳаивагыланы аҽага еицаҳкын.
Нас сара исиҭан, саргьы сиацәажәеит, шәџьынџь тәылаҿы шәыхьӡ зху Ҳәмарқыҭ шәызԥшуп ҳәагьы нацсҵеит.
Адунеи амаа здыркыз уара уакәушәа
Зафас ихы иқәыжьны, деидараха.
Раԥхьа акнаҳарҭахь ирыман инеит аби аԥеи.
Егьаурым, дад, егьаурым
Уаа, рапа-чапа касыжә маҟа, Уаа-ҳои, уаа!
Дук мырҵыкәа Кәышә Ашәба дахьынхоз инаҩсын, Лимо лынхара инадгылеит.
Насҭхашәа итәаз аԥҳәыс гьамгьам, Минца лхы налықәлкит.
Ианысмоуӡоз иҭынчу кәакьҭак, сазхәыцуан иҭынчу схәышҭаара.
Кьахьыргьы аӷьычцәа ирымбаз ҭаҵәахык иахьцәыҵагылаз иааҵиган, афырџьанқәа инырҭеиҭәеит, иблақәа маҷк инеихалашо.
Уааины абраҵәҟьа, сшьапы уагәӡы.
Мышқәак раан ашоура дууп, ишыроуп, мышқәак раан илаҟәуп, ихьшәашәароуп, зных ус баша, иԥхароуп, иҟәандоуп.
Арҭқәа зхысҳәаауа, ҳҵасқәа рныҟәгара иагьа иуадаҩзаргьы, ауаҩра рыцуп иламысуп агәыбылрагьы рыцуп.
Актәии аҩбатәии ашәҟәқәа рҿы ажәеинраала еихшоуп, зцәаҳәақәа хыԥхьаӡарала еиҟарам, строфала, ахԥатәи ашәҟәаҿы ацәаҳәақәа зегьы еишьҭаргыланы еихшамкәа икьыԥхьуп.
Нас уи арашь уақәиртәоит, аныҟәашәа угәеирҭоит.
Лхьаақәа рацәан, Маҳинур, аха урҭ рыхәшәтәразы, лара лҳәашьа, лымч азхомызт
Лхаҿы агәырӷьа ԥшра аҿымцәаацызт.
Баазгазеи, нан, Мкыд бзиа, ашьжьымҭан шаанӡа?
Хымш ахьшь сызҭымгаӡеит, арахь ачақәа ааны иҟан
Мизан дааҭыҵит.
Егьи иҽыриашаны агенерал дихәаԥшуан.
Заҟа ақыҭа агәахьы уааигәахоз аҟара, ибеиаз ахаҩацәа рацәан.
Кәыкә игәы иҭаз шҵабыргхоз ибон.
Уахыки-ҽнаки цәгьарак ҟаумҵазар, убригьы бзиароуп.
Ари шахала иҟаҵоуп.
Сара Саша соуп, Саша, сҩадатәуп!
Мамоу, бааԥсырҭаны ҳааигазартә!
Амшәи иареи реиҿаҳара дшацәцаз, дшацәынхаз азаарыгӡа анигәалаиршәоз, даргьы рыблақәа ҭырхаха ихәаԥшуан, абри убасҟан иԥсы злеиқәхазеи, излаигәаӷьызеи ацаҟьа даҿатәаны, дымшәаӡакәа, дмыцәаӡакәа ахгара ҳәа.
Арҭ реиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа рацәаны иуԥылоит жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы, амала аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы уи атема изыхәҭоу аҭыԥ азаанымкылацт умҳәауазар
Ацәарҭа цәылҵар уаҩы иибо иҟаиҵеит.
Уи аҟаҵара ҳаҟәыҵны, иаҳфар иаҳхаҳаша акәыкәбаахьы ҳаиасып ҳәа аусԥҟа ҳадаҳкыларц ҳаналага, абзиа ҟалар зхы знархьуа, ацәгьа ҟалар згәы иахәо, ацәгьаршыҩцәа аҵәы ҳахарҵарц иалагеит.
Уи данықәыз Аԥсны барақьаҭран.
Саргьы аҽны аҩны сыҟан.
Сара сабалыхәо?
Аԥсынҵры ду!
Дшыԥсра дыԥсӡеит, шәышықәса здунеи, зыхҭырԥажә еиԥш иақәиҭны, амҳәыр аарханы зарӷьа џьыба иҭаз, аха ҿҳәара змам акгьы ыҟаӡам.