text
stringlengths
0
400
Ауаҩы иԥшӡара, иуаҩра, иҟәыӷара, иразра, абзиабара ҭбаа уҳәа роуп.
Сыԥсҭазаароу?
Уԥшла, ашҟа имарианы наҟ ҳаруа.
Иусқәа идыруеит аԥхьагыла, дыччоит, игәы шҭәугьы гәаӷла.
Аха агазеҭ ахь акгьы мааит.
Урҭгьы зхьыԥшу ҳара ҳауп.
Аҵхыбжьон Кәаҵиа диргылеит.
Ан лҳақ ршәеит ҳҵеицәа хазынақәа!
Сара убри ашықәсан аабатәи акласс салгеит, аха сықәра аҵанакуамызт аррамаҵурахьы ацара.
Снышәынҭра аныӡлак наӡаӡа, ԥҳәызбак сҩымҭа лыԥшаарушь?
Срызхәыцуан иахьа аҽага еиларӷәӷәа изкыз саб аҭаҳмада инапқәа.
Ҳәымпыл, иҟаҳҵаша убама, аԥхашьара иақәшәаз абарҭ асаанқәеи ачанахқәеи абра инаҳмыжьып, рыхьымӡӷ рхыхразы аҩныҟа иаагап
Инапқәа игәы инықәԥсаны иҽааиҵихит.
Икаҟьҟьароуп еилымгыло изқәыԥшуа адунеи!
Ари маҷк иҟаҟоуп, аха аԥсҭазара аиаша ҳнарбоит.
Ухала амҩа уанызаргь уҟамлароуп уаӡәны, дабызаргь, данызаргь дабдузаргь, дсабизаргь аԥсадгьыл аҿаԥхьа зегь еиҟароуп, егьырҭ зегь уаароуп.
Уа шьыжьыбзиа, сыԥсадгьыл!
Амахәҭақәа рхаха ажәҩан иашьапкуан.
Урҭ еицҿакны ирҳәон Аҳәынҭқарра иаҳҭап аиҩызара рацәаны ҳәа.
Урҭ иҩымҭақәа инарҵауланы ирныԥшуеит ауаҩытәыҩса ицәаныррақәа, ааԥхьара ҟарҵоит аԥсҭазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәаразы ақәԥарахь!
Ахәыҷқәа иара имацәаз рыманы лара лҿы ианнеи, лашьа имацәаз анылба, арҵәааҳәа дыҳәҳәаны, ашә ԥҽны, алашьцара дахьцәыҵатәаз даадәылҵит.
Классцыԥхьаӡа шаҟаҩ ыҟам сзышьақәшәыргыл, иагхазгьы иара убас
Ас еиԥш аишьцәа шәа ижәбахьоума?
Рашьыҭ иҟама абжаранӡа ишҭигахьаз ибон, аха анапҩахараҵәҟьа илымшеит Амаан.
Алиас ашырҳәа дҩагылт, анышәынҭра аҩнуҵҟа аԥсуа ҵасла агәыдибакылара шыҟамлоз идыруан, иаб иеиԥш дыԥхьаӡаны ихы наган игәы инадиҵеит.
Ӡарч инхоуа ауаа даара игәамҵны иҟоуп, иаақәа изларҳәоуала.
Мап, мап, арҭ аԥҳәыс дырзышьҭыхуам!
Иара убас аҳәаанырцәынтәгьы исзаауеит.
Сара Есма дахьхәны дызбандаз ҳәа ҽнакгьы сгәы иҭамшәацт
Иҟамлои ашьшьыҳәа дцозар, уи слымбозшәа ҟаҵаны!
Џьанар акранифа ихала иҿылеихеит, уажәык ихаҭа иҩыза дизымԥшӡакәа.
Даҭикәа иҩызцәеи иареи арадиодкылага иаакәшаны иаатәеит.
Лхы аакыллырҳәҳәоит ԥҳәыск.
Мсауҭ ашҭаҿы данааҽыжәҵ, идырит сасцәақәак шырҭаз.
Але итенантНарҭоуиахь.
Ԥсҭазаарак рыбжьаркит арҭ ацәаҳәа ҿыцқәа.
Акгьы назгаӡом, уахьгьы снеип ҳәа сгәы иҭаӡам
Аԥсшьарҭақәа аусура рҽаназыркуаз анбыкәыз.
Изызҳауа аҿар агара илоу инаиркны иан лашәахаа иацны, аханатә еихсыӷьрада иаҳалароуп иԥсадгьыл аҭоурых иазку аҳәамҭақәа, ахҭысқәа, ахаҭарақәа, ацәгьа, абзиа уҳәа уи иахнагахьоу, зегьы акы аанымжькәа.
Изаҳазгьы, зынӡа агәраҵәҟьа ргарым, изамхаҳәазгьы, ихы бжьаирӡып, дырбарым
Ихы-иҵыхәа анеилылкаа иџьалшьеит, акыраамҭа ҿымҭӡакәа дихәаԥушан, уажәы, уажәы лыԥшшәы лыԥсахуан.
Зҳәоз агәылацәа днарықәныҳәеит.
Аха иалухи, Дауҭ иҟазшьа даҟәыҵуа дыҟазма, ачараҿы дахьнеиз аҩы ижәын, егьин, џьоуки иареи ргәы ааибаган, аҭыӡшәа ҟаиҵеит.
Аха ҳфырхаҵа абзиабара иашаҵәҟьа ианизаа, ианизыгьагьа иара ихаҭа даныԥнашәа, данынаԥш-ааԥш, аԥсҭазаара еиҳа иҵауланы данагәылаԥш даншәы ауп.
Мҩак еицануп урхьыԥшында, уиреи уҿареи.
Баша мҩасшақә сықәынхама, иԥсхьоу иџьыба ианҭаԥшуа.
Арахь џьарак ҳаиланхахуеит!
Иреиӷьыз аԥҳәызба Анҭица ҿа иалҳәеит, иаргьы даанхеит уа наӡаӡа, ашьаҵатәы ӡахырҭа аҟны еиҳабыс далырхит.
Иажәа акыр ԥхылнадо дҟалеит иара агәахәуаа рҟны.
Нахьхьи бызлыҵ идыркны, аахьхьи бызлыс идыркны, саҿуп урҭ зегьы рҵара, аха баасзымҵааӡеит бара, сан исзымҵогь иацтәи амш, сан сызхьымӡогь уаҵәтәи амш.
Иҵысуам џьара бӷьыцкгьы, Иҭынчхеит зегьы.
Адгәыр амузыка дацкәашоит.
Миколеи Онуфрии неиҿаԥшит.
Ицәҳәӡа аулица ҟьантазқәа ҳрынхалан
Аԥссаҩ лыда уаҩы дыҟамызт.
Урҭ реиқәҿыҭбжьи рчарашәеи гон, аҭаца лҩызцәа амҳарахьы даныҩнаргылагьы.
Ргу каршәны анхара-анҵыра ишаҿыз, асқьар аарыкушеит, рымаҭәеи рымҩаныфеи ашьҭыхра иаламыгӡакуа, абџьарқуа нарышьҭакны инараԥырцеит.
Абра сара уажәы изыҩуа ахҭыс, Арушьан ианаҳзеиҭеиҳәоз иахьеиԥш исгәалашәоит.
Мап, дад, уабџьар ҳара ҳзаҵагылом, аллаҳ илԥха ҳаманы ҳуҳәоит уи ҳацәухьчарц!
Иаб Аҳмаҭгьы дабиԥазаҵәын.
Ҩындус срымоуп, уаҟа иамҵәом, Ӡыхьҿатәи ҳӡыхьԥшьоуп изеиԥшу.
Ииҳәақәоз рахьтә сара реиҳа исгәаԥхаз
Аха лымкаала иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аетимологиатә ҭҵаарақәа иаҳа активла ишымҩаԥысуа атәы.
Аҵыршә узаси?
Уи ашьақәырӷәӷәара аҭахӡам
Макьаназ ццакрак ҟашәымҵан, абарҭ ажәақәа иҽырҭынчӡаны ауп ишиҳәаз аамсҭа.
Саанаԥшы-ааԥшит.
Сҽышькыл саҭәазарц хаҭала.
Иуҳәаз иашоуп, суқәшаҳаҭуп!
Ишакәхалак, рыԥсы ҭахарц иҟан, еиқәхагәышьеит.
Сда-сшьа иҭыҵыз, сгәы иахшаз, урҭ, еиқәхоит, издыруеит.
Инышәкыл, адгьыл иахоу урҭ ԥагьаӡа, адгьыл зшьапы аларсу илшара дшәырба.
Нас ишԥа, убра дааухылаԥшааит Анцәагьы, уара есымша ус цәажәатәыс иуоуама, уԥсҭазаараҿ знык-ҩынтә ракәхап.
Ажьгьери урҭ данырԥылоз ишьаргәыҵа ашьац арҽуамызт.
Хыхь исҳәахьеит аԥсуа ахаангьы дзаҵәны ихы иԥхьаӡомызт ҳәа.
Атәымуаа раасҭа араҟатәиқәа еиҳа еиӷьума, рызегьы еиԥшызар!
Шә-ԥсҭазаарак раԥхьа сани саби ауаҩыбызшәа сдырҵон, исыларааӡон аԥсҭазаара, жәҩан дук садырбон.
Сыҷкәын амирон дӡаазхуа уаҩ бзиак сишьҭоуп, — иҳәеит.
Дара зынҟьаз-изынԥаз, ирыхҭыргаз неизеиҭарҳәеит иаразнак, ацаха иамраӡакәа.
Амшәҳәысқәа ахәмарра бзиа ирбоит.
Уи аԥсабара ацқьара ишьа иалоуп.
Беслан хәыҷы дыргәылакны.
Анаурқәа даара акрызҵазкуа ҩымҭоуп иара Дырмит Гәлиа ирҿиара зегьы аҿы, еснагь зыҿиара уадаҩу аԥсуа драматургиа, ҳтеатр, ҳлитература зегьы азы.
Ашәқәа рыԥҽра иалагар, ианаадыртлак, аӡәгьы ҳрымбар, нас излагап зыбгәахәуеи?!
Алабжыш саҩызан
Ианиҵааит ииҭаху зегьы.
Ҽынла уахь, агәашә анҭыҵҟа, ацәырҵра гәаӷьылацәан макьаназы.
Шьоук рзыҳәан уԥсыршьагоуп, шьоук рзы ухьанҭоуп.
Нхыҵҟа ицан иҟаз аҳ Рамзыц, Маиҟәаԥынтә дхынҳәны, шьхамҩала дшаауаз, акаҵәараҿ даныҩхала, иаҳҭнырԥарцәа ирхыԥхьаӡалаз аҳазар ҷкәынцәа рыҽқәагьы даргьы ԥшны ишгылаз ибеит.
Иара аусура далагар акәхеит.
Аҭӡаҟны икыдкнаҳалаз ихәыҷқәа рпатреҭқәа ҭаҟәаҟәаны узырҿаԥшуамызт.
Ԥаса аҩада зыӡбахә сҳәаз ауаа рхаан уажәеиԥш иҟамызт аҭагылазаашьа, ауадаҩрақәеи аԥынгылақәеи рацәан досу имаз ибаҩхкатәра амҩа аука аҟынӡа.
Ус ахьԥоуҳәои?
Нанҳәа аҽны иукуа ахьшь халаӡом.
Ҳат, абаақәа, агәыӷрагьы ауаҩы данахьчо ыҟазаап!
Ишьҭаҵәҟьа дхылан дцозаргь дызԥоу.
Иара инаигӡоит, шамахамзар, иахьа уажәраанӡа аԥсуа рҿиаҩык илымшац аус уи, аурысшәала еиԥш, аԥсышәалагьы ажәеинраалақәа иҩуеит, аԥсшәа аҟнытә аурысшәахь еиҭеигоит.
Нанхеит, закәызеи ибҳәо?
Ҳхада имҩаԥигоз аҩныҵҟ-атәи аполитика уаҩы давҵалар иуамызт.
Лыԥҳацәа Ариаднеи Фадраи роуп.