text
stringlengths
0
400
Ҳаҩсҭаахә ҳәа иҟоу дыԥхарсны бжьымшынки бжьышьхаки дрыхцаны, џьаҳаным еилашырҭахь ддәықәаҳҵап.
Иҟалаз шыҟалаз уҳәа акылыршәшәаарақәа шәырҟәаҵны аинрааларахь ахы шәырхар еиҳа еиӷьын, — иҳәеит зынӡа машәырла ари аилыргара иақәшәаз Ҭырбеи.
Иамуит исзеихымхит сҿы, сылаӷырӡ сахәаҽит.
Изларҳәо ала, доуҳа мчуп, изҵаара аҭак ҟаиҵеит Ремсаг.
Алиас иҟаиҵои, бзиа ибома ашкол, акыр изҵап бгәахәуама?
Сҩызцәа ишьхныԥсыланы игылан, саҿганы снаганы снарылаиргылаанӡа.
Агәҭаны џьара днатәеит.
Уажәы адуцәа рыбжьы еиԥша уп уантә лыбжьы шааҩуа, лылаԥш шааӡо.
Бинаҟә иашьа изыҳәан иҟаиҵарыз издырамызт.
Зегьы убас анцәа ҳаишеит, ҳаилибамкаакәа нырцәы ҳцоит.
Убри азын, уажәы азыҳәан иҿагылара аҽазкра аԥсаны избом, абас аҭак ныҟаиҵеит Ардимон.
Даара иаҳԥырхагоуп адырреи дасу дызҿу аус аҿы акомпетентреи згу аҳәынҭқарратә чынуаа ахьырацәоу, еиуеиԥшым аԥсҭазаара аганқәа рҿы аквалификациа ҳаракы змоу акадрқәа ахьаҳзымхо.
Аҳак дыҟан, ԥҳа бзиа хәыҷык диман.
Аизараҿы исарҳәахьан дузынаҳашьҭуеит ҳәа.
Леуанти иааизымчҳазт, ивартәа ибӷа ааԥиҵәеит.
Ерамхәыҭ, еилыскаарц исҭахыз макьана исымҳәац, иаасараӡа
Былаӷырӡқәа еимхәыцха илаԥсоит асы
Ҳа ҳагәқәа, ҳаи, ишԥагәкуеи, ҳа ҳагәқәа!
Аӡын асы ақәҳа еималоит, Ҵаҟа иӡҭуа ацынхәра шьҭалоит, Иаҵәахуеит аԥсҭазаара ахәра.
Аҟәараҿы, амшын ахықә аҿы ианааи, ацгәи алеи амацәаз еимаркит.
Ихаҿы амыркыџьы иакызшәа, еиҵалан еибарххон.
Аха уажәы иаалырҟьаны убри ихы инҭагьежьит, дамырҭынчуа.
Аиашазы, анемеццәа урҭ ирарҳәауаз еижьомызт
Аԥсназы дбылуан есқьынагьы.
Џьоук рҽырҭынч акаҳуеиқәаҵәа иаҿыхәоит.
Уи Таиф ипоезиа ахә ҳаракны ишьон.
Ибеит агәаҟра аҭагылара ишазеиҟәымшо ҳажәлари ҳаиҳабыреи.
Атанкқәа иаҳа-иаҳа иааигәахон.
Ҳаи, уххь згаат, уеиҭасҳәаӡом!
Ираӡатәуп зегь кылхтәуп алыхәҭа, идыр уара уи шьҭарнахысгьы алыхәҭа изкылымсуа ԥырчоуп.
Абригьы ԥышәароуп.
Сара избон ани иҟаиҵаз азы иазҵаарц шиҭахыз
Аԥшәма илакыҵа ччаԥшьк ыҵшәомызт, иқәхәланы акәын дшыҟаз.
Лаб ахьлықәҿиҭуаз лыблақәа нҭырпыжы-ааҭырпыжуа иҩышьҭылхын, ҿыц илалырҟәит.
Уи иаҳахьан ԥшьышықәса зхыҵуаз сашьа хәыҷы ача, ача ҳәа дҵәаауа.
Иашҭа иҿоу игәашәгьы еиқәароуп, аргама амца зыцреиҵа игароуп.
Лашьцәа ракәзар, аҵәца бааш дҭартәаны, дрыман, лшьапы шьац иқәмыргылаӡакәа, дгьыли-жәҩани лмырбаӡакәа драаӡон лара.
Сааԥсеит, Иван Иван-иԥа.
Сара аҵыхәа сақәԥалеит сара аҵыхәақәа срықәԥалеит.
Иара дышхәыҷыз иан дыԥсит.
Ажәлар маҷқуа раԥхьагылаҩцәа ргуаӷ шьҭыхны, иҿырҟьаса, Таҳир иеиԥш, инарышьҭалт, изыхьӡаз ршьуан, идырӡуан, егьырҭ атәыла иалҵны рхы ахьынахаз ицон
Амахәҭа дуқәа еилачны, ааигәа-сигәа уаҳа шәаԥыџьаԥ гылаӡамкәа, аӡәы инапала еиҭеиҳазшәа, хьацаҵлак ықәгылан ахәаџа аиашараҿы.
Улақәа ирыгхама, сара уаҳәшьа рыцҳа?
Аџьамцәа Аԥсныҟагьы иеихеит.
Иҟалазеи, шәнибарҵәома?
Уҩагылашәоуп снапы шсымух, ишԥауасҳәари сыззааз!
Ана икыдсылон, ара икыдсылон.
Иаԥхьаҟа иҟан атыша, ишьҭахьҟа адгьыл хҩаахьан.
Диццарц иҭахуп.
Уи ақыҭахь ҳамҩеирц ҳамҩа ркит.
Амца қьоуқьад даналагылаз
Анцәа иумҳәан акәымзар, знык иадамзаргьы уи игәрагара лцәыӡыр, усҟан хымԥада, иаркны аҭӡы инкыддырҷаблаз ацәашь аиԥш, днықәӡыҭ дцон
Аха иҟаумҟалак зегьы гәык-ԥсыкалеи, хӡыргарадеи иааурҩшыроуп.
Апоет акымзарак даныӡбом.
Иауазеи, иҳамкыкәа
Ус анакәха, Вентспилсҟа ҳцоит.
Ус ианыҟамла изыҟалом ажәлар, изыҟалом амилаҭ
Иацысҵоит схатәгәаԥхарала.
Ацәажәара ҳханагалеит, уи аҵкыс ашәак ҳҳәап.
Арда, каҵкәыр дук хәнылгарц, дҩеиуан.
Уи иашьак иеиԥш длывагылоуп, — лҳәан Дариа лгәы аалырӷәӷәеит Ҭина.
Убасҟан аҷкәын еиликааит иара хазы дшыҟам, алашареи алашьцареи дышрыхәҭаку.
Хәыҷы-хәыҷла ашлара, наҳадгылеит иаан.
Ҽнак, хҩык иҩызцәа ицны Бешьпармак ашьхаҿы дахьныҟәоз Аирықә қьалак гәеиҭеит.
Сдунеи алу ду гьежьлап, сыԥс-кнаҳа блас исхаз.
Уи аҳаԥшьа аҵан иҵәаху жәдыруеит.
Иӷәи-ҵииуеит, нас иналаршә-ааларшәны абжьы ҭааӡа игоит Пальма.
Ҳанмаҷыз ҳрышьҭан арҵаҩцәа.
Амшын иахьаларҵазгьы иаҳа иҵаулоуп.
Ачеи аҭубари архьшәашәага иааҭиган лаԥхьа инықәиргылеит.
Еиҳа-еиҳа ихалоит сабду игәырҩа шәаџьҳәара азызуа, игәҭашьыгоу, иԥсҭгагоу сабду игәаҟашәа.
Усҟан рыбжьы рымырхит анырҳәалак, ҳуатка ршыга ашәыра аасгәалашәон.
Иауауеи ари аҽнышьыбжьон деилагагәышьазаап гәаҟ ҳәа сгәы иаанагеит.
Уи аҽны ус дзыҟамлеит, ауха цқьа дахьызмыцәази, амитинг аҿы ирцәажәашаз абырг дышзымаауаз аниаҳа, иаамҭа маҷ уи иаагара иахьақәирӡызи, амитинг амҩаԥгареи зегь изеилалазу здыруадаз, иҽизеиқәкуамызт, ақалақь аиҳабырақәа раашьақәеи рцашьақәеи игәы ишаахәозгьы.
Убасҟан игәы ааҿнакааит ашәаӡыӡара, уажәы Гәранда лзы.
Лҭоурых, лхы, лҵыхәа нагӡаны ианиалҳәа ашьҭахьгьы игәы лхымшәаӡеит, урҭқәа рыгәхьаа мкыкәа иара гәыҭыӷьӷьала ашьҭахьгьы абас иҳәоит
Сара схы-сҿы ҟаԥшьӡа иааицрашәан, сааҭгылеит.
Гәыӷрак ыҟаӡам џьаргьы, баша шәалҟьа мрак аацәырҟьоит
Урҭ аҳәынҭқарра азакәан иқәныҟәаноуп ишмалуаахаз, малла-шьалла аҳәынҭқарра иаласоуп, аҳәынҭқарра зхагылоугьы дара роуп
Адырҩаҽны, дыбжьаланы дшаауаз, санду дынлыдгылеит
Иауеи, мшәан, абыржәы даамҵарсны, ача гәыҭҟьеиԥш икәа дынҭаршәны иҩныҟа дигар?
Имлашьуа афатә дшашьҭамлара, дзыр ччаша, еиҳарак дызхыччаша дашьҭан енагь.
Уи анхыс, аснариад агәыцә иҭахеит.
Зны сҭахозар убри иеиԥш сҭахааит, иара иеиԥш анапкымҭагь сҭынхо!
Агазеҭ Аԥсны аредактор Хада Владимир Қаԥба ихьӡала идәықәҵаз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, аԥсужәлар рмилмҭтә хдырра арӷәӷәареи, аԥсуа журналистика ашьақәгылареи аҿиареи ирызкыз аус аҿы агазеҭ иҟанаҵаз алагала ду инаҵшьны иазгәаҭоуп.
Сгәанала, усҟантәи аамҭазы даараӡа иманшәалаз, аамҭа иақәнагоз ажәа азиԥшааит.
Егьи, уи аҵкыс еиҵо аамҭазы аӡыҟратә иара инубаалоит еилыхха акәымкәа, акыр еилахәоу, ажәа акәымкәа, шьҭыбжьқәак рҳәара.
Сшыццакуаз адыруазшәа, атрамваи сама, ахәхәа-ӷьӷьаҳәа ишҩеиуаз, иасуа аҵәҵәа, аанҿасха амҭакәа, ари уажә избама!
Аршаҳаҭга шәҟәаҿы ацә алымқақәа шхырҵәахьаз, ишлымҳадаз занымзеи?
Уажәыгь ачақәа ыҟоу џьыршьозар, ауаа усгьы рыжәҩақәа ҭҟьахьеит
Аха, уанымлашьуа, ԥсымышьҭыгак ҳәа уҿы акы шынҭоуҵауа еиԥшхон, ԥсымышьҭыгак ҳәа еиҭах зыӡбахә ҿыцӡа иааҳалаҩуаз Кавказ ихыҵуаз ашьхаруаа рыҷкәынцәа ртәы.
Ҭааран дыԥшааны дирҳәацәеит.
Арахь апенсиа ацаразы шықәсык ауп исзаанхаз.
Аха бжьынтәы ишәа, знык иԥҟаҳәа ирҳәо ажәаԥҟа шәаҳахьеит.
Анлныҳәа
Исыхьыз уиоуп, аус ҳзеицымуит џьоуки сареи.
Урҭқәа рыгәхьаа зкыдаз, арахь аԥырсалқәа рылашьҭга-рылашьҭыхга, афымцаеилазаара, автоматика, акабельқәа ааигәа-сигәа уаҩы изеилмырго ашьапы иқәнамҟьар.
Сара аиаша сашьҭоуп, аиаша сҭахуп, уаҳа акагьы.
Ишсылшоз ала аредакциа азызуит.
Ашәахәац канаршәит аԥсымра, иҵыхәтәымҩа дықәыргалт аԥсы.