text
stringlengths
0
400
Мышкызны иҟалашт акоммунисттә музеигьы.
Нас сналыртәан исзеилымкааз азҵаатәқәа ансзеиҭалҳәа ашьҭахь, даҽа шәҟәыкгьы узаазгеит, — лҳәеит, ҭоурыхтә романуп
Азоологгьы зиашара аиааира агаз ауаҩԥсы исахьа иҭаны акласс дааҩналеит.
Уи еҵәышк агәыҵаршәны ихалон, аӡаӡаш аҿаҳәҳәы, иҭәы-иԥха.
Иахькылнагаша рхаҿы ирзаагаӡом
Хәыхәыт Бӷажәба анаҩстәи ирҿиарала уи зегь шьақәирӷәӷәоит.
Издыруамызт уҳәар иаҳа еиӷьын.
Еҳ, шаҟа иҭахыз Даҭикәа усҟан, абагьыр инапы нхырҳәҳәаны, иуаԥсҵә азнаҵәҟьа асы аанкыланы, ибз иқәирӡыҭыр.
Маша лнапы шылҟьаз аниба, али-ԥси рыбжьара аҷкәын Маша днеины дналыватәеит.
Иузыҟазҵада иара?
Аамҭа цацԥхьаӡа изымчҳауа дҵыкәкәалар иҭахымызт.
Ҳзеиԥшроу убоит, даақәгылеит Заурбақь Ӡаԥшь-иԥа, зегьы ирмаҳартә ибжьы рмаҷны, ажәлар рҿгьы иҟоуи иануи цқьа иззеилымкаауа аӡәык-ҩыџьак ыҟоуп.
Егьырҭ зегьы ҟыт!
Убри аахыс Аимара гәлымҵәахк дыԥсраны даныҟоу, мамзаргьы Аԥсны аншәарҭахо угәы ҭнашьаартә абжьы аргозаап уи аԥсаатә ҿаасҭа.
Валери Силин агәҭак дуқәа ихы иҭагьежьуа ишҭаз
Уажәыҵәҟьа, — аҳәеит Акамыршша.
Иузеиқәысҵаз амца уаршаҳәшаҳәып, иныҵхәраап уҿаԥхьа сара сӡыхь.
Атама махәқәа шәҭыла иҭалаҳауп, рыфҩы лаҳалаҳауа инауҿаҷҷуеит.
Уи дызҭахызгьы шьоукы ыҟамзи, феида узалгом ҳәа иарҳәазар акәхап
Исыздыруам ари адгьыл занаала, гәырҩацәгьоуп ианызгаз, избан?
Амалаҽыршьыга ззырҳәоз ҳаниагәышьеит, Џыр, издыруада, мышкызны ҳхьаақәа хҽыр?
Аҳәсақәа рзы аҩы Зиза иаақәлыргылахьан, уи раҭәашьаны ахацәа иркуазма.
Бзанҵы!
Аха знымзар-зны аҭаҭын-лҩа лгәы иахәеитҳәагьы гәаанагарак имоуцызт, алҩа лааигәара анеира ҿынарҳәла лҽахылго ибон акәымзар.
Абри ашықәсаз изакәызеи аарыхра ҳәа иҟалаз, инамӡаша агара дазкуам ҳәа
Сышьыхынԥсылан сгылоуп, сӡамҩа шьа-алаӡам, сгәыӷра сныжьны, схала сныжьны ицоит.
Асеиԥш зхырҳәаауаз ҽырбашақә акәмызт, ари аиншьареи ае-ҳәшьаԥареи рыбжьара аҳаҭырқәҵареи аихаҵгылареи рыбжьоуп азоуп ирызгәдуны изырҳәоз.
Дхьахьхьала, лцәеи лыбаҩи еикәырша абалышь тата дылатәан.
Даҽа-ганкахьала ақырҭцәа ҳақәбаџӡо ианалагалак ацхыраара ҳәа ҳахьхьаҳәуаз Урыстәылаҟа акәын, ҳзыхьчоз Асовет мчра акәын.
Араҟа иаҭахын уаанӡа иара иԥимшәац, иҟаимҵац аҟазара.
Исаҳахьеит, зҳәаз абарҭ цо-иаауа адырра ахьирҭоз иалыргоз цқьа еиликаарц иҭахын.
Алагер агәашә аҭаларҭаҿ ааҵәақәак рыхқәа ҿаҳәаны игылан.
Ас рмыхьцызт, аха сара сҿы иааиз убас дақәшәоит, егьыс дақәшәоит, дыччон иара, иԥҳацәа ирлахҿыхырц.
Ашәҟәҩҩра аҟыбаҩ иман.
Резик иакәхеит уи азын ишоу, арԥарцәа ҳәа мзада илашоит.
Ганкахьала, аепископ Кириони архимандрит Амвросиеи ықәгылон, аԥсуаа рзы ирҳәоз дырҵабыргуан
Зԥҳа дызбаз, уи лгәы иҭаз лнырызшәа, Анцәа диашьапкуан.
Игәнышәкылама шәара абарҭ зегьы?
Иҳақәиҭу сара Исықәиҭу иеиҳәеит
Аҵх лашьца иалҷҷаны иуҿаԥхо қәыџьмаблаҵас шаҟантә аԥсра абла ԥырӷқәа дырхыԥшылази, шаҟантәгьы уажәы-уашьҭан сзышьҭаз араион сшьапы наласыргылоит шиҳәо, амшын агәеисра ихыршәлоу афлыка еиԥш, игәы иахьҭаӡам ҭыԥк ахь дганы дҿықәнажьлази
Ашәақәа ирзылшеит лыгәҭыха, ллакҭахаагьы сыҵәахә азы.
Сгәы иадуп сызхаанӡам ргәыхьқәа
Иауазеи изаҳамҳәарызеи иаҳзеиӷьу аиаша.
Ааиха соуаанӡа сцеит.
Аха уи шԥаҟаҵатәу?
Иаахызжәеит.
Лхықәкы дазымхәыцлар ауамызт, арахь, уи ухы ианҭагьежьуаз адунеи ақәыԥшра даараӡа иуадаҩын.
Аисполкомаҿы излеилыркааз ала, уи Гипропроектстроиаа рнапы ианҵан.
Уи иабду Кац димыхәаҵҟәьеит, иҳәатәахьы дизиамгеит заӷацәа мышмыжда иҭазыргылоз иакәны даақәгылеит
Маҷк рыԥсы анааивырга, ҳразҵааит хеиқәырхашьас иҟарҵаз.
Уахатәи алакә ҵхаҿы, аԥсабара алакә ԥхыӡ сшалаз, аеҵәақәа рқәаршҩы схьыӡсо, ҳахьатә кәасқьа амардуан сынхалеит.
Инхаз ажәҩан ахь ԥырроуп.
Издыруамызт, араҟа иаҳзыруқәоз иара издыруамызт.
Сыԥсадгьы мап, исзымшт, Аԥсны иуаҭәоу, иамуӡит!
Ааигәа изҩит Ашҭа аханы аԥслымӡ ҳәа хыс измоу ажәабжь.
Дааԥышәырччашәа дҵааит егьи аԥсышәала.
Зны диеҵәаџьаан уи дысҿаччоит, зны дымрахаан дысҿаԥхоит.
Иџьалшьон, илакәылшьон Ача.
Ани есышықәса аусқәа кажьны Аԥсныҟа ԥсшьара иузнеиуа?
Бениамин Аҭрышба наџьнатә еиԥш, сықәгылоуп сыдгьыл, саргьы саԥоуп, сџьашьатәым.
Маха-шьахала ара Ҭырқәтәыла иҟан, аха рыԥсы Аԥсны иалан.
Бара бҿаԥхьа ахарара ду сыдуп сара, Саида.
Амза лыԥшаахқәа Уреиԥхыӡла шьҭа.
Даргьы аԥсҭазаара иарӡрыжәхьан.
Дыԥсхьан иара, инышәынҭра ҟаҵаны, ҩнык иаҟараны иахьагьы игылоуп.
Аҩымҭа абызшәа цқьоуп.
Сара сыздылаша уаҩы дызбаӡом.
Уи инашьҭарххны ҳар Аԥсны зегь ахы иақәиҭтәны, Егры аӡиас ишныҽԥынгылаз ҳаҳаит.
Иаҳҭахым аҿыц.
Изаҳауаз ауаа рзымацарагьы акыр иаԥсан.
Маҳагьарак ҟалар, ахҟа рыбжьалар, баша еимакык роур аигәылацәа, абыргцәа надгаланы рус аҭыԥ иаақәырҵоит.
Даду даахәыцхәыцит.
Акызаҵәык, ажәгәара иҭакыз ажәқәа иналаршә-ҩаларшәны рыҵәҵәабжьқәа гон.
Дахьынӡахәыҷу лан лахь дшәымшьҭлароуп, дшәыцәхылхыр алшоит, — иҳәан амилиционер, дцарц дҩагылеит.
Аха, Сырма лажәақәа рԥсаҳәагаха игәы инықәлан
Гафар иҿахәы иҿырхырц данылбааргаз акәын, ари абӷьыц анысзааргаз.
Бзыԥҭа ақыҭа иналаҩит игәыҭшьаагаз ашәаџьҳәабжьы
Абаҩҭартәаҩы Амтон дахьыҟазаалакь, уеизгьы-уеизгьы, дылзааргарц азҵаара нықәлыргылт ачымазаҩ.
Исҳәо шәшәырҳа, акәымзар ишәыхьуа жәдыруама?
Иман абаҳча.
Ҽаӡәгьы аӷьеҩҳәа унапқәа еинҟьа.
Ҽнак хәлаанӡа Шамаа дырҭан.
Ишәыра дынҭаԥшны иааҭигоит хәдахаҵак.
Изҩыша ҵҩакы амамкәа иҟоуп, аха шьҭа аха сымам, нанду амаҭәаӡәӡәарҭаҿы слыцхраароуп.
Умар шьапы мышла ашҭа уҭигааит, сара гәнаҳа сыхәда иқәзымҵаз!
Абри Амҿтәы Уаҩхәыҷы заб рыцҳа иԥсра аанӡа дызшьуа ҳәатәхамҵоуп!
Аа, шәахәаԥши, шәхы инаркны шәшьапаҟынӡа шәызҩычаз иароуп.
Аеҵәа рыбла кәеицеиуеит, Ажәҩан кеикеиуеит уаха.
Ус ҳааибабақәап, — ҳҳәан
Амшын агәрымбжьы ааҩуан, уи иахаахысгьы абжьы цәгьоуп, гәала маӡак амоуп, иаҳәар иазҳәом, еилырганы.
Ухаҿы иааг, уи шаҟа иԥырхагаз иԥсҭазаараҿы аҵарауаҩ Шьалуа, инацлеит, аиаша ҵәахны, аамҭа ианаалаша аҳәара.
Никәа даалаган, иара излеидыруаз ала аныҳәаҿақәа нарылеиҵеит.
Уҭак ҟаҵашьа акәхоит уара узы иԥсеиқәырхагахоугьы!
Уи сара сзанааҭ дахәаԥшуеит абас
Агыруатә, ашәануатә, ақырҭуатә хылҵышьҭрақәа иахьатәи Аԥсны атерриоториаҿы ицәырҵуеит икьасоу абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы, урҭ акырџьара ирыԥсахуеит аԥсуа топонимика.
Беиӡыӷә акгьы изалымхыкәа дааит аҩныҟа.
Уҽыргызмалны наҟ ухиаала, унеиуан сгәаҵӷа ҿуҵәаӡарц.
Ҳаҭоумҵан, хәыҷык аамҭа иахырԥаны ҳахьааз, аха уск ҳамоуп уара уҿы
Ааи, Саида илҳәаз налыгӡеит, дцеит Аҟәа.
Абри ауп изызку аԥсҭазаара иарҟәыгахьоу аԥҳәыс бырг ан лажәақәагьы