text
stringlengths 0
400
|
---|
Уи ҩажәижәаба шықәса нагӡангьы ихыҵуамызт, аха ҭаҳмадак иеиԥш ахәажәцәа иҟәнылахьан, мычкәармак имаӡамкәа илӡаахьан, ахәархь аанкыланы знык-ҩынтә данахалак, уара узгьы, сара сызгьы сара сахалоит ҳәа Наҳар Валентин дрыцҳашьаны, ладагьы-ҩадагьы дахон. |
Уи игәалашәарақәа рҿы иҽуеит |
Леон Актәи иԥҳәыс. |
Бызбарц са исқәашьума нас лыԥхала, Исҭахым ҳабзиабара наҟ иҿшәар. |
Амала, акызаҵәык сызмырҭынчуа, ҵәымӷ жьакцаны сгәахы иалоу, Мизан иҽынеиҵыхны аибашьыха ахьимаӡаз, иашьцәа ршьа кәапеила атаха ахьимаӡаз, аиааира амш дахьахьымӡаз ауп, — иҳәан, еихашәыеиҵашәхьаз гәырҩа ччаԥшьк неиҿықәиҵан, днеилыблааит Кәаҷаҷ. |
Сабарыхәои шаанӡа? |
Даныларҵо |
Аболгарцәа рдокументк излаҳәо ала, ақьырсианцәа аанкыланы, игәаҟны иԥсларц, аҵәҩан иахарҵон. |
Абас Гиви Мхеиӡе диарӷьажәҩаны днаивагылеит Тҟәарчалтәи Арыш-ԥҳа. |
Усҟан иԥхаӡа гәбылрак Варден ишҟа иааизцәырҵын, аԥсынгьари иаҵаку аиха аншлак, аӡыржәра ианазыҟалалак, иахьуҭаху ишурҵәиуа еиԥш, дахьурхалакгьы дхартә дҟәата-ԥсатаӡа асасцәа рҿаԥхьа даанхеит. |
Маҷк ауп исҭаху ахраҭгьы, еицамкааит сышьҭахьҟа инхаз. |
Иухьзеи уара аччиа? |
Аха ҳаамҭа ааҳәит, аҽаԥсахт, аҵеирагьы уажәшьҭа аԥеиԥш бзиа аман, ахақәиҭра ҳзаажәгеит, дад, шәара, ҳҿы шәырцәажәеит! |
Сара сышәшьуеит, убриала еиҳагьы ишәҿышәхуеит шәҿаҵахәы. |
Данаанагаз раԥхьатәи ауха акәызшәа, лара дзыцәомызт. |
Ҷашь рыцҳа, ҳаскьында изакәызаалак адгьыл ԥырхага азымҭо, иразу, иқьиоу. |
Рынҵыра сыцырҵеит ҳамҭас ҳәа, аҵых лакәқәа ара исыршаз. |
Аха аҵыхәтәан цқьа дымхәыцкәа, зынӡа иԥижәацәеит рыгәқәа! |
Мышқәак ааҵхьаны, аӡәаӡәала Аҟәа ҳналҵны, бнарак аҿы ҳаиқәшәеит Қоиавеи, Ҳаџьымба Шамели сареи. |
Асасааирҭа аԥхьа ииасны ицоз амҩа ҭбаа ду ааихҵәаны нырцәҟа даннеи, Алиас ауаа рырацәара дналаӡ дицәцеит. |
Аресторан, ма акрыфарҭахь ҳцап иҳәеит Мирон, аха исымуит. |
Абас сгәеилагара анааихыккоз аамҭазы. |
Абри ажәлар ирылаҳаанӡа ԥсыхәак аҭатәуп! |
Уа ҳарбаӷь ду аҭакараз аҿыҭра иаҿуп, иара ашәшьыра иҵагылоуп, абжьы ашоура ицәуп. |
Абзиара иатәу аепитетқәеи ацәгьара аазырԥшуа аепитетқәеи рконтраст ссиршәақәа Ҳаниф-ԥшӡа ллахьынҵа аиҭакрақәа аанарԥушеит лара илызку ашәаҿы |
Ҳаи, аӡәыр изы ишуазар уи аҭаҳмада изы ишоит, — рҳәан шьоукгьы неихыччеит. |
Какалк кны уантәи аҩныҟа сдәықәлеит. |
Аха мап, Баҭал даара дзеигәырӷьашаз акы идыруан, аха иара ихаҭагьы уи ацәыргара акәым, азхәыцра убриаҟара иԥ хеишьон, уажәы ибыз иахьықәххуаз, иара иакәымкәа, даҽа ӡәушәа аҳәара згәаӷьуаз, даара иџьеишьон. |
Аԥсҭазаара атәы бзианы издыруаз роуп ари ашахматгьы зхәыцыз, удыруоу, иҳәалон Лад. |
Сеилаҳхеит, ҳаҩны ахыб аԥсахра ҳалзыршои, сымҳәахи. |
Ақәаԥсатагьы алеира иалагеит. |
Ижәымун, — сҳәеит, иҟашәымҵан, — сҳәеит |
Иҟаҳҵаша удыруама, акәты уаҟәыҵны курочка аахә. |
Ҳмилаҭ поезиа антологиатә ҵасла наҟ-наҟтәи аҭыжьрақәа раан, ҳәарада, ашәага-загақәа рҽырыԥсахышт, ак наскьашт, ак ааскьашт, аха, раԥхьатәи абри аҭыжьымҭаҿ иамҩан иԥхьаӡоуп, иахьынӡауа ала, урҭ, иеицырдыруа авторцәа, инарҭбаан рзааҭгылара. |
Уара ақыҭа уацәыӡхьазар ҟалап |
Жәҩанк ахалара мариоума, схықәкы еицазымкуа ԥшаауа? |
Нас лан дҳашьҭалан, убри амҩаҿы аԥсра даналага, лыӡӷаб, хышықәса бдаӷьны быҟазааит ҳәа дылшәиит, дагьыҟалеит. |
Нас ирхуа урҭ ашҭақәа аԥсра нықәлап |
Амца иалои гәырӷьа-ԥхаррас? |
Унықәиар уҭахызар? |
Иахьарнахыс ҳашәҭ ҿыц иахьӡуп Ҳаџьараҭ ишәҭ ҳәа аҵыхәтәаны иара ииҳәауа аҵакы еиҭарс амоуп |
Аԥхьатәи агыруа даан убра данынхоз, убысҟан убра дынхон Қәач захьӡыз аԥсуак. |
Ари иҟаиҵаз аҽаӡәы иаҳан, ҩҟызк шьны ичаԥаны аҳ изигт, аха инеигаз изымшазт, аҳ иҟнытә акгьы имоут. |
Уа ианнеи, абга цеит амҩан умшәан ҳәа иаҳәаны. |
Ҳаиасып уажәшьҭа аимааи ашәҟәи реиҿырԥшрахь. |
Аԥсны асоциал-культуратә хаԥшьгарақәа Рфонд агәыҳалалратә программа ахықәкы хада абизнеси ауаажәларреи рҟынтәи аԥаратә хархәагақәа аҳәаанырцә зыҩаӡара ҳараку атехнологиатә хәышәтәра зҭаху ахәыҷқәа рыцхырааразы адыԥхьалара иазырхоуп. |
Уи уажәазы мчы амам. |
Иаргәҵысҭа ааибӷын, иблақәа нҭырпыжшәа Назыр днеизыԥшит. |
Сшәоит, сшәоит, Шьханыҟәа. |
Абарҭ аҷкәынцәа, сара аныҳәамшахь изгаӡом, аибашьрахь ауп иахьызго. |
Заур, иахәҭоу иҳәан, ижәит. |
Зегь раԥхьа дзыцәшәоз ак иман. |
Аус аҽахьарҵәишаз ахьдырҵәишаз аилкаа змадаз. |
Уи Толик Борисов иакәын. |
Сҩызцәа абаҟоу, рцәаарак збаӡом. |
Адунеи дықәижьҭеи кыр ҵуазшәа хәыцрак дналалт, дзышьҭаз ашәа дарҟьалеит. |
Избауга? |
Иумада ҭынхас? |
Дарбану иаламыҽхәо |
Акгьы ҳахьынҳалаӡом абри шәара аԥара рҳашьа Урыстәыла излашәҵаз апроект ҳашәҳәар. |
Ауаа рӷьычра иаҟәыҵны, ҩаԥхьа арахә рахь ииасуа иаҳзыҟаҵа ҳәа ҳиҳәап. |
Иҟоуп дырҩеигь аҩыра бзиақәа |
Аҷкәын дгәаан илахь ҵырхәны иан длыхәаԥшуан Аҵыхәтәан, иан лзы, ус иҳәеит |
Иахьа анхацәа ҳаҵкыс амаҵура иалоу еиҳауп. |
Изӡатәузеи ҳани ҳаби роуп |
Уи уаҵәазы иааныжь. |
Сыԥсы ансоу, сеихан иаразнак амандаринаҭра сҽасҭеит. |
Аиҿахысрақәа раан ирхәыз ҳаибашьцәа ирыцхрааны амедпункт ахь рдәықәҵаразы сҩыза амедеҳәшьеи сареи уажәшьҭа ҳцароуп, саҭоумҵан, Шьабаҭ, лассы сахьдәықәлаз азы, лылаӷырӡқәа чабрала ирыцқьо лҿыналхеит Назира. |
Ҳара иҟаз зегьы аабон. |
Маҷк изынханы дыҟазар, аҭак иауеит иара. |
Арахә уажәы дырҿын ашьыжь шаанӡа, ишмаҷыз ибагәышьон, арахь дара рыҿиара ашықәсқәа аҭахын. |
Лара лоуп, уаҳа дарбан! |
Телефонла усҟатәи ҳзеицәажәаӡом. |
Днаганы чықьмаџьак дынҭалыртәеит. |
Ироуразы Аҟәа иалҵны ицоуа аҭаҭын ԥуҭ цыԥхьаӡа хәба-хәба манаҭ алыршаны ирышьҭарҵоит. |
Ишԥасымфоз, икасыжьуазма ирӷәцәны исфеит. |
Ашьҭахь дкылсит Кац. |
Умшәан, сыҷкәын, умшәан, лыҷкәын игәы лырӷәӷәон иан даныргоз. |
Бзиала, иӡәӡәам, иҳәҳәам Урстәыла, атәцәеи урҭ раҳцәеи рыԥсҳара, шәарҭ, еилаҳәоу маҭәа иаҵәала, убас урҭ рхәура иҭоу жәлара. |
Баала, сыԥҳа. |
Аҵыхәтәантәи иажәа агәра угартә ишыҟамызгьы, дидикылар акәхеит Ҭакәи. |
Уабацәа рџьынџь қьаԥҭажәумтәын. |
Индиа иалшои, изакәызеи |
Ажәҩан иунамҭац шьҭа ианунамҭо |
Уи акәзаргьы ҟалоит. |
Усҟан ҳаблақәа зҿыз еибашьран, ҳгәаӷ еимоушәа ҳгылан наҟ-ааҟ. |
Илкыз афырмахьҵә ала ихәажжоз акәицқәа дрыцкласуан. |
Ашьа зыхшылаз иблақәа ҵаҟа ирԥшуа дҵааит ақәылаҩ. |
Ҿааиҭит Дыгәра, смахәар атазҳәа днасны. |
Дҵааит Даҭикәа, завтомат зыцламҳәа иаҵаргәа, иаԥхьаҵәҟьа итәаз аҷкәын ихы наиқәикын. |
Анаҟәаԥиа-ԥҳа диман дыбналан, Бырзентәылаҟа дцоит. |
Иахьааизгьы, уан, лашьа лгәы дыҵымхози, дызусҭада, уара, ицәажәо, Сеилаҳ даазар ҳәа лыбжьы анлырга, зыӡбахә лымоу дарбану ҳәа дсазҵааит иеицыз руаӡәы. |
Асҭаршын Ҷыӷьыц уи ибзиан дидыруан. |
Смиал уи дақәшәан аҭак ҟаиҵеит. |
Аӡы иаго аҳәҳәабжь иаҳаӡом! |
Шәҩыџьегьы смашьына шәынҳацҭатәаны аимдара ҳалагоит. |
Иҟалазеи, убжьы гомеи, аԥсуа ашәа ҳамҳәаӡои? |
Баалоу ауаҩ нага, наҟ ауаа рус зыӡбоз, иаҳаз дацаапкит, ишԥыкәу сыҷкәын абри аҩыза ихы ишаҭәеишьаз ҳәа. |
Ақәа аанукылоит, аха хаҵацара згәы иҭазкыз аӡӷаб, дузаанкылом. |
Усқәак змоу зегь ԥхьаҟа еихоит, зегь рышьҭахьынӡа са саанхоит. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.