text
stringlengths 0
400
|
---|
Иара убас, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара азҵаарақәеи, аҩганк зызҿлымҳау егьырҭ атемақәеи ирзааҭгылахоит. |
Са исымоуп, шьҭа исылшоит ибсырбаргьы, бгәы аҷараҳәа иаазыртуа ацаԥха! |
Аха, иагьа деи-лахзаргьы, илыдызгалаз аус, хьаҳәхьачарак ҟамҵакәа дақәшаҳаҭхеит. |
Дыҟамкәа, ашьапызаҵә! |
Ахьтәы аамҭа ҳзызчаԥаз, ахәыҷаҿы зхы назго, адуаҿгьы убас. |
Агырцәа ажьымдыр еиԥш ара ибжьаханы иҟоуп. |
Уаагылеи, уара! |
Еилыхха иҟоуп адиалог. |
Аҵыхәтәан аҭаацәа иреиҵбӡаз Сасрыҟәа иашьцәа зегь ахьцаз аибашьра дцон. |
Акаҭа иалашәаз ԥсаатәҵас, ишәаӡыӡон сгәы иахантәарак. |
Чақырџьалы кыр аамҭа иблақәа ҵархәны Ҳаџьы дихәаԥшуан. |
Ақьала сныҩнагаланы асаҟәа снықәиртәеит. |
Маџьраа, шанхалазшәа иштәаз, дџьашьаны изыԥшуа иҩагылоит, иара дласны дцоит. |
Ус иҳамхажәуеит |
Агаҿахь снықәлеит, абаҳча сныҵыс |
Шәҭахызар агәра жәга, шәҭахызар ижәымган, аха Мексика инхоит, џьаргьы иуԥымло ажьа. |
Нас, ус акәзар, изухцәажәои? |
Сыӷәӷәаӡа схы збауа сҟалеит. |
Ҳаӷба шкәакәа заҵааира аҽыланарҟәуан, заҵааирагьы иааины ҳабла иаахгылон кыцла, кыцла мацара ихыбыз аҩынқәа ҟаԥшьшьыхәаҵәара-ҟаԥшьыхәхәаҵәараӡа. |
Еимҟьарак шааҟалалакь еиԥш шәныбжьҟьартә |
Сызуазҵаарц исҭаху. |
Аха, ишыжәдыруа еиԥш, абзиа аҟаҵара ус имариам. |
Ҩымш раахыс заха рмоуцыз ачаирҭа еинышәшәыла азҳара иаҿын, ихыхтәын, хырԥашьа амамызт. |
Урҭ ыҟан Лондон, хаҭыр рықәҵаны ирыдыркылеит. |
Лҵараҿ дхьысҳахар лҭахымызт, аха маҷ-маҷ аԥсыҽра лызԥшын, лхатә усқәа хьаҳәхьачрада реиқәымшәара иахырҟьаны. |
Аха игәы ԥхаракгьы аныруан, уи иҩызцәеи иқәлацәеи ргәы аԥхара акәын |
Аԥсы ахшәарцу азакәан? |
Нас ишԥыкәу? |
Ӡаԥшь-иԥа Зорбақь иҷкәынцәа қәыԥшцәа |
Аҵлақәа рыҵаҟа рыҽшаны, гәыԥ-гәыԥла еицәажәо итәаз рахь ҳҿынаҳхеит. |
Сангәлиа Ҭемыр афутболтә клуб Афон. |
Пенелопа дызгар зҭахыз лҳәацәа лыҩны ашә ҵдырхаауан, агәырҩа еиқәаҵәа дҭаргыланы дрыман, аха лара Одиссеи дизыԥшын, лнапы акырҭа хаҵак илымҭаӡеит. |
Уааишьт арахь! |
Ус иккаӡа иаашеит. |
Еилызкааз ԥыҭҩык гылт. |
Уан лкыкахш иуфахьо уазыразызар, суҳәоит, сумшьын, соужь, — аҳәеит ани ацгәы. |
Уа аишәа гьежь гылан, инадиртәалеит. |
Сыкәын инацәа наиқәкны. |
Слымҳа инҭаҩуеит, раԥхьаӡа исықәҿызҭыз сынасыԥ абжьы. |
Ус егьиашан. |
Кьатрацә анс дманшәаланы данхынҳәы, дызлаз ажәлар еизиган, дзырманшәалаз Фарҭын чара ду изиуит. |
Салԥеит сышнеиуаз џьара аҩсҭаацәа рымца, сыҭрысшәа сандәықәла, қдык сахҟьашеит. |
Хышықәса зхыҵуа еиҳа ахә еиҳауп, ҩба зхыҵуа |
Абыргцәа аԥхьшьтәы ҳәа акәын ишашьҭаз. |
Шықәсык зны аҳәаанырцәтәи журналистцәақәак срыцны қыҭак аҿы ҳнеит. |
Алаԥшыцәгьа-аҿаԥшыцәгьа дышәхарамхааит, срыцҳауп! |
Угәы изаанагазеи бҳәоу? |
Зегьы акака ҳарҿын. |
Сныҟәом ақаьфаз, уаҳа гха смыхьроуп. |
Ал каҿа зырбабаз, Аҽбаа ӡыхь зыркьыкьыз бжь-мшынк дырхысҭәҳәалт, Бжь-гәарак дыркылсхит, Бжь-еихацк дыркылхны, Абра скылсны саауеит. |
Ажәҩан шаҟа иҳараку, уахынлоуп ианцәырҵуа |
Сыҽнадцалан абырҵкалгьы икылысхуеит, аԥсуа ҭаца леиԥш иҟаларцы. |
Акагьы, ҩаԥхьа ахчы иҽнылаижьуеит Кәынта, дызлаз шыԥхыӡыз идырзар акәхап. |
Иаазгагәышьеит уԥсы цәаҳәала, атышаҿ убаҩқәа икәаҳаз. |
Асалам шәҟәаҿы акьыԥхь азы имцхәыз ҭыԥқәак ркьаҿуп. |
Ахьча иқьалаҿ уԥхьахьоу? |
Аа, уи аума уззааиуа? |
Унан, бҿы изҳәаз хьыла иҭәааит, — лҳәан, саалгәыдлыҳәҳәалан, схы агәҭа днагәӡит, са сзыргәырӷьаз Анцәа биргәырӷьааит! |
Саҭамзааит, аха шаҟа ибзамыҟә жәлоузеи! |
Уи хҭыс дуны ирыԥхьаӡеит Ҷлоуаа реибашьцәа. |
Сымҵәыжәҩақәа еиҵысхуан адгьыл сашьҭуамызт, сызҭашәаз ԥырсалушәа ихьанҭан. |
Гәаԥханашь лыҩны ианааи, ирбаз рзыџьашьахәшәа иахәаԥшуан. |
Ақыҭсовет ахантәаҩи агрономи рылаԥш наладырҟацеит уи абӷьыц, алыхәҭа еиԥш, икылхха, иҩеижьӡа иҟан иара. |
Текстла еиқәшәаз арҭ анҵамҭақәа рлексикеи рпаспорттә згәаҭарақәеи рҿы иҟоу аивыгарақәа аиқәыршәаҩцәеи аҭыжьыҩцәеи рредакциа иахылҿиаауеит. |
Пицундантәи иаауаз асасцәа дрыцын. |
Егьыс ԥхашьароуп. |
Иҟалҵоит азыҟамҵара |
Ақалақь, шамахамзар, шьапыла аӡәгьы далаӡамызт. |
Урҭ амалагь ргәы акалан, ааԥын ԥшахаа рхы иҭалан иҟамзи ҭынхада! |
Уи ашьҭахь иаҳзааз аԥошьҭа шеилсыргоз Мориак Грузии аԥшьбатәи адаҟьаҿы сылаԥш нақәшәеит ҩызак исахьа. |
Егьа иҳәаргьы, инаигӡац дҵак иеиԥшыз џьишьон. |
Уажәы бсықәымшәар еиӷьызшәа збоит, аха ҳаиқәшәеит. |
Ҳәашьак сзаҭару сҿахәы, аҵысеиԥш иқәԥраауеит снаӡаанӡа! |
Уи ашҳамгьы уласҵоит, аха ахәшәгьы иара уаҵәҟьа иуасҳәоит. |
Зишьа иишьа еиԥшымхаз, Сасрыҟәа. |
Баҟәыҵ, сыӡӷаб хәыҷ, уи иаҭныҵран иҟоу ҳара ҳаркьаҭаӡом! |
Уаҟагьы патреҭқәак кыдын, аха урҭ еиҳа иҿыцқәан, ааскьа ишҭыхыз ҩашьомызт. |
Урҭ ашықәсқәа рзоуп, рҳаблантәи ашкол далганы, арахь даниасыз Аза. |
Лара, илызԥшыз еиҵалмырхарц, даахынҳәит. |
Уажәа хьыла иԥысҟеит. |
Ԥҳәыс дааигаанӡа, ақыҭаҟны изтәаз иан лассы сааиуеит ҳәа налаҳәаны, днықәхәаша дцалон. |
Деиҭаҵааит Гәында. |
Арԥысгьы ашьшьыҳәа дҩагылан иџьыбахь инапы аҿынаирхеит. |
Макьана амлаҵәҟьа ҳамкыцт. |
Ишәаҳәаҩу, илафҳәаҩу, апианино аҿы ихәмаруа, икәашаҩцәоу. |
Быгәра згода? |
Сара сызҳашьа атәы бзианы ибдыруеит |
Ҷкәына заҵәык. |
Ус иаарлысынгьы дзымдәылҵит лара. |
Анрагьы абрагьы ззылуаз лыхшара мыцхәы дырхыбаауан. |
Абааԥс, афҩы ҳагот, амҵ ааҳасуа ҳцома, иузымго? |
Арҭ ахәыцрақәа зегьы ирымҽхаркуамызт, ауаа зыниаз иацныҟәон. |
Сыбла иабом сгәы назхыло, ирыхшәеит урҭ, сгәы зыхқәаз. |
Рпаспортқәа еиԥхьырттаауа инаргәылаԥшуан, изышьҭоу узымдырӡо рҽырмаӡаны. |
Саргьы сгәаҵанӡа ихьу-хьууа инҭалан, сарӷазы-ӷазит |
Иноусыжьыр иԥҽны иԥыххаа ицар ҳәа сшәошәа, схы иеидырӷәӷәала изкыз, снапқәа аарла иаадызган атымитышахь снаԥшит дызусҭадаз гәасҭарц. |
Ран Индира Малиа-ԥҳа лакәзар, уи дфырԥҳәысуп. |
Аусумҭа актәи ахаҿы аҭыԥ рацәа рзалхуп аҭәҳәақәа. |
Мышьа иҽынеигәыджьыланы дааникыларц далагоит. |
Зегь еиқәыӡырҩуа иԥшуп, изыниаз рзеилкаауам. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.