text
stringlengths
0
400
Азҵаатәы нықәиргылит Леуарса
Ажәибжьтәи ацәырҵра апринцесса Еболи.
Платон Бебиа рҿиаҩык иаҳасабала иабџьар хада ибызшәазы иҩуеит
Нас саагәыдылкылан, даасыкәшан ҳаиманы лыҩныҟа ҳцеит.
Сыжәҩан ҳәаада абаҳча шьыжь иналԥрааны, идәықәлоит урҭ, са сҟынӡагьы иааӡоит.
Ҷавҷаваӡе, Шьоҭа, Николоз, Ҭициан, Шҳамыркуп рҵеи Шеварднаӡе Сталини Бериеи рҭынхан.
Сыбӷа ӷәӷәазҭгьы, схы аԥҽра аӡәгьы изыгәаӷьӡомызт.
Ари инхаз ҳхәыҷқәа рыхәҭа акәны инҳажьызшәа сгәы иабоит, шәгәы иацәымӷымзар ҳалганы ҳцап.
Ҳаӷацәа Наа ихало ианалаг, ҳара ҳгәаҳҽанын.
Хар ҳамам, хар ҳамам
Бысзыԥшыз, Уара иугәалашәоит, Алиоша, Смоленшьчина амҩақәа, Иҷкәын дааигеит алафеҭ даныртәалан, Аҷкәын шла хәыҷы уҳәа убас ирацәаны иззымдыруа.
Урҭ, атеатр аусзуҩцәа аамҭа рцәыргоит акәымзар, ихырҳагоу акгьы ҟарҵаӡом.
Амшцәгьаз ицозу иҭаларц ҳаԥык?
Сара сҿаԥхьа еимаҳахьан агәашәқәа, урҭ шьҭа иаатуамызт, сеибашьыр.
Амеран дызлаз абаталион аштаб аагоит ҳәа акәшара ишаҿыз, ирымбаӡакәа аԥсуа еибашьцәа аарыкәшан, амца рыжәырҵеит.
Уи длыцхраауан лҭаца Лиана.
Мап зыцәктәу сахьынҳалом сара, аха неилыхда зегьы ҳаргәыҵасрым, иазхоит шьҭа аԥсцәа рырххара, ԥсыцәгьарыла иаҳтәым ҳамҵасрым.
Изалшома шьҭарнахыс, абри аҭыԥ мбакәа.
Лхаҵа ишиҳәаз еиԥш дааганы атәангьы иаргьы шеилаз ахаҳә ахы иақәлҭәеит, нас даахынҳәын лиарҭаҟны днеин, уа лыҽҩылалыжьын лыԥсы лӡеит, илулакгьы лҽеиқәылкит.
Ламкац алада сыбла анынахызгалак, усҟан изласарҳәоз ала, аԥсара еиԥынчыла ихызҩоз ашьхара
Шьоук иртәымыз иамхеит, еиҭамхеит, уи акризалго жәбама еиҭамҳәак.
Аҵаҳәацәа даартәыртәӡеит, иаргьы исаҳарызеи ҳәа илымҳақәа рхаханы икын.
Убри аан Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит
Убрыгь абаҭахыз, избан урҭ рыжәлар адунеи зегь иабо агәнаҳа изаҵарҵаз?
Арҩаш насыԥда, уабацои?
Уи идыруан афашистцәа закәытә уааз, ауаҩы дышрыцҳарымшьоз, агыгшәыг бааԥс ишаҩызаз, аха иара абахҭа данҭарк аҽныҵәҟьа дахьҭаркыз ауадаҿы амҿтәы каруаҭ дыргылеит, аҭәеи ачази икаруаҭ иқәрыԥсеит ахьҭа дамкырцы, ифатә бзиамызт, аха уаҩы ифартәы иҟан.
Ажәа иман Шамел
Агәырӷьареи, ахәыцреи сеимаркуеит сахьгылоу, сгәы саԥысны, иабыкәу, ицахьеит хара.
Уажәы уск аҵыхәалашәа сицәааит арахь акәымзар.
Уи зыдҳәалоугьы дара афиналтә формулақәа рҵаки рхықәки ракәхоит.
Уи имаркит иҩызцәагьы.
Ааи, ааи дырҩегьых ибжьы геит иара.
Ан дынхьаҳәын, лышьҭахь иааиуаз лыӡӷабцәа нкылкааны рыбла дынхыԥшылеит.
Уи аахыс ашықәсқәа цеит, иеиԥшны аҽыкәаша, уи аахыс хәынтәгьы ишәҭхьеит аҳәаса
Сара дсымбаз џьушьома?
Ауацәа, аҭахцәа, ахьӡ-аԥша рыгума?
Аилазаараҿы агәыӷра рымоуп ари апроект аԥхьаҟагьы иацҵахап ҳәа.
Сымч кәарма-кәарма, сымч кәарма-кәарма, сымч кәарма-кәарма еизеит
Аӷьыч хылԥеиԥш аҵысҭра аҵла иаҿаршәуп, иӷьӷьа-иӡәӡәа ахәыжәаҟьахьеит.
Аамҭа иагьа иуадаҩзаргьы, зегь акоуп урҭ аӡәк еиԥш иеицгылеит.
Сыжәлар, ишәцәыӡит шәа шәыбжа, иԥшуп азҵаарақәа сыкәшан.
Еидарак ақәыхтәыс џьоукы ирымазар, срыцхраап, ҟәыршь қәакгьы сырҭап сҳәан, асқьалахьы снеит.
Уи дгылаӡом, ибжьы ирдуӡом.
Анаҟа-араҟа иша-шаны икыдқәан аҭыԥантәи аиҳабацәа Нестор Лакобеи Самсон Ҷанбеи агазеҭқәа иргәылаԥыҟҟа-ргәылаԥыҟҟаны.
Зшьапқәа рчаԥаз сыдаӷь дуқәа рышьҭыбжь ада шьҭыбжь гаӡом.
Уи амахәқәа аҿеҩҳәа иԥҵәоит.
Избан акәзар Сталин иаамышьҭахь актәи ауаҩы ҳәа ирыԥхьаӡоз Маленокв иакәын
Аԥсуа-аурыс ҳәааҟны аҭагылазаашьа еицаҳзеиԥшу хьаауп, цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала сара сзынгьы уи хыхьуп иҳәеит апресс-конференциаҟны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.
Иарбан дгьылу ирзалшәхо!
Етрускаа ҳәа изышьҭаз италиаа раԥхьа Рим зымпыҵакыз, акультура ду аҭоурых иазынзыжьыз жәларуп.
Лылаӷырӡ аарҭақәагьы еимаҷыҩны иакит.
Уи ахаҵа иҿабызшәагь хаауп, иажәақәа урзыӡырҩыр аԥсуара акы агзырхо иакәӡам, ихы ақәиҵоит
Ҳаҷкәынцәа жәлары ҳамыцхәрас иалаҳхыз ҳхаҭ?
Иара иаҳәауа ауп, акыр схы иҭысҳәаауама?
Уажәы ааигәанӡа Аԥсны иԥырҟон шәи ԥшьынҩажәа нызқь кубометр абна.
Ари арахь иаама, рыцҳа, аҳҭынрахьы ицаз џьысымшьази!
Ақәа, укыдҵәала, ухымкәан, уи лқьышә хаақәа сыгәӡлоит!
Даҽа акака аанаҳкылапи, акы унацҳаи шьҭа.
Мышкы шьыбжьаанӡагьы лгәыҵәҟьа уи ида уаҩ изымцацызт.
Ҳнаскьеит ҳара асы ҩамгыл ԥуа, уи лзын сыԥсы ҭысхуеит.
Сааҭбжакгьы мҵыцызт ҳазҭатәаз аверталиот алаҟәра иалагеит.
Сызҭаху сырҭахуп, издыруеит
Аха ҳара, абра ҳзеиԥшроу ала, ҳаҟазшьа-ҳҵасқәа рыла, абри еиԥш аус аӡӷабгьы илыдаҳцалароуп, ҳаргьы ҳҽазҳархиароуп.
Даалԥеиԥшып.
Ишаҟьо игәармлои!
Ача, иҟоу басҳәап
Ҵабыргыҵәҟьангьы, ашәҟәы ҩны исиҭеит, абра сџьыба иҭоуп.
Агәылацәа ргәашә амҩа илархх иҿан.
Иреиӷьу ҩызан Илабашьа, инарсны дацәажәомызт баша.
Ари ачуан Бури Ҵури аҳауарыԥхаразы иҟарҵеижьҭеи акрааҵуан.
Бааԥсыкгьы акәын аиашаз.
Уи аҭыԥ шеицырдыруаз мҩашьо, аныҟәцаҩ бзиоуп ҳәа ихы ааиҟьан, имашьына авокзал иалеигеит.
Ацҳа ианбақәлои ҳәа рыԥсы ӡаны ишыԥшыз, атанки ар аазгоз амашьынақәа ҩбеи аӡы иаахықәгылт.
Урҭ, иҭоурыхтә поемақәа реиԥш акәымкәан, реиҳараӡак иара апоет дызҭагылаз аамҭа иазҳәоуп.
Аҭаҳмада Мамарҭин инапқәа злаҿаҳәаз аҷапырхәа ааԥиртлан, нас уи иара Мамарҭин ихәда инахишьит.
Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Леонид Тибилов Аԥсны ауааԥсыра зегьы агәабзиареи ақәҿиарақәеи, аизҳазыӷьареи аҭынчреи рзеиӷьеишьеит.
Ихаҭа агәжәажәара аҿынӡа днанагон, убри акәхарын аԥхыӡ ҿаасҭа гәыҭшьаага изырбоз.
Днақәыӷәӷәеит Лаша.
Убри лгәалашәара акәхарын мцаҵас ицраланы дызбылуаз.
Заа амҩа дықәлеит, аха автобус аагыларҭаҿы даннеи, акыраамҭа ԥштәыс иқәшәеит.
Игәанала акәым, иаахтны иҳәаргьы имҳәаргьы, урҭ ауаа дроуит аиаҳәшьа, ахьӡгьы лырҭеит.
Аха даныҟам ауаҩы.
Аха цәажәара зҭахыз уаҳа аӡәгьы дҟамлеит.
Ҭагалантәи мрала иԥышәарччеит амш, уабацои убналан, аԥхынра, ухьамԥш?
Дынхон Кьагәа ҳәа Аԥсны агаҿа Еҭымк, дызмамыз ҭынха.
Уажәшьҭак, наҟ иҭыҵуа роуп акәымзар, арахь аӡәгьы дҭалаӡом.
Игәашә дахьынҭалаз, ила Мура иеигәырӷьо, иҟрым-ҿрымуа ианааиԥыла, аҟамчԥҵаҵа иҵихт, арҵәааҳәа иҳәҳәо иԥырҟьаны ахы ахьынахоз ицеит, ахаан аԥшәма иднамбалацыз абеит.
Ашәҟәыҩҩра аҵкыс ацәажәара атрадициа иаҳа иахьыӷәӷәоу иахҟьаны, шаҟа ҳәамҭа ссир, шаҟа хшыҩҵак ду ҳцәыӡхьоузеи аԥсуаа.
Схы сеихсыргьы, сахьымаара сцаргьы?
Абарҭ зегь сӷьычит.
Абраҟа дцәырҵуеит Абзагә Ланба, даԥхьоит Дырмит Гәлиа иажәеинраала Ҩыџьа зцомызт, аӡә дрыхьӡомызт.
Еиҭа ауаа рзынарышьҭит идәылҵны ицарц.
Аҳаԥшьа анырзеимакыраха, Сасрыҟәа ус иҳәеит
Ажь зҭаауаз аԥҳәыс леиԥш, иҳалымшоны ҳазлагазеи?
Шамахаӡак акәымзар, Асҭамыр дахьцоз, дахьаауаз дицын Еқәыԥ, еицныҟәон.
Шьаҭажә ихы-иҿы иаҿаԥсны иаҿаршәыз ауарбажә агага ааҳәыцы-мыцызшәа збеит, инақәацазшәагьы збеит.
Ус ианеилала, зегь раԥхьаӡа ари, Шьазина, ма дҿаҳәаны днышьҭоуҵароуп, мамзаргьы душьыроуп иналгәыдҵаны.
Саналахо Аҟәа сара, снанагоит Иуа дахьгылоу, дхәыцраха амшын ахь дыԥшуа снанагоит Иуа дахьгылоу иара ус аказыҳәан дмашшуа.
Акы ажәлар рныҳәаҿа иазкуп.
Аныхаԥааҩ Ажьгьери Аџьрыцба иԥсы ихыҵаанӡа, Саӡтәылантәи дааит Мадлеи Аџьрыцба.