text
stringlengths 0
400
|
---|
Уи иҟазшьақәа бзиаӡаны идыруан, мап аникы икит, уаҳа алацәажәара аҭахымызт. |
Апоет ихәыцшьа ахәыҷы ихәыцшьа иазааигәаны иҟаҵоуп, дызлацәажәо ахәыҷы иахьеи-уахеи иибо, иаҳауа, идунеи иатәу ауп. |
Хара имгакәагьы ирылҵны рҿынархеит. |
Абас, сшыҟоу сигәаԥхар-сигәаԥхеит, сигәамԥхар мчыла схы сызшауам. |
Уи иқәыԥшу ҷкәыноуп, ахаан дажәӡом иҳәоит, иашәа аанҿасрада есымша. |
Мшәыз џьысымшьази, алақәа сықәчхәрааит, аиеи |
Дҩаиқәхәааит аминистр, Кьасоу икабинет дшыҩналазҵәҟьа. |
Гагра аус иуан азы, иқәҿиауазшәа аниба, уаҟа уаҭахқәак игеит, аха иԥсҭазаара абжеиҳарак ахьымҩаԥысуаз ақыҭаҿ акәын. |
Иацәымӷызшәа ацара, зны-зынла иааҭгылон. |
Уашьцыланы уарлашәыр аҵкыс, еиӷьми зынӡа иумжәыр? |
Дырмит Маан апротоиреи арккаҩы. |
Егьи афырҳәа даахынҳәын, ихәырџьын аашьҭыхны, аҳ ишәақьгьы ааиҟәынҵаны, аҳ иҽы дҩақәтәан, дҩыҭҟьаны иҿыҩеихеит. |
Раԥхьатәи ишьаҿақәа аныҟаиҵа, Бегьлар дхәаан, инапқәа еиниҟьеит. |
Усҟак иҟәышзар, аԥҳәыс илзыҵҟьарымызт. |
Абри ашьҭахь даҽа жәа-ҵәыцак ыжәны ирыласҵеит. |
Урҭ абжеиҳараҩык усгьы дара рмилаҭ ракәын, ирҳәомызт акәымзар, ирдыруазаарын Аԥсны рыр алалараны ишыҟаз. |
Днеигоит иахьанӡагь рнапы даныргылан. |
Ҩаԥхьа иааибарччеит. |
Изаиз еԥш Тҟәарчалҟа автомобилқәа ирықәтәаны акамисар даахәаны ицеит. |
Иабоугеи умашьынажә? |
Дагьаазҿлымҳахеит. |
Анкьа аредақциаҿы аус анаауаз, абуфеҭ иҵагылаз уажәы шьхак шеибгаз иааихәеит рҳәеит |
Убасҟаноуп егьырҭгьы дгәаҭаны ианыҩеихаҵгылаз. |
Ус акәым саб, ишеилкаатәу |
Абарҭ еихык-еиҵыкны дзыниаз ассирқәа зегьы раан, Пиноккио издырамызт ԥхыӡзу лабҿабазу дызҭанагаланы дыҟаз. |
Ҳара ҳтәқәа ахьтәоу |
Аҩналарҭаҿ стәазаауеит. |
Нас иаарыцкьаны, игылаз ауаа зегьы дыртәеит, Илырҟаҵеит иԥыруаз ауарҳалгьы Аԥс. |
Аха ихьзеи ауаҩы замана Кьынта? |
Ажәа уаҳәшьеиҳаб еиҳагьы ицәыхьанҭанатәит адиреқтор ииҳәарц ииҭахыз. |
Издыруадаз абарҭ ракәзар? |
Сгәы ҿыӷьуеит. |
Абри ахәашагьы аӡәы ихаҵкыс арра ддәықәиҵеит Пыта. |
Саргьы инасыгӡоит исиҭаз адҵа. |
Ашырҳәа дынхыслан иаахиԥаан, има аарцә дааит. |
Абџьар шьҭыхны еиҿагылаз ус ауп ирԥеиԥшу. |
Аинраалаҩцәа уажәыгь иаҳҭахуп. |
Ҵабыргуп, урҭ профессионалтә занааҭтә поетцәамызт, аха иҟәнумшьартә еиԥш иҟоу рхатәы хәҭаа аларҵеит аурыс револиуциатә поезиа аҿиара. |
Аха зҟны уашшуадаз. |
Аха аҵыхәтәаны ддырхәашеит акәымзар, аха дышԥадырхәашеи уҳәарауазеи! |
Ашәарыцаҩ абна дылалан днеиуеит. |
Аҵыхәтәан аҩнқәа рҿынтә ҳаибашьцәа ирзааргоз афатә ҳархаанхеит. |
Урҭ аҽырцәыхьчара аҭахызар ҟалап. |
Акгьы ҟамлаӡазшәа, амардуанаҿы избаз лара лакәӡамызшәа ҟалҵеит лҳәеит Иарна лгәанала. |
Дыкны дыжәга! |
Сгәы излаанаго ала, уи ҳашәҟәыҩҩы ду ибиографиеи ирҿиареи рзы акрызҵазкуа џьара акы иазҳәоуп, акы аанагоит, ҷыдала азхәыцреи аҭҵаареи зҭаху ауп. |
Аӡы налабеит амахә |
Иара уа ишҽыжәыз, аӡә далгар ҽаӡә дналаго, иҟаз ажәабжь ԥкаа-ԥкаауа, иааркьаҿны ианырҳәа рыҽқәагьы даргьы шьҭырхырц егьрыгымхо, агәырӷьара ду иамҽханакыз ажәлар ааилацәқәырԥеит, арҭ ауаа иарбан напқәоу иҽыжәызхыз уаҩы изымдырӡо, еимгеимцарак ала иааҽыжәыркәыцәаан, аҩада рыршәра иалагеит. |
Урҭ ирышьцылаанӡа аӷба иаацыршәон, аха ҩаԥхьа амч зегьы еибыҭа ихызаҵәха еиҭанаҳахьӡон. |
Исзымдыруа рацәоуп. |
Исарҳәо сарҳәоит, аха егьи, исцәырӡо, исарҳәо аасҭа еиӷьзар исшәырҳа. |
Кьагәа иԥшәмаԥҳәыс лахь ихы наирхеит. |
Дысзымдырӡеит. |
Хьы-раӡныла ҳа хкәабоуп! |
Икоумыжьын, ари адунеи аҿы иуҭахымхо акгьы ыҟаӡам, — иҳәеит уи. |
Ацәгьагьы ухьӡоит мышкызны, абзиагьы ухьӡоит. |
Ишьҭра иахҟьазар ҟалап, дақәшәышәуеит, деиҭақәшәышәуеит. |
Аԥшәмацәа ракәзар, урҭ ирымаркуан |
Хәлбаҽха амам, ма шьыбжьы, нырцә инеиуеит уа убжьы. |
Аха идыруан уи са сеиҳа иахьцатәыз, аҵхи амши, дгьыли жәҩани ахьшатәыз. |
Ус, машьынак аарыдыххылан, дынҭарԥаланы дыргеит. |
Ааи дтәоуп |
Ех, ҳанасыԥ ҟалеит! |
Атәарагьы ааигәахеит, анахь ӡәыр шәхалозар, шәнеи, шәыххь згеит, иатәу ауп, ҳаилашәмырхан, ҳара шьҭа ҳмазеиуп. |
Арыжәтә ыжәуа ҳаштәаз акәымкәа, абаҳчарақәа анхаҳшьаауаз исыцыз агәынамӡарақәа ртәы аахтны исымҳәар сгәы иамуит. |
Лнапсаргәыҵа азна аӡы цәыкәбарла иназҿалҭәаз аӡӷаб дыҭрысын, лыблақәа аахылтит. |
Иаҳзымчҳауаз, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳауацәа-ҳҭынхацәа аԥсреи-абзареи рҳәаа ианхықәгылаз, ҳаԥсадгьыл амца иалабылуа иангылаз аамҭазы, ҳара акымзарак ахьаҳзыҟамҵоз акәын. |
Зны ус хаала исыдигалеит, иамуазшәа аниба, исыдицалаҵәҟьеит, усгьы агьаниқәмҿиа, сиршәарц еиӷьын ҳәа игәахәит. |
Аргама аҽнышьыбжьон арҳәрақәа рацәахеит. |
Акыр здыруоу, иаха лыца акы ааҭагьежьын дмыцәаӡакуа иаалыршеит. |
Арахь аҵыхәтәан зеидара зыргылаз иара иакәын. |
Уџьыбақәа сырбеи лассы! |
Бырфын ԥштәын иамаз. |
Сара исынасыԥхаз, аӷбаҿы иҟан акәац, ачарҩақәа, иқәџьны иҟаҵаз ача, акаҳуа, ашьақар, астеоринтә цәашьқәа, асԥычкақәа. |
Зҭаацәа рхабар ззымдыруа, зхабар рзымдыруа, шәыҟамкәа шәыҟам. |
Насгьы, аколхоз дгьылаҿы? |
Ҳара урҭ русура лассы-лассы игәаҳҭоит. |
Ҷаӷьыц ирццакӡаны дыхәнеит амҳарахьы. |
Иҩныҵҟа ааихьааит, иижәыз шинымаалаз ирдыруа. |
Рацәак мҵыцкәа, Несҭор идҵала, аотриадқәа ркомандирцәа еизеит. |
Ажәакала, уаҵәы ашьыжь Обком ахь дуԥхьоит. |
Иҽыҩ ԥшӡа кәадырны Кама длышьҭалеит ԥҳәысс дигарц. |
Зны иара днықәлан дцеит Нхыҵҟа. |
Алакә аҟнеиԥш ишаҳзыхынҳәуа здыруазаргьы, сара исуалԥшьеитәит ибиографиа иҵегь иара изацымҵаз ацҵара, аихаҳара |
Иеицыҟашәҵаз аус арбану? |
Лажәақәа наиқәлыԥсеит аҽеилыхра иналагахьаз уи, агыруа нас днеиҭаԥаны, алақәа игҿарцалаз аашьышь даҩызаха акәакьҭа лыҽнаҭаны дныҩнаҵәааит |
Ҳәара аҭахым, иаԥсоу акы ҭырымгаӡакәа изыҟалом, аха аҟазара, ажәа аҟазарагьы убри иналаҵаны, ас еиԥш аҽеиҭакра дуқәа раан аамҭа рҭахуп. |
Раԥхьа дҩагылан, аҩны иааигеит, иара иҩны. |
Сеимлагәа сшыркыз саарымпыҵҟьан, схы ахьынахаз аԥслымӡ сакара снықәлеит, скаууа. |
Хымԥада уажәы, бхаҵеи бареи, ишәгәалашәыршәоит уи шыҟалаз. |
Дызҭахыз аиаша иарҳәон, дызҭахымыз амцқәа иарҳәон. |
Уҭаца асирра дҭарҵеит |
Гыгшәыгк афҩы ақьышә инҭасыр аҽыхәнажәоит, ишәаны ишыҩуа |
Бымцан, Марҭа. |
Хашҭшьа амоу Лаҭатәи атрагедиа иазикыз аҩымҭа ссир, угәы ҭызшьаауа, ушуаҩу ухазмыршҭуа, иҵәааҵәаауа хьаа-мцак уцразҵо, узбылуа. |
Иараӡәк дахымзи ара. |
Аб агәраганы дыҟан аҷкәын дызҳаанӡа аԥсҟы акышьа ширҵатәыз. |
Убас ауп, ҳгәырӷьацәар, ҳара ҳацлабрагьы гәаӷьуацәоуп. |
Сара аухантәарак сыԥхыӡ иалан Мышә |
Настәи усмызт, нас акгьы уадаҩмызт, ацәгьа иашьҭахх бзиарак аауан. |
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.