text
stringlengths
0
400
Иргаразы ианааилакгьы, ишиашо шәара шәахь инаҳашьҭуан.
Нас ҵхыбжьонӡа сыҽҳәатәа, сышәҟәқәа шсырххалоз, алҩақ, аццышә сҿатәа, иҟан ианшалоз.
Дырҩегьых еиҭанацысҵахт сара ақырҭшәа ҳәа издыруа ҩажәак роуп.
Уи ашьҭахь еиҳараӡак берлинҟа акәын адҵа ахьҳауаз.
Уи аҭыԥ аԥсаххьан.
Аха аҷыдарақәагьы амоуп.
Ҳаи, абааԥс иухьи иҳәар, аҽада сақәымтәеи.
Акалашәа ишоуп алахьынҵа, иудыруеи убри аҽны рҭахарҭа иавигазар
Аха аӡәгьы ажәакгьы шәҳәаӡом, ауаагьы ассир шәалашоуп.
Ихагалара иаҿыз ибжьы нарықәиргеит ҵаҟа игылаз агыруак, иагьнациҵеит
Аӡы адгьыл ықәнагон џьара, даҽа џьара иқәнажьуан.
Шьагә инапы азна аԥслымӡ еилаҩҩы аашьҭыхны, ахәхәаҳәа иуаҭәақәа ирықәԥсо дахьтәаз ҩыџьа аҭыԥҳацәа ааин, ивараҿыҵәҟьа рҽааилырхын, аԥслымӡ рҽнарҭеит.
Абри ахшыҩзцара аагоуп апоет Новелла Матвеева линтервиуқәа руак аҟнытә.
Иараӡә-заҵәык иоуп иан илымоу.
Аболӷарцәа ақәшаҳаҭхыеит.
Абџьарла мацара аӡәы иааирак изгозҭгьы ҳаӷацәа иртәхозар акәхарын.
Адгьыл ахсаалаҿ зҵыхәтәа ԥҵәахьаз Урыстәыла аимпериа иалкааны иагәылаԥшуан.
Аха, ишәҳәа, сабарж-сабарго
Аиарҭа аҩбатәи аихагылаҟны дықәианы асалам шәҟәы аԥхьара даҿын Асҭан.
Рафик Оҭырба ишазгәаиҭаз ала, ари ашықәс азы аԥсыӡ аиҭасра аамта қәҿиарала имҩаԥысит.
Аха амҩан дрышьҭаҵаауа дахдәықәыз Аҟәаҟа ицеит ҳәа иаҳаит, нас иҟаиҵахуаз, дхынҳәын, ихәда икәаҽы иҩныҟа дааит.
Никәала.
Уа сԥа иԥҳәыс лҭаацәа нхоит ҳауацәа аерманқәа.
Абыӷь ҩеижьқәа ҿышәшәазааит ҭагалан, иҟәашӡа сааи саазлагылазгьы сызааит, ирацәоуп адунеи ду исзалоу, аҭахызар урҭ рыбжакгьы ԥсызааит, аха иҟами иузықәымго, инхаша, ишәа-ӡыӡо уԥсышьа цәгьахар ҳәа, иагаҩ ушьҭа ихызаргьы ӷашақә, угәы ҭазмырҷаҷаша ажәақәа шуарҳәо.
Иҟалап иара аԥсҭазаара ахаҭа шгәыӷроу урҭ аеҵәақәа ирласны еилыркаауазар, убри агәыӷра ианахыԥа, ма ианрылымша агәыӷра, уи шаџьалу, ишыԥсроу рдыруазар
Қәак аундаз ԥсы зхоу рҿыхо, ҭынч сыԥсы згарын.
Ҳҭыр, Лаз.
Ара дсырбеи схәыҷы дызфаз!
Аԥсуа даажәга ҳәа иқәгылеит рҳәеит.
Жәларык рымцахә ыцәеит рымҳәази, уи агәра згазгьы ари амца иҽҳәатәоуп.
Анасыԥ шәымаз, нан, Иссирыз шәԥацәа!
Ԥшатлакә хага ҿанаҳәон, адгьыл ахәрақәа арӷьон.
Уареи сареи ҳаинасыԥхарц ҳаҟамзаарын.
Уаҟа зегьы еилкаахоит аҩымҭа апоет изырҩызгьы аидеиатә ҵакгьы
Сзеигәырӷьо цқьа исыздырӡом, аӷәра сымнажәоит сҽы.
Сара сиҭахушәа, ақыҭауаа еизаны смаҵура самырхырц ианалагоз, имукәа саанижьызшәа ҟаҵаны, дсывагыланы аус сыциуазшәа сырбаны, аха иара иааиҭаххоз ада ак смырҟаҵо снапқәа ҿаҳәаны симоуп.
Зегьы ӡбахарц алшоит иаармарианы.
Шәымҩахызгаз шәшьапқәа срыкәыхшоуп!
Изнеимгеи сԥарақәа?!
Уан иуалҳәазар акәхап, иара иацыҵәҟьагь усҭахын, аха жәлар раӷацәа иахьрықәӡбауаз амитинг ахь уцеит анырҳәа, сҽааныскылеит.
Аҭшәара дҭаршәын, акы аназиимхәыц, жәларык аҭшәараҿ иаанхон, иҭигарц дызрыцхраауамызт.
Амала еиликаарц ииҭахыз даҽа знык иаҳаит раб иҿала.
Баша судгылон еснагь.
Бзиоуп, аха ауаа исзырҳәозеи?
Абри Ладикәа иҷкәын ҩнык дуцыҩноуп, знык дааугарауеи ҳәа.
Аҽнышьыбжьон шәаҳәароуп, кәашароуп изҿу.
Убри нахыс аныҟәара хҭеикит.
Аласба уа ишықәтәаз иқәтәан.
Ҩыџьа рцәажәабжь уаҳаӡомызт.
Ахәымҽхан ахыбра аҩналарҭала зуаҭахқәа рахь зҽызшоз аҳәсақәа лзааирц дрыԥхьахьан.
Дышԥауалуашои, дышԥагәжәажәои, дышԥауазыруеи?!
Егьи ашәыфа-иԥа Мамсыр захьӡыз иара абни ацәқәа ҵаҳәаны ицәаӷәоз иакәзаарын.
Убас ҟаимҵазҭгьы, ҳбааш ҳнапаҿы иҟазаарын!
Леон аимператор иҩнаҭа дшазааигәаӡоугьы, уаҩытәыҩса дреигӡаран иҟоума.
Аԥенџьыр уналыԥшны иубоит еимагылан асы шлеиуа.
Аҭаҳмада илабашьа нарсны инаиҵыргәашәа дааӡырҩит.
Амца иҽҳәакны ианирбалак, ҩаԥхьа ишьапы инакәыршаны имагәқәа ишьеиҵоит.
Дҵааит Данаҟаи, аԥсшәақәа анааибырҳәа.
Аҳәсеи ахәыҷқәеи агәыҭҟьа иадыргеит.
Днаԥшы-ааԥшуа акы дашьҭан.
Ҽаӡәы иашҭа ианынҭало, рымҵәыжәҩа рзышьҭымхуа иааԥсоит
Ауааԥсыра ӡаны, аҿаԥа рҿаҵаны мшынгәыла Ҭырқәтәылаҟа рыҭира, ажәларқәа наҟ-ааҟ реиӷара, рықәибахра, аҳәсақәа рымҵарсра уҳәа жәлар змырӷьацоз рацәаӡан.
Арҭ рҿы уи аӡбахә лмырзеит.
Ҩыџьа сыҳәан, иоусышьҭит сурок аҟнытә, уаҳа аӡәгьы дагым, аҭак ҟаиҵеит арҵаҩы.
Сгәалашәарақәа сҵәаӷәеит, сцәалашәарақәа схәаҽит.
Шьҭа акраамҭаӡа агаҿахь ҳзыӡхыҵрангьы ҳаҟам!
Сара суалԥшьа
Бызтәу иарбан аҳҭынроу?
Зегьы иреиҳаны насыԥс ироузгьы харантәыла иааԥшны рыԥсадгьыл Аԥсны аҵанӡа иагәылаԥшит, ирбеит дара аҵара дзырҵоз, ауаҩра ду рылзхуаз Византиа аиҳабыра имҩаԥыргоз агрессиатә политика зеиԥшраз иара Кавказ зегьы ажәларқәа зҭагылоу агәаҟ-ҵәаҟра, инымҵәаӡо аибарххарақәа
Иԥҳәыс дкьакьаӡа ацалаҟьа днықәыргыланы, аҳ иҿы днеит.
Мзауҭ, иаҳаидик ыҟаӡамкәа, даацәажәеит.
Санҭахуазгьы сеиқәурхеит, сзықәшәаз сгәаҟра гәаҭан.
Иҟоуп, даҽа ҩымш иҳазхашагьы!
Сара исхаруи, шәара мчыла исшәыркит акәымзар, сара уи аҩыза аныҳәаҿа скуамызт, — сҳәеит.
Ҭарасханхеит, уи бзиа избоу, изҭаху ҳәа ӡәыр дыҟоума!
Уамашәа иубаша, изаҟаразаалак гызмаларак аным Ҷаҭала ихы-иҿы, уи цқьоуп, иҭынчуп, аџьымца иахылҵуа ашәахәақәа иршьышьуеит, ихәынгаршьом
Уа сыштәаз ицәылашеит, Амра збеит инахаран.
Данте дтәахуп ицәыббылӡа инхаз ҵлак амҵан.
Амра зҵәахуа ҳәа аԥҭақәа хәыцуп, уаҩы мшык дахьнеиуа мӡышәакгьы дицуп.
Аха саҳ
Схәыцуеит, макьана аҵлақәа абаҟоу, аӡынра ҵааршәха раԥхьаҟа ишьҭоуп.
Аинрал дааҭгыланы лыблақәа дырхыԥшыло.
Аусура еилашуан, иаҳа-иаҳагьы амҽхакы ҭбаахон.
Убри агәыԥ иалан апоет Дельвиг, идекабристцәахаран иҟаз Киухельбекер, Пушьчин уҳәа убас аӡәырҩы.
Амрагылараа ашәанцәеи ҳареи.
Уара ухала Еҵәаџьаа уман зны амҩа уқәлеит узаҵәӡа.
Даҽа минуҭк аҩнуҵҟала агәаҟра иақәшәаз ахәыҷы иҟынӡа днеит.
Нагӡара рықәзааит, ҳазшаз илԥха рыгымзааит Сергеи Зыхәба иҭаацәеи иареи!
Гәыӷрак арҿыхара суалым!
Ихаԥыц аҿҿа арго, игәы аҭҳара-аҭҳара ҳәа еисуа, арыҭәа анаадирӷәӷәала аҿаҩ аргеит.
Иара даанхеит машәыршәа.
Шашәак сыԥшаан, ахыцқәа инрыҵыздауа иаасыкәсыршеит, иаасырххеит.
Дызусҭа сгәалашәарақәа рҿыхамҭазы, саарымбар ҟамло иаагәыцхә-гәышьыз!
Арҭ рымаҳә аԥсуаа дырҿагыланы дшеибашьуаз.
Циқәринеи Агреи рболконқәа ирықәгыланы руарҳалқәа ирысуан еиҳа асаба рҿеибарчра иалагеит.
Аа, сара иахьа Ҭырқәтәылаҟа сцоит.
Мариам!
Асиужет аҩымҭа злеибарку абаҩ аиҿартәышьа уанахцәажәо иаагәоуҭар ҟалоит даҽа ҷыдарак.
Акәын-иԥа Ҳаҭажәаҟәа уи дашьҭаланы дныҟәеит.
Амшгьы, сахьынӡашәзыԥшыз шәызхоуп аҳәозшәа, аԥҭа еи қәарақәа ажәҩан еиҭааҵалан, уажәраанӡа, игәкы-ҵәыкуа, аԥса бара зырԥсаҳәарц иаҿыз амрагьы аахырҩеит.