text
stringlengths
0
400
Уара иуҳәаз, Саҭбеи, улашәарыца ақәшаҳаҭхазар уаҳа иуҭахузеи, инаиаҭеикит Арушьан.
Дгылоуп уи дхаҿыдаха, дыззыԥшугьы мҽышами.
Иумбои, гәҭыхас ушсымоу?
Аха уара уамак угәалаҟаны узбомеи?
Саб уи зыҟаиҵо, уареи сареи хаицәмыӡырц азоуп, Заурҟан!
Аԥхыӡ уҳәеит ҳәа иумбара иҟоузеи.
Урҭ афырхацәа ирызкны идырҿиауан алегендақәеи афырхаҵаратә жәабжьқәеи.
Саҭымыз, апатын Гьегьечкори!
Ҳаи, абааԥс
Арҭ уа избода?
Ҵис, Ҵиҵу Ҵиҵу!
Аԥшыхәацәа ас рыбжьы рдуны ишԥацәажәо?
Сгәы иалсын, иааҭганы аҟәара инықәсҵеит, аӡы ажәырц иааизар акәхарын, аха абриаҟара қәацара амамкәа иззаагылаз ҳәагьы саахәыцт.
Заҟа хәыцра ааиуазеи, схаҿы
Акәша-мыкәша иҵегьы аҩнқәа ыҟазар акәхарын, мамзар абна агәҭаҿы ҭаацәарак рхала ишԥанхарыз?
Кәыдри Гәымсҭеи рыбжьара инхоз мчыла иқәырцеит, нас
Адырҩа хәымҽхан Џьанар усурантә дымхынҳәӡеит.
Урҭ рыбжьара Хьыма Адицеи гылоуп.
Уаанӡа иҳагу-иҳабзоу мҳәауа, ус ҳнеилар, ҳабакылнагои?
Ԥыхьа иавтономиақәаз, уажәы ипровинциахаз рацәоуп.
Быҭәаа рҭаҳара ҳәа иашьҭазаарын.
Ашьжьымҭан аҩсҭаа акаҩ ҳәа ашәа ҳәо аԥсуа ччиа иҟәаҟә длықәтәан шьыбжьаанӡа иҟәаҟә дықәтәан, ашьыбжьон уажәшьҭа сашәақәа нҵәеит иҳәан аҩсҭаа длалбааԥеит.
Қарбеи Касланӡиа ихәыҷқәа ԥшьҩык ашкол ахь ицахьан, ԥшьҩык аҩны иҟан.
Бара Маша, сыԥсыргьы сбымҵәуан, жәабаҟа шьаҿа рыдамхаргьы убрахь ҳнаскьап
Рашьеиҵыбӡа ара ашҭа иахҭагылаз дадиалазаап.
Ахәыҷы уиаҟара ицәымшәозар ҟаларын, уи иан шаҟа лаҳаҭыр рбоз аҟара.
Иаргьы саргьы еибамбаша!
Узжьада?
Уи иалан Мыркәлаа, Тҟәарчалаа.
Иара ианакәзаалакгьы анхара-нҵыра бзиа имамызт, аха имазгьы иҷкәын хәҷы иблызаап, асԥычка еихьшьуа аҩны дааҩналан.
Алгьери иҽааизганы, Цицина ацәажәара дшаҿыз ҩаԥхьа дыгәцаракны дылҿаԥшуа, лара дылгәылыԥшны дцо дышнеиуаз, иара ихала амшын данаахықәхалаз амш ааигәалашәеит
Рамхәыҭ ахаҵаҩыза днеизԥшит, ахаҵа дызқәымшәо егьыҟам.
Снапала инанысҵоит
Иааԥса-икараха наӡарантә иаауан, ауубыжьқәа ууа шәаџьҳәара руан.
Шәгәыла иакәым, амилициа аусзуҩы иакәым, шәара шәоуп, анацәеи абацәеи.
Сабанӡаҟазаауеи сара абас мацара?
Сабиц, хар имаӡамкәа дышԥаҟаз!
Иаб иҩны уаҟа игылоуп.
Уа иоухьаз аибашьратә ԥышәа ара аҽарҿыцуан, аҽышьҭнахуан.
Уи ҳа ҳаиҳа дҟәышуп, маллагь ҳа дҳаиҳауп.
Уаҵәык дааԥшуеит, рыхабар анылымба ддәықәлароуп.
Урҭ уи рызгар
Уи ҳаламцәажәахьеи, иаҳмыӡбахьеи, уажәы узалацәа жәозеи!
Пушкин, Лермантов, Некрасов, Коӷониа, Шьынқәба
Ҳабыџь иҟаиҵаз схаҿы исзаагом иара уажәыгьы.
Ахьырҵәаҵәа иеиднакыло арҿиамҭақәа зҳәамҭоу, урҭи аҵарауаҩи реиқәыршәара, рҟазара зеиԥшроу, гәыблылеи ҳаҭырқәҵара дулеи далацәажәоит аизга иазиҩыз аԥхьажәаҿы.
Уи иаанаго, амч ахархәара мап ацәыркуам ҳәа ауп.
Иҿаҳа анижә, ҳәызбала ҿаҵак акәац амаха иаамихын, иҿы инҭеиҵеит, уажәраанӡа ус шыҟарымҵалозгьы.
Ус акәзар, исоуҳәар сҭахуп, аколнхараҿы ари акарпыжә аарыхра акәу, акультуратә усура акәу дзызку?
Агәы исызҭоугьы Кәасҭӷа цыблаахоуп, иԥсит сара сыбжа Бара баныԥсы!
Иааӡеит уи аранӡа ахыԥша, изҳәаша дҟалозар ирҳәарцаз.
Ҳааҭгылан ҳӡырҩит.
Убри аҽны иахьабалак ҭынчразар акәын, аӷьал-пал ҟаломызт
Аа, уи ҳаҳахьеит, — иҳәеит Лаз Асаӡба.
Ижәыҩла.
Ишәазҳәада сара аевкалипт аиҭаҳара сҭахым ҳәа?
Абни ақьаҳиаԥҳәыс лкалҭ аҵәаҟьа илашәаз ганы амшын ихлыршәлоит, Сарикәа бмыӡааит ҳәа ҳәаны.
Марҭа ихәда лҽынахылшьуеит.
Са хьааиуаз аҳабла зегьы еиқәышьшьы, иҭынчраха
Иан лакәзар лҭаца ҟаимаҭ лԥшра-лсахьа рымацара ракәӡамызт дхызԥаауаз.
Уи зҭахымгьы маҷыҩӡам, уара угәы ишԥаанагои?
Есма ашырҳәа егьи ауада длыҩнаххын, иаха ҵхагәҭанынӡа илуанҭауаз амаҭәақәа еиқәырчаҟәа астол иахьықәыз ахь лҿыналхеит.
Даҭа ари еиԥш аниаҳа, аԥхьа иԥсы илышәшәеит, иҿы изеихымхуа даанхеит.
Зегь аҟырҟырҳәа иааччеит, Алхасгьы уи игәаара хнаҽыма уҳәауа ччаԥшьк шәахәаҵас иниҿықәсит.
Лыԥсы лзеивымго акресла днықәҳаит.
Абраҟа еизаз, Кавказ еишьцәоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа, иналкааны шәыхшыҩзышьҭра азышәкырц сҭахуп ахатәы бызшәа адырра.
Ажәлар рҟыт бжьы мго иааилахеит ари аԥхын аҭакараз асоура иалагар иаҩызан, амалахазгьы иақәгәыӷуамызт.
Уигьы акәым, егьырҭ алитературақәа рԥышәа ихы ианаирхәозгьы, ма ианеиҭеигозгьы, тәҵас дрыхӡыӡаауа рымаҵ уны акәымкәа, иаԥхьаҩцәа ргәаҿы инеиратәы, аԥсуа цәагьы аԥсуа быжьгьы рхеиҵон.
Быжьҩык аишьцәа аҟан.
Агәашә инҭыҵын, амҩа ааихҵәаны адәышкәаӷьаз ианаақәгыла, Мыҷыҷ лхы ҩаҳаракны Хаԥҭинараа ахьынхоз ашҟа дынхьаԥшит лҽаармышьцаны, гәамԥхара-ҟазшьак налынлырԥшын.
Аброуп раԥхьа ажьира ргылан, аџь-рацәа рцаны, Аԥсынгьари длахагылан, уа ацыԥхь кардды, Архышьнақәа ахьеиҿаԥсаз, инапы еиҟәыдды, Аныха уи дахьамҵаныҳәаз, ицәашьхәы былны.
Уааии, уара, аранӡа, уааии!
Дызусҭоу жәдыруама Катул, ишәзымдыруазар сара ишәасҳәоит!
Анаӡара икҿатәаз ҩыџьа аӡӷабцәа днарыдгылеит.
Уамеихсуеи нас!
Ас иахьыҟоу ауаа рацәа рыхәныгара шшәарҭаз ҳнарбеит.
Абасҟак шықәса анҵы ашьҭахь, аҵыхәтәан ҳахьеиԥырҵыз знызаҵәык сацәажәара ихы иаҭәаишьарц сиашьапкуа саниҳәа Аруҭан
Аԥсы анышә даҭаны, иаахынҳәны аҩныҟақәа ицеит зегьы.
Мерседес, усҟан Аҟәа уи аҩыза аӡәгьы имаӡамызт, иаргьы сыжәбомашь аҳәарашәа, еиқәара-еишәараха, абла гәыӷрақәа шаԥ-шаԥуа аперрон ахь инаԥшуан.
Арахь, лынасыԥ аӡбахә аацәыраагар, дшыччо лкьатеиах ааԥыҵәҵәоит, уаҳа акы ҳалҳәараны дыҟаӡам.
Аҵәа зыхьчоз рыхқәа хыҵәҵәаны икаиԥсеит.
Иугәаланаршәоит аџьықәреи рыцқәа ахәламԥсаӡо, баша игьежьуа аӡлагара алуқәа.
Убарҭ зегьы шеидихәыцлоз, ақәаҵа аҟынтәи шьҭыбжьқәак иаҳаит, данынаԥш, ивара аанда лҽадҵаны иара иахь дааԥшуа дгылан Адица.
Иаазырԥшуада, арҭ амаӡақәа цәырызгода?
Убасҟан акәзар ҟаларын ианылбаҵәҟьа Енџьы-Ҳаным аԥшаҵәыҵәы иарҩызахьоу, иӷәӷәацаӡа, ихыхьчагаха игылоу ажәытә бааш дшеиԥшыз лара лхаҵа.
Дызхыбаауаз адгьыл анаҩсҵәҟьоуп лнышәынҭра ахьыҟоу, уи агәы ашьац ықәлахьеит.
Аҭоуба, ашьеи абзиабареи, Аԥхьарца убас егьырҭгьы.
Ауапарапаҩцәа рашәа.
Ашәыргәында иузихьыӡҵом.
Зқьышықәсала иӡрыжәуаз хымҩаԥгашьа-еизыҟазаашьоуп.
Ашьыжь иуаҭах ашә ааимызԥааз Асҭанда, лан длымбацзар акәхарын, лашьа дыҟамзу дыҟазу лдырырц дгәаҟуан.
Иҩны инеиуа зны дааԥсоит, игәы шҭыԥо ҭынч иааиқәтәоит.
Лара лыбла акәмызт, лгәы иара дамбозшәа, лан дахьыҟаз акәзу, ма даҽаџьаразу здыруадаз, дизааигәаӡамызт.
Ма ухәы ампахьшьы иҵахҩаны ишадтәалаз, астол зхы нықәҵаны иавацәаз
Шәара шәзазымхәыцзеи абас еиԥш иҟаз.
Зны иҵәаа-ҵәаауан, аҽазны иӷызы-ӷызуан
Абыржәы ахан иамкуа аҳәынҭқар ичынуаа ндырҵәар, иҭабуп ҳәа разҳәода?
Аца ҭаара аамҭа анааилак, ахьчаҩцәа аӡәы ҳқыҭа дналаланы, аҷкәынцәа ацаҭаарахь дрыԥхьон.
Аԥша иаҳәеи
Уаргьы-саргьы ҳаибашьҩцәоуп.